Агәрыцҳашьара аарԥшуа, Иегова шәиҿыԥшла
«Иегова... ижәлар рыцҳаишьон» (2 АШ. 36:15).
1. Ишԥааирти Иегова ихаҭара Моисеи иҿаԥхьа, насгьы избан уи аҵак ду замоу?
ЗНЫ Анцәа Моисеи иҿаԥхьа ихаҭара ааиртит, ихьӡи иҟазшьақәеи иаҳәаны. Раԥхьа зыӡбахә иҳәаз ҩ-ҟазшьак — уи агәыбылреи агәыҭбаареи, мамзаргьы, еиҭагақәак инарықәыршәаны агәрыцҳашьара, роуп. (Уаԥхьа Ақәҵымҭа 34:5—7.) Иегова илшон имчи иҟәыӷареи ртәы иҳәар. Аха Моисеи Иегова ицхыраара иҭахын (Ақәҵ. 33:13). Убри аҟынтә Анцәа гәыкала имаҵзуҩцәа рыцхраара игәазҭазҵоз аҟазшьақәа шимаз инаҵшьны иааирԥшит. Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи Анцәа зегь раԥхьа иргыланы игәыбылреи игәшаҭареи ртәы ахьиҳәаз! Ари астатиаҿы ҳара агәрыцҳашьара иадҳәалоу еилҳаргоит — уи иаанагоит игәаҟуа, мамзаргьы арыцҳара иақәшәаз ирыцҳашьара. Ари аҟазшьа ауаҩы ицхраара угәазҭанаҵоит.
2, 3. а) Излоубарҭоузеи ауаа агәрыцҳашьара шаадырԥшуа? б) Избан Абиблиа агәрыцҳашьара аганахь ала иаҳәо аилкаара зҳахәҭоу?
2 Ауаҩы Анцәа Иегова диеиԥшны дшан. Анцәа агәрыцҳашьара илоуп азы, Иара дыззымдыруа ауаагьы егьырҭ рахь агәрыцҳашьара аарԥшреи рыцхраареи ҟазшьас ирылоуп (Аҟаз. 1:27). Абиблиаҿы ауаа агәрыцҳашьара шаадырԥшуаз атәы имаҷымкәа аҿырԥштәқәа ануп. Иаҳгәалаҳаршәап Соломон иахь инеиз зкалҭ бааԥсыз ҩыџьа аҳәса. Дара ирҭахын Соломон ахәыҷы иан рыуа дарбану иӡбарц. Соломон урҭ ԥишәарц иӡбеит. Ахәыҷы деиҩыршарц адҵа аныҟаиҵа, дзыхшаз иан лгәы ҭыԥсааит. Агәрыцҳашьара лгәазҭанаҵеит лхәыҷы иеиқәырхара, уи азы даҽа ԥҳәыск длылҭар шаҭаххозгьы (1 Аҳ. 3:23—27). Иара убас ҳлызхәыцып Моисеи иԥсҭазаара еиқәзырхаз афараон иԥҳа. Лара илыԥшааз ахәыҷы ауриацәа дшыртәу, насгьы дыршьыр шакәыз шылдыруазгьы, «лара уи дрыцҳалшьеит», насгьы лхатә иеиԥш длааӡарц лыӡбеит (Ақәҵ. 2:5, 6).
3 Избан изхадоу агәрыцҳашьара ааҳарԥшуоу иааҳмырԥшуоу азхәыцра? Избанзар Абиблиа Иегова иҿыԥшра ҳгәазҭанаҵоит (Еф. 5:1). Агәрыцҳашьара ҳалаҵаны ҳашшоугьы, ҳара ҳнаӡам, убри аҟынтә еиҳа ҳхы ҳазхәыцуеит. Зны-зынла имариаӡам аӡәы ҳицхраару ҳицымхраару аӡбара. Иҳацхраауазеи агәрыцҳашьара аарԥшра? Актәи, Иегова, насгьы егьырҭ ауаа агәрыцҳашьара шаадырԥшуа азхәыцразы аамҭа алшәхла. Аҩбатәи, Анцәа иҿыԥшра шшәылшо, насгьы уи иаанаго алҵшәа бзиақәа шәрызхәыцла.
ИЕГОВА АГӘРЫЦҲАШЬАРА ААРԤШРАҾЫ ЗЕИԤШЫҞАМ ҾЫРԤШУП
4. а) Избан Иегова имаалықьцәа Содомҟа изишьҭыз? б) Иаҳнарҵозеи Лот иҭаацәеи иареи ирызку ахҭыс?
4 Абиблиаҿы иануп имаҷымкәа ахҭысқәа Иегова агәрыцҳашьара шааирԥшуаз узырбо. Шәазхәыц уи Лот дышизныҟәаз. Ииашаз ари ауаҩ Содоми Гоморреи инхоз ауаа рхымҩаԥгашьа бааԥс даара игәы иалан. Анцәа урҭ ықәгатәуп ҳәа иӡбеит (2 Пиотр 2:7, 8). Иара амаалықьцәа ишьҭит Лот иарҳәарц Содоми Гоморреи шықәгахо, убри аҟынтә иара дыбналар шакәу. Абиблиаҿы иануп Лот дыццакуамызт, убри аҟынтә амаалыкьцәа «иԥҳәыси ҩыџьа иԥҳацәеи иареи рнапы кны ақалақь иалганы иргеит, избанзар Иегова уи дрыцҳаишьеит» ҳәа (Аҟаз. 19:16). Ари ахҭыс иаҳнарбоит Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа зықәшәо ауадаҩрақәа ибзиаӡаны ишидыруа (Ис. 63:7—9; Иак. 5:11; 2 Пиотр 2:9).
5. Ишԥаҳацхраауеи 1 Иоанн 3:17, насгьы егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа агәрыцҳашьара аарԥшра?
5 Иегова ихаҭа агәрыцҳашьара ааирԥшуеит, аха ижәларгьы уи аарԥшра шаҟа ихадоу дирҵоит. Ҳахәаԥшып израильаа ирыҭаз закәанк. Иҟаиҵар ихәҭази аӡәы имаҭәа шасыс изгаз ауаҩы? (Уаԥхьа Ақәҵымҭа 22:26, 27.) Згәаҵәа жәпоу ауаҩы уи имыргьежьыр ауан, изтәызгьы уахынла иқәиҵо имоуа даанхон. Аха Иегова имаҵзуҩцәа агәрыцҳашьара аадырԥшларц дирҵон. Уи даара ихадан. Иаҳнарҵозеи ҳара ари азакәан иаҵоу апринцип? Ҳрыцхраауама ҳара агәаҟра иақәшәаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, уи аҟаҵара алшара ҳамазар? (Кәал. 3:12; Иак. 2:15, 16; уаԥхьа 1 Иоанн 3:17).
6. Иаҳнарҵозеи ҳара Иегова иҳәатәы хазымҵоз израильаа рахь агәрыцҳашьара ахьааирԥшуаз?
6 Иегова израильаа рахь еснагь агәрыцҳашьара ааирԥшуан, урҭ агәнаҳа аныҟарҵозгьы. 2 Ашықәсынҵа 36:15 аҿы иануп: «Урҭ рабацәа Рынцәа Иегова ицҳаражәҳәаҩцәа рзынашьҭуа ргәырҽанҵара даҟәыҵуамызт, избанзар ижәлари иҩнаҭеи рыцҳаишьон». Иааҳарԥшлар акәӡами ҳаргьы агәрыцҳашьара иҟарҵаз агәнаҳа иахьхәуа, насгьы Иегова иразра аиура зылшо ауаа рахь? Иегова иҭахӡам ауаа данрықәыӡбало аамҭазы аӡә дҭахар (2 Пиотр 3:9). Убри аҟынтә Иегова ари адунеи хәымга ақәгара далагаанӡа, шәааи Анцәа игәрыцҳашьара атәы ауаа ирзеиҭаҳҳәалап, иааигәахо арыцҳара атәы рылаҳәо.
7, 8. Агәра зыргозеи ҭаацәарак Иегова дара рахь агәрыцҳашьара шааирԥшыз?
7 Иҟоуп ирацәаны ахҭысқәа Анцәа агәрыцҳашьара шааирԥшыз узырбо. Абар 90-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Босниа аетникатә еиҿагылара аныҟаз иҟалаз хҭыск. 12 шықәса зхыҵуаз ҷкәынк (уи Милан ихьӡаҳҵап) иашьеи, иҭаацәеи, егьырҭ Иегова ишаҳаҭцәеи автобус ала Сербиаҟа ицон. Дара Милан иҭаацәа рыҽӡаархыр ахьырҭахыз аконгресс ахь ицон. Аха аҳәаа ианахысуаз, асолдаҭцәа Милан иҭаацәа зегьы автобус иҭыргеит, уи зыхҟьаз рхылҵшьҭра акәын. Автобус иҭатәаз егьырҭ ауаа аурыжьит. Милан иҭаацәеи иареи аҳәаақәа рҿы ҩымш иаанкыланы ирыман. Анаҩс афицар рациала икомандир диԥхьаны ирзысурызеи ҳәа диазҵааит. Афицар ааигәа дгылан аҟынтә зегьы аҭак раҳаит: «Наҟ идәылганы уреихс!»
8 Афицар ицхырааҩцәа драцәажәонаҵы, Милан иҭаацәа ирзымдыруаз ҩыџьа нарыдгыланы даргьы Иегова ишаҳаҭцәа роуп ҳәа рарҳәеит. Дара иҟалаз автобус иҭатәаз рҟынтә ираҳаит. Урҭ ҩыџьа Иегова ишаҳаҭцәа Милан иашьеи иареи ирыдыргалеит рмашьына иҭатәаны аҳәаа ирыцахыҵырц, избанзар ахәыҷқәа рдокументқәа гәарҭомызт. Милан иҭаацәа аҳәаахьчаратә пункт иахыкәшаны, егьи аган аҿы ирԥыларц рарҳәеит. Милан ари аниаҳа, дҵәыуару дыччару издыруамызт. Аҭаацәа ҵааит: «Ҳаурышьҭып ҳәа шәгәы иаанагома?» Аха дара урҭ рҳәатәы харҵеит. Аҭаацәа уадаҩрада аҳәаа иахысны рхәыҷқәеи дареи еиқәшәеит, асолдаҭцәа урҭ зынӡа ирымбазшәа. Зегьы маншәаланы аконгресс ахьымҩаԥысуаз ақалақь аҟынӡа инеит. Милан агәра ганы дыҟан Иегова урҭ рыҳәарақәа шиаҳаз. Абиблиа излаҳнарбо ала, Иегова имаҵзуҩцәа џьашьахәыла еснагь ихьчом (Аус. 7:58—60). Аха Милан иҳәоит: «Иегова асолдаҭцәа ырлашәны ҳаиқәирхазшәа сгәы иабон» (Аԥсал. 96:10 [97:10, АдҾ]).
9. Ихы шԥамҩаԥигоз Иисус, ауаа рҭагылазаашьа зеиԥшраз анибоз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
9 Христос иҿырԥштәы иаҳнарҵар алшо рацәоуп. Иара иԥылоз ауаа рахь агәрыцҳашьара ааирԥшуан «урҭ уаҳа нарылымшо иааԥсаны, икараханы, ахьча-ԥыза дызмамкәа зҽыԥсаҟьаны идәықәу ауасақәа иахьреиԥшыз азы». Ихы шԥамҩаԥигеи иара, урҭ рҭагылазаашьа зеиԥшраз аниба? Уи игәазҭанаҵеит зыхә ҳараку аҵабыргқәа рзеиҭаҳәара (Матф. 9:36; уаԥхьа Марк 6:34). Афарисеицәа ракәзар, урҭ агәрыцҳашьара рыламызт, насгьы ауаа рыцхраара рҭахӡамызт (Матф. 12:9—14; 23:4; Иоанн 7:49). Шәҽазышәшәома шәара доуҳала имлашьуа ауаа Иисус иеиԥш рыцхраара?
10, 11. Еснагь иаарԥшлатәума агәрыцҳашьара? Иҳаилшәыркаа.
10 Агәрыцҳашьара еснагь, насгьы зегь рахь иаарԥшлатәуп ҳәа узҳәом. Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз Абиблиа иану ахҭысқәа рҿы Анцәа иааирԥшуаз агәрыцҳашьара иашан. Аха иаҳгәалаҳаршәап Саул Анцәа ижәлар раӷа Агаг, насгьы амаликаа зегь иреиӷьыз рыԥстәқәа анрыцҳаишьа иҟалаз. Иҟалап Саул агәрыцҳашьара ааирԥшуеит ҳәа игәы иаанагозҭгьы. Аха Иегова Саул аҳәатәхамҵара ааирԥшит ҳәа иԥхьаӡеит, убри аҟынтә иӡбеит Саул уаҳа Израиль аҳас дҟалом ҳәа (1 Сам. 15:3, 9, 15). Ҳәарада, Иегова инаӡоу Ӡбаҩуп, иара ауаҩы игәы иҭоу ибоит, насгьы агәрыцҳашьара аанарԥшлатәу идыруеит (Аҵә. 2:17; Иез. 5:11). Иаарласны иара иҳәатәы хазымҵо зегьы дрықәыӡбоит (2 Фес. 1:6—10). Усҟан дызқәыӡбо рахь агәрыцҳашьара ааирԥшӡом. Урҭ анықәигалак, Анцәа иааирԥшуеит еиқәирхо ауаа иашақәа рахь агәрыцҳашьара шимоу.
11 Ҳәарада, ҳара аԥсра иаԥсоуи иаԥсами аӡбара азин ҳамам. Уажәы ҳара ауаа ҳрыцхраарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалар ауп. Ишԥаҳалшо иаҳзааигәоу рахь агәрыцҳашьара шҳамоу ааҳарԥшыр? Шәааи лшарақәак ҳрылацәажәап.
АГӘРЫЦҲАШЬАРА ШЕИЗЫРҲАЛАТӘУ, НАСГЬЫ ИШААРԤШЛАТӘУ
12. Иаҳзеиҭашәҳәа егьырҭ рахь агәрыцҳашьара аарԥшра шҳалшо.
12 Есыҽнытәи аусқәа рҿы шәрыцхраала. Иаҳзааигәоу, насгьы иқьырсиану ҳашьцәа рахь агәрыцҳашьара аарԥшра Иисус иҿыԥшра зҭаху зегьы рзы иҟоу ихадоу аҭахрақәа ируакуп (Иоанн 13:34, 35; 1 Пиотр 3:8). Ажәа «агәрыцҳашьара» иаанарԥшуеит ауаҩы игәаҟра шицеиҩаҳшо. Агәрыцҳашьара аазырԥшуа ауаҩы егьырҭ ргәаҟрақәа рыхгара дрыцхраауеит. Убас аҟаҵара шәҽазышәшәала! Иаҳҳәап, аӡәы аҩнтәи иусқәа рҿы ҳицхраар, ма даҽа уск изыҟаҳҵар ҳалшоит (Матф. 7:12).
Егьырҭ шәыцхыраара рыдгало, агәрыцҳашьара аашәырԥшла (Шәахәаԥш абзац 12.)
13. Иарбан ҟазшьақәоу Анцәа имаҵзуҩцәа еиҳарак иаадырԥшуа, аԥсабаратә рыцҳарақәа аныҟало?
13 Аԥсабаратә рыцҳарақәа ирықәшәо ауаа шәрыцхраала. Аԥсабаратә рыцҳара иақәшәаз рҭагылазаашьа збо аӡәырҩы урҭ рыцхраара рҭаххоит. Зегьы ирдыруеит Иегова ишаҳаҭцәа арыцҳара иақәшәаз рыцхраара ишазхиоу (1 Пиотр 2:17). Иапониа инхо иаҳәшьак 2011 шықәсазы иҟалаз адгьылҵысра, насгьы ацунами ирыхҟьаны еиҳа аԥхасҭа зауз араион аҿы дынхон. Лара еиҭалҳәеит лгәы шышьҭнахыз Иапониеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтә аишьцәа еилаҳаз аҩнқәеи Аҳратә залқәеи хатәгәаԥхарала ишеиҭашьақәдыргылаз анылба. Лара илыҩуеит: «Уи зегьы иснарбеит Иеговеи иара ишаҳаҭцәеи шҳаиҷаҳауа. Иара убас сара агәра згеит адунеи зегь аҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы ҳара ҳзы Анцәа ишиҳәо».
14. Ишԥашәылшо зықәрахь инеихьоу, насгьы ичмазаҩу рыцхраара?
14 Зықәрахь инеихьоу, насгьы ичмазаҩу шәрыцхраала. Адам иҟаиҵаз агәнаҳа иахҟьаны егьырҭ шгәаҟуа анаҳбо, ҳара урҭ рыцҳаҳшьоит. Ҳара даара иаҳҭахуп ачымазареи ажәреи аныҟамло аамҭа ҳбар. Убри аҟынтә Анцәа Иаҳра ааирц Анцәа ҳиҳәоит. Уи ҟалаанӡа ҳара егьырҭ ацхыраара рыҭаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ажурналист Иан Боон ишәҟәаҿы ианиҵеит зықәрахь инеихьаз анык лыхҭыс. Лара Альцгеимер ичымазара лыман. Зны лара лымаҭәа лҟьашьит. Уи арыцқьара дшаҿыз ашә иасит. Урҭ Иегова ишаҳаҭцәа ракәын — еснагь илҭаауаз ҩыџьа аиаҳәшьцәа. Дара уи ацхыраара лҭахӡами ҳәа илазҵааит. Аԥҳәыс урҭ иралҳәеит: «Сыԥхашьоит аҳәара, аха, ааи, исҭахуп». Аиаҳәшьцәа уи илыцхрааит, ачаи лыздыршит, насгьы маҷк иаалацәажәарц иаатәеит. Уи аԥҳәыс лԥа урҭ иҟарҵаз даара игәы иахәеит. Иара иҩит: «Схырхәоит урҭ Иегова ишаҳаҭцәа рҿаԥхьа. Урҭ ирҳәо инақәыршәаны рхы мҩаԥыргоит». Шәгәазҭанаҵома ачымазаҩцәеи зықәрахь инеихьоуи рахь иаашәырԥшуа агәрыцҳашьара ацхыраара рыҭаразы ишәылшо зегь аҟаҵара? (Флп. 2:3, 4).
15. Иарбан лшарақәоу агәрыцҳашьара аарԥшразы ажәабжьҳәаратә маҵзура иаҳнаҭо?
15 Ауаа доуҳала шәрыцхраала. Иахьа ауаа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Убри аҟынтә ҳара урҭ доуҳала ҳрыцхраар ҳҭахуп. Уи азы зегь раҵкыс еиӷьуп Анцәа иӡбахә, насгьы Иаҳра ауаатәыҩса рзы иҟанаҵо рзеиҭаҳәара. Иара убас Анцәа ипринципқәа инарықәыршәаны анхара шаҟа иҟәыӷароу дҳарбар ҳалшоит (Ис. 48:17, 18). Ишәылшома шәара еиҳаны ажәабжьҳәаратә маҵзура аҽалархәра? Ари аус Иегова дҳаранакуеит, насгьы егьырҭ рахь агәрыцҳашьара аарԥшра алшара ҳнаҭоит (1 Тим. 2:3, 4).
ҲАРА ҲЗЫ АХӘАРҬА
16. Иарбан хәарҭоу иузаанаго агәрыцҳашьара аарԥшра?
16 Аԥсихологцәа ирҳәоит агәрыцҳашьара анааҳарԥшуа, уи ҳгәабзиареи егьырҭи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ибзианы ирныруеит ҳәа. Егьырҭ ргәаҟрақәа рыхгара ҳанрыцхраауа, ҳара еиҳагьы анасыԥ ҳамазаауеит, ҳаԥсҭазаара ҳалагәырӷьалоит, ҳхы заҵәны иаҳбалаӡом, насгьы иҽеим ахәыцрақәа уиаҟара иҳазцәырҵлаӡом. Егьырҭ ҳанрыцхраауа, уи ҳаргьы иҳахәоит (Еф. 4:31, 32). Абзиабара егьырҭ рыцхраара ҳгәаназҭанаҵо ҳаламыс цқьазаауеит, избанзар иаҳдыруеит Анцәа ипринципқәа инарықәыршәаны ҳхы шымҩаԥаҳго. Агәрыцҳашьара ибзиоу ҭаацәаны, хатә ҩызаны, насгьы ҩызцәа бзиақәаны аҟазаара иҳацхраауеит. Агәрыцҳашьара аазырԥшуа ауаҩы иара иахьгьы уи аҟазшьа аадырԥшлоит. (Урыԥхьа Матфеи 5:7; Лука 6:38.)
17. Избан агәрыцҳашьара аарԥшра зышәҭаху?
17 Зегь раԥхьа иргыланы агәрыцҳашьара аарԥшра заҳҭаху уи ахәарҭа ахьаҳзаанаго акәӡам. Ҳара Иегова — абзиабареи агәрыцҳашьареи рхыҵхырҭа — иҿыԥшра, насгьы ихьӡ арҳаракра ҳҭахуп (Ажәам. 14:31). Иара уи аҿы зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳаиҭоит. Шәааи агәрыцҳашьара аарԥшреи ақьырсиантә бзиабара арӷәӷәареи, насгьы егьырҭ рҿы аизыҟазаашьа бзиақәа рыхьчареи азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап! (Гал. 6:10; 1 Иоанн 4:16).