Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 февраль ад. 27—30
  • Ҳара зныкымкәа Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ҳнырит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ҳара зныкымкәа Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ҳнырит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • АНЕИТРАЛИТЕТ ХЬЧО, НАСГЬЫ ПИОНЕРС АМАҴ УА САБ СИҾЫԤШУЕИТ
  • БРАЗИЛИА МИССИОНЕРЦӘАС АМАҴ ҲУЕИТ
  • ПОРТУГАЛИА АМАҴ ҲУЕИТ
  • АУСӠБАРҬАҾЫ АЖӘАБЖЬ БЗИА АХЬЧАРА
  • АНЦӘА ИЗИАШАЗ АИШЬЦӘА РҾЫ АҴАРА ҲҴОН
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 февраль ад. 27—30

АБИОГРАФИА

Ҳара зныкымкәа Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ҳнырит

Еиҭеиҳәеит Дуглас Гест

САБ, Артур Гест, даныхәыҷыз аахыс Анцәа ицәшәоз уаҩын. Иара аметодисттә ԥшьаҩны дҟалар иҭахын. Аха Иегова ишаҳаҭцәа данрабадыр, ипланқәа рҽырыԥсахит, насгьы урҭ дрыҿцәажәо далагеит. 1914 шықәсазы аӡы иҽӡааихит, усҟан 17 шықәса ихыҵуан. Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан арра иԥхьеит. Саб абџьар ашьҭыхра мап ацәикит, убри аҟынтә жәамз ҳәа Кингстон ақалақь (Онтарио апровинциа, Канада) аҿы иҟоу абахҭа дҭаркит. Ихы данақәиҭха ашьҭахь, иаамҭа зегьы Анцәа имаҵ аура иазикит, насгьы ашәҟәқәа рылазырҵәо иакәны дҟалеит (усҟан апионерцәа ус ирышьҭан).

1926 шықәсазы иара Ҳеизл Уилкинсон ԥҳәысс дигеит. Лара лан аҵабырг еилылкааит 1908 шықәсазы. Сара сиит апрель 24, 1931 шықәсазы, ҳҭаацәараҿы ԥшьҩык ахәыҷқәа ҳаҟан, сара аҩбатәи сакәын. Иегова имаҵ аура ҳҭаацәара рзы зегь реиҳа ихадан. Саб Абиблиа ҳаҭыр ақәиҵон, иара ибзоурала ҳаргьы Анцәа Иажәа бзиа иаҳбеит. Ҳара лассы-лассы ҭаацәаныла ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь ҳҳәон (Аус. 20:20).

АНЕИТРАЛИТЕТ ХЬЧО, НАСГЬЫ ПИОНЕРС АМАҴ УА САБ СИҾЫԤШУЕИТ

1939 шықәсазы Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алагеит, шықәсык ашьҭахь Канада Иегова ишаҳаҭцәа рмаҵзура анагӡара азин рымырхит. Ашколқәа рҿы апатриоттә церемониақәа мҩаԥыргон, уа абираҟ иамҵахырхәон, амилаҭтә гимнгьы рҳәон. Уи аамҭазы саҳәшьеи сареи азин ҳарҭеит акласс аҟынтә ҳдәылҵларц. Аха зны арҵаҩы сырԥхашьара далагеит, насгьы ашәаргәында ҳәа сзылҳәеит. Аурокқәа ҳанрылга, аҵара сыцызҵоз шьоукы скажьны, сыпҟара иалагеит. Ари аҭагылазаашьа «ауааԥсыра раасҭа Анцәа» изыӡырҩра еиҳагьы сгәазҭанаҵеит (Аус. 5:29).

11 шықәса ансхыҵуаз, 1942 шықәсазы афермаҿы аӡы зҭаз абак аҿы сыҽӡаасхит. Ашкол аҿы аԥсшьарамшқәа анҳамаз сара исгәаԥхон иоужьу пионерс амаҵ аура (усҟан ицхырааҩу апионерцәа убас рыхьӡын). Шықәсык зны хҩык аишьцәеи сареи Онтарио аҩадатәи ахәҭа аӡәгьы идым атерриториаҿы аҵлаԥҟаҩцәа ажәабжь рзеиҭаҳҳәон.

Маи 1, 1949 шықәсазы сара пионерс амаҵ аура салагеит. Усҟан афилиал аҿы аргыларақәа ирҿын, саргьы сҽаласырхәырц азы ааԥхьара сырҭеит. Абас, декабр 1 азы Канада иҟаз вефильтәи аҭаацәара сахәҭакны сҟалеит. Сара атипографиаҿы аусура саладыргеит, насгьы акьыԥхьгатә машьына ахархәашьа сдырҵеит. Мчыбжьқәак рыҩныҵҟа уахынла аус зуан — Канада инхоз Иегова ижәлар зықәшәоз ашьҭашәарыцарақәа ирызкыз абуклет ҳкьыԥхьуан.

Анаҩс, амаҵзуратә ҟәшаҿы аус анызуаз, ҳара ҳус аганахьала аҿагыларақәа еиҳа иахьыҟаз Квебек ажәабжьҳәара ицоз апионерцәа срыҿцәажәарц исыҳәеит. Уахь ианцоз афилиал ахь имҩахыҵит. Урҭ апионерцәа дрыцын Едмонтон (апровинциа Альберта) инхоз Мери Зазула. Лара лҭаацәа Анцәахаҵараиаша ныҟәыргон, насгьы рдинхаҵара даара хыбаарала иазыҟан. Мери лашьа еиҳабы Џьо зыхьӡызи лареи Абиблиа аҵара аанырмыжьӡеит, убри иахҟьаны рҭаацәа аҩны идәылырцеит. Ииун 1951 шықәсазы Меригьы, Џьогьы аӡы рыҽӡаархит, насгьы шықәсыбжак ашьҭахь пионерс амаҵ аура иалагеит. Ҳаиҿцәажәараан даара иџьасшьеит Мери Иегова шаҟа иӷәӷәаны бзиа дылбоз анызба. Сара исҳәеит: «Гха дуқәак лыдсымбалар, ԥҳәысс дызгоит». Жәымз рышьҭахь, ианвар 30, 1954 шықәсазы ҳара ҳаибагеит. Мчыбжьык ашьҭахь, араионтә маҵзуразы аҵара ҳахысырц ҳадыргалеит, насгьы анаҩстәи ҩышықәса рыҩныҵҟа Онтарио аҩадатәи ахәҭаҿы аизарақәа ирҭаауа хылаԥшыҩцәаны ҳаҟан.

Адунеизегьтәи ажәабжьҳәаратә ус еиҳа аҽарҭбаауан, насгьы амиссионерцәа еиҳагьы ирацәаны иаҭахын. Ҳара ҳхәыцит: «Канада аӡынра иҟоу аҵаақәеи аԥхынтәи акәыбрқәеи ҳарцәымшәазар, ҳахьырышьҭлакгьы ауадаҩрақәа рыхгара ҳалшоит». Ииуль, 1956 шықәсазы ҳара 27-тәи Галаад ашкол ҳалгеит, анаҩс ноиабр мзазы Бразилиаҟа миссионерцәас ҳрышьҭит.

БРАЗИЛИА МИССИОНЕРЦӘАС АМАҴ ҲУЕИТ

Ҳара бразилиатәи афилиал ахь ҳанаа, апортугалтә бызшәа аҵара ҳалагеит. Ажурнал иадҳәалоу икьаҿу адгалареи фразақәаки ҵаны, ажәабжьҳәара ҳалагеит. Ҳара иҳаӡбеит ҳзацәажәо ауаҩы аинтерес ааирԥшыр, Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа аԥсҭазаара зеиԥшрахо атәы Абиблиа аҟынтә ҳаизаԥхьоит ҳәа. Ҳмаҵзура раԥхьатәи амш аҽны зҿлымҳарыла иаҳзыӡырҩуаз ԥҳәыск дҳақәшәеит, убри аҟынтә Аатра 21:3, 4 ианыз саԥхьеит, аха убри аамҭазы сыԥсы маҷхеит! Сара сорганизм ашоура бааԥси аҳауа цәаакыреи ирышьцыламызт. Уи сара сзы иԥышәара ӷәӷәаны иҟалеит.

