АҴАРАЗЫ АСТАТИА 6
Иегова иҿаԥхьа шәыцқьаны шәаанхала!
«Сыԥсаанӡа иаансыжьуам сара сыцқьара!» (ИОВ 27:5).
АШӘА 34 Ацқьара хьчала
АХҲӘААa
1. Ишԥаадырԥши хыхь зыӡбахә ҳәаз Иегова ишаҳаҭцәа Анцәа ишизиашоу?
ШӘХАҾЫ иаажәг Иегова ишаҳаҭцәа зықәшәаз абарҭ х-ҭагылазаашьак. 1) Ҽнак зны арҵаҩы аҵаҩцәа зегьы аныҳәа азгәаҭара рҽаладырхәырц дрыҳәоит. Урҭ аҵара рыцызҵо иқәыԥшу аиаҳәшьа илдыруеит уи аныҳәа Анцәа ишигәамԥхо, убри аҟынтә арҵаҩ лахь аҳаҭырқәҵара аарԥшны уи аныҳәа шазгәалымҭо лҳәоит. 2) Иԥхашьо аиашьа қәыԥш ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь иҳәоит. Иара идыруеит аҵара ицызҵо Иегова ишаҳаҭцәа ирхыччо аҷкәын анаҩстәи аҩнаҿы дшынхо. Аха уеизгьы уи аҩны ашә дасуеит. 3) Ҳашьа иҭаацәа ныҟәигаларц азы ирацәаны аус иуеит, аха ҽнак зны иеиҳабы амц иҳәарц, мамзаргьы азакәан еилеигарц диҳәоит. Аиашьа еиликаауеит мап икыр иусура ицәыӡыр шалшо, аха уеизгьы иеиҳабы иеиҳәоит уи аҟаҵара дшақәшаҳаҭым, избанзар Анцәа иҭахуп имаҵзуҩцәа зегьы ииашаны рхы мҩаԥыргаларц, насгьы азакәан пату ақәырҵаларц (Рим. 13:1—4; Аур. 13:18).
2. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго, насгьы избан?
2 Иарбан ҟазшьоу арҭ ахҩык иаадырԥшыз? Иҟалап шәара игәашәҭазар урҭ агәымшәареи аламысцқьареи шаадырԥшыз. Аха иҟоуп еиҳарак ихадоу даҽа ҟазшьак, уи ацқьара ауп. Урҭ ахҩык Иегова изиашаны иаанхеит, насгьы Анцәа инормақәа еиларымгаӡеит. Дара ус рхы мҩаԥыргеит, избанзар Иегова иҿаԥхьа ицқьаны иаанхар рҭахын. Ҳәарада, Иегова уи азы урҭ даараӡа дрызгәдууп. Ҳаргьы иаҳҭахуп жәҩантәи Ҳаб дҳазгәдузарц. Убри аҟынтә шәааи еилҳаргап абарҭ азҵаарақәа: изакәызеи ацқьара? Избан уи ахьчара зҳахәҭоу? Насгьы ишԥаҳалшо ихьанҭоу арҭ аамҭақәа раан ацқьара ахьчаразы иҳамоу агәазыҳәара арӷәӷәара?
ИЗАКӘЫЗЕИ АЦҚЬАРА?
3. а) Иаанагозеи ҳара ҳзы ацқьара ахьчара? б) Иарбан ҿырԥштәқәоу иаҳзырбо ацқьара ахьчара иаҵанакуа?
3 Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа рзы ацқьара ахьчара иаанагоит гәык-ԥсыкала иара иахь абзиабара аарԥшра, еснагь изиашаны аанхара, насгьы есымша игәаԥхара анагӡара. Шәааи ҳахәаԥшып Абиблиаҿы ажәа «ацқьара» ҵакыс иамоу. Ауриатә ажәа «ицқьоу» иаанагоит ихарҭәаау, инагӡоу, агра змам. Иаҳҳәап, Израильаа Анцәа ашьтәа изнаргалар рыхәҭан, аха Азакәан инақәыршәаны уи агра амамзар акәын (Алев. 22:21, 22). Ауаҩы азин имамызт ицыркьыз, злымҳа хҵәаз, илашәыз, ма ичмазҩыз аԥстәы кәырбанс анагара. Иегова иҭахын изнаргоз аԥстәы грак амамкәа иҟазарц, иара изы уи даараӡа ихадан (Мал. 1:6—9). Уи уамашәа ибатәӡам. Ак анааҳхәо, иаҳҳәап, ашәыр, ашәҟәы ма даҽа маҭәарк уи ак агзар, мамзаргьы грак амазар ҳҭахӡам. Убас еиԥш Иегова иҭахуп ҳабзиабареи ҳазиашареи нагӡазарц, агра рымамзарц, ихарҭәаазарц.
4. а) Избан ҳшынаӡамгьы Иегова иҿаԥхьа ҳацқьазар зҳалшо? б) Дыззыԥшузеи Иегова ҳара ҳҟынтә Аԥсалом 103:12—14 инақәыршәаны?
4 Ҳара еилаҳкаауеит ҳшынаӡам, насгьы имаҷымкәа агхақәа шыҟаҳҵо. Нас иашоума Анцәа иҿаԥхьа ҳацқьазарц азы ҳнаӡазар ауп ҳәа ахәыцра? Шәааи ус ахәыцра зиашам ҳзырбо ҩ-мзызк еилҳаргап. Актәи, Иегова ҳагхақәа ихы рзишьҭӡом. Иара Иажәа иануп: «Уара, о Иаг, ҳзакәандарақәа урыцклаԥшуазҭгьы, О Иегова, изылшодаз ашьақәымҟьара?» (Аԥсал. 130:3). Иара идыруеит ҳара ҳшынаӡам, убри аҟынтә гәыҭбаарала ҳагхақәа ҳанаижьуеит (Аԥсал. 86:5). Аҩбатәи, Иегова иҳалшо, насгьы иҳалымшо идыруеит, иара ҳамч зқәымхо дазыԥшӡам. (Шәаԥхьа Аԥсалом 103:12—14.) Нас иаанагозеи Анцәа иҿаԥхьа ацқьара ахьчара?
5. Ишԥарыцхраауеи Иегова имаҵзуҩцәа иара иахь ирымоу абзиабара ацқьара ахьчараҿы?
5 Иегова иҿаԥхьа ҳацқьаны ҳаанхаларц азы бзиа даҳбалароуп. Уи даараӡа ихадоуп. Ҳара жәҩантәи Ҳаб иахь иааҳарԥшуа абзиабареи азиашареи нагӡазароуп, насгьы грак рымамкәа иҟазароуп. Абри аҩыза абзиабара ааҳарԥшуазар, аԥышәарақәа раангьы иара иҿаԥхьа ҳазиашара ҳахьчалоит (1 Аш. 28:9; Матф. 22:37). Шәрызхәыц хыхь зыӡбахә ҳҳәоз хҩык ақьырсианцәа. Избан дара ус рхы зымҩаԥыргаз? Илцәымӷума иқәыԥшу аиаҳәшьа ашкол аҿы ибзианы аамҭа ахгара? Игәаԥхома иқәыԥшу аиашьа иахьихыччо? Иҭахума аиашьа иусура ицәыӡыр? Ҳәарада, мап. Аха дара Иегова инормақәа рдыруеит, насгьы жәҩантәи Раб ддыргәырӷьаларц рҭахуп. Дара Иегова бзиа дырбоит аҟынтә аӡбара рыдыркылаанӡа еснагь игәаанагара иазхәыцуеит. Уи ала иаадырԥшуеит Анцәа иҿаԥхьа ацқьара шырыхьчо.
ИЗБАН ҲАЦҚЬАЗАРЦ ЗҲАХӘҬОУ?
6. а) Избан ацқьара ахьчара зҳахәҭоу? б) Избан Адами Евеи ацқьара зырзымыхьчаз?
6 Избан ҳара зегьы ацқьара ахьчара зҳахәҭоу? Избанзар Аҩсҭаа ишьҭихит Иеговеи ҳара ҳазиашареи ирыдҳәалоу аимактә зҵаара. Едемтәи абаҳчаҿы аҿагылара шьҭызхыз уи амаалықь Даҩысҭаахеит, уи иаанагоит «аҿагылаҩ». Иара иҳәеит Анцәа иҽеим, зхы мацара иазхәыцуа, амц зҳәо напхгаҩуп ҳәа. Уи ала Анцәа ихьӡ лаирҟәит. Илахьеиқәҵагоуп, аха Адами Евеи Аҩсҭаа иган аанкыланы Иегова иҿагылеит (Аҟаз. 3:1—6). Едемтәи абаҳчаҿы ианынхоз, дара Иегова иахь рыбзиабара дырӷәӷәаларц азы ирацәаны алшарақәа рыман. Аха Аҩсҭаа урҭ анԥишәа, Иегова гәык-ԥсыкала бзиа дшырымбоз аадырԥшит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иов ихаан ицәырҵит даҽа зҵаарак: илшома ауаҩы Иегова гәык-ԥсыкала бзиа ибара, насгьы дизиашаны аанхара, даҽакала иаҳҳәозар, ацқьара ахьчара?
7. Зыгәра ганы дыҟази Иегова Иов иганахь ала, аха ишьақәирӷәӷәози Аҩсҭаа Иов 1:8—11 инақәыршәаны?
7 Иов дынхон Израильаа Мысра ианыҟаз аамҭазы. Усҟан иара иеиԥш Анцәа изиашаз уаҩ дыҟамызт. Иара ҳара ҳаиԥш днаӡамызт, агхақәа ҟаиҵон. Аха Иегова Иов ацқьара ахьихьчоз азы бзиа дибон. Иҟалап Аҩсҭаа ауаҩы ацқьара шизымыхьчо ҳәаны уи аԥхьагьы Иегова длаирҟәуазҭгьы. Убри аҟынтә Иегова Аҩсҭаа Иов иахь дхьаирԥшит. Уи ахаҵа иԥсҭазаашьа Аҩсҭаа дшымцҳәаҩыз шьақәнарӷәӷәон. Аҩсҭаа Иов изиашара ԥишәарц иҭаххеит. Иегова Иов игәра игон, убри аҟынтә Аҩсҭаа уи аҟаҵара азин ииҭеит. (Шәаԥхьа Иов 1:8—11.)
8. Дышԥаԥишәоз Аҩсҭаа Иов?
8 Аҩсҭаа арыцҳашьара илам, насгьы дуаҩшьҩуп. Иара Иов иааимаз зегь имихит: имазара, имаҵзуҩцәа, бзиа иибоз жәаҩык ихшара. Аҩсҭаа иара убас Иов ихьӡ бжьихит. Уи ашьҭахь Аҩсҭаа Иов ачымазара бааԥс иирхьит: ихы инаркны ишьапаҟынӡа ахьаа ӷәӷәа зцыз ашәрақәа илҵит. Агәырҩа ӷәӷәа иахҟьаны зыхшыҩ еилаԥсаз Иов иԥҳәыс лхаҵа иалҳәеит: «Анцәа дшәины, уԥсы наҟ». Иов ихаҭагьы аԥсра даҳәон, аха уеизгьы ицқьара ихьчон. Усҟан Аҩсҭаа Иов даҽакала дԥишәарц иӡбеит. Уи азы Иов иҩызцәа ихы иаирхәеит. Дара ԥыҭраамҭак Иов иҭан, аха урҭ Иов игәы зынӡаск ишьҭырымхит. Уи аҭыԥан арыцҳашьара аамырԥшӡакәа ддырџьон. Дара Иов дзықәшәаз агәаҟрақәа зхароу Анцәа иоуп ҳәа рҳәон. Уи адагьы, Анцәа изы Иов ицқьара акгьы аанагом ҳәа шьақәдырӷәӷәон. Иара убасгьы Иов агәнаҳа имоуп, убри аҟынтә арыцҳарақәа ихәҭаны дақәшәеит ҳәа иарҳәон (Иов 1:13—22; 2:7—11; 15:4, 5; 22:3—6; 25:4—6).
9. Иҟаимҵазеи Иов даараӡа ианицәыцәгьазгьы?
9 Ихы шԥамҩаԥигоз Иов арҭ арыцҳарақәа данрықәшәа? Иара днаӡамызт аҟынтә, игәы ҳарҭынчуеит ҳәа иааз игәы ԥжәаны драцәажәеит, насгьы анаҩс дзыхьхәыз ажәақәа иҳәеит. Уи адагьы иара еиҳа дызлацәажәоз Анцәа ииашара акәымкәа ихатә иашара акәын (Иов 6:3; 13:4, 5; 32:2; 34:5). Аха Иов даараӡа ианицәыцәгьазгьы Иегова дицәхьамҵит. Иара иҩызцәа ирҳәаз амц агәра имгеит. Абар ииҳәаз: «Сара ахаангьы шәиашоуп ҳәа сыԥхьаӡаӡом! Сыԥсаанӡа иаансыжьуам сара сыцқьара!» (Иов 27:5). Арҭ ажәақәа иаадырԥшуеит Иов дзықәшәозаалакгьы ацқьара ахьчара дшазхиаз. Ҳаргьы уи ҳалшоит.
10. Ишԥаҳаҵанакуеи ҳара Аҩсҭаа Иов ихаан ишьҭихыз аимактә зҵаара?
10 Аҩсҭаа Иов ихаан ишьҭихыз аимактә зҵаара ҳаргьы иҳаҵанакуеит. Ишԥа? Аҩсҭаа ишьақәирӷәӷәоит Иегова гәыкала бзиа дыжәбом, шәхы еиқәшәырхарц азы иара имаҵ аура шәаҟәыҵуеит, насгьы шәыцқьара шәзыхьчом ҳәа (Иов 2:4, 5; Аат. 12:10). Закәытә цәаныррақәоузеи уи ишәызцәырнаго? Ҳәарада, уи шәгәы шәнархьуеит. Аха шәазхәыц: Иегова шәыгәра игоит, убри аҟынтә зеиԥшыҟам алшара шәиҭоит. Иара Аҩсҭаа шәыцқьара ԥишәарц азы азин ииҭоит. Иегова агәра ганы дыҟоуп шәыцқьара шышәыхьчо, насгьы Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу ашьақәырӷәӷәара шшәылшо. Уи адагьы иара дышшәыцхраало шәақәиргәыӷуеит (Аур. 13:6). Закәытә ҳаҭыр дуузеи Зегьирхаку ҳагәра ахьиго! Еилышәкаауама шәара Анцәа иҿаԥхьа ацқьара ахьчара абас изхадоу? Ацқьара анаҳахьчо, Аҩсҭаа амц шиҳәо шьақәҳарӷәӷәоит, уи адагьы Ҳаб ихьӡ ҳараҳкуеит, насгьы инапхгара ҳадгылоит. Иҟаҳҵар ҳалшозеи зеиԥшыҟам уи аҟазшьа ҳахьчаларц азы?
ИШԤАҲАЛШО АЦҚЬАРА АХЬЧАРА?
11. Иаҳнарҵар алшозеи Иов иҿырԥштәы?
11 Арҭ «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан Аҩсҭаа еиҳагьы иҽирцәгьоит (2 Тим. 3:1). Иҳацхраар алшозеи нас ацқьара ахьчара? Иов иҿырԥштәы. Иара аԥышәара ӷәӷәақәа дрықәшәаанӡагьы Анцәа иҿаԥхьа ацқьара ихьчон. Шәааи Иов ацқьара ахьчара ицхраауаз х-лабжьарак еилҳаргап.
Иҳацхраар алшозеи ацқьара ахьчара? (Шәахәаԥш абзац 12.)b
12. а) Ицхраауази Иов Иегова иахь аџьшьареи аҳаҭыри реизырҳара, Иов 26:7, 8, 14 инақәыршәаны? б) Иҳацхраауазеи ҳара Анцәа иахь аџьшьара аарԥшра?
12 Иов Иегова иусқәа зегьы дахьрызхәыцуаз, насгьы рыхә ахьишьоз абзоурала Анцәа иахь ибзиабара еиҳа иӷәӷәахон. Иов Иегова ишамҭақәа рыцклаԥшразы аамҭа алихуан. (Шәаԥхьа Иов 26:7, 8, 14.) Иара адгьыли, ажәҩани, аԥҭақәеи, адыдмацәыси данрыхәаԥшуаз Анцәа имч даршанхон, аха уеизгьы иара еиликаауан Анцәа ишамҭақәа ирызкны иидыруаз шмаҷыз. Иов иара убас Иегова иажәақәа рыхә ишьон. Иара урҭ ирызкны иҳәеит: «Сара исыхьчоит иара иҳәамҭақәа» (Иов 23:12). Иов Иегова иусқәа ддыршанхон, насгьы иара уи ҳаҭыр ду иқәиҵон. Иара Иаб бзиа дибон, насгьы диргәырӷьаларц иҭахын. Уи ацқьара ахьчаразы имаз агәаҳәара еиҳагьы иарӷәӷәон. Ҳара Иов ҳаиҿыԥшлар ауп. Иегова ишамҭақәа ирызкны иахьа иаҳдыруа Иов ихаан ирдыруаз аасҭа акырӡа еиҳауп. Уи адагьы ҳара иҳамоуп Анцәа идоуҳала иаԥҵоу Абиблиа, уи Иегова иҟазшьақәа еиӷьны реилкаара иҳацхраауеит. Ашамҭақәа рыбзоурала еилаҳкаауа, насгьы Абиблиаҿы ҳзыԥхьо ҳгәы џьшьарала идырҭәуеит. Уи аџьшьареи Иегова иахь иааҳарԥшуа аҳаҭыри иара бзиа ибара иҳацхраауеит, насгьы изыӡырҩра ҳгәазҭарҵоит, уи абзоурала ацқьара ахьчаразы иҳамоу агәаҳәара еиҳагьы иӷәӷәахоит (Иов 28:28).
Ҳара ацқьара ахьчара ҳалшоит апорнографиа ахәаԥшра мап ацәаҳкуазар (Шәахәаԥш абзац 13)c
13, 14. а) Ишԥааирԥшуаз Иов Анцәа дшизыӡырҩуаз, Иов 31:1 иану инақәыршәаны? б) Ишԥаҳалшо Иов иҿыԥшра?
13 Иов еснагь Анцәа дахьизыӡырҩуаз абзоурала ацқьара ахьчара изымариан. Иов идыруан Анцәа иҿаԥхьа дыцқьаны даанхаларц азы дизыӡырҩлар шихәҭаз. Еснагь Иегова ҳанизыӡырҩуа, иара иҿаԥхьа ҳацқьаны ҳаанхаларц азы иҳамоу агәаҳәара еиҳа иӷәӷәахоит. Иов иҽазишәон еиуеиԥшым азҵаарақәа рҿы Анцәа изыӡырҩра. Иаҳҳәап, иара ихы иаҭәеишьомызт аҳәса ииашамкәа рыхәаԥшра. (Шәаԥхьа Иов 31:1.) Иара еиликаауан иԥҳәыс лакәымкәа егьырҭ аҳәса рахь аромантикатә цәаныррақәа раарԥшра шихәҭамыз. Иахьа адунеи ламысдарала иҭәуп. Ҳаиҿыԥшлома ҳара Иов? Иара иеиԥш ҳаргьы аҭаацәара ҳазцалам ауаҩ иахь иахәҭам аинтерес аарԥшра ҳҽацәаҳахьчалароуп. Иара убас ҳара ицқьам ахымҩаԥгашьеи апорнографиеи рыхәаԥшра ҳҽацәаҳахьчалароуп, урҭ ахьаҳԥыхьашәозаалакгьы (Матф. 5:28). Ҳара есыҽны абарҭ азҵаарақәа рҿы аҽынкылара ааҳарԥшуазар, ацқьара ахьчаразы иҳамоу агәаҳәара ҳарӷәӷәалоит.
Ҳара ацқьара ахьчара ҳалшоит амал ииашаны ҳазыҟазар (Шәахәаԥш абзац 14)d
14 Иов амал дшазыҟазгьы иаанарԥшуеит Иегова дшизыӡырҩуаз. Иара еиликаауан имаз амал дақәгәыӷуазҭгьы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵоз (Иов 31:24, 25, 28). Иахьа ҳара ҳанхоит амал арҳара иашьҭоу ауаа рыбжьара. Ҳара амали аԥареи Абиблиа ишҳабжьнаго еиԥш ҳарзыҟазар, Анцәа иҿаԥхьа ацқьара ахьчара ҳҽазаҳшәалоит (Ажәам. 30:8, 9; Матф. 6:19—21).
Ҳара ацқьара ахьчара ҳалшоит иҳамоу агәыӷра ҳхаҳмыршҭуазар (Шәахәаԥш абзац 15)e
15. а) Иарбан гәыӷроу Иов ацқьара ахьчара ицхраауаз? б) Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳахәҭоузеи ҳара, насгьы хәарҭас иаҳзаанагозеи уи?
15 Иов Анцәа дзықәиргәыӷыз азылԥхарақәа дахьрызхәыцуаз ацқьара ахьчара ицхраауан. Иара идыруан Анцәа изы уи иааирԥшуаз ацқьара акыр шаҵанакуаз (Иов 31:6). Иов аԥышәара ӷәӷәа дышҭагылазгьы, аҵыхәтәаны Иегова дшизылԥхо агәра ганы дыҟан. Уи иара ицқьара ахьчара ицхрааит. Иегова даараӡа игәы иахәеит Иов ацқьара ахьихьчоз, убри аҟынтә уи дшынаӡамызгьы, меигӡарахда дизылԥхеит! (Иов 42:12—17; Иак. 5:11). Уи адагьы, Иов ҳаԥхьаҟа еиҳау азылԥхарақәа изыԥшуп. Агәра ганы шәыҟоума Иегова ацқьара ахьышәыхьчо азы шәаргьы дшышәзылԥхо? Иара иҽимԥсахӡеит (Мал. 3:6). Иегова ацқьара зыхьчо зегьы дшырзылԥхо ҳхаҳмыршҭуазар, уи ахьчара ҳҽазаҳшәалоит, насгьы аԥеиԥш бзиа шаҳзыԥшу агәра ганы ҳаҟазаауеит (1 Фес. 5:8, 9).
16. Ҳзызхиазар ҳахәҭоузеи ҳара?
16 Ахаангьы шәыцқьара шәацәхьамҵын! Зны-зынла уи зыхьчо шәара шәхала шәакәушәа шәгәы иаанагалар алшоит, аха уи ус акәӡам. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо миллионҩыла ишәымоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шәара шәеиԥш уи аҟаҵара рҽазыршәоит. Уи адагьы шәара ишәымоуп ажәытәан инхоз ауаа рҿырԥштәқәа. Урҭ аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы, Анцәа изиашаны иаанхон (Аур. 11:36—38; 12:1). Шәааи анаҩсгьы Иов ииҳәаз абарҭ ажәақәа инарықәыршәаны ҳанхалап: «Сыԥсаанӡа иаансыжьуам сара сыцқьара!» Дҳаранаклааит ҳацқьара Иегова наӡаӡа!
АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп
a Изакәызеи ацқьара? Избан Иегова уи ахә ҳаракны изишьо? Избан ҳара зегь уи ҳахьчалар зҳахәҭоу? Ари астатиа иаҳнарбоит Абиблиа арҭ азҵаарақәа рҭак шыҟанаҵо. Иара убас иҳаилнаркаауеит ацқьара ахьчаразы иҳамоу агәазыҳәара ҳарӷәӷәалар шҳалшо. Ус ҟаҳҵалар, азылԥхара дуқәа ҳауеит.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иов ихәыҷқәа Иегова ишамҭа џьашьахәқәа рыӡбахә рзеиҭеиҳәоит.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аиашьа аус ицызуа апорнографиа дахәаԥшырц идыргалоит, аха иара уи мап ацәикуеит.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аиашьа идыргалоит еиҳа идуу, насгьы зыхә цәгьоу ателевизор, аха иара уигьы мап ацәикуеит.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аиашьа Џьанаҭ дгьыл аҿы иоуа азылԥхарақәа рызхәыцразы аамҭа алихуеит.