Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/12 ад. 8—12
  • Иегова ауаа дышрацәажәо

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова ауаа дышрацәажәо
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ИАЖӘА АУАА РАХЬ
  • АНЦӘА ИАЖӘАБЖЬ ҲАРА ҲҞЫНӠА ИШААЗ
  • АБИБЛИА АИҬАГА ҾЫЦ
  • Зыԥсы ҭоу абызшәала еиҭагоу Анцәа Иажәа
    Ахьчаратә бааш 2015
  • «Ҳанцәа иажәа наӡаӡа иҟазаалоит»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Избан ҳара Абиблиа зеиҭаҳго?
    Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/12 ад. 8—12

Иегова ауаа дышрацәажәо

«Суҳәоит, усзыӡырҩы, сара сцәажәалоит» (ИОВ 42:4).

АШӘАҚӘА: 113, 114

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан Иегова ауаа данрацәажәо, ихәыцрақәа ырмарианы изиҳәо?

  • Избан Анцәа изиԥырхагам ауаа рацәажәара, урҭ бызшәа рацәала ицәажәозаргьы?

  • Избан Иегова иорганизациа «Адунеи ҿыц аиҭага» зыҭнажьыз?

1—3. а) Избан Анцәа ихәыцрақәеи ибызшәеи, ауаа рацәажәаразы иалихуа азнеишьеи ауаа ртәы аасҭа изеиҳау? б) Еилыргахозеи ари астатиаҿы?

НАӠАӠАТӘИ Анцәа ахшыҩ змоу ашамҭақәа ишеит, аԥсҭазаара иацу агәырӷьара рыцеиҩишарц (Аԥсалом 35:10 [36:9, АдҾ]; 1 Тимофеи 1:11). Апостол Иоанн иҳәеит «Анцәа иишаз, иаԥиҵаз зегьы ирылагамҭоу» Ажәа ауп ҳәа (Иоанн 1:1; Аатра 3:14). Анцәа Иегова ихшаазаҵәу Иԥа диацәажәон, ихәыцрақәеи ицәаныррақәеи ртәы изеиҭаҳәо (Иоанн 1:14, 17; Кәаласаа 1:15). Иазгәаҭатәуп апостол Павел амаалықьцәа рбызшәа дшалацәажәоз. Иара иажәақәа рыла иубарҭоуп амаалықьцәа, адоуҳатә шамҭақәа, шеицәажәо ауаа рбызшәа иеиԥшым бызшәала (1 Коринфаа 13:1).

2 Иегова ибзиаҵәҟьаны идыруеит миллиардла ахшыҩ змоу ашамҭақәа — ажәҩан аҟны еиԥш, адгьыл аҿгьы. Есминуҭ иара иахь рыҳәарақәа дырхоит еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо ауаа. Анцәа урҭ рыҳәарақәа данырзыӡырҩуа аамҭазгьы адоуҳатә шамҭақәа драцәажәоит, насгьы амҩақәҵарақәа риҭоит. Еилкаауп ихәыцрақәеи ибызшәеи, ауаа рацәажәаразы иалихуа азнеишьеи ауаа ртәы аасҭа акырӡа ишеиҳау. (Шәаԥхьа Исаиа 55:8, 9.) Иубарҭоуп Иегова ауаа данрацәажәо ихәыцрақәа ырмарианы ишиҳәо, урҭ дара еилыркаарц азы.

3 Шәааи ҳахәаԥшып аҟәыӷара ду змоу Анцәа аҭоурых аҩныҵҟа ихәыцрақәа еилукаартә еиԥш ауаа ишреиҳәоз. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны ауаа дышрацәажәоз аҽшаԥсахуаз.

АНЦӘА ИАЖӘА АУАА РАХЬ

4. а) Иарбан бызшәоу Иегова Моисеии, Самуили, Давиди дызларацәажәоз? б) Иарбан информациоу Абиблиа иану?