Ҳара Кампус ақалақь аҿы миссионерцәас амаҵ ҳуан. Уажәы уаҟа 15 еизара ыҟоуп, аха уахь ҳаннеи гәыԥк ауп иҟаз, уа ауп амиссионерцәа рыҩнгьы ахьыҟаз. Уа инхон ԥшьҩык аиаҳәшьцәа: Естер Треиси, Рамона Бауер, Луиза Шварц, Лорреин Брукс (уажәы Уоллен). Амиссионерцәа рыҩнаҿы афатә аҟаҵаразы иаҭахыз амҿы еиқәсыршәон, амаҭәаӡәӡәарҭаҿгьы срыцхраауан. Ашәахьа, хәылбыҽхак азы, «Ахьчаратә бааш» аҵара ҳаналга ашьҭахь, ҳаззыԥшымыз сасык даҳзааит. Ииасыз амш ҳалацәажәонаҵы, сыԥҳәыс адиуан днықәиеит. Лхы данааҩаха, лыхчы амаҭ аахәыҵиҵит. Амаҭ сшьаанӡа ауадаҿы аҭынчра ыҟамызт.

Шықәсык аҩныҵҟа апортугалтә бызшәа аҵара ҳаҿын, анаҩс адҵа ҿыц ҳауит, араионтә маҵзура ҳалагеит. Ҳара ақыҭаҿы амаҵ ҳуан, насгьы имариоу аԥсҭазаарала ҳанхон. Ҳара алашара ҳамамызт, иԥаны иҟаз ауарҳал аҿы ҳацәан, аизарахь ҽыуардынла ҳцон. Ажәабжьҳәаратә кампаниа аан аӡәгьы идым атерриториаҿы ашьхара иҟаз қалақь хәҷык ахь дәыӷбала ҳцеит, насгьы апансион аҿы ауаҭах ылхны ҳаҩналеит. Афилиал аҟынтә аларҵәаразы 800 журналк ҳзаарышьҭит. Урҭ раагаразы зныкымкәа аԥошьҭахь ацара ҳақәшәеит.

1962 шықәсазы Бразилиа имҩаԥысуан аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, насгьы амиссионерцәеи рзы Иԥшьоу амаҵзура ашкол. Сара шықәсыбжак аҩныҵҟа арҵара амҩаԥгара дҵас исырҭеит еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы: Манаус, Белен, Форталеза, Ресиф, Салвадор. Манаус ақалақь аҿы иҟаз еицырдыруаз аоператә театр аҿы аобластә конгресс амҩаԥгара еиҿыскааит. Ақәаршҩы иахҟьаны аӡы ужәыртә иҟамызт. Уи адагьы, аконгресс иаҭааз аделегатцәа шьыбжьон акрырфарц азы ианаалоз аҭыԥ ҳамамызт. (Усҟан аконгресс иаҭаауа рзы афатә ҟарҵон.) Сара аруаа срацәажәеит. Иқьиаз офицарк аконгресс иаҭааз зегьы иржәышаз аӡы роуртә иҟаиҵеит. Иара убас асолдаҭцәа адҵа риҭеит афатәҟаҵарҭеи акрыфарҭеи рзы ҩ-шьаԥа дук дыргыларц.

Сара даҽа ҭыԥк аҿы амаҵ ахьынӡазуаз, Мери Бразилиа иааз апортугалцәа аус ахьыруаз араионқәа рҿы ажәабжьҳәара даҿын. Дара аԥара акәын изызхәыцуаз, убри аҟынтә Абиблиа алацәажәара алшара лмоуит. Лара Вефиль амаҵ зуаз шьоукы ус ралҳәеит: «Сара зегь реиҳа Португалиа анхара сҭахӡам». Аха иаарласны иҳауз асаламшәҟәаҿы ианын уи атәыла ахь ацара шҳадыргало. Шәрызхәыц Мери лцәаныррақәа! Усҟан Португалиа ажәабжьҳәара азин ыҟамызт, аха зегь акоуп уахь ацара ҳақәшаҳаҭхеит.

