Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ноиабр ад. 7—11
  • Еснагь шәыгәқәа шьҭибахла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Еснагь шәыгәқәа шьҭибахла
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲАРА АГӘЫШЬҬЫХРА ҲҬАХУП
  • ҲАЗҾЫԤШЫР ҲАЛШО АҾЫРԤШТӘҚӘА
  • ИАХЬА АГӘЫРҬЫНЧРА ЗАҲҬАХУ
  • ЕГЬЫРҬ ҞАЗАРЫЛА РГӘЫ ШЫШЬҬЫХТӘУ
  • Ҳгәы шьҭызхуа Иегова ҳаиҿыԥшуеит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ҳара ҳгәы шьҭибахлароуп, еиҳарак иахьа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла, шәеицхыраала
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2019
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ноиабр ад. 7—11

Еснагь шәыгәқәа шьҭибахла

«Абра иеилагылоу иазхарҵаша [«ргәы шьҭызхша», АдҾ] ҳәатә шәымазар, ҳазыразны ҳашәзыӡырҩуеит» (АУСҚӘА 13:15).

АШӘАҚӘА: 121, 45

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан угәы шьҭызхуа ажәақәа амч ду зрымоу?

  • Иаҳдырҵозеи Иеговеи, Иисуси, апостол Павели рҿырԥштәқәа?

  • Ишԥаҳалшо ҟазарыла егьырҭ ргәы ашьҭыхра?

1, 2. Иҳаилшәыркаа егьырҭ ргәы ашьҭыхра даара изхадоу.

«СҬААЦӘА ахаангьы сдырҽхәаӡом, уи аҭыԥан еснагь акритика сзыруеит. Урҭ ражәақәа даара сгәы сдырхьуеит! — еиҭалҳәоит 18 шықәса зхыҵуа Кристина1.— Дара ахәыҷ иеиԥш схы мҩаԥызгоит, ахаангьы сҟәышхом, насгьы сҟәазуп ҳәа сарҳәоит. Убри азы сара лассы-лассы сҵәуоит, иара убас рацәажәара уиаҟара сҽазысшәаӡом. Акгьы саԥсамшәа схы збоит». Шаҟа ргәы каҳаны иҟоузеи угәы шьҭызхуа ажәақәа ахаан измаҳауа!

2 Угәы шьҭызхуа ажәақәа амч ӷәӷәа рымоуп. Рубен зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Акыр шықәса рыҩныҵҟа сара акы саԥсамшәа схы збон. Аха зны аизара аиҳабы ажәабжьҳәара сиццеит, иара сгәы каҳаны ишыҟаз гәеиҭеит. Исымаз ацәаныррақәа анизеиҭасҳәоз, иара зҿылмҳарыла дысзыӡырҩуан. Анаҩс исеиҳәеит имаҷымқәа аус бзиақәа шыҟасҵо. Иара убас исгәалаиршәеит аԥсаатә хәыҷқәа раасҭа шәыхә ҳаракуп ҳәа Иисус ииҳәаз ажәақәа. Ари ажәеинраала лассы-лассы исгәаласыршәоит, насгьы еснагь сгәы арԥхоит. Аизара аиҳабы иажәақәа сыԥсҭазаара рыԥсахит» (Матфеи 10:31).

3. а) Ииҩызи апостол Павел агәышьҭыхра шаҟа ихадоу иазкны? б) Ҳазлацәажәозеи ари астатиаҿы?

3 Абиблиаҿы иануп иааиԥмырҟьаӡакәа егьырҭ ргәы ашьҭыхра даара ишхадоу, уи ҳара иџьаҳшьаӡом. Апостол Павел ауриацәа иреиуаз ақьырсианцәа ирзиҩуан: «Сашьцәа, шәгәышәҽаныз, шәыбжьара згәы-зыԥсы гәнаҳарала, ҩысҭаарала иҭәу, зыԥсҭоу Анцәа мап ицәызкхьоу дшәыламзааразы. Ес-аашар аӡәи-аӡәи шәеилибажьала, шәгәаҳәара [«шәыгәқәа», АдҾ] шьҭышәхла... агәнаҳа шәаҵамлан, игәымбылџьбароу уааԥсыраны шәҽыҟашәымҵан» (Ауриацәа рахь 3:12, 13). Ҳәарада, шәара ижәдыруеит ҳагәқәа шьҭибахларц азы алабжьара даара ишхадоу. Ишәгәалашәыршәар шәылшоит аӡәы ажәа хаақәа рыла шәгәы шышьҭихыз. Шәааи абарҭ азҵаарақәа ҳрызхәыцып: избан егьырҭ ргәы ашьҭыхра даара изхадоу? Иаҳдырҵозеи уи аганахь ала Иеговеи, Иисуси, Павели рҿырԥштәқәа? Насгьы ишԥаҳалшо ҟазарыла егьырҭ ргәы ашьҭыхра?

ҲАРА АГӘЫШЬҬЫХРА ҲҬАХУП

4. Изҭахыда агәышьҭыхра, насгьы избан уи иахьа лассы-лассы изуԥымло?

4 Ҳара зегьы агәышьҭыхра ҳҭахуп. Еиҳарак уи ахәыҷқәа рзы даара ихадоуп. «Ахәыҷқәа рзы... арҽхәара, аҵиаақәа аӡы шырҭаху еиԥшуп,— иҳәоит арҵаҩы Тимоти Еванз.— Ахәыҷы дандырҽхәо, иара бзиа дшырбо, насгьы ихә ҳаракны ишыршьо еиликаауеит». Аха ҳара ихьанҭоу аамҭақәа раан ҳанхоит. Аӡәырҩы ауаа рхы мацара ауп изызхәыцуа, насгьы аиуаратә цәаныррақәа рцәыӡхьеит, аӡәы ирҽхәарагьы бзиа ирбаӡом (2 Тимофеи иахь 3:1—5). Аҭаацәа шьоукы рхәыҷқәа дырҽхәаӡом, избанзар урҭ рҭаацәараҿы дара ахаан идырҽхәомызт. Ирацәаҩны ауаа русураҿы аӡәгьы ирҽхәаӡом ҳәа иашшуеит.

5. Иаҵанакуазеи агәышьҭыхра?

5 Агәышьҭыхра иаҵанакуа қәҿиарақәак рзы арҽхәара мацара акәӡам. Уи адагьы, ҳара иҳалшоит егьырҭ ибзиоу аҟазшьақәа шрымоу раҳҳәалар, иара убас згәы каҳаны иҟоу ргәы шьҭаҳхлар (1 Фессалоникаа рахь 5:14). «Агәышьҭыхра» ҳәа лассы-лассы еиҭарго абырзен ажәа ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанагоит «ааигәа аҟазааразы а́ҳәара». Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аус анрыцаҳуа, ргәы ашьҭыхразы алшара ҳауеит. (Шәаԥхьа Екклезиаст [Экклезиаст] 4:9, 10.) Иҳаҩҳажьуама ҳара егьырҭ бзиа ишаҳбо, насгьы рыхә ҳаракны ишаҳшьо раҳәаразы алшара? Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап Ажәамаанақәа (Притчи) 15:23 рҿы иану ажәақәа: «Шаҟа ибзиоузеи ианаамҭоу иҳәоу ажәа!»

6. Избан Аҩсҭаа изиҭаху ҳара ҳгәы каҳарц? Иаажәга аҿырԥштәы.

6 Аҩсҭаа идыруеит агәкаҳара ҳдоуҳатә, ҳемоциатә, насгьы ҳцәеижьтә гәабзиара иаԥырхагахар шалшо, убри аҟынтә иара амҩа иаша ҳахирҟьарц дашьҭоуп. Ажәамаанақәа (Притчи) 24:10 аҿы иануп: «Угәы каҳама агәаҟра амшқәа раан? Ус анакәха умч кәадахоит». Аҩсҭаа иҭахын ииашаз Иов игәы каижьырц, уи азы иара агәаҟра дуқәа дрықәиршәеит, насгьы амц ихы иаирхәеит. Аха игәымбылџьбараз игәҭакы намӡеит (Иов [Иов] 2:3; 22:3; 27:5). Ҳара иҳалшоит Аҩсҭаа ауаа ргәы каижьырц азы иҟаиҵо аҽазышәарақәа ҳарҿагылар, ҳҭынхацәеи аизараҿы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхлар. Усҟан ҳаҩны, насгьы Аҳратә зал егьырҭ анасыԥи аҭынчреи ахьроуа ҭыԥхоит.

ҲАЗҾЫԤШЫР ҲАЛШО АҾЫРԤШТӘҚӘА

7, 8. а) Иарбан ҿырԥштәқәоу иаҳзырбо Иегова егьырҭ ргәы ашьҭыхра хадоуп ҳәа шиԥхьаӡо? б) Ишԥарылшо аҭаацәа Иегова иҿыԥшлар? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

7 Иегова. Аԥсаломшәаҳәаҩ дшәаҳәон: «Згәы хьаала иҭәу, игәырҩо роуп Иара дыззаигәоу, иԥагьам, згәы-зыԥсы анзыршәахьоу рыԥсы ҿихуеит» (Аԥсалом 33:19 [34:18, АдҾ]). Азиашара аазырԥшуаз аԥааимбар Иеремиа дшәаны, игәы каҳаны даныҟаз Иегова уи игәы ирӷәӷәеит (Иеремиа [Иеремия] 1:6—10). Иара убас шәазхәыц шаҟа деигәырӷьаз зықәрахь инеихьаз аԥааимбар Даниил Иегова амаалықь данааишьҭ иара дирӷәӷәарц азы! Амаалықь уи «зыхә ҳараку ауаҩы» ҳәа изиҳәеит (Даниил [Даниил] 10:8, 11, 18, 19). Ишәылшарызма шәаргьы егьырҭ ргәы ашьҭыхра, згәы каҳаны иҟоу апионерцәеи зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи уахь иналаҵаны?

8 Иеговеи Иисуси акыраамҭа аус еицыруан. Аха Иисус адгьыл аҿы данынхоз, Анцәа еиликаауан бзиа иибо Иԥа арҽхәареи агәышьҭыхреи уаанӡа еиԥш ишиҭахыз. Уи аҭыԥан, Иисус Иаб ажәҩан аҟынтә ҩынтә иҳәеит: «Абри Иоуп Гәы цаҳә-цаҳәла бзиа избаз, Сгәаԥхара-ҳалал Злоу Сԥа» (Матфеи 3:17; 17:5). Убасала Анцәа Иисус дирҽхәеит, насгьы зегь иашаны ишыҟаиҵо агәра ииргеит. Ҳәарада, арҭ ажәақәа Иисус игәы даара идырӷәӷәеит. Иисус дыԥсыр анакәыз аухазы даара дгәырҩон, усҟан Иегова амаалықь дааишьҭит Иԥа дирӷәӷәарц азы (Лука 22:43). Шәара ахәыҷқәа шәымазар, Иегова шәиҿыԥшла, шәхәыҷқәа арҽхәара ианаԥсоу уи рыгшәмыжьлан, насгьы еснагь ргәы шьҭышәхла. Ахәыҷқәа ашкол аҿы есыҽны аԥышәарақәа ирықәшәозар, еиҳагьы ҳацхыраара рҭахуп.

9. Иаҳҵар ҳалшозеи ҳара Иисус апостолцәа дшырзыҟаз аҟынтә?

9 Иисус. Иисус Ахәылԥаз азгәаҭара алеигалаанӡа, апостолцәа аԥагьара шаадырԥшуаз гәеиҭеит. Иара ахынраалара аарԥшны ршьапқәа иӡәӡәеит, аха уи ашьҭахьгьы дара иреиҳау дарбану ҳәа аимак рыман. Пиотр иакәзар, мыцхәы ахақәгәыӷцәара ааирԥшуан (Лука 22:24, 33, 34). Ус ишыҟазгьы, Иисус иапостолцәа аԥышәарақәа раан дахьаанырмыжьыз азы ирҽхәеит. Убасгьы агәра диргеит иара иҟаиҵаз аусқәа раасҭа еиҳау шыҟарҵо, насгьы Анцәа рыхә ҳаракны ишишьо реиҳәеит (Лука 22:28; Иоанн 14:12; 16:27). Ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Сиҿыԥшуама сара Иисус, схәыҷқәеи егьырҭ ауааи рыгхақәа дырбара акәымкәа, рырҽхәара сҽазышәо?»

10, 11. Ишԥааирԥши апостол Павел егьырҭ ргәы ашьҭыхра шхадоу шеиликаауаз?

10 Апостол Павел. Павел ибзианы дрыхцәажәон исаламшәҟәқәа рҿы амаҵ зциуаз ақьырсианцәа. Урҭ рахьтә шьоукы акыршықәса Павел иныҟәарақәа рҿы ицын, убри аҟынтә, ҳәарада, рыгхақәа ибзианы идыруан, аха иара дара ирызкны ииҳәоз абзиа мацара акәын. Иаҳҳәап, Тимофеи изкны Павел иҳәеит: «Иҳақәиҭу иҿы бзиабарала, гәрагарала сыззыҟоу сԥа». Иара иҩуан Тимофеи «гәцаракрала, ҭакԥхықәрала» иашьцәа русқәа дырҿын ҳәа (1 Коринфаа рахь 4:17; Филиппаа рахь 2:19, 20). Абар Тит изкны Павел Коринф инхоз ақьырсианцәа ирзиҩыз: «Уи сара дысҩызоуп, шәыбжьара иҟоу, шәызҿу иаҿу, ишәусзуҩу иоуп» (2 Коринфаа рахь 8:23). Шаҟа ргәы шьҭнахзеи Тимофеии Тити Павел дара дышрыхцәажәаз анраҳа!

11 Павели Варнавеи рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло, аҿагылара ӷәӷәақәа иахьрықәшәоз аҭыԥқәа рахь еиҭа игьежьуан. Иаҳҳәап, дара Листра ашьҭашәарыцара ӷәӷәа ишақәшәазгьы, уи ақалақь ахь ихынҳәит ҿыц аҵабырг здызкылаз ргәы шьҭырхырц, насгьы рыгәрахаҵара ахьчара ргәазҭарҵарц азы (Аусқәа 14:19—22). Павел Ефес даныҟаз, зыԥсахы еибакны иҟаз ажәлар иҿагылеит. Аусқәа 20:1, 2 аҿы иануп: «Ауаа рыԥсахеибакратә қәгылара анеихсыӷь, Павел аҵаҩцәа ааизганы, имҩақәҵаны, бзиала ҳәа нараҳәаны, Македониаҟа амҩа дықәлеит. Дызлацоз имҩаҿ агәрахаҵара змаз зегьы ргәы азырхаҵауа, ирӷәӷәауа Бырзентәыла днеит». Ишаҳбо еиԥш, Павел егьырҭ ргәы ашьҭыхра даара ихадоуп ҳәа иԥхьаӡон.

ИАХЬА АГӘЫРҬЫНЧРА ЗАҲҬАХУ

12. Избан егьырҭ ргәы шьҭаҳхларц, насгьы ҳаргьы ҳгәы шьҭырхларц азы аизарақәа рҭаара зхадоу?

12 Жәҩантәи ҳаб абзиабара аарԥшны, иааиԥмырҟьаӡакәа ақьырсиантә аизарақәа рҭааразы алшара ҳамазарц деиҷаҳаит. Иара иҭахуп уа ҳара агәышьҭыхра ҳауларц, насгьы егьырҭ ргәы шьҭаҳхларц. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 10:24, 25.) Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа ҳарҿыԥшны, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи ҳаиқәшәоит, аҵара еицаҳҵоит, насгьы ҳгәы шьҭибахуеит (1 Коринфаа рахь 14:31). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Кристина илҳәоит: «Ҳаизарақәа даара исгәаԥхоит, избанзар уа сара бзиа сырбоит, насгьы сгәы шьҭырхуеит. Зны-зынла аизарақәа рахь сгәы каҳаны снеиуеит, аха аиаҳәшьцәа ааины сыргәыдрыҳәҳәалоит, насгьы иахьа шаҟа быԥшӡозеи ҳәа сарҳәоит. Дара бзиа сшырбо, иара убас сдоуҳатә қәҿиарақәа ишреигәырӷьо рҳәоит. Уи сгәалаҟазаара шьҭнахуеит». Шаҟа ҳаигәырӷьозеи наҟ-ааҟ ҳагәқәа реибажьжьара ахьҳалшо! (Римаа рахь 1:11, 12).

13. Избан аԥышәа змоу Анцәа имаҵзуҩцәагьы агәышьҭыхра зырҭаху?

13 Аԥышәа змоу Анцәа имаҵзуҩцәагьы агәышьҭыхра рҭахуп. Еилҳаргап Иисус Навин иҿырԥштәы. Акыр шықәса иара Иегова дизиашаны имаҵ иуан. Аха Иегова уеизгьы Моисеи иеиҳәеит: «Далх уҭыԥан Иисус, игәы шьҭых, иара убас дырӷәӷәа, избанзар иара иоуп ари ажәлар раԥхьа дгыланы аӡиас ируа, иара иоуп иубараны иҟоу адгьыл ахь урҭ назго» (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 3:27, 28). Иисус Навин иуадаҩыз адҵа изыԥшын, уи израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл роурц азы ианеибашьуаз раԥхьа дгылар акәын. Иаԥхьаҟа имаҷымкәа аибашьрақәа изыԥшын, насгьы знык иадамзаргьы аҵахара (Иисус Навин [Иисус Навин] 7:1—9). Иисус Навин агәышьҭыхреи арӷәӷәареи даара иҭахын! Шәааи ҳаргьы аизара аиҳабацәа, араионтә хылаԥшыҩцәагьы уахь иналаҵаны, ргәы шьҭаҳхлап, избанзар дара аџьабаа хьанҭа иаҵоуп, насгьы Анцәа игәарҭа иахӡыӡаауеит. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:12, 13.) Абар раионтә хылаԥшҩык ииҩыз: «Зны-зынла аишьцәа асаламшәҟәқәа ҳзаарышьҭуеит, уа дара иҟаҳҵо аҭаарақәа рзы иҭабуп ҳәа ҳарҳәоит, иара убас шаҟа иргәаԥхаз атәы рыҩуеит. Ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу урҭ асаламшәҟәқәа ҳрыԥхьоит, уи даара ҳгәы шьҭнахуеит».

Ҳхәыҷқәа гәык-ԥсык ала ианҳарҽхәо, Иегова изааигәахара ҳрыцхраауеит (Шәахәаԥш абзац 14.)

14. Избан аӡәы алабжьара аниаҳҭо, арҽхәареи агәышьҭыхреи заҳхаҳмыршҭлар акәу?

14 Ақьырсиантә еиҳабацәеи аҭаацәеи ирдыруеит Абиблиа шьаҭас измоу алабжьара ахәарҭа аанагарц азы агәышьҭыхреи арҽхәареи шаҭаху. Коринфаа апостол Павел илабжьара иқәныҟәеит. Иара урҭ уи азы ианирҽхәа, иҟалап уи анаҩсгьы ииашаны рхы мҩаԥыргаларц азы амч рнаҭазар (2 Коринфаа рахь 7:8—11). Ҩыџьа ахәыҷқәа змоу Андреас иҳәоит: «Арҽхәара ахәыҷқәа доуҳалеи емоциалеи аизҳара ирыцхраауеит. Алабжьара алҵшәа аанагарц азы, арҽхәара даара ихадоуп. Ҳхәыҷқәа ацәгьеи-абзиеи еиҩырдыраауеит, аха ирымоу адыррақәа инарықәыршәаны рхы мҩаԥыргаларц азы, еснагь ргәы шьҭыхлатәуп, насгьы ирӷәӷәалатәуп».

ЕГЬЫРҬ ҞАЗАРЫЛА РГӘЫ ШЫШЬҬЫХТӘУ

15. Ишԥаҳалшо егьырҭ ргәы ашьҭыхра?

15 Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҽазышәарақәеи рҟазшьа бзиақәеи рзы ишәырҽхәала (2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 16:9; Иов [Иов] 1:8). Иеговеи Иисуси Аҳра азы иҟаҳҵо зегьы ахә даара иҳаракны иршьоит, ҳҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны иҟаҳҵо аусқәа усҟак ирацәамзаргьы. (Шәрыԥхьа Лука 21:1—4; 2 Коринфаа рахь 8:12.) Иаҳҳәап, зықәрахь инеихьоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи даара рҽазыршәоит иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь рҳәаларц, аизарақәа ирҭааларц, насгьы урҭ рыҽрыладырхәларц азы. Иҳарҽхәома, иара убас ргәы шьҭаҳхуама урҭ иҟарҵо зегь азы?

16. Избан, аӡәы игәы ашьҭыхра ҳалшозар, уи ҟаҳҵалар зҳахәҭоу?

16 Егьырҭ ргәы ашьҭыхразы алшара шәашьҭаз. Аӡәы ирҽхәара шҳалшо ҳбозар, изыҟаҳамҵарызеи уи? Ҳахәаԥшып Павели Варнавеи писсидиатәи Антиохиа ианыҟаз изықәшәаз. Асинагога аиҳабацәа урҭ ирарҳәеит: «Ҳашьцәа-хацәақәа! абра иеилагылоу иазхарҵаша [«ргәы шьҭызхша», АдҾ] ҳәатә шәымазар, ҳазыразны ҳашәзыӡырҩуеит». Усҟан Павел еизаз рахь ихы рханы, ргәы шьҭызхша ажәахә аҳәара далагеит (Аусқәа 13:13—16, 42—44). Аӡәы игәы ашьҭыхра алшара шәымазар ишәаҩшәмыжьын. Егьырҭ ргәы ашьҭыхреи рырҽхәареи шьцыларас ишьҭышәхыр, шәара ижәбоит даргьы ус ишшәызныҟәало (Лука 6:38).

17. Иазҭар алшозеи арҽхәара амч?

17 Гәык-ԥсык ала шәыҟаз, насгьы иалкаау ак азы ишәырҽхәала. Ҳәарада, аӡәы дҳарҽхәарц азы ус баша ак ҳҳәар ҳалшоит. Аха Иисус Фиатира инхоз ақьырсианцәа иреиҳәаз ажәақәа иаҳдырбоит иалкааны ак азы ауаҩы данурҽхәо еиҳа ишеиӷьу. (Шәаԥхьа Аатра 2:18, 19.) Иаҳҳәап, аҭаацәа рхәыҷқәа дырҽхәалар рылшоит урҭ адоуҳатә хықәкқәа рынагӡаразы иҟарҵо ақәҿиарақәа рзы. Зхала ахәыҷқәа зааӡо аиаҳәшьа дшәырҽхәар шәылшоит имариам лҭагылазаашьа дамыхәаԥшӡакәа лхәыҷқәа ахьылааӡо азы. Ус еиԥш иҟоу арҽхәара амч ду амоуп.

18, 19. Ишԥаҳалшо згәы каҳаны иҟоу ргәы ашьҭыхра?

18 Ажәытәан Иегова Моисеи иеиҳәеит Иисус Навин игәы шьҭихырц, насгьы дирӷәӷәарц, аха иахьа аӡәы дҳарҽхәарц ҳаиҳәаӡом. Ус шакәугьы, иара даара деигәырӷьоит ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшои егьырҭ ауааи ргәы анышьҭаҳхуа (Ажәамаанақәа [Притчи] 19:17; Ауриацәа рахь 12:12). Иаҳҳәап, Аҳратә зал аҿы ажәахә змаз аиашьа иаҳҳәар ҳалшоит алабжьара бзиа шҳауз, насгьы жәеинраалак еиҳа еиӷьны ишеилаҳкааз. Ажәахә иманы дықәгыларц аконгресс ахь иааз аиашьа иаҳәшьак изылҩит: «Ҳара минуҭқәак роуп ҳахьеицәажәаз, аха уара иубеит сгәы хьаак шҭаз. Уажәақәа сгәы дырҭынчит, насгьы сдырӷәӷәеит. Урҭ ақьиара рыҵан — асцена аҟынтә, насгьы хаҭала уансацәажәоз. Сара сзы уи Иегова иҟынтә аҳамҭа иаҩызахеит».

19 Ҳара егьырҭ доуҳала рырӷәӷәаразы имаҷымкәа алшарақәа ҳаԥшаар ҳалшоит Павел иааԥхьара ҳақәныҟәалар: «Аӡәи-аӡәи шәеизыӡырҩла, шәеилабжьала, еснагь ишыҟашәҵало аиԥш» (1 Фессалоникаа рахь 5:11). Есыҽны ҳгәы шьҭибахуазар, Иегова дҳаргәырӷьалоит.

^ 1 Абзац 1. Хьыӡқәак ԥсахуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра