Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/12 ад. 23—27
  • Иегова ичмазаҩу ауаа ирӷәӷәоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова ичмазаҩу ауаа ирӷәӷәоит
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА АЧЫМАЗАҨ ДАХЬЫШЬҬОУ ДИРӶӘӶӘОИТ
  • АГӘАБЗИАРА ҞӘЫШРАЛА АИҶАҲАРА
  • АҞӘЫӶАРЕИ АГӘҼАНЫЗААРЕИ
  • «ХИРЛА ШӘЫҞАЗААИТ!»
  • Аҭаацәараҿы аӡәы данычмазаҩу
    Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/12 ад. 23—27

Иегова ичмазаҩу ауаа ирӷәӷәоит

«Нцәа Ҳазшаз дирӷәӷәоит уи дычмазаҩны дышьҭазар» (АԤСАЛОМ 40:4 [41:3, АдҾ]).

АШӘАҚӘА: 23, 138

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ргәы шԥарҭынчуеи ичмазаҩу ауаа Аԥсалом 40:4 [41:3, АдҾ] иану ажәақәа?

  • Избан ҳара иахьа ҳзазыԥшым џьашьахәыла ҳхәышәтәхоит ҳәа?

  • Избан агәҽанызаара зааҳарԥшлар акәу егьырҭ амедицинатә лабжьарақәа анҳарҭо?

1, 2. Ҳзыргәамҵуазеи ҳара зны-зынла? Иарбан библиатә персонажқәоу ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа змаз?

ШӘАРГӘАМҴУАЗМА шәара зныкыр шәгәабзиара, насгьы ишәызцәырҵхьоума азҵаара: «Исыхгома счымазара?» Мамзаргьы иҟалап ишәзааигәоу ауаҩы игәабзиара гәҭыхас ишәымазҭгьы. Ачымазара ӷәӷәа аан арҭ рҩызцәа ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи цәырҵлар ауеит. Абас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа рыман аԥааимбарцәа Елисеии Илиеи раамҭазы инхоз ҩыџьа аҳцәа. Убас Ахави Иезавельи рԥа аҳ Охозиа данкаҳауаз иӷәӷәаны дкыдҟьеит, усҟан иара дҵаауан ичымазара ихгома ҳәа. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь убри аҩыза азҵаара Сириа аҳ Венадад данычмазаҩыз изцәырҵит (2 Аҳцәа 1:2; 8:7, 8).

2 Ҳәарада, ҳара ҳақәгәыӷуеит ҳгәабзиареи иаҳзааигәоу ргәабзиареи еиӷьхоит ҳәа. Аха уеизгьы аӡәырҩы ирдыруазарц рҭахуп Анцәа ачымазара аиааира дышҳацхраауа. Ажәытәан Иегова зны-зынла ауаа џьашьахәыла ихәышәтәуан, насгьы иԥааимбарцәа амч риҭон иԥсхьоу рыԥсы ҭарҵаларц азы (1 Аҳцәа 17:17—24; 2 Аҳцәа 4:17—20, 32—35). Иҳалшома ҳара иахьа уи аҩыза азыԥшра?

3—5. Иарбан мчу Иеговеи Иисуси ирымоу, насгьы иарбан зҵаарақәоу уи инадҳәаланы ицәырҵуа?

3 Хымԥада, Анцәа ҳгәабзиара анырра аҭаразы амч имоуп, Абиблиаҿы уи шьақәзырӷәӷәо аҿырԥштәқәа рацәоуп. Иегова аӡәы ачымазара аниирхьуаз ыҟан, иаҳҳәап Авраам данынхоз аамҭазы мысратәи афараон мамзаргьы Моисеи иаҳәшьа Мариам ишыдирхьыз еиԥш (Аҟазаара 12:17; Ахыԥхьаӡарақәа 12:9, 10; 2 Самуил 24:15). Анцәа израильаа ргәырҽаниҵон, урҭ изиашаны иаанымхар «чмазарас, зҩас иҟоу зегьы» шыдирхьуа (Ҩынтәзакәан 28:58—61). Аха Иегова ачымазарақәа рҟынтәи ахьчарагьы илшон (Ақәҵымҭа 23:25; Ҩынтәзакәан 7:15). Иара убас уи ауаа ихәышәтәуан. Руаӡәк Иов иакәын, уи убриаҟара дычмазҩын, аԥсра даҳәон. Аха Иегова Иов дихәышәтәит! (Иов 2:7; 3:11—13; 42:10, 16).

4 Ҳәарада, Анцәа ичмазаҩу рыхәышәтәра илшоит. Иисусгьы уи амч имоуп. Абиблиаҿы иаагоуп ахҭысқәа ацәеилабаареи, а́лаԥсреи змаз, илашәыз, насгьы идысны иҟаз ауаа анихәышәтәуаз. (Шәаԥхьа Матфеи 4:23, 24; Иоанн 9:1—7.) Ҳара даара ҳаигәырӷьоит арҭ ахәышәтәрақәа Иисус адунеи ҿыц аҿы иҟаиҵо аусқәа ахьаадырԥшуа. Усҟан аӡәымзар-аӡәгьы иҳәом: «Сара сычмазаҩуп» (Исаиа 33:24).

5 Аха иазыԥштәума Иегова, мамзаргьы Иисус иахьа џьашьахәыла ҳархәышәтәлоит ҳәа? Ҳашԥарзыҟазар акәу иузымхәышәтәуа ачымазара ӷәӷәақәа? Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара?

ИЕГОВА АЧЫМАЗАҨ ДАХЬЫШЬҬОУ ДИРӶӘӶӘОИТ

6. Иаҳдыруазеи ҳара раԥхьатәи ақьырсианцәа ирымаз «ауаа рыхәышәтәра» аҳамҭа иазкны?

6 Абиблиа аҟынтәи ҳара еилаҳкаауеит актәи ашәышықәсазы инхоз Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа аџьашьахәқәа ҟарҵаларц азы Анцәа амч шриҭоз (Аусқәа 3:2—7; 9:36—42). Иегова ириҭоз иԥшьоу адоуҳа еиуеиԥшым аҳамҭақәа рахь иаҵанакуан «ауаа рыхәышәтәра» аҳамҭа (1 Коринфаа 12:4—11). Аха ари аҳамҭа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ацәажәареи аԥааимбарреи реиԥш иаарласны иқәҵыр акәын (1 Коринфаа 13:8). Убри аҟынтә урҭ иахьа иҟаӡам. Ус анакәха, иахьа Анцәа џьашьахәыла ҳаихәышәтәуеит, ма иаҳзааигәоу ихәышәтәуеит ҳәа ҳзыԥшӡом.

7. Зыгәра ҳнаргозеи ҳара Аԥсалом 40:4 [41:3, АдҾ] иану ажәақәа?

7 Аха ҳанычмазаҩхо, ҳара Иегова иҿы аҟәыӷареи, агәҭынчреи, ацхыраареи ҳаԥшаалар ҳалшоит, ажәытәан ииашаз Анцәа имаҵзуҩцәа ишыҟарҵоз еиԥш. Аҳ Давид иҩуан: «Ибаргәузеи арыцҳа изхәыцуа ауаҩы. Арыцҳара амш аҽны арыцҳара иара иҟәыгахоит. Нцәа Ҳазшаз дихьчоит уи, иԥсҭазаара изеиқәирхоит» (Аԥсалом 40:2, 3 [41:1, 2, АдҾ]). Еилкаауп Давид ихаан арыцҳа изхәыцуазгьы аҵыхәтәаны ишыԥсыз. Ус акәзар, Давид ииҳәарц ииҭахыз агәрыцҳашьара аазырԥшуаз ауаҩы иԥсҭазаара џьашьахәыла ихьчахоит, насгьы наӡаӡа дынхалоит ҳәа акәӡам. Арҭ ажәақәа иаадырԥшуеит Анцәа агәрыцҳашьареи азиашареи аазырԥшуа дышрыцхраауа. Аха ишԥа? Давид иҳаилиркааит: «Нцәа Ҳазшаз дирӷәӷәоит уи дычмазаҩны дышьҭазар. Дызлаиоу ииарҭа зегь уԥсахуеит уи данычмазаҩу» (Аԥсалом 40:4 [41:3, АдҾ]). Ииашаҵәҟьаны арыцҳақәа иреиҷаҳауа агәра ганы иҟазар рылшоит рус қьиақәа Иегова изгәамҭакәа ишнымхо. Анцәа ауаҩы данишоз, игәабзиара аҽеиҭашьақәнаргылалартә ишеит, уи абзоурала ауаа рчымазара рыхгар алшоит.

8. Дзызиҳәози Давид Иегова, Аԥсалом 40:5 [41:4, АдҾ] иану инақәыршәаны?

8 Давид Анцәа диҳәон: «Иа, Анцәа Ҳазшаз! Срыцҳашьа, сыԥсы хәышәтәы; избанзар агәнаҳара зуит Уара уҿаԥхьа» (Аԥсалом 40:5 [41:4, АдҾ]). Давид арҭ ажәақәа иҩызар ауеит ичымазара иахҟьаны ак аҟаҵара анилымшоз аамҭазы, Авессалом амчра инапахьы игарц аниҭахха. Давид Вирсавиа лҿы иҟаиҵаз агәнаҳа Анцәа ишианаижьызгьы, аҳ игәалашәон игхақәа, насгьы урҭ иааргаз алҵшәақәа (2 Самуил 12:7—14). Аха уеизгьы Давид агәра ганы дыҟан дычмазаҩны дахьышьҭоу Анцәа дыширӷәӷәо. Аха даҳәозма Давид џьашьахәыла дхәышәтәызарц, насгьы иԥсҭазаара иацҵазарц?

9. а) Иҟаиҵазеи Иегова аҳ Езекиа изы? б) Иарбан цхыраароу Давид Иегова иҟынтә дыззыԥшыр илшоз?

9 Ииашаҵәҟьаны Анцәа зны-зынла ауаа ихәышәтәырц иӡбон. Ашықәсқәа анца, иара «ичмазаҩхаз, насгьы дшыԥсра иҟаз» аҳ Езекиа дихәышәтәит. Езекиа даҽа 15 шықәса иԥсы ҭан (2 Аҳцәа 20:1—6). Аха аҳ Давид Анцәа дзызиҳәоз џьашьахәыла дихәышәтәырц акәӡамызт. Аконтекст иаанарԥшуеит Давид Анцәа агәрыцҳашьара аазырԥшуа дшырзыҟоу еиԥш дизыҟазарц, насгьы дычмазаҩны дахьышьҭоу дирӷәӷәарц дышиҳәоз. Давид игәнаҳа ианажьын, убри аҟынтә иара илшон агәҭынчреи ацхыраареи Иегова иҿы аԥшаара, насгьы Анцәа ичымазара аиааира дицхраарц азы аҳәара (Аԥсалом 102:3 [103:3, АдҾ]). Ҳаргьы убас ҟаҳҵалар ҳалшоит.

10. Иаҳдырҵозеи ҳара Трофими Епафродити зықәшәаз ахҭысқәа?

10 Давид иеиԥш апостол Павел ажәабжьҳәараҿы ҩызара изызуаз Трофимгьы Иегова џьашьахәыла димхәышәтәӡеит, иԥсҭазаарагьы изацимҵаӡеит. Ҳара иаҳдыруеит Павел ичмазаҩыз рыхәышәтәразы Анцәа амч шииҭаз. (Шәаԥхьа Аусқәа 14:8—10.) Иаҳҳәап, иара Публи иаб дицхрааит. Уи ауаҩ «ацәарҭа дылан, амцашоура ицран, иӷра ихьуан: Павел уи дахьышьҭаз дныҩналан, дныҳәа-ныԥхьаны, инапқәа ҩеихеикын — ихьаа далиргеит» (Аусқәа 28:8). Аха Павел амиссионертә ныҟәараҿы ицыз Трофим димхәышәтәӡеит (Аусқәа 20:3—5, 22; 21:29). Трофим дахьычмазаҩхаз иахҟьаны Павел уаҳа данызицымца, Павел аџьашьахәы ҟаимҵаӡеит, аха уи игәабзиара еиӷьхаанӡа Милет даанижьит (2 Тимофеи 4:20). Иара убас Павел иҩыза Епафродит «дычмазаҩын, дыԥсырц егьигымхо аҟынӡа» днеит, аха Абиблиа ианӡам Павел иџьашьахәыз имч уи дихәышәтәырц азы ихы иаирхәеит ҳәа (Филиппаа 2:25—27, 30).

АГӘАБЗИАРА ҞӘЫШРАЛА АИҶАҲАРА

11, 12. Иарбан цхыраароу Лука Павел ииҭар ауаз? Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара иквалификациа иазкны?

11 Ашәҟәы Аусқәа зҩыз гәы цаҳә-цаҳәла бзиа ирбоз аҳақьым Лука Павел имиссионертә ныҟәарақәа рҿы дицын (Кәаласаа 4:14; Аусқәа 16:10—12; 20:5, 6). Иаҳҳәар ҳалшоит ианаҭаххалоз Лука амедицина иадҳәалоу абжьагарақәеи ацхыраареи Павел, насгьы егьырҭ ауаа ириҭон ҳәа. Избан уи заҭахыз? Избанзар Павелгьы акыр аамҭа амҩа данықәыз дычмазаҩхалон (Галаҭаа 4:13). Иисус иҳәеит: «Аҳақьым дызҭаху згәы бзиоу ракәӡам, ичмазаҩцәоу роуп» (Лука 5:31). Убри азоуп зны-зынла Лука ицхыраара заҭахыз.

12 Абиблиаҿы ианӡам Лука амедицинатә ҵара ахьиоуз, насгьы ианиоуз. Павел Лука дышҳақьымыз Кәаласаа рахь ииҩыз асаламшәҟәаҿы иазгәеиҭеит. Иҟалап уи зииҩыз урҭ уи ибзианы дахьырдыруаз азы акәызҭгьы. Иазгәаҭатәуп Кәалас иазааигәаз Лаодикиа ақалақь аҿы амедицинатә школ шыҟаз. Аха ишыҟазаалакгьы, Лука аҵара змамыз, баша алабжьарақәа зшоз иакәмызт. Иара дҳақьымын. Уи убарҭоуп ииҩыз Аевангелие аҟны ихы иаирхәоз ажәақәеи Иисус иҟаиҵоз ахәышәтәрақәеи шаҟа дрыхцәажәоз ала.

13. Иарбан иҭышәынтәалоу хәаԥшышьоу агәабзиара иадҳәалоу алабжьарақәа рганахь ала иҳамазар акәу?

13 Иахьа ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рҟынтә аӡәгьы «ахәышәтәра аҳамҭа» имаӡам, насгьы џьашьахәыла ҳаизыхәышәтәуам. Аха уеизгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи шьоукы агәабзиара иадҳәалоу алабжьарақәа гәыкала иҳарҭоит, уи ҳамыҳәозаргьы. Ҳәарада, лабжьарақәак ахәарҭа ҳзааргар рылшоит. Убас, зны иҟалап аӡы ахьҽеимыз иахҟьаны Тимофеи ица ихьуа далагазар. Усҟан Павел иҟаҵатәу иеиҳәеит. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 5:23.)a Аха зынӡа даҽакуп, аизараҿы аӡәы хәшәқәак, ҵиаақәак, ма диетак анҳадицало. Ус еиԥш иҟоу ахәышәтәышьақәа алҵшәа рымамзар ауеит, мамзаргьы иуԥырхагахар алшоит. Зны-зынла урҭ алабжьарақәа абас иҟоуп: «Сыуакгьы убри аҩызаҵәҟьа ачымазара иман, аха уи иаразнак ихәеит». Ҳара гәык-ԥсык ала ацхыраара аҟаҵара ҳҭахуп, аха иаҳгәалашәозар ауп ахәшәқәеи ахәышәтәышьақәеи ахархәара бзиа рымазаргьы, урҭ шәарҭазар шалшо. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:12.)

АҞӘЫӶАРЕИ АГӘҼАНЫЗААРЕИ

14, 15. а) Рхы ишԥадырхәо шьоукы ауаа рчымазарақәа? б) Ишԥаҳацхраауеи Ажәамаанақәа 14:15 иану ажәақәа агәабзиара иадҳәалоу алабжьарақәа ииашаны рызнеира?

14 Ақьырсианцәа зегьы ирҭахуп агәабзиара рымазарц, аԥсҭазаара агәырӷьара рзаанагаларц, насгьы Иегова имаҵ ауразы ирацәаны аџьабаа рбаларц. Аха иаҳҭынхаз анамӡара иахҟьаны ҳара зегьы ҳачмазаҩхоит. Ус аныҟало, еилаҳкаауеит еиуеиԥшым ахәышәтәра аметодқәа шыҟоу. Зегьы азин рымоуп ирҭаху аметод алхра. Аха аԥсыцәгьара аазырԥшуа ари адунеи аҿы шьоукы ауаа рчымазарақәа феида алыргар рҭахуп. Дара «џьашьахәыла» узхәышәтәуа ахәшәқәеи аметодқәеи ауаа ирыдыргалоит. Аха уи аамҭазы баша ажәала ирҳәо ада, урҭ ушырхәышәтәыҵәҟьо ашьақәырӷәӷәарақәа рымаӡам. Иҟоуп ауаа, мамзаргьы аилазаарақәа аԥара дырҳарц азы зыхә ҳараку ахәшәқәа ауаа ирыдызцало. Иарбан цхырааразаалакгьы иақәшаҳаҭу, зыԥсҭазаара иацызҵар зҭаху ачымазаҩ уи дыхнахыр алшоит. Иаҳхаҳмыршҭлап Абиблиа иану иҟәыӷоу алабжьара: «Аԥышәа змам иарбан ажәазаалакгьы агәра игоит, аилкаара змоу ауаҩы ишьаҿақәа заа дрызхәыцуеит» (Ажәамаанақәа 14:15).

15 Аилкаара змоу еиҳарак агәҽанызаара ааирԥшлоит зыквалификациа агәрамгара узцәырызго ауаҩы иакәзар алабжьарақәа ҟазҵо. Уи дазхәыцыр илшоит: «Сара исарҳәоит арҭ авитаминқәа, аҵиаақәа, ма ари адиета аӡәы ихәахьеит ҳәа. Аха уи агәра згар сылшома? Ауаа зегьы еиԥшӡам. Исыхәома уи сара? Иԥшаатәызар уи атема иазку еиҳаны аинформациа, мамзаргьы иазҵаатәызар уи атәы еиҳа еиӷьны издыруа ауаҩы?» (Ҩынтәзакәан 17:6).

16. Иарбан зҵаарақәоу иҳацхраауа агәабзиара аганахь ала аҟәышра аарԥшра?

16 Анцәа Иажәа ҳаанаԥхьоит ари асистемаҿы аҟәышра аарԥшуа ҳанхаларц (Тит 2:12). Аҟәышра ма еилыкка ахәыцра еиҳарак ахәарҭа аанагоит, ахәышәтәра аметоди адиагностикеи уамашәа, иузеилымкаауа иҟазар. Илшома аҳақьым, ма ари аметод шәыдызгало еилышәкаартә ишәзеиҭеиҳәар уи аус шауа? Ирҿагылома ари аметод афактқәа? Иахырҳәаауазеи уи егьырҭ апрофессионалцәа? (Ажәамаанақәа 22:29). Ишәықәыӷәӷәарц иашьҭоума? Иҟалап ишәарҳәозар ари аметод хара џьара иаартын, убри аҟынтә аҳақьымцәа аӡәырҩы ирыздырӡом ҳәа. Ииашахома уи агәра агара? Адиагностикатә мыругақәа, насгьы ахәышәтәратә медотқәа рҿы, ишырҳәо еиԥш, иԥсабаратәым амч рхы иадырхәоит, ма урҭ «имаӡоу аингредиент» ахархәара ирыдҳәалоуп. Ус еиԥш иҟоу ажәақәа ҳгәаҳҽанырҵалар ауп, избанзар Анцәа Иажәа «амагиатә мчы», мамзаргьы амедиумцәа рыцхыраара аҳәара аҟынтә ҳхы ҳахьчаларц ҳгәазҭанаҵоит (Исаиа 1:13; Ҩынтәзакәан 18:10—12).

«ХИРЛА ШӘЫҞАЗААИТ!»

17. Иарбан гәаҳәароу ҳара зегьы иҳамоу?

17 Актәи ашәышықәсазы анапхгаратә хеилак аизарақәа зегь рахь аҵак ду змаз асаламшәҟәы рҩит. Уа еиқәыԥхьаӡан ақьырсианцәа иҟарымҵалар рыхәҭаз аусқәа. Убарҭ зегьы рхы ацәырыхьчалозҭгьы, аихьӡара роуан. Асаламшәҟәы абарҭ ажәақәа рыла инҵәон: «Хирла шәыҟазааит!» (Аусқәа 15:29). Аҵыхәтәантәи ажәақәа еиҭагазар ауеит «шәыӷәӷәаз» ҳәа. Ҳәарада, ҳара зегьы иаҳҭахуп «хирла ҳаҟазарц», Анцәа ду Иегова имаҵ аураҿы ҳаӷәӷәазарц.

Ҳара зегьы иаҳҭахуп агәабзиара ҳамазарц, Анцәа имаҵ аураҿы ҳаӷәӷәазарц. (Шәахәаԥш абзац 17.)

18, 19. Ҳаззыԥшузеи ҳара адунеи ҿыц аҿы?

18 Аха ҳара макьана ҳнаӡам аҟынтә ачымазарақәа ҳазрыцәцом. Ари адунеи аҿы џьашьахәыла ахәышәтәра ҳауеит ҳәа ҳгәыӷӡом. Аха Аатра 22:1, 2 рҿы агәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа аныҟамло аамҭа атәы ҳәоуп. Апостол Иоанн иоуз абараҿы ибеит «аԥсҭазааратә ӡиас», иара убас «аԥсҭазааратә ҵла», уи абӷьқәа «ауааԥсыра рзы ихәышәтәыган». Ара рыӡбахә ҳәаӡам уажәы адгьыл аҿы изызҳауа, мамзаргьы ҳаԥхьаҟа изызҳало џьашьахәыла узхәышәтәуа аҵиаақәа рыӡбахә. Абараҿы иҟаз асимволқәа иаадырԥшуеит Иеговеи Иисуси ауаа иашақәа наӡаӡа инхаларц азы иҟарҵо. Ҳара зегьы уи аамҭа ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп! (Исаиа 35:5, 6).

19 Уи аамҭа ссир макьана имааицт, аха ҳара иаҳдыруеит Иегова хаҭала зегьы дшаҳхылаԥшуа, насгьы ҳанычмазаҩу ҳаширӷәӷәо. Давид иеиԥш, агәра ганы ҳаҟоуп ҳанычмазаҩу аамҭазы дышҳацхраауа. Ҳаргьы иаҳҳәар ҳалшоит: «Уара сеиқәурхоит, сеибга-сеизҩыда Уара сахьубо сыҟазаауеит наунагӡа» (Аԥсалом 40:13 [41:12, АдҾ]).

a «Аҩы шцәырҵыз, насгьы уи иазку ажәытә ҭоурых» захьӡу ашәҟәаҿы иҳәоуп: «Експериментла ишьақәырӷәӷәоуп а́ршра цәырызго, насгьы егьырҭ ишәарҭоу абактериақәа аҩы ианалало, ирласны ишыԥсуа» (The Origins and Ancient History of Wine).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра