Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/10 ад. 6—8
  • Анцәаиҳәара. Уи иаҳнаҭар алшо

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәаиҳәара. Уи иаҳнаҭар алшо
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Агәҭынчра.
  • Агәҭынчреи ацхыраареи иуадаҩу аамҭақәа раан.
  • Анцәа иҟынтә аҟәыӷара.
  • Анцәа ишизааигәахатәу
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
  • Анцәа шәиҳәалар, шәеиҩызара шәырӷәӷәоит
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/10 ад. 6—8

АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИАЛШОМА АНЦӘАИҲӘАРА АК АԤСАХЫР?

Анцәаиҳәара. Уи иаҳнаҭар алшо

Акы ҳалагаанӡа, ҳара ҳхы ҳазҵаауеит: «Иснаҭозеи уи?» Аха иҟалома абас еиԥш иҟоу азҵаара ықәҳаргылар анцәаиҳәара аганахь ала? Иаанарԥшуама уи мыцхәы ахбзиабара? Уи еснагь ус акәым. Еиуеиԥшым аусқәа иаҳзаарго ахәарҭа аилкаара цәгьара ҳәа акгьы алам. Ииашаз Иовгьы зны дҵаахьан: «Аҭак сиҭарызма иара [Анцәа], сиԥхьазҭгьы?» (Иов 9:16).

Раԥхьа иҟаз астатиақәа рҿы еилҳаргеит анцәаиҳәара — ари адинхаҵара иадҳәалоу аҽаршьцылара, ма атерапиа шакәым аазырԥшуа ашьақәырӷәӷәарақәа. Иҵабыргу Анцәа ииашаҵәҟьаны ҳаҳәарақәа дырзыӡырҩуеит. Ҳара ишахәҭоу еиԥш Анцәа ҳиҳәозар, насгьы иаԥсоу ҳаҳәозар, иара даҳзыӡырҩуеит. Уи инеиҳангьы, иара ҳаизааигәахаларц ҳгәазҭаиҵоит (Иаков 4:8). Нас ҳаззыԥшызар ҳалшозеи ҳара, анцәаиҳәара есыҽны иҟаҳҵо аусқәа ируакзар? Абар зылԥхарақәак.

Агәҭынчра.

Ишәныруама шәара зны-зынла аԥсҭазаара иацу ауадаҩрақәа шшәықәыӷәӷәо? Убри аамҭазы Абиблиа ҳгәы зызҭанаҵо ҳгәалашәозар ҳахәҭоуп: «Шәааҟәымҵӡакәа шәныҳәала», насгьы «Гәҭыхас ишәымоу, шәзыргәамҵуа шәныҳәарақәа раан Анцәа инапы ианышәҵала» (1 Фессалоникаа 5:17; Филиппаа 4:6). Абиблиа агәра ҳнаргоит Анцәа ҳиҳәозар, «иҳамоу адыррақәа ираԥызго, урҭ рыла иаҳзеилымкаауа Анцәа идунеи [«аҭынчра», АдҾ] [ҳгәы-ҳаԥсы]...» шеиқәнархо (Филиппаа 4:7). Ҳара жәҩантәи Ҳаб ҳагәҭыхақәа изеиҭаҳҳәар, уи ахәра зну ҳгәы арҭынчуеит. Иара ихаҭа уи ҳгәы азҭеиҵоит Ԥсалом 55:22 аҿы: «Уеидара Иегова идҵа, нас иара дуцхраауеит».

«Уеидара Иегова идҵа, нас иара дуцхраауеит» (Ԥсалом 55:22).

Адунеи ахьынӡа-наӡааӡо имаҷымкәа ауаа убас еиԥш иҟоу агәҭынчра роуит. Кореиа инхо Хи Ран илҳәоит: «Сара сыуадаҩрақәа ртәы Анцәа ианизеиҭасҳәо, сеидара хьанҭа касыжьызшәа, насгьы ԥхьаҟа ацаразы амч соузшәа збоит». Афилиппинқәа рҿы инхо Сесилиа еиҭалҳәоит: «Сара даара сгәы иҵхоит сыԥҳацәеи ичмазаҩу уажәшьҭа сыззымдыруа сани. Аха анцәаиҳәара абзоурала, сара анаҩсгьы анхара сылшоит, уиаҟара сгәы касыжьӡом. Сара издыруеит Иегова урҭ рхылаԥшра дышсыцхраауа».

Агәҭынчреи ацхыраареи иуадаҩу аамҭақәа раан.

Ишәымоума шәара астресс ӷәӷәа, иаҳҳәап, шәыԥсҭазаара ашәарҭара иахьҭагылоу, мамзаргьы гәаҟрак шәахьақәшәаз иахҟьаны? «Агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа» иахь ирхоу аҳәара даара угәы арҭынчыр алшоит. Абиблиаҿы иҳәоуп иара «гәаҟрас иҳамақәоу зегьы ҳрылигоит, ҳгәы ижьжьоит» ҳәа (2 Коринфаа 1:3, 4). Иаҳҳәап, Иисус даараӡа ианицәыцәгьаз аамҭазы, «дшьамхнышгыланы аныҳәара далагеит». Инаҭазеи уи? Усҟан «ажәҩан ахьтә Амаалықь дылбааны игәы-иԥсы ирӷәӷәон» (Лука 22:41, 43). Ауаҩ иаша Неемиа Анцәа идҵа анагӡара иԥырхагаз иҽеимыз ауаа дахьдыршәоз агәҭынчымра изцәырнагон. Иара Анцәа диҳәон: «Ирӷәӷәа снапқәа!» Уи ашьҭахь иҟаз ахҭысқәа иаадырԥшит Анцәа Неемиа ишәарақәа риааира, насгьы идҵа анагӡара дышицхрааз (Неемиа 6:9—16). Абар Гана инхо Реџьиналд ииҳәо: «Даараӡа ианысцәыцәгьоу аамҭазы, сара Анцәа сиҳәоит, усҟан агәҭынчымразы амзыз шыҟам сақәзыргәыӷуа, насгьы ацхыраара сызҭо сышиацәажәо еилыскаауеит». Ааи, анцәаиҳәара абзоурала Анцәа иҟынтә агәҭынчра ҳаур ҳалшоит.

Анцәа иҟынтә аҟәыӷара.

Иҳадаҳкыло ӡбарақәак ҳаԥсҭазаареи иаҳзааигәоу рыԥсҭазаареи наӡаӡа иаԥсахыр алшоит. Иҳацхраауазеи ҟәыӷарыла ахымҩаԥгара? Абиблиаҿы иануп: «Шәыбжьара аҟәыӷара згу аӡәыр дыҟазар [еиҳарак иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы], Анцәа диҳәааит уи аиоуразы, иагьиоуеит, ҽыԥныҳәада, гәыҭбаарала уи зегьы ираҭәеишьоит» (Иаков 1:5). Аҟәыӷара ҳаҳәозар, Анцәа иԥшьоу идоуҳала иҟәыӷоу аӡбара адкылара дҳацхраауеит. Ҳара хықәкыла иԥшьоу адоуҳа ҳаҳәалар ҳалшоит, избанзар Иисус агәра ҳиргоит жәҩантәи Ҳаб иԥшьоу адоуҳа иаҳәо ишриҭо (Лука 11:13).

«Сара ииашоу аӡбара адкыларазы Иегова анапхгара сиҭарц сааҟәымҵӡакәа сиҳәон» (Квабена, Гана)

Иисусгьы еиликаауан акрызҵазкуа аӡбарақәа рыдкылараан ацхырааразы Иаб иҳәара шаҟа ихадоу. Абиблиаҿы иануп 12-ҩык апостолцәа алихаанӡа иара «аҵх зегьы убраҟа ихигеит, Анцәа диашьапкуа» ҳәа (Лука 6:12).

Иисус иеиԥш, аӡәырҩы ргәы арҭынчуеит иҟәыӷоу аӡбара адкылараҿы Анцәа дрыцхраарц ианиҳәо аҭак шыҟаиҵо анырбо. Афилиппинқәа рҿы инхо Регина ауадаҩрақәа рацәаны илымоуп: лхаҵа данԥсы ашьҭахь, лара лҭаацәа рныҟәгара лықәшәеит, иара убас лусура лцәыӡит, насгьы лхәыҷқәа рааӡараҿгьы лыпроблемақәа маҷым. Илыцхраауазеи уи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара? Лара илҳәоит: «Сара Иегова ацхыраара сиҭарц сиҳәоит». Гана инхо Квабена еиҭеиҳәоит Анцәа ацхырааразы дызиҳәоз: «Сара сыргылаҩын, аԥарагьы бзианы исоуан, аха уи аусура сцәыӡит». Иара еиуеиԥшым аусура ахкқәа идыргалон. Иара иҳәоит: «Сара ииашоу аӡбара адкыларазы Иегова анапхгара сиҭарц азы сааҟәымҵӡакәа сиҳәон». Уи иациҵоит: «Агәра ганы сыҟоуп сдоуҳатә, насгьы сцәеижьтә ҭахрақәа ишахәҭоу еиԥш реиҷаҳара алзыршо аусура аԥшаара дышсыцхрааз». Шәаргьы шәыԥсҭазаараҿы Анцәа инапхгара жәбалар шәылшоит. Убри аҟынтә иареи шәареи шәеизыҟазаашьақәа ирнырыр алшо азҵаарақәа рзы шәиҳәала!

Ҳара зылԥхарақәак роуп еиқәаҳаԥхьаӡаз. (Егьырҭ азылԥхарақәа ртәы шәаԥхьа «Анцәаиҳәара иаҳнаҭар алшо» захьӡу арамкаҿы.) Аха урҭ шәоурц азы, шәара раԥхьа Анцәа дыжәдырыр ауп, насгьы игәаԥхара иаҵанакуа еилышәкаар ауп. Шәара ишәылшоит Абиблиа еиҳа еиӷьны аилкаара ишәыцхраауа Иегова ишаҳаҭцәа шәрыдҵааларa. Уи «аҳәарақәа Ирзыӡырҩуа» шәизааигәазтәуа раԥхьатәи шьаҿахоит (Ԥсалом 65:2).

a Еиҳаны аинформациа шәоурц шәҭахызар, Иегова ишаҳаҭцәа хаҭала шәрыдҵаал, мамзаргьы урҭ рофициалтә саит шәаҭаа.

Анцәаиҳәара иаҳнаҭар алшо

Агәҭынчра «Ак гәырҩажәымган, ак хьаашәымган, аха гәҭыхас ишәымоу, шәзыргәамҵуа шәныҳәарақәа раан Анцәа инапы ианышәҵала, шәиаҭабуны. Убасҟан ҳара иҳамоу адыррақәа ираԥызго, урҭ рыла иаҳзеилымкаауа Анцәа идунеи [«иҭынчра», АдҾ] шәгәы-шәыԥсы Христос Иисус иҿы иеиқәдырхоит» (Филиппаа 4:6, 7).

Анцәа иҟынтәи арҭынчра «Хьӡи-ԥшеи имазааит Анцәа — Иҳақәиҭу Иисус Христос Иаб, агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа. Анцәа ҳара гәаҟрас иҳамақәоу зегьы ҳрылигоит, ҳгәы ижьжьоит, ҳарҭгьы, уи ҳгәы шижьжьо, иширҭынчуа аиԥш, егьырҭ ргәы ҳажьжьоит, иҳарԥсаҳәоит!» (2 Коринфаа 1:3, 4).

Иҟәыӷароу аӡбарақәа рыдкыларазы анапхгара «Шәыбжьара аҟәыӷара згу аӡәыр дыҟазар, Анцәа диҳәааит уи аиоуразы, иагьиоуеит, ҽыԥныҳәада, гәыҭбаарала уи зегьы ираҭәеишьоит» (Иаков 1:5).

Аԥышәара аан ацхыраара «Иҭыԥ аҟны даннеи, иреиҳәоит: шәныҳәала, ԥышәара шәақәымшәаразы» (Лука 22:40).

Агәнаҳақәа ранажьра «Сыхьӡ зху сыжәлар ахынраалара анаадырԥшлак, иансыҳәалак, иансышьҭалалак, насгьы иҽеим рымҩақәа анаанрыжьлак, ажәҩан аҟны исаҳауеит, рыгәнаҳагьы ранасыжьуеит» (2 Ашықәсынҵа 7:14).

Егьырҭ рыцхраара алшара «Шәара-шәара гәнаҳарас ишәымоу еибышәҳәала, шәеибаныҳәала — хәышәтәра шәоуразы: ауаҩ иаша игәцаракратә ныҳәара иалшо шьарда ирацәоуп» (Иаков 5:16).

Анцәаиҳәара аҭак ануоулак, иунаҭо агәырӷьара «Иегова иара [Соломон] ус иеиҳәеит: „Сара исаҳаит уҳәара, насгьы аразра уоурц азы сара сахь иурхаз аҳәара“» (1 Аҳцәа 9:3).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра