Анцәа ижәлар Иажәа инақәыршәаны еиҿкаауп
«Иегова адгьыл ҟәыӷарыла ишеит, агәеилых бзиа аарԥшны ажәҩан шьақәиргылеит» (АЖӘАМААНАҚӘА [ПРИТЧИ] 3:19).
1, 2. а) Ишԥазыҟоу шьоукы Анцәа аорганизациа имоуп ҳәа анраҳауа? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
ИМОУМА Анцәа аорганизациа? Шьоукы ргәы иаанагоит уи аҩыза аҭахра ыҟам ҳәа. Урҭ ирыԥхьаӡоит ауаҩы Анцәеи иареи аизыҟазаашьақәа рымазар, уи азхоит ҳәа. Аха ус аума ишыҟоу? Ирҳәозеи афактқәа?
2 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова аиҿкаара Анцәа шиакәу узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа, иара убас Иегова иорганизациа иаҳнаҭо амҩақәҵарақәа ҳшырзыҟазар ҳахәҭоу (1 Коринфаа рахь 14:33, 40). Актәи ашәышықәсазы ҳ. ҳ. Иегова ижәлар Иԥшьоу Аҩыра иану алабжьарақәа рыцхраауан акрызҵазкуа адҵа анагӡара — ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара. Иахьагьы убас иҟоуп. Ҳара еснагь Абиблиа иану, насгьы Анцәа иорганизациа иаҳнаҭо анапхгара ҳақәныҟәоит аҟынтә, ақьырсиантә еизараҿы ацқьареи, аҭынчреи, акзаареи ыҟоуп.
ИЕГОВА АИҾКААРА АНЦӘА ИОУП
3. Агәра шәзыргозеи шәара Иегова аиҿкаара Анцәа шиакәу?
3 Иегова ишамҭақәа зегьы ишьақәдырӷәӷәоит иара аиҿкаара Анцәа шиакәу. Абиблиаҿы иануп: «Иегова адгьыл ҟәыӷарыла ишеит, агәеилых бзиа аарԥшны ажәҩан шьақәиргылеит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 3:19). Ҳара иаҳдыруа «иара [Анцәа] имҩақәа ркалҭ заҵәык ауп, иара изкны ахәыҭ-хәыҭбжьы ауп иааҩуа» (Иов [Иов] 26:14). Апланетақәеи, аеҵәақәеи, агалактикақәеи ирызкны иаҳдыруа маҷуп, аха еилкаауп дара зегьы еиҿкааны ишышьақәыргылоу (Аԥсалом 8:4, 5 [8:3, 4, АдҾ]). Агалактикақәа миллионла аеҵәақәа рыла ишьақәгылоуп, дара зегьы еиҿкааны рус нарыгӡоит. Амратә системаҿы апланетақәа, амашьынаныҟәцаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәошәа, ирзалху амҩақәа рыла Амра иакәшоит. Жәҩантәылаҿы иааџьоушьартә иҟоу аиҿкаара агәра ҳнаргоит «ҟәыӷара дула жәҩан ду зшаз» Иегова арҽхәара дшаԥсоу, насгьы зиашарала имаҵ аура шҳахәҭоу (Аԥсалом 135:1, 5—9 [136:1, 5—9, АдҾ]).
4. Избан анаука азҵаарақәа жәпакы рҭак аҟаҵара алшара замам?
4 Анаука ҳара иаҳзаанартыз рацәоуп Жәҩантәылеи Адгьыли ирызкны, ҳаԥсҭазаарагьы ахьеиӷьнатәыз ыҟоуп. Аха анаука азҵаарақәа жәпакы рҭак аҟаҵара алшара амам. Иаҳҳәап, астрономцәа Жәҩантәыла шыҟалаз, мамзаргьы ауаа Адгьыл аҿы изынхо, насгьы еиуеиԥшым аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи, аҵиаақәеи зыҟоу аҳәара рылшаӡом. Уи адагьы, наӡаӡа анхара агәаҳәара зҳамоу ҳаилыркаара зылшо маҷҩуп (Екклезиаст [Экклезиаст] 3:11). Избан ауаа акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак аԥшаара зрылымшо? Ганкахьала уи зыхҟьо аӡәырҩы, аҵарауаагьы налаҵаны, Анцәа дшыҟоу мап ахьацәыркуа, насгьы аеволиуциа иахьадгылоу ауп. Аха Иегова Иажәаҿы адунеи ахьынӡа-наӡааӡо ауаа ргәы иҵхо азҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит.
5. Избан ҳара аԥсабара азакәанқәа ҳзырхьыԥшу?
5 Ҳара Иегова ишьақәиргылаз зыгәра угартә иҟоу, зҽызмыԥсахуа аԥсабара азакәанқәа ҳархьыԥшуп. Афымцеибыҭаҩцәа, аӡымҩангагаҩцәа, анџьнырцәа, аԥырҩцәа, ахирургцәа — зегьы рус аҿы урҭ азакәанқәа ирықәныҟәоит. Иаҳҳәап, ахирургцәа ирдыруеит ауаа зегьы рцәеижь аиҿартәышьа шамахамзар ишеиԥшу, убри аҟынтә ауаҩы игәы ахьҭоу аԥшаара рықәшәаӡом, уи дара ибзианы ирдыруеит. Ҳара зегьы аԥсабаратә закәанқәа ҳрызхьаԥшлар ауп. Иаҳҳәап, аҵла аҟынтәи ҳаԥаны аҵыс еиԥш ҳԥыруеит ҳәа ҳалагар, ааха ҳаур ҳалшоит.
АНЦӘА ИЖӘЛАР ЕИҾКААНЫ ИМАҴ РУЕИТ
6. Иабантәиаадыруеи Анцәа имаҵзуҩцәа еиҿкааны имаҵ руларц шиҭаху?
6 Ииашаҵәҟьаны, Иегова Жәҩантәыла иааџьоушьартә еиҿкааны ишеит. Убри аҟынтә иара иҭахуп ижәлар еиҿкааны имаҵ руларц. Иаҳҳәап, Анцәа Абиблиа ала анапхгара ҳаиҭоит. Шаҟа инасыԥдахози ҳаԥсҭазаара Анцәа иорганизациаҿы ҳаҟамызҭгьы, насгьы инормақәа ҳзымдыруазҭгьы!
7. Иаҳзырбозеи Абиблиа иааџьоушьартә ишеиқәшәо?
7 Џьоукы ргәы иаанагоит Абиблиа ауриатә, насгьы ақьырсиантә авторцәа еиуеиԥшым рҩымҭақәа реизга ауп ҳәа. Аха ииашаҵәҟьаны ари иааџьоушьартә еиқәыршәоу, насгьы Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩу шәҟәуп. Абиблиаҿы ашәҟәқәа зегьы даара еидҳәалоуп. Уи злашьақәгәылоу ашәҟәқәа зегьы — Аҟазаара инаркны Аатра аҟынӡа — ихадоу темак ауп ирымоу — Иегова анапхгара аҟаҵара закәанла азин шимоу ашьақәырӷәӷәара, насгьы изқәыргәыӷыз «ахылҵшьҭра», Христос, напхгара ззиуа Аҳра ацхыраарала адгьыл иадҳәалоу Анцәа игәҭакы анагӡара. (Шәрыԥхьа Аҟазаара [Бытие] 3:15; Матфеи 6:10; Аатра 11:15.)
8. Избан иаҳҳәар зҳалшо израильаа ибзианы еиҿкаан ҳәа?
8 Ажәытәан израильаа жәларык еиԥш даара ибзианы еиҿкаан. Иаҳҳәап, Моисеи изакәан аныҟаз, аҳәса шьоукы «аизара ақьала аҩналарҭаҿы» амаҵ аура иазкын (Ақәҵымҭа [Исход] 38:8). Израильтәи алагери иԥшьоу ақьалеи реиҭагарагьы еиҿкааны имҩаԥысуан. Ԥыҭрак ашьҭахь аҳ Давид алевитцәеи аԥшьаҩцәеи ибзианы еиҿкааны, гәыԥ-гәыԥла ишеит (1 Ашықәсынҵа [1 Летопись] 23:1—6; 24:1—3). Ажәлар Иегова ианизыӡырҩуаз, аҭынчреи акзаареи рыман (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 11:26, 27; 28:1—14).
9. Иаҳзырбозеи ҳара актәи ашәышықәсазы ақьырсиантә еизарақәа ибзианы ишеиҿкааз?
9 Актәи ашәышықәсазы ақьырсиантә еизарақәа ибзианы еиҿкаан, насгьы ирбон аханатә апостолцәа рыла ишьақәгылаз анапхгаратә хеилак ирнаҭоз амҩақәҵарақәа рықәныҟәара шаҟа иҟәыӷараз (Аусқәа 6:1—6). Ԥыҭрак ашьҭахь уи ахеилак егьырҭ аишьцәагьы ацлеит (Аусқәа 15:6). Иара убас аизарақәа Анцәа идоуҳала иҩыз асаламшәҟәқәа рыла анапхгара роуан. Урҭ асаламшәҟәқәа анапхгаратә хеилак иалахәыз, мамзаргьы ирыцхраауаз роуп изыҩуаз (1 Тимофеи иахь 3:1—13; Тит иахь 1:5—9). Ишԥаныруаз аизарақәа анапхгаратә хеилак ирнаҭоз амҩақәҵарақәа иахьрықәныҟәоз?
10. Иарбан лҵшәоу иаанагоз, раԥхьатәи ақьырсиантә еизарақәа анапхгаратә хеилак ирнаҭоз амҩақәҵарақәа ианрықәныҟәоз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
10 Шәаԥхьа Аусқәа 16:4, 5. Анапхгаратә хеилак амҩақәҵарала аизарақәа ирҭаауаз аишьцәа «Иерусалим Апостолцәа ирыдыркылахьаз ақәҵаратә рыларҳәон». Урҭ амҩақәҵарақәа «ауахәамақәа рыгәрахаҵара арӷәӷәон, рышҟа ииасуаз рхыԥхьаӡара ес-иаашар иацлон». Иаҳҳәар ҳалшозеи иахьатәи Анцәа иорганизациа иазкны? Иаҳнарҵар алшозеи ари аацҳара?
ШӘРЫҚӘНЫҞӘОМА ШӘАРА АНЦӘА ИОРГАНИЗАЦИА ИШӘНАҬО АМҨАҚӘҴАРАҚӘА?
11. Ишԥарзыҟазар акәу аҭакԥхықәра зду аишьцәа Анцәа иорганизациа ирнаҭо амҩақәҵарақәа?
11 Ишԥарзыҟазар акәу афилиал акомитетқәа ирылахәу, араионтә хылаԥшҩцәа, аизара аиҳабацәа Анцәа иорганизациа ирнаҭо амҩақәҵарақәа? Анцәа Иажәаҿы ҳара зегьы иҳадиҵоит азыӡырҩреи аҳәатәхаҵареи ааҳарԥшларц (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 30:16; Ауриацәа рахь 13:7, 17). Иегова иорганизациаҿы акритика аҟаҵареи аҿагыларатә гәазыҟашьа аарԥшреи иаҭыԥым, избанзар уи аизараҿы аҭынчреи, абзиабареи, акзаареи еиланагоит. Ҳәарада, ҳара аҳәатәхамҵареи апатуқәымҵареи аазырԥшыз Диотреф иеиԥш ҳхы мҩаԥаҳамгалар ауп. (Шәаԥхьа 3 Иоанн 9, 10.) Ҳхы ҳазҵаар бзиан: срыцхраауама сара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи доуҳала аизҳара? Срықәныҟәома иаразнак аҭакԥхықәра зду аишьцәа иҳарҭо амҩақәҵарақәа, насгьы срыдгылоума урҭ?
12. Ишԥалырхуеи аизара аиҳабацәеи амаҵзуратә цхырааҩцәеи?
12 Еилҳаргап Анапхгаратә хеилак ааигәа ирыдыркылаз аӡбара. Аброшиура «Воскресение Иисуса. Что оно означает для нас?» аҿы аизара аиҳабацәеи амаҵзуратә цхырааҩцәеи шалырхуа еиҭаҳәан. Астатиаҿы иазгәаҭан актәи ашәышықәсазы урҭ алзхуаз анапхгаратә хеилак азин зырҭаз араионтә хылаԥшҩцәа шракәыз. Убри аҿырԥштәы инақәыршәаны, сентиабр 1, 2014 шықәса инаркны араионтә хылаԥшҩцәа роуп аизара аиҳабацәеи амаҵзуратә цхырааҩцәеи алзхуа. Араионтә хылаԥшҩы иҽазишәоит аҭакԥхықәра здырҵар рҭаху аиашьа хаҭала иабадырра, насгьы иалшозар, амаҵ ицура. Иара убас аиашьа аҭаацәара далазар, араионтә хылаԥшҩы иҭаацәа драбадыруеит (1 Тимофеи иахь 3:4, 5). Анаҩс аизара аиҳабацәа рхеилак араионтә хылаԥшҩи дареи амаҵзуратә цхырааҩцәеи аизара аиҳабацәеи рзы иҟоу Абиблиа иану аҭахрақәа инҭырҳәыцааны иҭырҵаауеит (1 Тимофеи иахь 3:1—10, 12, 13; 1 Пиотр 5:1—3).
13. Ишԥаҳалшо аизара аиҳабацәа ирыдыркыло аӡбарақәа ҳашрыдгыло ааҳарԥшыр?
13 Ҳара аизара аиҳабацәа рҟынтә иҳауа Абиблиа шьаҭас измоу амҩақәҵарақәа ҳарзыӡырҩлар ауп. Ииашоу арҭ ахьчацәа Иԥшьоу Аҩыра аҟынтәи «ажәа ҟәыӷақәа» рхы иадырхәоит (1 Тимофеи иахь 6:3). Еилҳаргап аизараҿы аиҿкаара еилазго ирызкны апостол Павел иҟаиҵаз алабжьара. Иара иҩуан: «Шәара шәыбжьара шьоукы ишахәҭам рхы мҩыԥыргоит, уск руӡом, амала баша еилаҩеиласуеит». Ишаҳбо еиԥш, аизара аиҳабацәа алабжьарақәа ҟарҵон, аха дара ирыдыркыломызт. Ишԥарзыҟазар акәыз урҭ аизара? Павел иреиҳәеит: «Абри ашәҟәы аҿы ишәзаҳаҩуа ақәныҟәара зҭахым ауаҩԥсы дазгәашәҭ, далышәкаа — иҿцаара шәаҟәыҵ». Убри аамҭазгьы иациҵеит: «Ӷас дҟашәымҵан» (2 Фессалоникаа рахь 3:11—15). Иахьа ақьырсиан анаҩсгьы ииашамкәа ихы мҩаԥигозар, насгьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иҽеим анырра риҭозар (иаҳҳәап, Иегова ишаҳаҭым иҿы аромантикатә еизыҟазаашьақәа еизирҳауазар), аизара аиҳабацәа угәуҽанызҵо ажәахә рыманы аизараҿы иқәгылар рылшоит (1 Коринфаа рахь 7:39). Шәышԥазыҟоу ари аҩыза ажәахә аншәаҳауа? Шәара уи ажәахә зырҳәо жәдыруазар, шәҽазышәшәома абиблиатә принципқәа еилазго ауаҩы иааигәаны иҿцәажәара аҽацәыхьчара? Абасала шәара иара иахь аиҷаҳара аашәырԥшуеит, насгьы шәхымҩаԥгашьа игәазҭанаҵар ауеит аиҿкаара уаҳа еилеимгалартә1.
АИЗАРАҾЫ АЦҚЬАРЕИ, АҬЫНЧРЕИ, АКЗААРЕИ ШӘЫХЬЧАЛА
14. Ишԥаҳалшо аизараҿы ацқьара ахьчара?
14 Ҳара аизара доуҳала ицқьаны иҟазарц ҳацхраауеит, Анцәа Иажәа иану анапхгара ҳақәныҟәозар. Еилҳаргап коринфтәи аизараҿы иҟалаз хҭыск. Павел ихы дамеигӡаӡакәа Коринф ажәабжьҳәара даҿын, насгьы иԥшьоу рахь ааԥхьара змаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи бзиа ибеит (1 Коринфаа рахь 1:1, 2). Шәхаҿы иаажәг апостол ицәаныррақәа, урҭ игәаԥхашәадоу ахымҩаԥгашьа рымбошәа шыҟарҵоз атәы рзыҩра аниқәшәаз. Павел аизара аиҳабацәа ирыдиҵеит уи иҩыза агәнаҳаҟаҵаҩ Аҩсҭаа дирҭарц, даҽакала иуҳәозар, аизара далырцарц. Дара аизара «аҵәырса» аҟынтә ирыхьчар акәын (1 Коринфаа рахь 5:1, 5—7, 12). Иахьымхәуа агәнаҳаҟаҵаҩ аизара иалцаразы аизара аиҳабацәа ирыдыркылаз аӡбара ҳанадгыло, аизараҿы ацқьара ахьчара ҳацхраауеит. Уи адагьы, ауаҩы игәнаҳа дахьхәырц, насгьы Иегова ианажьра дашьҭаларц игәазҭаҳҵар ауеит.
15. Ишԥаҳалшо аизараҿы аҭынчра ахьчара?
15 Коринфтәи аизараҿы даҽа уадаҩракгьы ыҟан. Ақьырсианцәа шьоукы рыгәрахаҵара рыцеиҩызшоз рашьцәеи раҳәшьцәеи дареи русқәа аӡбарҭақәа рҟынӡа инаргон. Павел урҭ узырхәыцшаз азҵаара риҭеит: «Еиӷьӡами, ишәыхьыз шшәыхьыз, шәгәынхара шышәгәынхароу иааныжьзар?» (1 Коринфаа рахь 6:1—8). Зны-зынла аишьцәа абизнес иадҳәалоу аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵоит, аха рус хыбгалоит. Аԥара анырцәыӡлак, дара мцҳәарыла ак рцәыргазшәа ахара рыдеибаҵо иалагар ауеит, уи аизараҿы аҭынчра еиланагоит. Ҭагылазаашьақәак рҿы аус аӡбарҭақәа рҟынӡагьы инеиуеит. Аха Анцәа Иажәа иаҳнарбоит ахарџь ҳаур еиҳа ишеиӷьу, Анцәа ихьӡ ҳарԥхашьар, мамзаргьы аизараҿы аҭынчра еилаҳгар аасҭа2. Ауадаҩра ӷәӷәақәеи аҳәоуеиқәымшәарақәеи рыӡбаразы Иисус Христос иҳаиҭаз алабжьарақәа ҳрықәныҟәалар ауп. (Шәаԥхьа Матфеи 5:23, 24; 18:15—17.) Убас ҳара ҳдоуҳатә ҭаацәараҿы акзаара ҳахьчоит.
16. Избан Анцәа ижәлар рыбжьара акзаара ахьыҟоу зџьаҳамшьо?
16 Иегова Иажәа ишаҳнарбо ала, Анцәа ижәлар рыбжьара иҟоу акзаара џьашьатәым. Аԥсаломшәаҳәаҩ иҳәон: «Ишԥабзиоу, ишԥассиру аишьцәа џьарак ианеицынхо!» (Аԥсалом 132:1 [133:1, АдҾ]). Израильаа Иегова ианизыӡырҩуаз, еиҿкааз, еидгылаз жәларны иҟан. Абар Анцәа ижәлар рԥеиԥш иазкны ииҳәаз: «Сара урҭ ауаса гәарҭа еиԥш еидыскылоит» (Михеи [Михей] 2:12). Абар уи аԥааимбар Софониа ила заа ииҳәахьаз: «Усҟан ажәларқәа ирысҭоит абызшәа цқьа [абиблиатә ҵабырг абызшәа], дара зегьы Иегова ихьӡ рҳәаларц, насгьы рыжәҩахыр еибыҭаны имаҵ руларц азы» (Софониа [Софония] 3:9). Шаҟа ҳаигәырӷьозеи Иегова акзаара ҳаманы имаҵ аура ахьҳаҭәеишьаз!
Аизара аиҳабацәа ииашам ашьаҿа ҟазҵаз адоуҳатә цхыраара ирҭоит (Шәахәаԥш абзац 17.)
17. Иҟарҵалар акәзеи аизара аиҳабацәа аӡәы агәнаҳа аныҟаиҵо, аизараҿы ацқьареи акзаареи рыхьчарц азы?
17 Аизараҿы акзаареи ацқьареи ахьчаразы, аизара аиҳабацәа аӡбаратә зҵаарақәа аамҭа мгакәа, абзиабара аарԥшны еилдыргалар ауп. Павел идыруан Анцәа абзиабара аарԥшра игәазҭазҵо аемоциақәа рымацара шракәым, насгьы агәнаҳа имбошәа шыҟаимҵо (Ажәамаанақәа [Притчи] 15:3). Убри аҟынтә апостол коринфаа асаламшәҟәы рзиҩырц иӡбеит. Уа иажәақәа џьбаран, аха ақьиара рныԥшуан. Мызқәак рышьҭахь коринфаа рахь ииҩыз аҩбатәи асаламшәҟәы ишаҳнарбо ала, аизара аиҳабацәа Павел илабжьарақәа ирықәныҟәеит, избанзар ауадаҩра рыӡбеит. Ақьырсиан ииашам ашьаҿа ҟаиҵар, уи еиликаанӡа, аҭакԥхықәра зду аишьцәа ҽыԥныҳәада ириашара рҽазыршәар ауп (Галаҭаа рахь 6:1).
18. а) Ишԥарыцхрааи актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа Анцәа Иажәа иану алабжьарақәа? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
18 Ишаҳбаз еиԥш, актәи ашәышықәсазы Коринф, насгьы егьырҭ ақалақьқәа рҿы инхоз ақьырсианцәа Анцәа Иажәа иану алабжьарақәа рыцхраауан аизараҿы ацқьареи, аҭынчреи, акзаареи рыхьчара (1 Коринфаа рахь 1:10; Ефесаа рахь 4:11—13; 1 Пиотр 3:8). Уи иабзоураны дара амаҵзураҿы ақәҿиарақәа рацәаны ирыман. Павел ишиҳәаз ала, ажәабжь бзиа адунеи зегь иалаҵәеит (Кәаласаа рахь 1:23). Иахьа ажәабжьҳәаратә ус иалахәу, адунеизегьтәи аорганизациа иаҵанакуа адунеи ахьынӡа-наӡааӡо зеиԥшыҟам Анцәа игәҭакы атәы ауаа ирзеиҭарҳәоит. Анаҩстәи астатиа аҟынтәи шәара еиҳаны еилышәкаауеит ақьырсианцәа Абиблиа даара пату шақәырҵо, насгьы Ҳазшаз Анцәа Иегова ахьӡ-аԥша иҭара рыҽшазыршәо атәы (Аԥсалом 70:15, 16 [71:15, 16, АдҾ]).
^ 1 Абзац 13. Шәахәаԥш ашәҟәы «Организованы, чтобы исполнять волю Иеговы», адаҟьақәа 134—136.
^ 2 Абзац 15. Ақьырсиан даҽа қьырсианк дизашшырц азинхьчаратә усбарҭахь арзаҳал алаҵара анилшо атәы ануп ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз», адаҟьа 223 (албаага).