4 Едемтәи абаҳчаҿы Иегова Адам еиликаауаз бызшәала диацәажәон. Иҟалап уи ажәытә уриатә бызшәа акәызҭгьы. Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова ихәыцрақәа реиҳәон Абиблиа зыҩуаз, Моисеи, Самуил, Давид реиԥш иҟаз ажәытә уриатә бызшәала ицәажәоз ауаа. Абиблиа аҩра иалахәыз дара зышьцылахьаз астиль ала, рхатә ажәақәа рхы иархәаны Анцәа ихәыцрақәа рыҩуан. Зны-зынла дара ирыҩуан Анцәа хаҭала иреиҳәаз ажәақәа, иара убас имаҵзуҩцәа дшырзыҟаз атәы рҳәон. Урҭ еиҭарҳәон агәрахаҵареи абзиабареи зныԥшуаз аҿырԥштәқәа, Анцәа ижәлар рыгхақәа, насгьы Иегова иганахь ала иаадырԥшуаз аиашамра ртәы. Ари аинформациа ҳара ҳзы иахьа даара акраҵанакуеит (Римаа 15:4).

5. Драцәажәозма Анцәа ижәлар ажәытә уриатә бызшәа мацарала? Иҳаилшәыркаа.

5 Анцәа ауаа дызларацәажәоз ажәытә уриатә бызшәа мацарала акәӡам. Аҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахуан. Вавилонтәи атҟәара ашьҭахь Анцәа имаҵзуҩцәа шьоукы рзы есҽны рхы иадырхәоз бызшәаны иҟалеит арамеи бызшәа. Убри азы акәзар ҟалап Иегова иԥааимбарцәа Даниили, Иеремиеи, аԥшьаҩы Ездреи ргәы зазҭеиҵаз Абиблиа хәҭақәак арамеи бызшәала ирҩырцa.

6. Ишԥеиҭагаз Анцәа Иажәа раԥхьа даҽа бызшәак ахь?

6 Александр Македонтәи ажәытә дунеи аиҳарак анимпыҵеихала, жәларбжьаратәи бызшәаны иҟалеит абырзен бызшәа, ма коине. Уи ала ицәажәон ауриацәагьы аӡәырҩы, убри аҟынтә Ауриатә Ҩырақәа абырзен бызшәахьы еиҭаган. 72-ҩык раҟара аиҭагаҩцәа аус здырулоз ари аиҭага Асептуагинта ҳәа еицырдыруа иҟалеит. Уи раԥхьатәи, насгьы зегь раасҭа ихадаз Иԥшьоу Аҩыра аиҭага акәхеитb. Урҭ аиҭагаҩцәа русура иалҵшәахеит еиуеиԥшымыз астильқәа рыла иҩыз атекст: иҟан ишыҟаҵәҟьоу ажәа-ажәала иҟаҵаз аиҭага, иҟан ус иҟаҵамызгьы. Аха уеизгьы, бырзен бызшәала ицәажәоз ауриацәа, ԥыҭрак ашьҭахь ақьырсианцәагьы, Асептуагинта Анцәа Иажәа акәны ирыԥхьаӡон.

7. Иарбан бызшәоу Иисус иҵаҩцәа изладирҵоз?

7 Анцәа ихшаазаҵәу Иԥа адгьыл ахь данаа, иҟалап иара дызлацәажәоз, насгьы изладирҵоз абызшәа Абиблиаҿы ауриа бызшәа ҳәа зыӡбахә ҳәоу акәзар (Иоанн 19:20; 20:16; Аусқәа 26:14). Актәи ашәышықәсазы ауриа бызшәа даараӡа ианыруан арамеи бызшәа, убри азы акәзар ауеит Иисус арамеи ажәақәа ихы изаирхәоз. Аха уи адагьы иара идыруан ажәытә уриатә бызшәа. Уи асинагогақәа рҿы есымчыбжьа изыԥхьоз Моисеии егьырҭ аԥааимбарцәеи рышәҟәқәа злаҩыз акәын (Лука 4:17—19; 24:44, 45; Аусқәа 15:21). Иара убас Израиль абырзен бызшәеи алатин бызшәеи рылаҵәан, аха Абиблиаҿы ианӡам Иисус урҭ абызшәақәа рыла дцәажәозу-дымцәажәозу.

8, 9. Избан ақьырсианра аналаҵәоз аамҭазы абырзен бызшәа Анцәа ижәлар рхы иадырхәоз бызшәаны изыҟалаз? Иаҳнарҵозеи уи Иегова изкны?

8 Иисус раԥхьатәи иҵаҩцәа ауриа бызшәа рдыруан, аха иара данԥсы ашьҭахь иҟан егьырҭ абызшәақәа рыла ицәажәоз ақьырсианцәа. (Шәаԥхьа Аусқәа 6:1.) Ақьырсианра анрылаҵәоз аамҭазы, Иисус ишьҭанеицәа рыбжьара ихадоу бызшәаны иҟалеит абырзен бызшәа. Иазгәоуҭартә иҟоуп Иисус иԥсҭазаара атәы зну ашәҟәқәа Матфеи, Марк, Лука, насгьы Иоанн бырзен бызшәала даара ишрылаҵәаз. Убас ақьырсианцәа аӡәырҩы ауриа бызшәала акәымкәа, бырзен бызшәала ицәажәонc. Иара убас апостол Павел исаламшәҟәқәеи егьырҭ абиблиатә шәҟәқәеи бырзен бызшәала иҩын.

9 Аинтерес аҵоуп Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа зыҩуаз Ауриатә Ҩырақәа рцитатақәа Асептуагинта аҟынтә иахьааргоз. Аоригиналтә ажәытә уриатә текст зны-зынла иреиԥшым арҭ ацитатақәа уажәшьҭа Анцәа идоуҳала иҩу Иԥшьоу Аҩыра иахәҭакны иҟалеит. Убас инаӡам аиҭагаҩцәа рус Анцәа Иажәа иахәҭакхеит. Уи иаҳнарбоит Анцәа культурак ма бызшәак еиӷьуп ҳәа шимԥхьаӡо. (Шәаԥхьа Аусқәа 10:34.)

10. Иаҳҵозеи ҳара Иегова ихәыцрақәа ауаа ишреиҳәоз аҟынтә?

10 Анцәа ихәыцрақәа ауаа ишреиҳәоз иазкны иааркьаҿны еилҳаргаз иаҳнарбеит имаҵзуҩцәа рҭахрақәеи рҭагылазаашьеи инарықәыршәаны дышрацәажәаша шиӡбо. Иегова иҳадицалаӡом иалкаау бызшәак аҵара иара иабадырразы, насгьы игәҭакы аилкааразы. (Шәрыԥхьа Захариа 8:23; Аатра 7:9, 10.) Ҳәарада, Иегова Абиблиа аҩра напхгара азиуан, аха иара ауаа азин риҭон ихәыцрақәа дара зышьцылахьаз астиль ала аҩра.

АНЦӘА ИАЖӘАБЖЬ ҲАРА ҲҞЫНӠА ИШААЗ

11. Избан Анцәа иажәабжь аларҵәара изаԥырхагамхаз ауаа бызшәа рацәала иахьцәажәо?

11 Иаԥырхагахама Анцәа иажәабжь аларҵәара Абиблиа аиҭагақәа рҿы иҟоу аиԥшымрақәа, насгьы ауаа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иахьцәажәо? Мап. Иаҳҳәап, Иисус аоригиналтә бызшәала ииҳәаз ажәақәа Абиблиаҿы зынӡа имаҷуп (Матфеи 27:46; Марк 5:41; 7:34; 14:36). Аха Иегова деиҷаҳаит Иисус иажәабжь абырзен бызшәахьы, анаҩс ԥыҭрак ашьҭахь егьырҭ абызшәақәа рахьгьы еиҭагазарц. Аамҭа анца, аиудеиаа реиԥш ақьырсианцәагьы абиблиатә напылаҩырақәа изныкымкәа ихырҩылаауан, убасала иԥшьоу атекст хьчо. Урҭ ахҩылаақәа аамҭа цацыԥхьаӡа ирацәаны егьырҭ абызшәақәа рахь еиҭаргон. IV—V ашәышықәсақәа рзы ҳ. ҳ. инхоз Иоанн Златоуст иҳәон иара иаамҭазы Иисус иҵарақәа сириаа, мысраа, индиаа, аџьамцәа, ефиопаа, иара убас егьырҭ ажәларқәа рбызшәақәа рахь еиҭаган ҳәа.

12. Иарбан ҿагыларақәоу изықәшәоз Абиблиа еиҭазгоз, насгьы уи рылазырҵәоз?

12 Абиблиа ықәырхырц изныкымкәа иашьҭан. Иаҳҳәап, 303 шықәсазы ҳ. ҳ. римтәи аимператор Диоклетиан Иԥшьоу Аҩыра ахҩылаақәа зегьы рблырц адҵа ҟаиҵеит. Аха Абиблиа бызшәа рацәала иахьеиҭагаз иабзоураны, урҭ аҽазышәарақәа ақәҿиара рымамызт. Анцәа Иажәа еиҭазгоз, насгьы ирылазырҵәоз иааҟәымҵӡакәа ирышьҭашәарыцон. XVI ашәышықәсазы Уильиам Тиндал Абиблиа ажәытәуриатә, насгьы абырзен бызшәақәа рҟынтә англыз бызшәахьы аиҭагара иҽаназишәа, иара аҵара ду змаз аӡәы иеиҳәеит: «Анцәа сынҵра иациҵар, дарбанзаалак ақыҭа ҷкәын Аҩыра шәара шәаасҭа еиӷьны идырыртә иҟасҵоит». Тиндал иеиҭага хыркәшаны иҭижьырц азы, Англиантәи европатәи аконтинент ахь дыбналар акәхеит. Адиннапхгаҩцәа ауаа ирымырхыз Абиблиақәа зегьы ишырбоз ишырбылуазгьы, имаҷымкәа ауаа уи аиҭага аԥхьара рылшеит. Аҵыхәтәаны Тиндал дырҭиит, насгьы дхәаҽны ашьаҟаҿы дыкнаҳаны дрыблит. Аха иара иҭыжьымҭа акгьы амыхькәа иаанхеит. Уи лассы-лассы рхы иадырхәон даараӡа ирыларҵәоу Анцәа Иажәа аиҭага Акрал Иаков ибиблиа аиҭагаҩцәа. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 2:9.)

13. Иаадырԥшызеи ажәытә манускриптқәа рыҭҵаара?

13 Ҳара ҳҟынӡа иааз библиатә напылаҩырақәак акыр зҵазымкуа гхақәаки аиԥшымрақәеи рымоуп. Аха аҵарауаа-абиблиаҭҵааҩцәа еизыргеит зқьыла аманускриптқәа, анапылаҩырақәеи заатәи аиҭагақәеи рыфрагментқәа, урҭ еиҿдырԥшит, насгьы ибзиаӡаны иҭырҵааит. Урҭ аҭҵаарақәа ишьақәдырӷәӷәеит абиблиатә текст аиҳарак шиашоу. Алак-ҩакра узцәырызго зхыԥхьаӡара рацәам жәеинраалақәак Иԥшьоу Аҩыра ихадоу атема ианырӡом. Абри зегьы гәыкала иҟоу Абиблиа аҭҵааҩцәа агәра днаргоит ҳара ҳҟынӡа иааз Анцәа Иажәа зыҩуаз рыла Иегова иаҳзааишьҭыз ажәабжь шакәу (Исаиа 40:8)d.

14. Шаҟа ирыларҵәоузеи Абиблиа иахьа?

14 Аҵабырг аӷацәа аҿагылара ӷәӷәақәа шыҟарҵозгьы, Иегова Абиблиа бызшәа рацәала еиҭаргартә иҟаиҵеит. Иахьагьы аӡәырҩы Анцәа дышхарымҵогьы, Абиблиа зегь раасҭа ирыларҵәоу шәҟәны иаанхоит, насгьы уи хәҭа-хәҭала ма ишеибгоу 2 800 бызшәа инареиҳаны рыла еиҭагоуп. Убри аҟынтә уи даҽа шәҟәык иузаҿырԥшуа иҟам. Еиҭагақәак еиҳа ишиашоугьы, насгьы еилукаартә ишыҟоугьы, аиҭагақәа зегьы агәыӷреи аиқәырхареи ирызку абиблиатә жәабжь уеилдыркаауеит ҳәа уҳәар алшоит.

АБИБЛИА АИҬАГА ҾЫЦ

15. а) Ишԥариаауеи иахьа Анцәа иеиҿкаараҿы абызшәатә ԥынгылақәа? б) Избан адоуҳатә фатәы раԥхьа англыз бызшәала издырхио?

15 Иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭазы Анцәа згәы ақәкны Абиблиа ҭызҵаауаз агәыԥ маҷ игәрагоу, иҟәышу тәыс ианалих, аҩнтәиқәеи дареи реицәажәарақәа еиҳарак англыз бызшәала имҩаԥысуан (Матфеи 24:45). Ари атәы имаҷымкәа аџьабаа ибоит адоуҳатә фатәы иахьынӡазалшо ала бызшәа рацәала еиҭагазарц. Иахьа урҭ абызшәақәа рхыԥхьаӡара 700 иреиҳауп. Актәи ашәышықәсазы коине абызшәа еиԥш, иахьа акоммерциеи аҵараиурҭеи рҿы англыз бызшәа рхы иадырхәоит. Убри аҟынтә ҳпубликациақәа раԥхьа уи ала ауп ишырыҩуа, анаҩс егьырҭ абызшәақәа рахь еиҭаргоит.

16, 17. а) Иарбан ҭахроу ирымаз Анцәа ижәлар XX ашәышықәса азбжазы? б) Ишԥанагӡаз уи аҭахра? в) Иарбан гәыӷроу Неитан Норр зыӡбахә иҳәаз 1950 шықәсазы?

16 Ҳара ҳдоуҳатә фатәы Абиблиа шьаҭас иамоуп. XX ашәышықәса азбжазы зегь раасҭа ирыларҵәан 1611 шықәсазы иҭыжьыз Акрал Иаков ибиблиа захьӡыз англыз Библиа. Уи аамҭазы ари аиҭага злаҩыз абызшәа даара иажәит. Убри адагьы уа Анцәа ихьӡ даара имаҷӡаны иуԥылон, ажәытә напылаҩырақәа рҿы уи 7 000-нтә раҟара ишуԥылогьы. Ари Абиблиаҿы аиҭагаратә гхақәак ҟаҵан, иара убас пату зқәырҵо ажәытә манускриптқәа рҿы ианым ажәеинраалақәа ацҵан. Уи аамҭазы иҟаз егьырҭ аиҭагақәагьы агхақәа рыман.

17 Иаҭахын раԥхьатәи абиблиатә аацҳара иамаз аҵакы ииашаны иахьатәи абызшәала иаазырԥшуаз аиҭага. Еиҿкаан «Адунеи ҿыц аиҭага» Акомитет, уи 10-шықәса рыҩныҵҟа, 1950 шықәса инаркны 1960 шықәсанӡа еиқәнаршәеит, насгьы иҭнажьит ф-томкны иҟаз аиҭага ҿыц. Август 2, 1950 шықәсазы аконгресс аҿы аиашьа Неитан Норр актәи атом шҭыҵыз атәы анрылеиҳәоз иҳәеит: «Еиҳа-еиҳа иаҳныруан ишаҳҭахыз иаҳзаатуа аҵабырг иақәшәо, уи аамҭазы аоригинал аҵакы ииашаны изныԥшуаз иахьатәи аиҭага, анаҩсгьы аҵабырг инарҵауланы еилаҳкааларц; иаҳҭахын ажәытәан ахынраалара аазырԥшуаз ауаа Христос иҵаҩцәа ирҩыз раԥхьатәи атекст шеилыркаауаз еиԥш, иахьатәи аԥхьаҩцәа ирзеилкааша аиҭага». Аиашьа Норр иҳәеит агәыӷра шимоу ари аиҭага миллионҩыла ауаа Иегова иеилкаара ишрыцхраауа.

18. Иҟаҵази Абиблиа аиҭагара аус арццакразы?

18 Убасҵәҟьоуп ишыҟалаз. 1963 шықәсазы «Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа — Адунеи ҿыц аиҭага» даҽа ф-бызшәак рыла иҭыҵит: аиспан, аиталиан, анемец, анидерланд, апортугальтә, афранцыз бызшәақәа рыла. 1989 шықәсазы ихадоу Иегова ишаҳаҭцәа русбарҭаҿы Анапхгаратә хеилак еиҿнакааит Абиблиа аиҭагара аус зырццакуаз аҟәша. 2005 шықәсазы иӡбан ажурнал «Ахьчаратә бааш» еиҭазго абызшәақәа рыла Абиблиа еиҭаргаларц. Уи иабзоураны иахьа «Адунеи ҿыц аиҭага» хәҭа-хәҭала ма ишеибгоу 130 бызшәа рыла еиҭагоуп.

19. Иарбан ҭоурыхтә хҭысу иҟаз 2013 шықәсазы? Еилыргахозеи анаҩстәи астатиаҿы?

19 Аамҭа анца иубарҭахеит «Адунеи ҿыц аиҭага» англыз ҭыжьымҭа аиҭахәаԥшра шаҭаху, избанзар англыз бызшәаҿы ԥсахрақәак ҟалеит. Октиабр 5, 6, 2013 шықәсазы 1 413 676-ҩык ауаа 31 тәыла рҿы иаҭааит Ахьчаратә бааш, Абиблиақәеи атрактатқәеи реилазаара (Пенсильваниа) 129-тәи есышықәсатәи аизара, мамзаргьы уи атранслиациа иахәаԥшит. Анапхгаратә хеилак иалахәу руаӡәк еиҭарҿыцу «Адунеи ҿыц аиҭага» англыз бызшәала ишҭыжьыз анрылеиҳәа, зегьы даараӡа ргәы иахәеит. Уи аиқәшәараҿы зегьы ари аҭыжьымҭа анырзырша, аӡәырҩы рылаӷырӡ ааит. Еизаз даараӡа ахә ҳаракны иршьеит ари аиҭага аҟынтәи изыԥхьаз ажәеинраалақәа — Анцәа Иажәа ахаангьы абас еиԥш еилыкка англыз бызшәала иҟамызт! Анаҩстәи астатиаҿы еиҭарҿыцу аҭыжьымҭа иамоу аҷыдарақәа, насгьы уи егьырҭ абызшәақәа рахь ишеиҭагаз еилыргахоит.

a Убас, Ездра 4:8—6:18; 7:12—26, Иеремиа 10:11, Даниил 2:4б—7:28 раԥхьа арамеи бызшәала иҩын.

b «Асептуагинта» иаанагоит «хынҩажәижәаба». Ишырыԥхьаӡо еиԥш, аиҭагара аус хацаркын Мысра III ашәышықәсазы ҳ. ҟ., насгьы ихыркәшан 150 шықәса шыҟаз ҳ. ҟ. Ари аиҭага иахьагьы ахәарҭа ду алоуп, избанзар уи аҵарауаа ирыцхраауеит зеилкаара цәгьоу ажәақәеи ауриа текст ацыԥҵәахақәеи рҵакы ашьақәырӷәӷәара.

c Иҟоуп агәаанагара Матфеи ишәҟәы ауриа бызшәала иҩит ҳәа, анаҩс ихала абырзен бызшәахьы еиҭеигазар ҟалап ҳәа.

d Шәахәаԥш астатиа «Абиблиа ҳара ҳҟынӡа ишааз» аенциклопедиа «Аҩыра аилкаара» аҿы (аурыс).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра