АҴАРАЗЫ АСТАТИА 8
Изаҭахузеи аџьшьара аарԥшра?
«Аџьшьара аашәырԥшла» (КӘАЛ. 3:15, АдҾ).
АШӘА 46 Иҭабуп, Иегова
АХҲӘААa
1. Ишԥааирԥши аџьшьара самариатәи ахаҵа, Иисус уи дахьихәышәтәыз азы?
ЖӘАҨЫК ахацәа ацәеилабаара иаргәаҟуан. Илахьеиқәҵагоуп, аха рчымазара еиҳа-еиҳа аҽарцәгьон. Аха ҽнак зны дара харантәи Арҵаҩ Ду, Иисус дырбеит. Дара ираҳахьан иара ачымазарақәа зегь шихәышәтәуа, убри аҟынтә даргьы рыхәышәтәра шилшоз агәра ганы иҟан. Убри азоуп дара рыбжьы ҭыганы зҿырҭыз: «Иисус, Абжьаҩы, ҳрыцҳашьа!» Иисусгьы урҭ ахацәа ихәышәтәуеит. Ҳәара аҭахума, дара Иисус ирзыҟаиҵаз ахә ршьеит. Аха урҭ руаӡәк иоуп Иисус иҭабуп ҳәа иазҳәаз. Самариа иатәыз уи ахаҵа «быжь дула» Анцәа ирҳаракра далагеит (Лука 17:12—19).
2, 3. а) Изааҳмырԥшуазеи зны-зынла аџьшьара? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Ҳаргьы, самариатәи ахаҵа иеиԥш, иаҳҭахуп абзиара ҳзыҟазҵо рахь аџьшьара аарԥшра. Аха зны-зынла ҳара иҭабуп аҳәара, мамзаргьы иаҳзыҟарҵо ахә шаҳшьо аарԥшра ҳхашҭуазар ауеит.
3 Ари астатиаҿы еилҳаргоит ажәалеи услеи аџьшьара аарԥшра зхадоу. Ҳара ҳрыхәаԥшуеит аџьшьара аазырԥшуаз, насгьы иаазмырԥшуаз Абиблиаҿы зыӡбахә ану ауаа рҿырԥштәқәа. Анаҩс ҳрылацәажәоит аџьшьара аарԥшразы иҳамоу азнеишьақәа.
ИЗАҬАХУЗЕИ АЏЬШЬАРА ААРԤШРА?
4, 5. Избан аџьшьара ааҳарԥшлар зҳахәҭоу?
4 Аџьшьара аарԥшра аганахь ала Иегова зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳирбоит. Иара уи еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла иҟаиҵоит, иаҳҳәап, дзыргәырӷьо дырзылԥхоит (2 Сам. 22:21; Аԥсал. 13:6; Матф. 10:40, 41). Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Анцәа шәиҿыԥшла, иара бзиа иибо ахәыҷқәа ишырҵасу аиԥш» (Еф. 5:1). Ус анакәха, зегь раԥхьаӡа иргыланы аџьшьара аарԥшра зҳахәҭоу Иегова ҳаиҿыԥшларц азы ауп.
5 Аха иҟоуп даҽа мзызкгьы. Аџьшьара афатә хаа иаҩызоуп. Ҳәарада, уи ҳхала иаҳфаргьы ауеит, аха аӡәы ианицеиҩаҳшо еиҳагьы ҳгәы иахәоит. Егьырҭ ҳара ҳахь аџьшьара анаадырԥшуа, ҳара ҳгәы иахәоит. Ҳара егьырҭ рахь аџьшьара анааҳарԥшуа, урҭ ргәы иахәоит. Аџьшьара анааҳарԥшуа, ауаҩы еиликаауеит дҳацхраарц азы иибаз аџьабаа ахә шаҳшьо. Уи абзоурала иареи ҳареи ҳаиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахоит.
6. Излеиԥшузеи ахьы иалху аҵәақәеи аџьшьара зныԥшуа ажәақәеи?
6 Аџьшьара зыхә ҳараку ҟазшьоуп. Абиблиа иануп: «Ианаамҭоу иҳәоу ажәа иҭаԥҟаны иҟоу араӡны маҭәар иҭоу ахьтәы ҵәақәа ирҩызоуп» (Ажәам. 25:11). Шәхаҿы иаажәг шаҟа иԥшӡоу араӡны маҭәар иҭоу ахьы иалху аҵәақәа! Иара убасгьы шәазхәыц урҭ рыхә шаҟа иҳараку! Ари аҩыза аҳамҭа шәырҭазҭгьы, ҳәарада, уи шәеигәырӷьон. Убас еиԥш рыхә ҳаракуп аџьшьара зныԥшуа ажәақәагьы. Шәазхәыц даҽакгьы: ахьы иалху аҵәақәа ахаангьы акгьы рыхьӡом. Убас еиԥш аџьшьара зныԥшуа ажәақәа ауаҩы ахаангьы ихамышҭыр ауеит.
УРҬ АЏЬШЬАРА ААДЫРԤШУАН
7. Ишԥаадырԥшуаз Иегова иахь аџьшьара Давиди аԥсаломқәа зыҩуаз егьырҭ ауааи, Аԥсалом 69:30 инақәыршәаны?
7 Ажәытәан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәа аӡәырҩы аџьшьара аадырԥшуан. Урҭ руаӡәк Давид иакәын. (Шәаԥхьа Аԥсалом 69:30.) Иара ицқьоу амҵахырхәара ахә ишьон, насгьы ицәаныррақәа аус аҿы иааирԥшуан. Иара аныҳәарҭа аргыларазы имазара дамеигӡеит. Асаф ихылҵызгьы Иегова иахь аџьшьара аадырԥшуан. Дара Иегова дҳаразкуаз ашәақәа, мамзаргьы аԥсаломқәа рыҩуан. Урҭ ирҩыз шәак аҿы Анцәа иус џьашьахәқәа рзы иҭабуп ҳәа иарҳәон (Аԥсал. 75:1). Ишаҳбо еиԥш Давидгьы Асаф ихылҵызгьы Иегова ириҭоз азылԥхарақәа зегьы рыхә шыршьоз аадырԥшлар рҭахын. Ишԥашәылшо шәара урҭ рҿыԥшра?
Иаҳнарҵозеи Павел Римаа ирзиҩыз асаламшәҟәы аџьшьара шаарԥшлатәу иазкны? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)d
8, 9. Ишԥааирԥшуаз аџьшьара апостол Павел иашьцәеи иаҳәшьцәеи рахь, насгьы иарбан лҵшәоу уи иаанагар алшоз?
8 Апостол Павел аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыхә ҳаракны ишьон. Уи ус шакәыз иажәақәа ирныԥшуан. Иара урҭ рзы еснагь Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәон. Уи адагьы иара урҭ асаламшәҟәқәа анырзиҩуаз рыхә шишьоз реиҳәон. Римаа ирзиҩыз асаламшәҟәы 16-тәи ахаҿы ажәеинраалақәа 1-тәи инаркны 15-тәи аҟынӡа Павел 27-ҩык ақьырсианцәа рыхьӡ ҳәаны дрыхцәажәеит. Иара иазгәеиҭеит Прискиллеи Акилеи рыԥсҭазаара ихҭынҵара ишазхиаз, иара убас Фива илызкынгьы иҳәеит: «Жәпаҩык дрыцхраауеит, дрывагылоуп, саргьы убрахь снарылаҵаны». Павел ирҽхәеит бзиа иибоз, насгьы агәацԥыҳәара аазырԥшуаз урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи (Рим. 16:1—15).
9 Павел урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аграқәа шрымаз идыруан, аха исаламшәҟәы ахыркәшамҭаҿы дызлацәажәо урҭ рҟазшьа бзиақәа роуп. Шәхаҿы иаажәг аизараҿы Павел исаламшәҟәы ианаԥхьоз, урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ираҳаз шаҟа ргәы шьҭнахыз! Ҳәара аҭахума, уи абзоурала Павели дареи ирыбжьаз аиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахеит. Иҭабуп ҳәа рашәҳәома шәара еснагь шәеизараҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирҳәо, мамзаргьы иҟарҵо азы?
10. Иаҳнарҵозеи ҳара Иисус ишьҭанеицәа рахь аџьшьара ахьааирԥшуаз?
10 Иисус Азиа Маҷ иҟаз аизарақәа ирзынаишьҭыз аацҳарақәа рҿы ақьырсианцәа иҟарҵоз аусқәа рзы ирҽхәеит. Иаҳҳәап, иара Фиатира иҟаз аизарахь ирхаз аацҳара абас далагеит: «Издыруеит уусқәа шыҟоу, убас убзиабаратәы, умаҵуратәы, уазхаҵаратәы, ухачҳаратәы, раԥхьа заҟа ҟауҵоз аасҭа уажәы еиҳаны ишыҟауҵо атәы» (Аат. 2:19). Иисус иазгәеиҭаз урҭ рмаҵзура шдырҭбааз мацара акәӡам, аха аус қьиақәа рыҟаҵара ргәазҭазҵаз аҟазшьақәа рзгьы ирҽхәеит. Фиатиратәи аизараҿы шьоукы алабжьара риҭар шакәызгьы, Иисус иаацҳара алагамҭеи ахыркәшамҭеи рҿы урҭ ирҽхәеит (Аат. 2:25—28). Шәазхәыц, Иисус аизарақәа зегьы ирхагылоу еиԥш амчра ду имоуп. Убри аҟынтә иара изы иҟаҳҵо аус азы иҭабуп ҳәа ҳаҳәара уалны идӡам. Аха иара аџьшьара аарԥшра хадоуп ҳәа иԥхьаӡоит. Изакәытә ҿырԥш бзиоузеи уи аизара аиҳабацәа ириҭо!
УРҬ АЏЬШЬАРА ААДМЫРԤШӠЕИТ
11. Дышԥазыҟаз Исав «иԥшьоу», Ауриацәа рахь 12:16 инақәыршәаны?
11 Илахьеиқәҵагоуп, аха Абиблиа зыӡбахә ану шьоукы аџьшьара аадырԥшуамызт. Иаҳҳәап, Исав Иегова бзиа дызбоз, насгьы пату иқәызҵоз аҭаацәараҿы ишизҳазгьы, иԥшьоу ахә ишьомызт. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 12:16b.) Ишԥааԥши уи? Иара дымхәыцӡакәа аԥеиҳаб иеиԥш имаз азин иашьеиҵбы Иаков изиҭиит, саанк афатә иахҭниԥсахит (Аҟаз. 25:30—34). Аҵыхәтәаны Исав иҟаиҵаз дахьхәит. Аха иара имаз ахә ишьомызт аҟынтә, аԥеиҳаб иеиԥш иоураны иҟаз азылԥхарақәа ахьимоуз азы ашшра ихәҭамызт.
12, 13. Ишԥааԥши Израильаа Анцәа ирзыҟаиҵаз ахә шырымшьоз, насгьы иалҵшәахазеи уи?
12 Израильаа аџьшьара аарԥшразы ирацәаны амзызқәа рыман. Иегова Мысра жәа-рыцҳарак ианақәиршәа ашьҭахь Израильаа атәра аҟынтә ахақәиҭра риҭеит. Анаҩс иара урҭ еиқәирхарц азы Амшын Ҟаԥшь аҿы Мысраа рыруаа ҭаирхеит. Израильаа ргәы џьшьарала иҭәит аҟынтә, Анцәа дҳаразкуа ашәақәа изҳәара иалагеит. Аха еснагь иаадырԥшуазма урҭ аџьшьара?
13 Израильаа ауадаҩра ҿыцқәа ианрықәшәа, Иегова ирзыҟаиҵахьаз абзиарақәа зегь рхашҭит. Дара Анцәа ирзыҟаиҵоз ахә шырымшьоз еилыкка иубарҭахеит (Аԥсал. 106:7). Ишԥа? «Ацәҳәыраҿы Израильаа зегьы Моисеии Аарони рахь агәынамӡара аарԥшра иалагеит», аха ииашаҵәҟьаны урҭ зҿагылаз Иегова иакәын (Ақәҵ. 16:2, 8). Анцәа игәы инархьит урҭ ирзыҟаиҵаз пату ахьақәрымҵаз. Ԥыҭрак ашьҭахь иара иҳәеит иҿагылаз зегьы, Иисус Навини Халеви аламҵаӡакәа, ацәҳәыраҿы ишыԥсуа (Ахыԥхь. 14:22—24; 26:65). Шәааи арҭ аҿырԥштәқәа иаҳдырҵо ҳазхәыцып.
АЏЬШЬАРА ААШӘЫРԤШЛА
14, 15. а) Ишԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси пату шеиқәырҵо аарԥшра? б) Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа аџьшьара аарԥшышьа ддырҵар?
14 Аҭаацәараҿы. Аҭаацәараҿы дасу аџьшьара анааирԥшуа, уи зегьы ахәарҭа рзаанагоит. Хаҵеи-ԥҳәыси шаҟа ирацәаны аџьшьара аадырԥшуа аҟара, убри аҟара реиҩызара ӷәӷәахоит. Уи абзоурала рыгхақәа ранеибажьра еиҳа ирзымариахоит. Зыԥҳәыс пату лықәызҵо ахаҵа уи илҳәо, насгьы иҟалҵо аус бзиақәа ргәаҭара мацара адагьы, урҭ рзы лырҽхәара ихашҭӡом (Ажәам. 31:10, 28). Иҟәыӷоу аԥҳәыс лакәзар, лхаҵа ихә зылшьо лымкаала иалҳәоит.
