Иегова инапхгара шәадгылала!
«Уара, Иҳақәиҭу, абри аҩыза ахьӡ-аԥша, аҳаҭыр, амч-алшара рыдкылара уаҭәоуп, избанзар уара уоуп зегь аԥызҵаз, угәаҳәарала ауп зегь шыҟоу, ишшоу» (ААТ. 4:11).
1, 2. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳахәҭоузеи ҳара зегьы? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
ҲАЗХЫСЫЗ астатиа ишаҳнарбаз ала, Аџьныш ишьақәирӷәӷәоит Иегова ииашам напхгаҩуп, насгьы Анцәа ида ауаа еиҳа ирзеиӷьхоит ҳәа. Диашоума Аҩсҭаа? Шәхаҿы иаажәг ауаа Анцәа ида наӡаӡа анхара алшара рымоушәа. Еиӷьхома аԥсҭазаара? Ишәоурызма шәара еиҳа анасыԥ, зегь рыла ахақәиҭра шәыманы наӡаӡа шәынхозҭгьы?
2 Шәара шәзы арҭ азҵаарақәа рҭак аӡәгьы изыҟаҵом. Урҭ азҵаарақәа дарбанзаалак хшыҩзышьҭрала дрызхәыцроуп. Усҟан шәара агәра ганы шәыҟазаауеит Анцәа инапхгара шиашоу. Иара инапхгара зегь раасҭа еиӷьуп, насгьы гәыкала иара ҳидгылаларц даԥсоуп. Абиблиа уи агәра ҳнаргоит. Шәааи еилҳаргап Иегова закәанла анапхгара аҟаҵара азин шимоу иазкны Иԥшьоу Аҩыраҿы иану.
ИЕГОВА АНАПХГАРА АҞАҴАРА ЗАКӘАНЛА АЗИН ИМОУП
3. Избан Иегова мацара зиакәу анапхгара аҟаҵара закәанла азин змоу?
3 Иегова закәанла Жәҩантәыла Зегьирхаку иоуп ҳәа изаҳҳәар ҳалшоит, избанзар иара Зегьзымчу Анцәа, насгьы Зегьзшаз иоуп (1 Аш. 29:11; Аус. 4:24). Аатра 4:11 аҿы Иисус ажәҩан аҿы анапхгара ицҟазҵо 144 000-ҩык ирҳәо ануп: «Уара, Иҳақәиҭу, абри аҩыза ахьӡ-аԥша, аҳаҭыр, амч-алшара рыдкылара уаҭәоуп, избанзар уара уоуп зегь аԥызҵаз, угәаҳәарала ауп зегь шыҟоу, ишшоу». Иегова иоуп зегь зшаз, убри аҟынтә иара ауааи адоуҳатә шамҭақәеи анапхгара рыҭара закәанла азин имоуп.
4. Избан Анцәа инапхгара иаҿагыло алхразы ахақәиҭра цәгьашақә ихы изаирхәо?
4 Аҩсҭаа акгьы имшаӡеит. Ус анакәха иара Жәҩантәыла напхгаҩыс аҟаларазы закәанла азин имаӡам. Аҩсҭаа, насгьы Адами Евеи Иегова инапхгара иаҿагыланы хамаԥагьарала рхы мҩаԥыргеит (Иер. 10:23). Ҳәарада, дара алхразы ахақәиҭра рыман аҟынтә, Анцәа ида анхара алырхыр рылшон. Аха иаанагома уи дара ус аҟаҵара азин рыман ҳәа? Мап. Ауаа алхразы ахақәиҭра рымоуп, убри аҟынтә есыҽны еиуеиԥшым аӡбарақәа рацәаны ирыдыркылоит. Аха уи дара азин рнаҭом аԥсҭазаара рызҭаз Зегьзшаз иҿагылара. Анцәа иҿагылара — ари алхразы ахақәиҭра цәгьашақә ахархәара ауп. Ауаа Иегова ииашоу инапхгара иацныҟәалартә еиԥш ишоуп.
5. Избан Анцәа иӡбарақәа зегьы иашоуп ҳәа агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?
5 Иегова азинқәа зегь змоу Зегьирхаку иоуп ҳәа аҳәаразы даҽа мзызк ыҟоуп. Иара инапхгара инаӡоу аиашара аныԥшуеит. Абар Иегова ихазы ииҳәо: «Сара адгьыл аҿы абзиабара зныԥшуа ақьиареи аиашареи аасырԥшуеит, избанзар уи агәырӷьара снаҭоит» (Иер. 9:24). Аиашареи аиашамреи реилкааразы иара иҭахӡам инаӡам ауаа иаԥырҵаз азакәанқәа. Иара ихаҭа аиашара аганахь ала инаӡоу анормақәа аԥиҵеит, насгьы уи шьаҭас иҟаҵаны ауаа азакәанқәа риҭеит. «Аиашаӡбареи аиашареи» Иаҳра шьаҭас иамоуп, убри аҟынтә агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит изакәанқәеи, ипринципқәеи, иӡбарақәеи зегь шиашоу (Аԥсал. 88:15 [89:14, АдҾ]; 118:128 [119:128, АдҾ]). Аҩсҭаа Иегова иҽеим напхгаҩуп ҳәа шьақәирӷәӷәоит, аха ихаҭа аҭынчра ахьыҟоу адунеи ашьақәыргылара илымшеит.
6. Избан Иегова азин зимоу Жәҩантәыла зегьы анапхгара азура?
6 Уи адагьы, Иегова азинқәа зегь змоу Зегьирхаку иоуп, избанзар Жәҩантәыла анапхгара аҟаҵаразы иаҭаху адырреи аҟәыӷареи имоуп. Иаҳҳәап, Анцәа Иԥа амч ииҭеит хәышәтәышьа змам ачымазарақәа рыхәышәтәразы (Матф. 4:23, 24; Марк 5:25—29). Ауаа рзы уи џьашьахәын, аха Иегова изы мап. Иара ҳцәеижь аиҿартәышьа идыруеит, насгьы ачымазарақәа зегьы рыхәышәтәра илшоит. Иара убас уи илшоит иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵара, насгьы аԥсабаратә рыцҳарақәа раанкылара.
7. Избан Анцәа иҟәыӷара Аҩсҭаа идунеи аҟәыӷара аасҭа акырӡа еиҳауп ҳҳәар зҳалшо?
7 Аҩсҭаа идунеи аҿы инхо ауаа ахаан ирзаанкылом амилаҭтә, насгьы жәларбжьаратәи аиҿагыларақәа. Иегова иоуп адгьыл аҿы аҭынчра ашьақәыргыларазы иаҭаху аҟәыӷара змоу (Ис. 2:3, 4; 54:13). Иегова имоу аҟәыӷареи адыррақәеи ҳанрызхәыцуа, Павел имаз ацәаныррақәа ҳазцәырҵуеит, уи Анцәа идоуҳа анапхгарала иҩит: «О, заҟа иҭбаа-ҭыцәуи, заҟа ҵҩа рымамзеи Анцәа иҟәыӷареи иеилкаареи! Уаҩы излаилшари Уи ииӡбуеи игәы иҭои рлахьынҵамҩақәа рықәшәара, рдырра!» (Рим. 11:33).
ИЕГОВА ИНАПХГАРА ЗЕГЬ РААСҬА ЕИӶЬУП
8. Ишәгәаԥхозеи шәара еиҳарак Иегова анапхгара шыҟаиҵо аҿы?
8 Абиблиаҿы иануп Иегова анапхгара аҟаҵара азин зимоу, насгьы уи анапхгарақәа зегьы изреиӷьу. Урҭ рахьтә мзызк уи бзиабарала анапхгара ахьыҟаиҵо ауп. Иегова анапхгара шыҟаиҵо ҳаназхәыцуа, еиҳа ҳаизааигәахоит. Иара «ауаҩ бзиа дызбо, арыцҳашьара злоу, акыр зычҳауа, рацәа иразу, насгьы ииашоу» Анцәа иоуп (Ақәҵ. 34:6). Анцәа имаҵзуҩцәа ҳаҭырбарала дырзыҟоуп. Иара ҳара дҳаиҷаҳауеит ҳхаҭа ҳхы ҳшазмеиҷаҳауа. Аџьныш иҳәеит Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа ибзиоу ак рцәиҵәахуеит ҳәа, аха уи мцуп. Уи аҭыԥан иара наӡаӡа ҳанхаларц азы, Иԥа заҵә адгьыл ахь дааишьҭит. (Урыԥхьа Аԥсалом 83:12 [84:11, АдҾ]; Римаа рахь 8:32.)
9. Иабантәаадыруеи Иегова ауаа зегь хаҭала дышреиҷаҳауа?
9 Иегова имаҵзуҩцәа жәларык реиԥш дреиҷаҳауеит. Аха иара имаҵзуҩцәа хаҭалагьы дрызҿлымҳауп. Иаҳҳәап, Иегова ажәытәан хышә шықәса рыҩныҵҟа ижәлар раӷацәа риааираҿы ирыцхраауаз аӡбаҩцәа риҭон. Убас еиԥш ицәгьаз аамҭақәа раангьы Иегова ауаа хаҭала дреиҷаҳауан. Урҭ рахь даҵанакуеит Руфь зыхьӡыз ԥҳәыск. Иегова Руфь дылзылԥхеит: лара хаҵа дцеит, насгьы аԥа длоуит. Уи инеиҳангьы, Руфь лыԥсы анҭалалак, Мессиа лԥа ихылҵшьҭра дшатәыз еилылкаауеит. Шәхаҿы иаажәг изакәытә цәаныррақәоу илызцәырҵуа, лҭоурых атәы зҳәо, насгьы лыхьӡ зху ашәҟәы Абиблиа ишахәҭакхаз анеилылкаалак! (Руфь 4:13; Матф. 1:5, 16).
10. Избан Иегова иџьбароу напхгаҩуп ҳәа зузымҳәо?
10 Иегова игәымбылџьбароу напхгаҩуп ҳәа узҳәом. Иара имаҵзуҩцәа ахақәиҭра рымихӡом, насгьы дара гәырӷьарыла имаҵ руеит (2 Кор. 3:17). Давид Иегова изкны иҳәеит: «Аҳаҭыри адуреи иара иҿаԥхьа иҟоуп, иҩнаҭаҿы амчи агәырӷьареи ҩноуп» (1 Аш. 16:7, 27). Убас еиԥш иҟоу ажәақәа иҳәеит Ефан: «Лԥха рымоуп нас абыкь бжьы заҳахьоу ажәлар! Урҭ Ухы-уҿы алашара рықәыԥхоит. Иахьахәлаанӡа Ухьӡ еигәырӷьоит, Уара уиаша ишьҭнахуеит хыхь» (Аԥсал. 88:16, 17 [89:15, 16, АдҾ]).
11. Ишԥаҳалшо Иегова инапхгара зегь раасҭа ишеиӷьу еиҳагьы агәра ҳгар?
11 Иегова иқьиара ҳаназхәыцуа, инапхгара зегь раасҭа ишеиӷьу еиҳагьы агәра ҳгоит. Ҳара аԥсаломшәаҳәаҩ ицәаныррақәа ицеиҩаҳшоит, уи иҳәеит: «Мшызаҵәык Уара уаҳҭынраҿы аҟазаара мшызқьы ирыԥсоуп» (Аԥсал. 83:11 [84:10, АдҾ]). Уи џьашьатәым, избанзар Ҳазшаз Иегова идыруеит анасыԥ ҳамазарц азы иаҳҭаху, насгьы қьиарала ҳҭахрақәа дреиҷаҳауеит. Иара инормақәа ҳрықәныҟәозар, уи еснагь ахәарҭеи агәырӷьара дуи ҳзааргоит, уи азы ак мап ацәкра аҭаххаргьы. (Уаԥхьа Исаиа 48:17.)
12. Иарбан зегь раасҭа ихадоу мзызу Иегова инапхгара адгыларазы иҳамоу?
12 Абиблиа инақәыршәаны, Христос зқьышықәсатәи инапхгара анынҵәалак, ауаа шьоукы Иегова инапхгара иаҿагылоит (Аат. 20:7, 8). Ргәазҭазҵозеи дара уи? Уи аамҭазы Аџьныш ауаа Анцәа ицәхьаҵыртә аҟаҵара иҽазишәоит, насгьы ииашам агәазыҳәарақәа рызцәыригалоит. Иара ауаа Анцәа изымӡырҩыкәа наӡаӡа анхара рылшоит ҳәа агәра дыргара далагаргьы ауеит. Аха уи ҟалашьа амам. Агәра ҳгома ҳара ус еиԥш иҟоу амц? Иегова бзиа даҳбозар, насгьы уи иқьиоу, ииашоу Жәҩантәыла Зегьирхаку шиакәу агәра ҳгозар, Аџьныш иажәақәа ҳцәымӷхоит. Ҳара иаҳҭаххоит бзиабарала напхгара зуа Анцәа Иегова инапаҵаҟа аҟазаара.
АНЦӘА ИНАПХГАРА ШӘАЗИАШАЗ
13. Избан Иегова ҳаниҿыԥшуа, инапхгара ҳшадгыло зааҳарԥшуа?
13 Ҳәарада, Иегова даԥсоуп инапхгара гәыкала ҳадгылаларц. Ишаҳбаз еиԥш, иара анапхгара аҟаҵара азин имоуп, насгьы уи зегь иреиӷьу напхгароуп. Ҳара Иегова Зегьирхаку иеиԥш ҳашизиашоу ааҳарԥшуеит гәыкала имаҵ анаҳуа. Уи адагьы, ҳара иҳалшоит зегь рыла Иегова иҿыԥшра. Уи алагьы инапхгара ҳшадгыло, насгьы уи пату шақәаҳҵо ааҳарԥшуеит. (Уаԥхьа Ефесаа рахь 5:1, 2.)
14. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәеи аҭаацәара ахадацәеи Иегова иҿыԥшра?
14 Абиблиа анҭаҳҵаауаз, ҳара еилаҳкааит Иегова абзиабара злоу анапхгаҩы шиакәу. Аҭаацәара ахадацәеи аизара аиҳабацәеи уи ргәалашәалар, дара мыцхәы аџьбара аадырԥшлаӡом. Уи аҭыԥан дара Иегова иҿыԥшлоит. Павел убасҵәҟьа ҟаиҵон: иара Анцәеи иԥа Христоси дырҿыԥшуан (1 Кор. 11:1). Павел ауаа ахара рыдызшәа дирбомызт, насгьы иара ииҭахыз дирҟаҵомызт. Уи аҭыԥан иара қьиарала ргәазҭеиҵон ииашаны рхы мҩаԥыргаларц (Рим. 12:1; Еф. 4:1; Флм. 8—10). Иеговагьы убас еиԥш ауаа дрызныҟәоит. Инапхгара иадгыло, насгьы уи пату ақәызҵо зегьы убас ҟарҵалароуп.
15. Избан Иегова иорганизациаҿы иҟоу аиҿкаара ҳанацныҟәо, инапхгара пату шақәаҳҵо зааҳарԥшуа?
15 Ҳашԥарзыҟоу Иегова анапхгара аҟаҵаразы азин зиҭаз? Ҳара урҭ ҳанырзыӡырҩуа, Иегова инапхгара ҳшадгыло ааҳарԥшуеит. Ирыдыркылыз аӡбара аҵыхәтәанынӡа иаҳзеилымкаауазаргьы, мамзаргьы ҳақәшаҳаҭымзаргьы, ҳара Анцәа иорганизациаҿы иҟоу аиҿкаара ҳақәныҟәоит. Уи ари адунеи аҿы ауаа амчра ишазыҟоу зынӡа еиԥшӡам! Убас ҟарҵоит Иегова инапхгара иадгыло зегьы (Еф. 5:22, 23; 6:1—3; Аур. 13:17). Уи азылԥхарақәа ҳзаанагоит, избанзар Иегова ҳара ҳзы зегь иреиӷьу иҭахуп.
16. Ишԥарыдыркыло аӡбарақәа Иегова инапхгара иадгыло ауаа?
16 Ишԥаҳалшо еиҭа Анцәа инапхгара ҳшадгыло аарԥшра? Иаҳҳәап, аӡбарақәа анҳадаҳкыло. Иегова аҭагылазаашьақәа зегь рҿы иҟаҵатәу ҳаиҳәом. Аха иара дҳацхраауеит ихәыцшьа аилкаара. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы џьаргьы инҭкааны ианӡам ақьырсианҳәсақәа иршәырҵалар рылшо. Аха Абиблиа иаҳнарбоит Анцәа ишиҭаху ҳаилаҳәашьеи ҳҭеиҭыԥши ахӡырымгара рныԥшларц, насгьы имаҵзуҩцәа ишраҭәо еиԥш ҳаҟазарц (1 Тим. 2:9, 10). Иара убас уи иҭахуп егьырҭ рцәаныррақәа ҳрызхәыцларц (1 Кор. 10:31—33). Иегова игәаанагара шьаҭас иҟаҵаны аӡбарақәа анҳадаҳкыло, инапхгара ҳшадгыло, насгьы пату шақәаҳҵо ааҳарԥшуеит.
Еснагь Анцәа инапхгара шәадгылаз (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16—18.)
17, 18. Ишԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси Иегова инапхгара ишадгыло аарԥшра?
17 Шәааи ҳазхәыцып хаҵеи-ԥҳәыси Иегова инапхгара адгылара ахьрыхәҭоу ҭагылазаашьак. Иаҳҳәап, хаҵеи-ԥҳәыси еилыркааит рҭаацәалазаара иззыԥшыз аасҭа еиҳаны ауадаҩрақәа шаанагаз. Мамзаргьы иҟалап рҭаацәалазаара зынӡа ргәы ахшәазаргьы. Усҟан дара Иегова израильаа дшырзыҟаз иазхәыцыр рылшоит. Иара уи ажәлар рхаҵа иакәызшәа ихы дахцәажәон (Ис. 54:5; 62:4). Шаҟа имариамзи ари «аҭаацәалазаара» аҿы аизыҟазаашьақәа! Аха Иегова урҭ реизыҟазаашьақәа рҵыхәтәа аԥҵәара дахыццакуамызт. Иара зныкымкәа израильаа рахь агәшаҭара ааирԥшуан, насгьы иареи дареи ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра еилеигомызт. (Уаԥхьа Аԥсалом 105:43—45 [106:43—45, АдҾ].)
18 Иегова бзиа дызбо хаҵеи-ԥҳәыси иара иҿыԥшра рҽазыршәоит. Урҭ аҭаацәараҿы ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа рыӡбарц азы абиблиатә принципқәа еиларгом. Дара еилыркаауеит Иегова уӷәк ишаҵеикыз, насгьы еилымҵырц шиҭаху. Абиблиа инақәыршәаны аилыҵразы, нас ҿыц аҭаацәара алаларазы мзызк ауп иҟоу,— ахатә ҩыза иԥсахра (Матф. 19:5, 6, 9). Ақьырсианцәа рҭаацәара ахьчаразы, насгьы анасыԥ аиуразы ирылшо зегь аныҟарҵо, Иегова ииашоу инапхгара иадгылоит.
19. Иҟаҳҵар акәзеи агха ҳахьзар?
19 Ҳара ҳнаӡаӡам аҟынтә, зны-зынла Иегова игәы иҳархьуеит. Иара уи идыруан аҟынтә, Иԥа даашьҭны ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳҿихит. Убри аҟынтә ииашамкәа ҳхы анымҩаԥаҳго, Иегова иҳанаижьырц азы ҳиҳәалар ауп (1 Иоанн 2:1, 2). Иҟаҳҵаз еснагь ахьаагара иаԥсам, уи аҭыԥан иҟаҳҵаз агха аурок алҳкаар еиӷьуп. Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳахьчозар, иара ҳагхақәа ҳанаижьуеит, ҳхьаақәа ҳрылигоит, насгьы ҳаԥхьаҟа урҭ рҩызцәа аҭагылазаашьақәа риааира дҳацхраауеит (Аԥсал. 102:3 [103:3, АдҾ]).
20. Избан иахьа Анцәа инапхгара адгылара зҳахәҭоу?
20 Адунеи ҿыц аҿы зегьы Иегова инапхгара иадгылалоит, ихәыцшьа роуеит, насгьы иара иеиԥш рхы мҩаԥыргалоит (Ис. 11:9). Ҳәарада, уи аҟаҵашьа иахьагьы аҵара ҳаҿуп. Иаарласны Иегова инапхгара иазку азҵаара аҵыхәтәанынӡа иӡбахоит. Шәааи азыӡырҩра аарԥшуа, насгьы зиашарыла Анцәа имаҵ уа, иара убас иара ҳаиҿыԥшуа, инапхгара адгыларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап!