АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | АБИБЛИА. ИШԤЕИҚӘХЕИ УИ ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?
Аилкаара изаԥсоу
Иԥшьоу ашәҟәқәа рыбжьара Абиблиа ихадоу аҭыԥ ааннакылоит. Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Абиблиа еиԥш даҽа шәҟәык ауаатәыҩса анырра ӷәӷәа рнаҭомызт. Иара убас Абиблиа инҭырҳәыцааны ишҭырҵаауаз еиԥш даҽа шәҟәык ҭырҵаауамызт, насгьы уи зықәшәоз акритика даҽа шәҟәык ақәымшәацызт.
Иаҳҳәап, аҵарауаа шьоукы иахьа рхы иадырхәо Абиблиа агәра агара иаԥсам ҳәа ргәы иаанагоит. Абар адинхаҵарақәа ҭызҵаауа профессорк ииҳәо: «Иааркьаҿны иаҳҳәозар, аоригиналтә текст мԥсахкәа ишеиҭашьақәҳаргылаз агәра ганы ҳаҟам. Ҳара иҳамоу агхақәа рыла иҭәу ахҩылаақәа роуп. Урҭ анапылаҩырақәа реиҳарак аоригинал анырҩыз ашьҭахь ашәышықәсақәа анҵы ауп ианцәырҵ, ус анакәха еилкаауп зқьыла аиԥшымрақәа шрымоу».
Егьырҭ рдинхаҵаратә хәаԥшышьақәа ирыхҟьаны, Абиблиа агәра ргаӡом. Иаҳҳәап, Фаизал зыхьӡу ахаҵа иқьырсианмыз аҭаацәараҿы изҳауан. Иара еснагь иарҳәон Абиблиа иԥшьоу шәҟәуп, аха уи ԥсахын ҳәа. Уи иҳәоит: «Аҵыхәтәаны сара Абиблиа иалацәажәарц зҭахыз ауаа рыгәра сымго салагеит, избанзар дара аоригиналтә Библиа рымамызт, ирымаз иԥсахыз акәын!»
Ихадазар аума ҳара ҳзы Абиблиа ԥсахзу-иԥсахымзу? Шәазхәыц: рыгәра жәгалома иссиру ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш иазку абиблиатә ԥааимбаражәақәа, урҭ аоригиналтә текст аҿы иҟазу-иҟамзу шәзымдыруазар? (Римаа рахь 15:4). Шәхы иашәырхәалома абиблиатә принципқәа аусуреи, аҭаацәареи, Анцәа имҵахырхәареи ирыдҳәалоу ихадоу аӡбарақәа аншәыдышәкыло, иахьа ҳхы иаҳархәо Абиблиа ажәытә текстқәа ркопиақәа ракәзар, насгьы агхақәа рымазар?
Иахьа Иԥшьоу Аҩыра аоригиналтә текст шнымхазгьы, зқьыла иҟоу абиблиатә текст ахҩылаақәа ҳхы иаҳархәалар ҳалшоит. Ишԥеиқәхеи арҭ анапылаҩырақәа, аамҭа рацәаны ишцазгьы, аҿагыларақәа шрымазгьы, насгьы уа иану атекст рыԥсахырц ишашьҭазгьы? Ишԥарӷәӷәо уи иахьа ҳхы иаҳархәо Абиблиахь иҳамоу агәрагара? Арҭ азҵаарақәа рҭак анаҩстәи астатиақәа рҿы ишәыԥшаауеит.