15 Аҭаацәа, ишԥашәылшо шәхәыҷқәа аџьшьара аарԥшышьа дшәырҵар? Ишәхашәмыршҭлан шәхәыҷқәа шәара ишшәыхәаԥшуа. Убри аҟынтә дара ак анышәзыҟарҵо иҭабуп ҳәа рашәҳәала, убас ала аҿырԥш бзиа дшәырбала. Иара убас идшәырҵала егьырҭ рахь аџьшьара аарԥшра. Идеилшәыркаа аџьшьара гәык-ԥсыкала ишаарԥшлатәу, насгьы аџьшьара зныԥшуа ажәақәа амч ду шрымоу. Абар Клари зыхьӡу аԥҳәыс илҳәо: «Сан 32 шықәса анылхыҵуаз, саб иаалырҟьаны дҭаркит. Убри аҟынтә лара хҩык ахәыҷқәа лхала рааӡара лықәшәеит. Сара 32 шықәса анысхыҵ, сан ҳааӡара шаҟа илцәыцәгьаз сазхәыцит. Убри аҟынтә сашьцәеи сареи ҳлааӡарц азы илбаз аџьабаа ахә ҳаракны ишысшьо ласҳәарц сыӡбеит. Ааигәа сан исалҳәеит сажәақәа лгәаҵанӡа ишнеиз, лассы-лассы урҭ дышрызхәыцуа, насгьы еснагь лгәы шышьҭырхуа».
Шәхәыҷқәа аџьшьара аарԥшышьа дшәырҵала (Шәахәаԥш абзац 15.)e
16. Иаажәга аџьшьара зныԥшуа ажәақәа угәы шышьҭырхуа узырбо аҿырԥштәы.
16 Аизараҿы. Ҳара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рахь аџьшьара анааҳарԥшуа уи ргәы шьҭнахуеит. Абар 28 шықәса зхыҵуа аизара аиҳабы Ҳорхе иҿырԥштәы. Зны иара ӷәӷәала дычмазаҩхеит, уи иахҟьаны мызкы аизара дзаҭаауамызт. Аха аизарахь дныҟәо даналагагьы, иара адҵақәа иманы дзықәгыломызт. Ҳорхе иациҵоит: «Сара счымазара иахҟьаны аҭакԥхықәрақәа ахьысзынамыгӡоз азы акгьы саԥсамызшәа збон. Аха зны аизара ашьҭахь иашьак ус сеиҳәеит: „Иҭабуп ҳәа уасҳәар сҭахуп сҭаацәа идурбоз аҿырԥш бзиа азы. Ухаҿгьы иузаагом аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иуҳәоз ажәахәқәа шаҟа ҳгәы иахәоз, урҭ рыбзоурала ҳара доуҳала ҳаизҳаит“. Сара исҳәара сыздыруамызт. Сылаӷырӡқәагьы аахажжылеит. Арҭ ажәақәа даараӡа сгәы шьҭырхит!»
17. Ҳгәы зызҭанаҵозеи Кәаласаа рахь 3:15, насгьы ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?
17 Агәыҭбаара злоу Ҳанцәа иахь. Иегова меигӡарахда адоуҳатә фатәы ҳаиҭоит. Иаҳҳәап, ҳара ҳаизарақәеи, ҳпубликациақәеи, ҳсаитқәеи рыла аҟәыӷара зҵоу анапхгара ҳауеит. Иҟалап шәара ажәахә шәаназыӡырҩы, ма астатиа шәанаԥхьа, мамзаргьы ҳинтернет-телехәаԥшра шәанахәаԥш ашьҭахь абас шәҳәахьазар: «Ари сара исызкуп!» Ишԥаҳалшо уи азы Иегова иахь аџьшьара аарԥшра? (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 3:15c.) Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит Анцәа ҳаниҳәо арҭ аҳамҭақәа рзы еснагь иҭабуп ҳәа иаҳәара (Иак. 1:17).
Аҳратә зал аилыргара ҳҽаналаҳархәуа, Анцәа иахь аџьшьара ааҳарԥшуеит (Шәахәаԥш абзац 18.)
18. Ишԥаҳалшо Аҳратә залқәа рзы аџьшьара аарԥшра?
18 Иара убас ҳара Иегова иахь аџьшьара ааҳарԥшуеит иара ҳахьимҵахырхәо аҭыԥ цқьазарц ҳанахылаԥшуа. Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа Аҳратә зал аилыргареи ахылаԥшреи ҳхы алаҳархәуеит. Иара убас амузыка зладырҳәо, насгьы авидео зладдырбо аппаратура иахылаԥшуа аишьцәа уи бжьымсырц азы иеиҷаҳауеит. Аҳратә залқәа ибзианы ҳархылаԥшуазар, урҭ акыраамҭа ҳхы иаҳархәалоит, насгьы аԥхасҭа ду роуӡом. Усҟан адунеи ахьынӡанаӡааӡо егьырҭ Аҳратә залқәа дыргылаларц, насгьы ирхылаԥшларц азы аԥара ахаҳаршәалоит.
19. Иаҳнарҵозеи араионтә хылаԥшҩыс амаҵ зуаз аиашьа иԥҳәыси иареи рыхҭыс?
19 Ҳара ҳзы аџьабаа збо рахь. Ҳара иааҳарԥшуа аџьшьара абзоурала ауаҩы дзықәшәо ауадаҩрақәа дшырзыҟоу иԥсахыр алшоит. Шәазхәыц абри аҿырԥштәы. Ӡынын. Раионтә хылаԥшҩыс амаҵ зуаз аиашьа иԥҳәыси иареи рымш зегьы амаҵзура иазкны икараха рыҩныҟа ихынҳәит. Даара ихьҭан аҟынтә, иԥҳәыс аӡын палта лышәҵаны дышьҭалеит. Ашьыжьымҭан лара лхаҵа иалҳәеит араионтә маҵзура уаҳа лымч шақәымхо. Дук мырҵыкәа уи аҽныҵәҟьа лара афилиал аҟынтә асаламшәҟәы лзааит. Уи асаламшәҟәаҿы аишьцәа лара иаалырԥшуаз азиашареи ахачҳареи рзы ддырҽхәон. Иара убасгьы уа ианын есымчыбжьа ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь аиасра даара ишымариам. Абар лхаҵа ииҳәо: «Ари асаламшәҟәы даараӡа лгәы шьҭнахит. Лара араионтә маҵзура сымч ақәхом ҳәа уаҳа ахаангьы илҳәомызт. Уи аҭыԥан саргьы араионтә маҵзура саҟәыҵуеит ҳәа анысҳәоз, лара сгәы шьҭылхуан». Арҭ хаҵеи-ԥҳәыси уи араионтә маҵзура 40 шықәса раҟара инарыгӡон.
20. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара есыҽны, насгьы избан?
20 Шәааи ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла есыҽны аџьшьара аарԥшра ҳҽазаҳшәалап. Иҟалап аџьшьара ахьаадмырԥшуа адунеи аҿы аԥхарра зныԥшуа ҳажәақәеи ҳусқәеи ауаҩы дзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара ицхраар. Иара убас уи абзоурала иареи ҳареи ҳаиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахоит, насгьы наунагӡа иҟазар алшоит. Аха еиҳарак ихадоу, усҟан ҳара агәыҭбаара злоу, аџьшьара аазырԥшуа Ҳаб Иегова ҳаиҿыԥшлоит.
АШӘА 20 Ты отдал своего дорогого Сына
a Иарбан ҿырԥштәу аџьшьара аарԥшра аганахь ала иҳарҭо Иеговеи, Иисуси, ацәеилабаара иаргәаҟуаз самариатәи ахаҵеи? Ари астатиаҿы ҳара абарҭ, насгьы егьырҭ аҿырԥштәқәа еилҳаргоит. Иара убас еилаҳкаауеит аџьшьара аарԥшра зхадоу, насгьы уи шыҟаҵалатәу.
b Ауриацәа рахь 12:16, АдҾ: «Шәгәышәҽаныз шәыбжьара икалҭшьҭаныҟәо, насгьы Исав иеиԥш иԥшьоу ахә зымшьо дҟамларц азы, уи аԥеиҳаб иеиԥш имаз азин саанк афатә иахҭниԥсахит».
c Кәаласаа рахь 3:15, АдҾ: «Шәыгәқәа рҿы Христос иҭынчра аҳра аулааит, избанзар шәара зегьы цәеижьк ахәҭақәа шәоуп, насгьы уи аҭынчрахь ааԥхьара шәымоуп. Иара убас аџьшьара аашәырԥшла».
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: римтәи аизараҿы Павел исаламшәҟәы иаԥхьоит; Прискиллеи, Акилеи, Фивеи, егьырҭ ақьырсианцәеи рыхьӡқәа анраҳа даара игәырӷьеит.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ан лыԥҳа хәыҷы зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа лахь аџьшьара аарԥшра длыцхраауеит, уи аҿырԥш бзиа ахьрылҭо азы.