Иегова шәизиашаны шәыҟаз
«Дҟалааит Иегова наӡаӡа шаҳаҭҩыс уареи сареи ҳабжьара, ухылҵшьҭреи схылҵшьҭреи рыбжьара» (1 САМ. [1 САМ.] 20:42).
1, 2. Избан Ионафани Давиди реиҩызара азиашара аганахь ала изҿырԥш бзиоу?
ИОНАФАН даараӡа иџьеишьазар ҟалап, иқәыԥшыз Давид адау Голиаф даниҿагыла. Уажәы Давид Ионафан иаб аҳ Саул иҿаԥхьа дгылоуп, «инапаҿы афилистим уаҩ ихы» икуп (1 Сам. [1 Сам.] 17:57). Иҟалап Ионафан Давид иааирԥшыз агәымшәара даршанхозҭгьы. Иубаратәы иҟан Анцәа Давид дышицыз. «Ионафани Давиди ԥсык еицырхалеит», анаҩс «дара аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, избанзар [Ионафан] ихи-иԥси реиԥш [Давид] бзиа дибеит» (1 Сам. [1 Сам.] 18:1—3). Иара иԥсы ахьынӡаҭаз Давид дизиашан.
2 Ионафан Давид дизиашаны даанхеит, Иегова Израиль анаҩстәи аҳас иара иакәымкәа, Давид дшалихызгьы. Саул Давид дишьырц данашьҭаз, Ионафан уи даараӡа гәҭыхас иман. Иҩыза игәы шьҭихырц азы, Ионафан Давид дахьыҟаз Хореш иҟаз иудеиатәи ацәҳәырахь ддәықәлеит. Уи иҭахын «Анцәа ила дирӷәӷәарц». Иара Давид иеиҳәоит: «Акгьы уацәымшәан... Уара Израиль аҳас уҟалоит, сара уара ушьҭахь аҩбатәи аҭыԥ ааныскылоит» (1 Сам. [1 Сам.] 23:16, 17).
3. Ихадази Ионафан изы Давид иахь азиашара аасҭа, насгьы иабантәиаадыруеи уи ҳара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
3 Ауаа реиҳараҩык азиашара ахә ршьоит. Аха Ионафан Анцәа иахь иааирԥшуаз азиашара ҳазымхәыцӡакәа, Давид иахь иааирԥшуаз азиашара мацара аҵакы аҳҭозҭгьы, ҳара ихадоу аурок ҳаҩҳажьуан. Избан иара Давид иацлабуаз аӡә иеиԥш акәымкәа, ҩызас дзиԥхьаӡоз? Ишаҳбо еиԥш, Ионафан изы ихадаз иааникылоз аҭыԥ акәӡамызт. Хыхь ишҳәаз еиԥш, иара Давид дицхрааит Анцәа ила дырӷәӷәаны. Еилкаауп Ионафан игәаҿы Иегова изиашара ихадоу аҭыԥ шааннакылоз. Убри акәын иҩыза иахь иааирԥшуаз азиашара шьаҭас иамаз. Ионафангьы Давидгьы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны инхон: «Дҟалааит Иегова наӡаӡа шаҳаҭҩыс уареи сареи ҳабжьара, ухылҵшьҭреи схылҵшьҭреи рыбжьара» (1 Сам. [1 Сам.] 20:42).
4. а) Иаҳзаазгозеи анасыԥи агәахәареи? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
4 Ақьырсианцәа раҳасабала, ҳара егьырҭ иаадырԥшуа азиашара ус баша иџьаҳшьаӡом — ҳара уи ҳҭаацәа, ҳҩызцәа, ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рахь иааҳарԥшуеит (1 Фес. 2:10, 11). Аха ҳзызиашазар акәда ҳара зегь раԥхьа иргыланы? Ҳәарада, Ҳазшаз иоуп! (Аат. 4:11). Иегова иахь азиашара анааҳарԥшуа, ҳара анасыԥи агәахәареи ҳамоуп. Анцәа ҳанизиашоу, аԥышәара ӷәӷәақәа раангьы иара ҳиқәгәыӷлоит. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Ионафан иҿырԥшы Иегова иахь азиашара аарԥшра ахьҳацхраауа имариам ԥшь-ҭагылазаашьак: 1) амчра змоу пату иқәҵара иаԥсам ҳәа ҳгәы ианаанаго; 2) азиашара ззаарԥштәу аныӡбатәу; 3) ииашамкәа ҳанеилыркаауа, мамзаргьы ииашамкәа ианҳақәыӡбо; 4) Анцәа ҳизиашаны ҳаанхару, ҳхатәы интересқәа алҳхру аныӡбатәу.
АМЧРА ЗМОУ ПАТУ ИҚӘҴАРА ИАԤСАМ ҲӘА ҲГӘЫ ИАНААНАГО
5. Избан израильаа Анцәа иахь азиашара аарԥшра зырзымариамыз, Саул аҳас даныҟаз?
5 Раԥхьа Анцәа Ионафан иаб Саул Израиль аҳас дҟаларц далихит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь иара азымӡырҩра аарԥшра далагеит аҟынтә, Анцәа уи мап ицәикит (1 Сам. [1 Сам.] 15:17—23). Аха Иегова Саул аҳра иуларц даҽа ԥыҭраамҭак илиршеит аҟынтә, Саул напхгара ззиуази изааигәаз ауааи рзы ииашамыз ихымҩаԥгашьа ԥышәара духеит. Дара Анцәа изиашаны иаанхалар акәын, «Иегова иаҳра ҭыԥ» аҿы итәаз аҳ ихымҩаԥгашьа шҽеимызгьы (1 Аш. [1 Лет.] 29:23).
6. Излоубарҭоузеи Ионафан Иегова аҵыхәтәанынӡа дышиқәгәыӷуаз?
6 Саул раԥхьаӡа акәны азымӡырҩра анааирԥшыз, Ионафан Анцәа дизиашаны даанхеит (1 Сам. [1 Сам.] 13:13, 14). Аԥааимбар Самуил израильаа иреиҳәеит: «Иегова ихьӡ ду азы ижәлар аанижьуам» (1 Сам. [1 Сам.] 12:22). 30 000 еибашьыга ҽыуардынла еиқәыршәаз филистимтәи ар Израиль иақәларц анырҭахыз, Ионафан арҭ ажәақәа рыгәра шигоз ааирԥшит. Саул 600-ҩык мацара рыла ишьақәгылаз ар иман, абџьаргьы змаз иԥа Ионафани иареи ракәын! Аха Ионафан филистимаа рыхьчаратә отриад ахь имаҵуҩы-абџьарныҟәгаҩ заҵәык диманы днеирц иӡбеит. Иара уи ус иеиҳәеит: «Иегова аӡәырҩы, мамзаргьы ԥыҭҩык рыла ауаа аиқәырхара рыҭара акгьы иԥырхагахом». Убас дара ҩыџьа рымацара 20-ҩык раҟара аруаа ршьит. Анаҩс «адгьыл ҵысит, зегьы Анцәа иҟынтә ашәаӡыӡара рызцәырҵит». Иҟарҵо рзымдыруа филистимаа дара-дара еиҿагылеит. Убас Ионафан игәрахаҵара ӷәӷәа израильаа аиааира рзаанагеит (1 Сам. [1 Сам.] 13:5, 15, 22; 14:1, 2, 6, 14, 15, 20).
7. Дышԥеизыҟаз Ионафан иаб?
7 Саул Анцәа изыӡырҩра данаҟәыҵгьы, Ионафан иахьынӡалшоз иаб дивагылан. Иаҳҳәап, дара Анцәа ижәлар анырыхьчоз, еицеибашьуан (1 Сам. [1 Сам.] 31:1, 2).
8, 9. Ишԥеидҳәалоу амчра змоу рахь апатуқәҵара аарԥшреи Анцәа изиашареи?
8 Ионафан иеиԥш, ҳаргьы Иегова ҳашизиашоу ааҳарԥшыр ҳалшоит, аиҳабыра ирымоу «иаԥу амчра» Анцәа ишиҭаху ҳазыӡырҩуазар. Иегова урҭ амчра риҭеит, насгьы иҭахуп пату рықәаҳҵаларц. (Уаԥхьа Римаа рахь 13:1, 2.) Убри азоуп амчра змоу аӡәы дышҵарҭышагаҩу ҳдыруазаргьы, насгьы пату иқәҵара иаԥсам ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы, азыӡырҩра зааҳарԥшлар акәу. Ҳара зегьы Иегова ҳашизиашоу ааҳарԥшуеит, амчра зиҭаз пату рықәаҳҵозар (1 Кор. 11:3; Аур. 13:17).
Иегова иахь азиашара шаарԥштәу азнеишьақәа ируакуп ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызымшо ҳхатә ҩыза иахь апатуқәҵара аарԥшра (Шәахәаԥш абзац 9.)
9 Аладатәи Америка инхо Олга 1 зыхьӡу аиаҳәшьа Анцәа дышизиашоу шьақәлырӷәӷәеит, имариам аҭагылазаашьақәа рҿы лхаҵа иахь апатуқәҵара аарԥшуа. Шықәсы рацәала иара агәынамӡара ӷәӷәа ааирԥшуан лара Иегова ишаҳаҭ ахьлакәыз азы. Уи дылхыччон, длаирҟәуан, мамзаргьы лацәажәара зынӡа иҭахӡамызт, насгьы ахәыҷқәа лымхны, дааныжьны дцоит ҳәа диршәон. Аха Олга ацәгьа лзызуаз лхаҵа ацәгьара изылурц дашьҭамызт. Лара дыԥҳәыс бзиазарц азы, илылшоз зегь ҟалҵон: лхаҵа афатә изыҟалҵон, имаҭәа лыӡәӡәон, иуацәа дрыцхраауан (Рим. 12:17). Олга лхаҵа иуацәа рахь данцоз, мамзаргьы аус ицызуази иареи анеиқәшәоз, иахьынӡазалшоз диццаларц лҽазылшәон. Зны уи иаб иԥсыжрахь даҽа қалақьк ахь дцараны даныҟаз, лара уахь ацаразы иаҭахыз зегь лырхиеит. Ауахәамаҿы аԥсыжра иадҳәалаз аусқәа ҟарҵонаҵы, Олга лхаҵа ауахәама анҭыҵ дизыԥшын. Ашықәсқәа рышьҭахь Олга иаалырԥшуаз ачҳареи апатуқәҵареи ирыбзоураны, иара еиҳа дтатахеит. Уажәы иара иԥҳәыс аизара даҭааларц лгәазҭеиҵоит, Аҳратә зал ахь дигоит, зны-зынла ихаҭагьы уахь длыцны днеиуеит (1 Пиотр 3:1).
АЗИАШАРА ЗЗААРԤШТӘУ АНЫӠБАТӘУ
10. Ицхраазеи Ионафан дзызиашаны даанхар акәу аганахь ала аӡбара адкылара?
10 Саул Давид дишьырц шиҭаху аниҳәа, Ионафан имариамыз аӡбара идикылар акәхеит. Ионафани Давиди аиқәшаҳаҭра шрыбжьазгьы, Ионафан иабгьы дизыӡырҩуан. Аха иара идыруан Иегова Саул иакәымкәа, Давид дышицыз, убри аҟынтә иҩыза иахь азиашара аарԥшра иара изы еиҳа ихадан, иаб иахь аасҭа. Ионафан Давид иҽиҵәахырц иеиҳәеит, анаҩс Саул иҿаԥхьа уи дирҽхәо далагеит. (Уаԥхьа 1 Самуил [1 Самуила] 19:1—6.)
11, 12. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа иахь иҳамоу абзиабара азиашара ззаарԥштәу аӡбара?
11 Австралиа инхо аиаҳәшьа Елис Анцәа дизиашаны даанхарц лҭахын. Уи зегь раԥхьаӡа иргыланы азиашара ззаарԥштәу аӡбара илыцхрааит. Елис Абиблиа аҵара даналага, еилылкаауаз лыуацәа ирзеиҭалҳәон. Ԥыҭрак ашьҭахь лара урҭ иралҳәеит Қьырса ныҳәа уаҳа ишазгәалымҭало, насгьы идеиллыркааит избан. Аҵыхәтәаны урҭ рыгәҭынчымра аиӷарахь ииасит. Елис лыуацәа зынӡа пату рықәҵарагьы даҟәыҵит ҳәа ргәы иаанагеит. Лара илгәалашәоит: «Аҵыхәтәаны сан сара бсыԥҳам ҳәа салҳәеит. Сара исызхаҵомызт даараӡа бзиа избоз ауаҩы лҟынтәи абарҭ рҩызцәа ажәақәа ахьсаҳауаз. Уи даараӡа сгәы снархьит! Аха сара исыӡбеит сгәаҿы раԥхьатәи аҭыԥ аанызкыло Иегова Иԥеи иареи шракәхо. Анаҩстәи аконгресс аҿы сара аӡы сыҽӡаасхит» (Матф. 10:37).
12 Ҳара иалҳмыршароуп ҳажәлар, ҳашкол, ҳаспорттә команда рахь азиашара Иегова иахь иааҳарԥшуа азиашара аасҭа еиҳа ихадахарц. Абар Ҳенри зыхьӡу арԥыск дзықәшәаз. Иара ашахмат асра бзиа ибон. Дызҭаз ашкол ашахматтә еицлабрақәа рҿы зныкымкәа аиааира агахьан. Ҳенригьы ишкол аиааира азааигарц иҭахын. Абар еиҭеиҳәо: «Аамҭа цацыԥхьаӡа, сышкол ахь иаасырԥшуаз азиашара раԥхьатәи аҭыԥ ааннакыло иалагеит, Анцәа иахь исымаз азиашара аасҭа. Асабшеи амҽышеи ажәабжьҳәара аҭыԥан, сара ашахматтә еицлабрақәа сыҽрыласырхәуан. Усҟан сара исыӡбеит ашахматтә команда ааныжьра» (Матф. 6:33).
13. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа иахь иааҳарԥшуа азиашара аҭаацәараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа рыӡбара?
13 Еснагь имариаӡам раԥхьаӡа иргыланы азиашара ззаарԥштәу аӡбара. Кен зыхьӡу аиашьа еиҭеиҳәоит: «Сара иааиԥмырҟьаӡакәа зықәрахь инеихьоу сан лбара снеиуан, насгьы исҭахын зны-зынлагьы ҳара ҳахь днеиларц. Аха сани сыԥҳәыси уиаҟара иааибуамызт. Раԥхьа иҟасҵара сыздыруамызт, избанзар аӡә лгәаҟаҵара егьи дмыргәаакәан даара ицәгьан. Аха анаҩс еилыскааит ари аҭагылазаашьаҿы раԥхьа иргыланы сыԥҳәыс лахь апатуқәҵара шаасырԥшыр акәу. Убри аҟынтә сҽазысшәеит лгәаанагара азхәыцра, насгьы ианаало аӡбара аԥшаара». Кен Анцәа дизиашаны даанхарц, насгьы Абиблиа иаҳәо дықәныҟәаларц иҭахын аҟынтә, хаала иԥҳәыс илеилиркааит ланхәа лахь еиҳа аилкаареи ақьиареи заалырԥшлар акәу. Иара иангьы длацәажәеит, насгьы длыҳәеит иԥҳәыс лахь еиҳа апатуқәҵара аалырԥшларц. (Урыԥхьа Матфеи 19:5; 1 Коринфаа рахь 13:4, 5.)
ЕГЬЫРҬ ИИАШАМКӘА ИАНҲАҚӘЫӠБО
14. Избан иаҳҳәар зҳалшо Саул Ионафан ииашамкәа диқәыӡбон ҳәа?
14 Иегова иахь иҳамоу азиашара ԥышәахар ауеит, аҭыԥ ду аанызкыло ауаҩы ииашамкәа дҳақәыӡбозар. Иҟалап Ионафан убри аҩыза ауадаҩра дақәшәазар. Анцәа иалихыз аҳ Саул идыруан иԥеи Давиди шеиҩызцәаз, аха изеилкаауамызт избан. Саул Ионафан игәы изыԥжәеит, насгьы ажәала длаирҟәит. Аха Ионафан аҭак ҟаимҵаӡеит. Уи аамҭазгьы иара Анцәеи аԥхьаҟа Израиль аҳас иҟалараны иҟаз Давиди дрызиашан (1 Сам. [1 Сам.] 20:30—41).