ПОРТУГАЛИА АМАҴ ҲУЕИТ

Август, 1964 шықәсазы ҳара Португалиа аҳҭнықалақь Лиссабонҟа ҳааит. Имаӡоу португалиатәи аполициа (ПИДЕ) аишьцәа ауадаҩрақәа рацәаны ирықәдыршәон. Убри аҟынтә аишьцәа аӡәгьы даҳԥымлар, насгьы аамҭақәак рыҩныҵҟа уа инхо Иегова ишаҳаҭцәа ҳармыҿцәажәалар еиӷьуп ҳәа рыӡбеит. Араҟа ҳаҟазаара азин ҳауаанӡа апансион аҿы ҳанхон. Авизақәа анҳарҭа ашьҭахь, ауада ылаҳхит. Ианвар, 1965 шықәсазы афилиал ҳаӡбахә раҳартә алшара ҳауит. Шаҟа ҳаргәырӷьазеи хәымз рышьҭахь раԥхьаӡа акәны аизарақәа рахь аныҟәара ҳаналага!

Ҳара еилаҳкааит аполициа есыҽны аишьцәа рыҩнқәа рҿы аԥшаарақәа ишырҿыз. Аҳратә залқәа аркын, насгьы аиԥыларақәа ахатә ҩнқәа рҿы имҩаԥыргон. Шәҩыла аишьцәа рхаҭара ашьақәыргылареи рҿахәы аҿыхреи рзы аполициахь инаргон. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҽырцәгьаны ирызнеиуан, аизарақәа мҩаԥызго рыжәлақәа еилыркаарц азы. Убри аҟынтә аишьцәа рыбжьара рыжәлақәа рҳәомызт, рыхьӡқәа мацара ауп ирҳәоз, иаҳҳәап Жозе, ма Паулу. Ҳаргьы убас ҟаҳҵон.

Ҳара ҳзы ихадаз усын аишьцәа адоуҳатә фатәы рыҭара. Арҵаразы иҟоу «Ахьчаратә бааши» егьырҭ апубликациақәеи ркьыԥхьразы, Мери амимеографқәа рзы атрафаретқәа ҟалҵаларц лыдырҵеит.

АУСӠБАРҬАҾЫ АЖӘАБЖЬ БЗИА АХЬЧАРА

Ииун, 1966 шықәсазы Лиссабон акрызҵазкуаз аусӡбаратә процесс мҩаԥысуан. Аизара «Феижо» иалахәыз 49-ҩык ахатәы ҩны аҿы изакәанымкәа имҩаԥысуаз аизараҿы иҟан ҳәа ахара рыдырҵеит. Сара сыпрокурорызшәа аусӡбареи аҿагыларатә еицәажәареи иазыҟасҵон. Ҳара еилаҳкаауан уи аусӡбарҭаҿы ҳшаҵахоз, аха иаҳдыруан ашаҳаҭра бзиа раҳҭартә алшара шҳауаз. Ҳара ҳадукат актәи ашәышықәсазы инхоз Гамалиил иажәақәа рыла гәымшәарыла иажәахә далгеит (Аус. 5:33—39). Уи аус апрессаҿы инарҭбааны иалацәажәон. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи зегьы 45 мшы инаркны хәымзи бжаки рҟынӡа аҭакра рықәшәеит. Ҳусӡбараҿы гәымшәарыла ҳган аанызкалаз адукат Абиблиа аҵара дақәшаҳаҭхеит, насгьы иԥсы ахьынӡаҭаз аизарақәа рахь дныҟәон.

Декабр, 1966 шықәсазы афилиал ахылаԥшҩыс сҟарҵеит, насгьы аиуристтә зҵаарақәа рыӡбарақәа сырҿын. Ҳара Иегова ишаҳаҭцәа хақәиҭрала рыгәрахаҵара атәы рҳәаларц имаҷымкәа аџьабаа ҳбеит (Флп. 1:7). Аҵыхәтәаны, декабрь 18, 1974 шықәсазы ҳдинхаҵара закәанла ишьақәдырӷәӷәеит. Ақалақьқәа Портуи Лиссабони рҿы аҭоурых аҿы иаанхаз аиԥылара мҩаԥысит. Уа иҟан 46 870-ҩык ауаа. Ҳара иҳацгәырӷьарц азы ари аиԥылара ахь иааит адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭа аҟынтә Неитан Норри Фредерик Френци.

Уажәшьҭа Иегова ибзоурала адгьылбжьахақәа рҿы инхоз португалтә бызшәала ицәажәоз ажәабжь бзиа раҳартә алшара роуит, Азортәи адгьылбжьахақәа, адгьылбжьахақәа Кабо-Верде, Мадеира, Сан-Томе, Принсипи уахь иналаҵаны. Арҭ атәылақәа рҿы Иегова ишаҳаҭцәа рхыԥхьаӡара ахьеизҳауаз аҟынтә, афилиал арҭбаара аҭахын. Апрель 23, 1988 шықәсазы афилиал иаҵанакуаз иҿыцыз ахыбрақәа Анцәа изкразы аиԥылара мҩаԥысит, уи иаҭааит 45 522-ҩык ауаа. Уи аиԥылараҿы ажәахә даԥхьон аиашьа Милтон Хеншель. Ҳара ҳаигәырӷьеит уаанӡа миссионерцәас Португалиа амаҵ зуаз 20-ҩык аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аҭоурых аҿы иаанхаз ари аиԥылара иахьаҭааз.

АНЦӘА ИЗИАШАЗ АИШЬЦӘА РҾЫ АҴАРА ҲҴОН

Шықәсы рацәала Анцәа изиашаз аишьцәеи ҳареи ҳаиҿцәажәара ҳгәы шьҭнахуан. Зны аиашьа Теодор Иарач изоналтә ҭаара аан саницхраауаз, акрызҵазкуа аурок алыскааит. Ҳара ҳахьыҟаз афилиал аҿы иӷәӷәоу ауадаҩрақәа цәырҵит, афилиал акомитет алахәылацәа ирылшоз зегь ҟарҵеит урҭ рыӡбаразы. Рыгәҭынчымра аниба, аиашьа Иарач иҳәеит: «Уажәшьҭа иԥшьоу адоуҳа аус ауааит». Акыр шықәса раԥхьа Мерии сареи Бруклин ҳаныҟаз, хәылбыҽхак Фредерик Френци егьырҭ аишьцәеи ҳареи аамҭа еицҳхаҳгеит. Ҳаиқәшәара аҵыхәтәахьы ианнеиуаз, аиашьа Френц и́ҳәеит акыршықәса Иегова имаҵ аураҿы имаз аԥышәа инарҵаз еиҭеиҳәарц. Иара иҳәеит: «Зегь реиҳа ихадоу, ҳзықәшәозаалакгьы, иаҳбо Иегова иорганизациа аанҳмыжьлар ауп. Иҟаӡам даҽа организациак Иисус иҵаҩцәа ириҭаз адҵа — Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара — назыгӡо».

Убас ҟаҳҵон Мерии сареи. Ҳара гәахәарыла иаҳгәалашәоит афилиалқәа ҳанырҭаауаз аамҭа. Азоналтә ҭаарақәа раан ҳара гәыкала Анцәа имаҵ зуаз иқәыԥшуи зықәрахь инеихьоуи аишьцәа рыхә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшыртә алшара ҳаман, насгьы хәы змам Иегова имаҵ аура ҳаҭыр ақәырҵаларц ргәазҭаҳҵон.

Ашықәсқәа иҳазгәамҭаӡакәа имҩасит, абар уажәшьҭа 80 шықәса инареиҳаны иаҳхыҵуеит. Мери лгәамбзиара ауадаҩрақәа рацәаны илнаҭоит (2 Кор. 12:9). Аха ауадаҩрақәа ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит, насгьы Анцәа ҳизиашаны аанхара иҳацхраауеит. Имҩаԥаҳгаз аԥсҭазаара ҳаназхәыцуа, агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара зныкымкәа ишаҳнырызa.

a Дуглас Гест дыԥсит октиабр 25, 2015 шықәсазы, ари астатиа акьыԥхьразы иандырхиоз. Иԥсы ахьынӡаҭаз иара Иегова дизиашаны даанхеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра