Ҟәыӷарыла аҩызцәа алшәхла аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа раан
«Иҽеим аиҿцәажәара ашьцылара бзиақәа бжьнахуеит» (1 КОР. 15:33, АдҾ).
1. Иарбан аамҭоу ҳара ҳазҭагылоу?
ҲАРА иуадаҩу аамҭақәа раан ҳанхоит. Абиблиаҿы 1914 шықәсазы иалагаз апериод «аҵыхәтәантәи амшқәа» ахьӡуп. Адунеи аҿы аҭагылазаашьа абриаҟара ахаан ицәгьаны иҟамлацызт (2 Тим. 3:1—5). Уи еиҳагьы еицәахалоит, избанзар Абиблиаҿы заа иҳәан «ауаа цәгьақәеи амцҳәацәеи қәҿиарала рыцәгьарақәа нарыгӡалоит» ҳәа (2 Тим. 3:13).
2. Изларылукаауазеи иахьатәи аамҭазы ирыларҵәоу агәырҿыхагақәа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
2 Иахьатәи аамҭазы ауаа ирыларҵәоу агәырҿыхагақәа жәпакы Абиблиа ахәаԥшышьала игәымбылџьбароуп, игәаԥхашәадоуп, насгьы Анцәа игәаԥхом. Егьырҭ аспиритизм иадҳәалоуп. Ақәымчреи агәаԥхашәадареи аинтернет аҿы, ателедырраҭарақәа рҿы, афильмқәеи, ашәҟәқәеи, ажурналқәеи рҿы ибзиоу ак еиԥш иудыргалоит. Уаанӡа иҽеимыз ахымҩаԥгашьа уажәы ҭыԥқәак рҿы закәанла ишьақәырӷәӷәоуп. Аха уи иаанагаӡом урҭ аусқәа рахь Анцәа ихәаԥшышьа иԥсахит ҳәа. (Шәаԥхьа Римаа рахь 1:28—32.)
3. Ишԥарзыҟоу лассы-лассы ари адунеи аҿы абиблиатә нормақәа рыла инхо ауаа?
3 Актәи ашәышықәсазы инхоз Христос ишьҭанеицәа иахьынӡарылшоз рҽырцәырыхьчон ицқьамыз агәырҿыхагақәа. Убри азы, насгьы Анцәа игәаԥхоз аԥсҭазаара ахьымҩаԥыргоз азы, ацәгьа рзырҳәон, гәымбылџьбарала ирышьҭашәарыцон. Апостол Пиотр ақьырсианцәа рахь иҩуан: «Иҟалап уажәы урҭ уамашәа ирбозар, шәҵәылырхуазар рыҳалирақәа, рыԥсныҟәцарақәа шәахьрылахәым» (1 Пиот. 4:4). Иахьагьы Анцәа инормақәа рыла инхо ауаа уамашәа ирбоит. Абиблиа ишаҳәо ала, «Иисус Христос игәрахаҵара зауа дарбанзаалакь, ишьҭазаара, иԥхарсра иалагоит» (2 Тим. 3:12).
«ИҼЕИМ АИҾЦӘАЖӘАРА АШЬЦЫЛАРА БЗИАҚӘА БЖЬНАХУЕИТ»
4. Иарбан гәҽанҵароу Иԥшьоу Аҩыра иаҳнаҭо?
4 Иԥшьоу Аҩыра Анцәа игәаԥхара анагӡара зҭаху аанаԥхьоит ари адунеи, насгьы уи аусқәа бзиа ирымбаларц. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 2:15, 16.) Ари адунеи адинхаҵаратә, аполитикатә, акоммерциатә структурақәа, амассатә информациа ахархәагақәагьы уахь иналаҵаны, «ари аамҭа анцәахәы» — Аҩсҭаа Аџьныш — инапаҵаҟа иҟоуп (2 Кор. 4:4; 1 Иоан. 5:19). Убри аҟнытә, ақьырсианцәа реиԥш, ҳара аҩызцәа аналҳхуа, азҿлымҳара ааҳарԥшлароуп. Анцәа Иажәаҿы иануп ишьақәырӷәӷәоу аҵабырг: «Шәгәышәҽаныз. Иҽеим аиҿцәажәара ашьцылара бзиақәа бжьнахуеит» (1 Кор. 15:33).
5, 6. Иарбан ҿцәажәароу ҳара ҳҽызцәаҳахьчар акәу, насгьы избан?
5 Ҳашьцылара бзиақәа ҳахьчарц азы, ҳара гәнаҳа мҩала ицо рҩызахара ҳҽацәаҳахьчалароуп. Уахь иаҵанакуа Иегова имаҵ зымуа рымацара ракәӡам, аха Иегова имаҵ руеит ҳәа зҳәо, убри аамҭазгьы идырны изакәанқәа еилазгогьы аҵанакуеит. Ус еиԥш иҟоу ақьырсианцәа агәнаҳа ӷәӷәа ҟарҵозар, насгьы иахьымхәуазар, ҳара урҭ рацәажәара ҳаҟәыҵуеит (Рим. 16:17, 18).
6 Анцәа изакәанқәа ирықәымныҟәо рыҿцәажәара ҳалагар, дара ҳрыдыркыларц азы урҭ рҿыԥшра ҳҭаххар алшоит. Иаҳҳәап, ацәеижьтә еизыҟазаашьақәа рганахь ала Анцәа инормақәа еилазго ҩызцәас ишьҭаҳхыр, уи агәнаҳахь ҳнанагар ауеит. Убри ауп ирыхьыз Анцәа зҽизызкыз ақьырсианцәа шьоукы. Урҭ рҟынтәи иахьымхәыз, аҵыхәтәаны аизара иалцан (1 Кор. 5:11—13). Дара рҽырмыԥсахыр, 2 Пиотр 2:20—22 аҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа рҭагылазаашьаҿы иҟалоит (шәаԥхьа).
7. Ҩызцәас иҳамазар ахәҭада ҳара?
7 Ҳара Анцәа иԥҟарақәа ирықәымныҟәо ауаа рахь ақьиара шааҳарԥшуагьы, иааигәаны рыҿцәажәара, ма урҭ рҩызахара иашахомызт. Убри аҟынтә аҭаацәара иалам Иегова ишаҳаҭ Анцәа имаҵ зымуа, насгьы иҳараку инормақәа пату рықәзымҵо ауаҩы иҿы аромантикатә еизыҟазаашьақәа реизырҳара ихәҭам. Анцәа иҿаԥхьа уцқьаны аанхара еиҳа ихадоуп, уи изакәанқәа ирықәымныҟәо ауаа урҩызахар аасҭа. Ҳара иаҳҩызцәазар ауп Анцәа бзиа дызбо, насгьы игәаԥхара назыгӡо ауаа. Иисус иҳәеит: «Анцәа игәаҳәара назыгӡо дарбанзаалакь Сара дсашьоуп, дсаҳәшьоуп, дсануп» (Мар. 3:35).
8. Ишԥарныри ажәытәан инхоз израильаа Анцәа имаҵ зымуаз ауаа иахьрыҿцәажәоз?
8 Ажәытәан израильаа Анцәа имаҵ зымуаз ауаа иааигәаны ирыҿцәажәон, уи алҵшәа бааԥс аман. Иегова ауриацәа мысратәи атҟәара аҟынтәи рхы ианақәиҭитә, насгьы Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианнеига, иара ирыдиҵеит уа инхоз ажәларқәа рҵасқәа ирылахәымзарц. Уи ижәлар ргәырҽаниҵеит: «Урҭ рынцәахәқәа урымҵамхырхәалан, рымаҵгьы умулан, рхы иадырхәо асахьақәа иреиԥшу ҳәа акгьы ҟаумҵалан, аха иԥыххааса иқәҵа иԥшьоу ргәашьақәа зегьы. Унцәа Иегова имаҵ ула» (Ақәҵ. 23:24, 25). Аҵыхәтәаны израильаа реиҳараҩык Анцәа ирыдиҵоз ақәныҟәара иаҟәыҵит (Ԥс. 106:35—39). Урҭ Анцәа изиашаны иаанымхеит аҟынтә, Иисус ус реиҳәеит: «Абар шәыҩны ҭацәны иахьышәзаанхауа» (Матф. 23:38). Аҵыхәтәаны Иегова Израиль мап ацәикит, насгьы ҿыц еиҿкаахаз ақьырсиантә еизара азылԥхара аиҭо далагеит (Аус. 2:1—4).
ЗҾЛЫМҲАРЫЛА ИАЛЫШӘХЛА ШӘЗЫԤХЬО, НАСГЬЫ ШӘЫЗХӘАԤШУА
9. Избан ишәарҭазар залшо амассатә информациа ахархәагақәеи агәырҿыхагақәа риндустриеи иҳадыргало?
9 Иахьа амассатә информациа ахархәагақәеи агәырҿыхагақәа риндустриеи ауаа ирыдыргало абжеиҳарак ақьырсианцәа адоуҳа аганахь ала ашәарҭара иҭанаргылоит. Урҭ рматериалқәа ауаа Иегова иқәыргәыӷрақәеи иареи рыгәра агара ирыцхрааӡом. Уи аҭыԥан, дара иаадырԥшуеит Аҩсҭаа идунеи агәазыҟашьеи ахықәкқәеи. Убри аҟнытә ҳара даараӡа агәҽанызаара ааҳарԥшлар ауп «адгьылтә гәаҳәарақәа» ҳазцәырызго ҳамыԥхьаларц, насгьы ҳамыхәаԥшларц (Тит 2:12).
10. Ирыхьуазеи аҵыхәтәаны адоуҳатә ԥырхага узаазго ашәҟәқәеи афильмқәеи?
10 Иаарласны иҟалаӡом адоуҳатә ԥырхага ҳзаазгар алшо ашәҟәқәеи афильмқәеи. Дара зегьы ықәгахоит Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа анааиуа. Абиблиаҿы иануп: «Ари аԥсҭазаараҿ уаҩ дхызхша, дзырблаҟьаша рацәоуп, урҭ зегьы мҩасуеит, ииасуеит, Анцәа игәаҳәара назыгӡо — наунагӡа дыҟоуп» (1 Иоан. 2:17). Аԥсаломшәаҳәаҩ иажәақәагьы уи ауп ирҳәо: «Ацәгьа ҟазҵо ықәгахоит, аха Иегова иқәгәыӷуа адгьыл иҭынхоит. ...Ауаа ҟәымшәышәқәа адгьыл рҭынхоит, насгьы аҭынчра нагӡа агәахәара рнаҭалоит». Шаҟа иҟазаалозеи уи аҩыза адунеи? Анцәа Иажәаҿы иануп: «Ииашақәоу адгьыл рҭынхоит, иагьықәынхалоит уа наӡаӡа» (Ԥс. 37:9, 11, 29).
11. Ишԥариҭо Иегова ижәлар адоуҳатә фатәы?
11 Аҩсҭаа идунеи аҿы еиԥш акәымкәа, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Иегова иорганизациа наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиура иҳацхраауеит. Иисус Иегова даниҳәоз иҳәеит: «Наӡаӡатәи ԥсҭазаарас иҟоу Уара, иаӡәу Анцәа иаша удырреи Уара Иааушьҭыз Иисус Христос идырреи рауп» (Иоан. 17:3). Жәҩан иҟоу Ҳаб иорганизациа ала иҳаиҭоит узырӷәӷәо адоуҳатә фатәы рацәаны. Шаҟа ҳаигәырӷьозеи ҳара ажурналқәа, аброшиурақәа, ашәҟәқәа, авидео, насгьы ҳсаит ахьҳамоу! Уи зегьы ииашоу амҵахырхәара иацхраауеит. Уи адагьы, Анцәа иорганизациа иабзоураны, 110 000 еизара инареиҳаны рҿы адунеи зегь ахьынӡа-наӡааӡо иааиԥмырҟьаӡакәа ақьырсиантә еиԥыларақәа мҩаԥысуеит. Арҭ аизарақәа рҿы, насгьы аконгрессқәа рҿы еилдыргоит Абиблиа шьаҭас измоу Анцәа иахь, насгьы иқәыргәыӷрақәа рахь ухаҵара еиззырҳауа аматериал (Аур. 10:24, 25).
«ИҲАҚӘИҬУ ИИТӘУ ИАКӘЗААИТ» АҬААЦӘАРА ШӘЫЗЦАЛАЛО
12. Иҳаилшәыркаа абиблиатә лабжьара «Иҳақәиҭу иитәу иакәзааит» аҭаацәара шәызцалало иаанаго.
12 Еиҳарак аҭаацәара иалам, насгьы алалара зҭаху рзы ихадоуп ҟәыӷарыла аҩызцәа ралхра. Анцәа Иажәа еилыкка иаҳәоит: «Агәрахаҵара змам ауаа руӷә шәҽаҵашәымҳәан; иаша-ҵабыргла иҟои закәандарала иныҟәои злеиҿцаарызеи? Алашареи алашьцареи еицырзеиԥшузеи?» (2 Кор. 6:14). Аҭаацәара алалара зҭаху ақьырсианцәа Абиблиа алабжьара рнаҭоит изцалало «Иҳақәиҭу иитәу иакәзааит» ҳәа, уи Анцәа зҽизызкыз, аӡы зыҽӡаазхыз, абиблиатә ҵарақәа инарықәыршәаны инхо Иегова имаҵзуҩы иоуп (1 Кор. 7:39). Ари алабжьара иқәныҟәар, дара дроуеит доуҳала иӷәӷәаны аанхара ирыцхраауа, Иегова иахь азиашара аазырԥшло ахатә ҩыза.
13. Иарбан дҵоу Анцәа израильаа ириҭаз аҭаацәалазаара аганахь ала?
13 Иегова иара имаҵзуҩцәа рзы еиҳа еиӷьу идыруеит, насгьы уи аҭаацәалазаара дшахәаԥшуа аҽаԥсахӡом. Иаҳгәалаҳаршәап уи Моисеи ила израильаа дҵас ириҭаз. Анцәа урҭ иаарыкәыршаны инхоз имаҵ зымуаз ажәларқәа рзы иҳәеит: «Дареи уареи аҭаацәаратә еиқәшаҳаҭра шәыбжьаумҵан. Уԥҳа иара иԥа диумҭан, насгьы иԥҳа уԥа изы думган. Избанзар уи уԥа сара дсымихуеит, нас дара егьырҭ анцәахәқәа рымҵахырхәара иалагоит. Усҟан Иегова игәыԥжәара цәырыжәгоит, анаҩс иаразнак уқәигоит» (Ҩынтә. 7:3, 4).
14, 15. Дабананагеи Соломон Анцәа иԥҟара дахьықәымныҟәаз?
14 Давид иԥа Соломон дышқәыԥшыз аҳас даныҟала, уи Анцәа диҳәон аҟәышра ииҭарц, Анцәагьы уи меигӡарахда ииҭеит. Аҳ Соломон деицырдыруан ишәҭыкакаҷуаз аҳәынҭқарра иахагылаз иҟәышыз напхгаҩык иеиԥш. Соломон дызбарц иааз Саватәи аҳкәажә ҿаалҭит: «Исарҳәоз хасҵомызт, схаҭа сааны абри зегьы сыблала исымбакәа. Нас абар — сара абжа-еиҭабжагьы сзеиҭарымҳәаӡеит! Уҟәыӷареи умали исзеиҭарҳәаз аасҭа акырӡа еиҳауп» (1 Аҳ. 10:7). Аха израильтәи ари аҳ Анцәа имаҵ зымуа аҭаацәара ицалалара иазку аԥҟара ауаҩы дықәымныҟәар, дахькылнаго узырбо ҿырԥшны дҟалеит (Еккл. 4:13).
15 Анцәа Соломон абриаҟара шизыҟаиҵазгьы, рааигәара инхоз амурҭаҭра ныҟәызгоз аҳәса ааимгарц идыз адҵа дықәымныҟәаӡеит. Аҳ Соломон бзиа ибеит «атәымтәылатәи аҳәсақәа аӡәырҩы». Уи иман 700-ҩык аҳәсеи 300-ҩык ауадалықьҳәсақәеи. Дабананагеи уи? Соломон иқәрахь даннеи, амурҭаҭра ныҟәызгоз иҳәсақәа «егьырҭ анцәахәқәа дрышьҭаларц азы игәы хьадырԥшит», нас иара «Иегова иҿаԥхьа ацәгьа ҟаиҵо далагеит» (1 Аҳ. 11:1—6). Аҵыхәтәаны Соломон имаз аҟәыӷара ицәыӡит, ииашоу амҵахырхәарагьы дацәхьаҵит. Ари акрызҵазкуа гәҽанҵароуп Иегова бзиа дзымбо аҭаацәара ицалалара иазхәыцуа ақьырсианцәа рзы.
16. Иарбан библиатә принципу изықәныҟәалар акәу зхатә ҩыза Иегова ишаҳаҭым Анцәа имаҵзуҩцәа?
16 Иҟалозеи, аӡәы аҭаацәара даналала ашьҭахь Анцәа имаҵ аура далагар, аха ихатә ҩыза Иегова ишаҳаҭ иакәымзар? Абиблиаҿы иануп: «Хаҵа ирымоу аҳәса, шәхацәа рҳәатәы хашәҵала, шәырзыӡырҩла, урҭ агәрахаҵара рыламзар агәрахаҵара роуразы» (1 Пиот. 3:1). Арҭ ажәақәа хаҵа ирымоу ақьырсиан ҳәсақәа рахь ирхоуп, аха урҭ зыҳәсақәа Анцәа имаҵ зымуа ахацәагьы ирыҵанакуеит. Абиблиатә лабжьара еилкаауп: аҭаацәараҿы ишәыду ароль ибзианы анагӡара шәҽазышәшәала, насгьы аҭаацәалазаара иадҳәалоу иҳараку Анцәа инормақәа шәрықәныҟәала. Иегова ишаҳаҭцәамыз ахацәеи аҳәсеи аӡәырҩы аҵабырг рыдыркылеит, рхатә ҩызцәа абиблиатә приципқәа рықәныҟәара ианалага рыҽшырыԥсахыз анырба.
ИЕГОВА БЗИА ДЫЗБО ШӘРЫҾЦӘАЖӘАЛА
17, 18. Ицхраазеи Нои Аӡхыҵра ахгара, насгьы актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа Иерусалим ақәхра ахгара?
17 Ҳәарада, иҽеим аиҿцәажәара ашьцылара бзиақәа бжьнахуеит. Аха ииашаны аҩызцәа аналухуа, алҵшәа бзиақәа аанагоит. Иаҳгәалаҳаршәап ицәгьаз адунеи иқәынхоз, аха ицқьам ауаа рыҿцәажәара зҭахымыз Нои иҿырԥшы. Усҟан Иегова ибеит «ауаа адгьыл аҿы ахәымгара рыҽшаларҟьашьыз, насгьы рыгәҭахәыцрақәа зегьы еснагь ацәгьара мацарахь ишырхаз» (Аҟаз. 6:5). Иџьашьатәым Иегова ицқьамыз уи адунеи ықәигарц ахьиӡбаз, насгьы адгьыл аҿы Аӡхыҵра ахьыҟаиҵаз. Аха «Нои дуаҩ иашан. Иара иаамҭазы инхоз рыбжьара гхак имамызт. Нои ииашоу Анцәа дицын» (Аҟаз. 6:7—9).
18 Ҳәарада, Нои ицқьамыз ауаа рыҿцәажәара дашьҭамызт. Иҭаацәара иатәыз быжьҩык ауааи иареи Иегова идҵа нарыгӡон, иара убас дара аковчег дыргылон. Уи адагьы, Нои «аиаша-ҵабырг рылазырҵәоз» уаҩын (2 Пиот. 2:5). Нои Иегова дзыргәырӷьоз аусқәа ҟаиҵон: ажәабжь рылеиҳәон, аковчег иргылон, иҭаацәеи иареи еицәажәон. Аҵыхәтәаны Нои иҭаацәеи иареи Аӡхыҵра иацәынхеит. Ҳара аџьшьара раҳҭалароуп Нои иԥҳәыси иареи, насгьы иԥацәеи иҭацацәеи, Иегова изиашаны иахьаанхаз, имаҵ ахьыруаз азы, избанзар ҳара урҭ рхылҵшьҭрақәа ҳауп. Убасҵәҟьа актәи ашәышықәсазы инхоз ииашаз ақьырсианцәа ицқьамыз ауаа рҽырцәырыхьчон, насгьы ирхыргеит 70 шықәсазы ҳ. ҳ. иҟаз Иерусалими иудеиатәи асистемеи рықәхра (Лука 21:20—22).
Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыҿцәажәара адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа ҳхаҿы аагара иҳацхраауеит (Шәахәаԥш абзац 19.)
19. Иҟаҳҵар акәзеи, Анцәа иразра ҳаурц азы?
19 Ҳара, Иегова имаҵзуҩцәа, Нои иҭаацәеи иареи, иара убас азыӡырҩра аазырԥшуаз раԥхьатәи ақьырсианцәеи ҳарҿыԥшлар ауп. Ҳара ицқьам ари адунеи ҳаҟәыганы ҳанхалар ауп, насгьы миллионҩыла Анцәа изиашоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҿы ҳгәы шьҭызхуа аиҿцәажәара ҳашьҭазар ауп. Анцәа иҟәышра напхгарас измоу ҩызцәас ианҳамоу, имариам арҭ аамҭақәа раан ҳаӷәӷәаны ҳаанхоит (1 Кор. 16:13; Ажәам. 13:20). Шәазхәыц аԥхьаҟа иаҳзыԥшу! Ҳара иҳалшоит ицқьам ари асистема аҵыхәтәа ахгара, насгьы зынӡа иааигәоу ииашоу адунеи ҿыц ахь анеира, аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа раан ииашаны аҩызцәа алҳхуазар.