15. Ҳашԥазыҟазар акәу егьырҭ ииашамкәа ҳанеилыркаауа?
15 Ҳәарада, иахьа ақьырсиантә еизарақәа рҿы ииашам ақәыӡбара ҳақәымшәар ауеит. Аха аҭакԥхықәра зду аишьцәа иаабац, инаӡам уаауп, убри аҟынтә зны-зынла ииашамкәа ҳаилыркаар рылшоит (1 Сам. [1 Сам.] 1:13—17). Шәааи Иегова ҳизиашаны ҳаанхалап, аӡәы ииашамкәа ҳаиликаауазаргьы, мамзаргьы ииашамкәа дҳақәыӡбозаргьы.
АНЦӘА ҲИЗИАШАНЫ ҲААНХАРУ, ҲХАТӘЫ ИНТЕРЕСҚӘА АЛҲХРУ АНЫӠБАТӘУ
16. Иарбан ҭагылазаашьақәоу ҳара хамеигӡарала Анцәа ҳизиашаны ҳаанхалар ахьҳахәҭоу?
16 Саул Ионафан ихатәы интересқәа дрызхәыцларц игәазҭеиҵон (1 Сам. [1 Сам.] 20:31). Аха Ионафан аҳра аиура дашьҭаӡамызт. Иара Анцәа иахь иааирԥшуаз азиашара Давид иахь азиашара аарԥшра ицхраауан. Ҳаргьы Ионафан иааирԥшуаз ахамеигӡара ҳаҿыԥшлар ауп, избанзар Иегова дзыргәырӷьо ауаҩы «ииҳәаз ажәа дацәхьаҵӡом, уи иара аԥырхага изаанагаргьы» (Аԥсал. 15:4, АдҾ). Ионафан Давид ииҭаз ажәа наигӡеит. Ҳаргьы иаҳҳәо ажәа наҳагӡалар ауп. Иаҳҳәап, аӡәи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵазар, аха анаҩс уи анагӡара шымариам ҳбазар, Иегова иахь иааҳарԥшуа азиашареи Абиблиахь иҳамоу апатуқәҵареи ҳгәазҭарҵоит ҳажәа анагӡара. Аха иҟаҵатәузеи ҳҭаацәараҿы ауадаҩрақәа ыҟазар? Анцәа бзиа даҳбоит аҟынтә, ҳхатә ҩыза ҳизиашаны ҳаанхалоит. (Уаԥхьа Матфеи 19:6, 9.)
Анцәа иахь иааҳарԥшуа азиашареи Абиблиахь иҳамоу апатуқәҵареи ԥышәахар алшоит, абизнес иадҳәалоу аиқәшаҳаҭрақәа анҳабжьаҳҵо (Шәахәаԥш абзац 16.)
17. Ишәнарҵазеи шәара ари астатиа?
17 Ҳгәазҭанамҵаӡои Ионафан иҿырԥшы Анцәа иахь азиашара аарԥшра? Шәааи ҳхатәы интересқәа мацара ҳарзымхәыцлап. Ҳрызиашаз ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, урҭ рахьтә аӡәы ҳгәы каижьыргьы. Иегова дҳаргәырӷьалоит, аԥышәарақәа раан ҳизиашаны ҳаанхозар. Иара убас уи ҳара агәахәара ҳзаанагоит (Ажәам. [Прит.] 27:11). Ҳара гәык-ԥсык ала Иегова ҳизиашазар, ҳаԥхьаҟа бзиа дызбо зегьы дшырзылԥхо хымԥада иаҳбоит. Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилаҳкаауеит Давид иаамҭазы инхоз азиашара аазырԥшуази иаазмырԥшуази рҿырԥштәқәа иаҳдырҵо.
^ 1 Абзац 9. Хьыӡқәак ԥсахуп.