АҴАРАЗЫ АСТАТИА 17
Адоуҳа цәгьақәа шәырҿагыларц азы Иегова ицхыраара шәыдышәкыл
«Ҳара...ҳақәԥоит, ҳаибашьуеит...аҩысҭаа идоуҳа-илшара ҳарҿагыланы» (ЕФ. 6:12).
АШӘА 55 Урҭ шәырцәымшәан!
АХҲӘААa
1. Дышԥаҳаиҷаҳауеи ҳара Иегова, Ефесаа 6:10—13 иану инақәыршәаны? Иҳаилшәыркаа.
ИЕГОВА дҳаиҷаҳауеит еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла. Иаҳҳәап, иара ҳаӷацәа — раԥхьаӡа иргыланы Аҩсҭаа идемонцәеи иареи — рҿагылара дҳацхраауеит. Иегова урҭ шаҟа ишәарҭоу ҳаиҳәоит, насгьы рҿагыларазы иаҭаху зегь ҳаиҭоит. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 6:10—13.) Иегова ицхыраара ҳадаҳкылозар, насгьы аҵыхәтәанынӡа иара ҳиқәгәыӷуазар, Аџьныш иҿагыларазы амч ҳамазаауеит. Иара убас апостол Павел имаз агәрагара аҩыза ҳаргьы иҳауеит. Абар уи ииҳәаз: «Анцәа ҳара дҳадгылозар, иаҳҿагылараны иҟада?» (Рим. 8:31).
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа реиԥш ҳара Аҩсҭааи адемонцәеи мыцхәы ҳрызхәыцӡом, насгьы ҳрылацәажәаӡом. Ҳара ҳахшыҩ ззаҳашьҭуа Иегова иеилкаареи имаҵ ауреи роуп (Аԥсал. 25:5). Аха ҳара иаҳдыруазар ауп Аҩсҭаа ауаа ижьарц азы ихы иаирхәо ашьацҳәақәа. Избан? Уи «ԥырхага ҳаимҭаразы» (2 Кор. 2:11). Ари астиатиаҿы ҳара еилҳаргоит Аҩсҭаа идемонцәеи иареи ауаа ржьаларц азы еиҳа лассы-лыссы рхы иадырхәо ашьацҳәақәа. Иара убас урҭ ҳарҿагылар шҳалшо ҳалацәажәоит.
АҨСҬААИ АДЕМОНЦӘЕИ АУАА ШЫРЖЬО
3, 4. а) Изакәызеи аспиритизм? б) Ирацәаҩума аспиритизм агәра зго ауаа?
3 Аҩсҭааи адемонцәеи ауаа ржьаларц азы еиҳарак аспиритизм рхы иадырхәоит. Уи иаҿу ирыԥхьаӡоит егьырҭ ирзымдыруа рдыруеит, насгьы ауаа ирылымшо рылшоит ҳәа, аха урҭ амч рызҭо Анцәа иакәӡам. Иаҳҳәап, шьоукы ирҳәоит аԥшреи астрологиеи рхы иархәаны аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу еилыркаар рылшоит ҳәа. Даҽа шьоукы аԥсцәа ирацәажәоит ҳәа рыԥхьаӡоит. Егьырҭ амагиа рхы иархәаны аӡәы ашәҟәы изыҟарҵоитb.
4 Ирацәаҩума аспиритизм агәра зго ауаа? Латинтәи Америкеи Карибтәи амшын иаҵанакуа атәылақәеи (иааизакны 18 тәыла) рҿы имҩаԥгаз аҭҵаара инақәыршәаны хҩык рҟынтә аӡәы амагиеи аҟреи рыгәра игоит, иара убас хҩык рҟынтә аӡәы аԥсы иацәажәара ҟалоит ҳәа иԥхьаӡоит. Африка иҟоу 18 тәыла рҿы имҩаԥгаз даҽа ҭҵаарак инақәыршәаны, бжьаратәла иуҳәозар, абжеиҳараҩык аҟра амч амоуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Ҳара ҳахьынхозаалакгьы аспиритизм ҳҽацәаҳахьчалароуп, избанзар Аҩсҭаа адгьыл иқәынхо ауаа зегь ижьарц дашьҭоуп (Аат. 12:9).
5. Дышԥазыҟоу Иегова аспиритизм?
5 Иегова «аҵабырг Анцәа» иоуп (Аԥсал. 31:5). Дышԥазыҟоу уи аспиритизм? Иара уи даара ицәымӷуп. Абар Иегова Израильаа иреиҳәаз: «Уара уҟны дыҟамзароуп зԥа ма зыԥҳа амца дахызго, аԥшреи амагиеи ирылахәу, адыргақәа ирыхәаԥшуа, аҟра знапы алаку, аныха иамҵагыланы ишәиуа, аҭәҳәақәа ҟазҵо, аԥсцәа аазыԥхьо рахь инеиуа, иҟало заа изҳәо, ма аԥсы иацәажәо. Абарҭқәа зегь ҟазҵо Иеговы изы ихәымгоуп» (Ҩынтә. 18:10—12). Ақьырсианцәа иахьа Иегова Израильаа ириҭаз Азакәан аҵаҟа иҟаӡам. Аха ҳара иаҳдыруеит иара аспиритизм дшазыҟоу аҽшамԥсахыз (Мал. 3:6).
6. а) Ихы ишԥаирхәо Аҩсҭаа аспиритизм, ауаа дырԥырхагахарц азы? б) Иарбан ҵабыргу иаанартуа аԥсцәа ирызкны Еккллезиаст 9:5?
6 Иегова иҭахуп ҳара аспиритизм ҳҽацәаҳахьчаларц, избанзар идыруеит уи шаҟа ашәарҭара аҵоу. Аспиритизм ихы иархәаны Аҩсҭаа ауаа ижьоит, иаҳҳәап, аԥсы ыҟоушәа агәра диргоит. (Шәаԥхьа Еккллезиаст 9:5.) Уи инеиҳангьы, аспиритизм ихы иархәаны Аҩсҭаа ауаа иршәоит, насгьы Иегова изааигәахара дырԥырхагахоит. Иара иҭахуп аспиритизм знапы алаку ауаа Иегова иҭыԥан ицәгьоу адоуҳақәа рыгәра ргаларц.
ИЦӘГЬОУ АДОУҲАҚӘА ҲАРҾАГЫЛАР ШҲАЛШО
7. Дышԥаҳацхраауеи Иегова Аҩсҭаа идемонцәеи иареи рҿагылара?
7 Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, Иегова иҳаиҳәоит Аҩсҭаа идемонцәеи иареи ҳрымжьарц азы иҟаҵатәу. Шәааи ҳрылацәажәап урҭ рҿагылара иҳацхраауа лабжьарақәак.
8. а) Иҳацхраауазеи зегь раԥхьа иргыланы ицәгьоу адоуҳақәа рҿагылара? б) Ишԥаанартуеи Аԥсалом 146:4 Аҩсҭаа иԥсхьоу ирызкны ииҳәо шымцу?
8 Анцәа Иажәа шәаԥхьала, насгьы шәзыԥхьо шәазхәыцла. Ари ицәгьоу адоуҳақәа рымц аҿагылара иҳацхраауа ихадоу лабжьароуп. Абиблиа Аҩсҭаа имц аазыртуа ицҳафыруа аҳәа иаҩызоуп (Еф. 6:17). Иаҳҳәап, Анцәа Иажәа иԥсхьоу зыԥсы ҭоу рацәажәара шрылымшо ҳанаҳәоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 146:4.) Иара убас уи иаҳгәаланаршәоит Иегова шиакәу ҳаԥхьаҟа иҟалаҵәҟьо ҳазҳәо (Ис. 45:21; 46:10). Иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҳаԥхьозар, ҳзыԥхьо ҳазхәыцуазар, ицәгьоу адоуҳақәа рымц аҿагылара ҳазхиазаауеит, насгьы уи ҳцәымӷзаауеит.
9. Ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоузеи ҳара?
9 Аспиритизм иадҳәалоу акгьы шәҽалашәмырхәлан. Ҳара ҳқьырсианцәоуп аҟынтә аспиритизм иадҳәалоу изакәызаалак акы ҳҽалаҳархәуам. Иаҳҳәап, ҳара амедиумцәа рахь ҳцаӡом, мамзаргьы даҽакала аԥсцәа рацәажәара ҳҽазаҳшәаӡом. Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, ҳара ҳаҽрылаҳархәӡом аԥсыжра иадҳәалоу Анцәа Иажәа иаҿагыло аҵасқәа. Иара убас ҳара ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу еилаҳкаарц азы астрологиа ҳхы иаҳархәаӡом, насгьы ҳаԥшӡом (Ис. 8:19). Ҳара еилаҳкаауеит ари зегь шшәарҭоу, избанзар убас ала Аҩсҭаа идемонцәеи иареи ххы раҳҭоит.
Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа шәырҿыԥшны аспиритизм иадҳәалоу амаҭәарқәа наҟ иқәышәх, насгьы уи иадҳәалоу агәырҿыхагақәа мап рцәышәк (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10—12.)
10, 11. а) Иҟарҵазеи Ефес инхоз шьоукы аҵабырг анеилыркаа? б) Избан раԥхьатәи ақьырсианцәа рҿыԥшра зҳахәҭоу, 1 Коринфаа рахь 10:21 иаҳәо инақәыршәаны, насгьы ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?
10 Аспиритизм иадҳәалоу амаҭәарқәа зегьы наҟ иқәыжәга. Актәи ашәышықәсазы Ефес инхоз шьоукы аспиритизм иалахәын. Аха аҵабырг анеилыркаа лакҩакрада уи мап ацәыркит. Аусқәа 19:19 аҟны иануп: «Алаԥшхырԥаратә-аршанхаратә усқәа уаанӡа ирҿыз аӡәырҩы рышәҟәқәа ааганы зегьы ишырбоз амца иҩалажьны ирбылуан». Дара ицәгьоу адоуҳақәа ирҿагыларц азы ирылшоз зегь ҟарҵеит. Амагиа иазкыз урҭ ашәҟәқәа рыхә даараӡа ицәгьан, аха Ефес инхоз ақьырсианцәа урҭ аӡәгьы ирымҭеит, насгьы ирымҭиӡеит, аха ирблит. Дара ирҭахыз аԥара арҳара акәӡамызт, аха Иегова иргәырӷьара акәын.
11 Ишԥаҳалшо ҳара урҭ ақьырсианцәа ҳарҿыԥшлар? Иҟәыӷарахон аспиритизм иадҳәалоу маҭәарқәак шҳамоу ҳбазар, наҟ рықәхра. Уахь иаҵанакуеит ауаҩы алаԥш имкырц, мамзаргьы дманшәалахарц азы иҟарҵо амаҭәарқәа, ашәҟәқәа, насгьы ицәгьоу адоуҳақәа рҟынтә рхы рыхьчарц азы рхы иадырхәо зегьы. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 10:21.)
12. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу?
12 Ҟәыӷарыла агәырҿыхагақәа алшәхла. Шәхы шәазҵаа: «Срыԥхьома сара аспиритизм иазку ашәҟәқәа, ажурналқәа, мамзаргьы аинтернет аҿы астатиақәа? Изеиԥшроузеи сыззыӡырҩуа амузыка, сызхәаԥшуа афильмқәа, ателехәаԥшрақәа, авидеохәмаррақәа? Ирыдҳәалоума урҭ аспиритизм? Ирыдҳәалоума урҭ авампирцәа, азомбиқәа, мамзаргьы ицәгьоу адоуҳақәа рҟынтә амч зауа ауаа? Иаадырԥшуама урҭ амагиеи ашәирақәеи цәгьара злам, насгьы аинтерес зҵоу ак еиԥш? Ҳәарада, афантастика злоу агәырҿыхагақәа зегьы ма алакәқәа аспиритизм иадҳәаламзаргьы алшоит. Ажәакала, шәгәы злашәырҿыхаша анышәыӡбо, Иегова ицәымӷу зегьы рҽырцәыхьчара ишәыцхраауа агәырҿыхагақәа алшәхла. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалар ҳҭахуп Анцәа иҿаԥхьа ҳаламыс цқьаны ҳаанхаларц азы (Аус. 24:16)c.
13. Ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоузеи ҳара?
13 Еиҭашәымҳәалан адемонцәа ирыдҳәалоу ажәабжьқәа. Ҳара Иисус Христос ҳаиҿыԥшлар ҳҭахуп (1 Пиотр 2:21). Иара адгьыл ахь даанӡа ажәҩан аҿы дынхон, убри аҟынтә Аҩсҭааи адемонцәеи ирызкны иидыруаз даараӡа ирацәан. Аха иара адоуҳа цәгьақәа иҟарҵоз далацәажәомызт. Иисус дзышьҭаз Аҩсҭаа иӡыргара акәымкәа, Иегова иӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара акәын. Ҳара Иисус ҳаиҿыԥшуеит, адемонцәа ирыдҳәалоу ажәабжьқәа еиҭаҳамҳәозар. Уи аҭыԥан ҳара ауаа ҳанрацәажәо иааҳарԥшлар ҳҭахуп ҳгәы зырхыҭ-хыҭуа иссиру аҵабырг ажәа шакәу (Аԥсал. 45:1).
Ҳара адоуҳа цәгьақәа рыцәшәара ҳахәҭам. Иеговеи, Иисуси, амаалықьцәеи урҭ раасҭа акырӡа иӷәӷәоуп (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)d
14, 15. а) Ҳзырцәымшәалар акәзеи ицәгьоу адоуҳақәа? б) Ишьақәзырӷәӷәозеи Иегова иахьа ижәлар шиихьчо?
14 Ицәгьоу адоуҳақәа шәырцәымшәалан. Ари адунеи аҿы ҳара ак ҳахьыр ауеит. Амашәыр, ачымазара, аԥсраҵәҟьагьы ҳақәшәар алшоит. Аха уи зегь зхароу ицәгьоу адоуҳақәа роуп ҳәа ҳамхәыцлар ауп. Абиблиаҿы иануп дарбанзаалак изы «аамҭеи амашәыри» шыҟоу (Еккл. 9:11). Иегова ицәгьоу адоуҳақәа раасҭа акырӡа дыӷәӷәоуп. Иаҳҳәап, Иегова Иов ишьразы Аҩсҭаа азин иимҭеит (Иов 2:6). Моисеи ихаан Иегова иааирԥшит амагиа знапы алакыз мысратәи аныхаԥааҩцәа раасҭа дшыӷәӷәоу (Ақәҵ. 8:18; 9:11). Иегова иҟынтә амчра зауз Иисусгьы иааирԥшит Аҩсҭааи адемонцәеи рҿаԥхьа амчра ду шимоу, иара урҭ ажәҩан аҟынтәи адгьыл ахь илбааишьҭит. Иаарласны урҭ атымитыша иҭаижьуеит, усҟан дара аӡәгьы ԥырхага ирҭалом (Аат. 12:9; 20:2, 3).
15 Иахьа Иегова ижәлар шихьчо шьақәзырӷәӷәо даараӡа ирацәоуп. Шәазхәыц: ҳара адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәоит, насгьы аҵабырг дҳарҵоит (Матф. 28:19, 20). Убас ала ҳара Аџьныш иус хәымгақәа ааҳартуеит. Ҳәарада, Аҩсҭаа илшозҭгьы ҳус ааникылон, аха илшом. Убри аҟынтә ҳара ицәгьоу адоуҳақәа ҳарцәымшәалар ауп. Ҳара иаҳдыруеит Иегова адгьыл зегь илаԥш шаху, гәык-ԥсык ала изыҟоу дрыцхрааларц азы (2 Аш. 16:9). Ҳара Иегова ҳизиашазар, адемонцәа иузмыриашо аԥхасҭа ҳарҭом.
ИЕГОВА ИЦХЫРААРА ЗДЫЗКЫЛО ЗЕГЬЫ АЗЫЛԤХАРАҚӘА РОУЕИТ
16, 17. Иаажәга адоуҳа цәгьақәа рҿагыларазы агәымшәара шаҭаху узырбо аҿырԥштәы.
16 Ицәгьоу адоуҳақәа ҳарҿагылаларц азы ҳара агәымшәара ҳҭахуп, еиҳарак ҳауацәеи ҳҩызцәеи анҳақәыӷәӷәо. Аха агәымшәара ааҳарԥшуазар, Иегова даҳзылԥхоит. Шәазхәыц Гана инхо Ерика лҿырԥштәы. Лара Абиблиа аҵара даналага 21 шықәса лхыҵуан. Ерика лаб дныхаԥааҩын. Убри аҟынтә зегь азыԥшын Ерика лаб дзымҵахырхәоз аԥсцәа рзы иҟарҵаз аныхачыс лфоит ҳәа. Лара уи мап анацәылк, лҭынхацәа ирыԥхьаӡеит аԥсцәа пату рықәылҵом ҳәа. Дара шәеит урҭ адоуҳақәа ачымазарақәа ддырхьыр, насгьы рхы еиларыԥсар ҳәа.
17 Ерика лыуацәа ақьабз аҽалархәра мчыла илыдырцаларц рҭахын, аха уи рзалымҵит, убри аҟынтә ддәылырцеит. Аха Иегова ишаҳаҭцәа шьоукы дрыдыркылеит. Убас ала Иегова Ерика дылзылԥхеит — иҿыцу аҭаацәареи, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи лиҭеит (Марк 10:29, 30). Ерика лҭаацәа ддәылырцеит, лымаҭәақәагьы рблит, аха лара Иегова дизиашаны даанхеит, аӡы лыҽӡаалхит, уажәы пионерс амаҵ луеит. Адемонцәа Ерика лыршәара рылымшеит. Лара илҳәоит: «Есыҽны Анцәа сиҳәоит сҭынхацәа Иегова деилыркаарц, насгьы бзиа ҳазбо Ҳазшаз имаҵ аура иаҳнаҭо ахақәиҭра даргьы ироурц азы».
18. Иарбан зылԥхарақәоу иҳауа Иегова ҳаниқәгәыӷуа?
18 Ерика дзықәшәаз аҩыза ҳара зегьы ҳақәымшәаргьы ауеит, аха уеизгьы ицәгьоу адоуҳақәа ҳарҿагылалар, насгьы Иегова ҳиқәгәыӷлар ауп. Ус ҟаҳҵалар, ҳара ирацәаны азылԥхарақәа ҳауеит, уи адагьы Аҩсҭаа ҳаижьарц илҳаршом. Уи инеиҳангьы, ицәгьоу адоуҳақәа ҳрыцәшәалаӡом. Аха еиҳарак ихадоу, убас ала Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәоит. Иисус иҵаҩы Иаков иҩуан: «Шәгәы-шәыԥсы Анцәа имажәда, шәыҽишәҭ; шәиҿагыл аҩысҭаа — усҟан уи дышәԥырҟьаны дцоит. Шәизааигәаха Анцәа — усҟан Иаргьы дышәзааигәахоит» (Иак. 4:7, 8).
АШӘА 150 Уеиқәхарц Иегова дыԥшаала
a Иегова абзиабара аарԥшны адоуҳа цәгьақәа шаҟа ишәарҭоу ҳаиҳәоит. Ишԥаржьо дара ауаа? Иҟаҳҵар ҳалшозеи урҭ ҳарҿагыларц азы? Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит урҭ ршьацҳәақәа ҳарҿамшәарц азы Иегова дышҳацхраауа.
b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Аспиритизм — ари адемонцәа ирыдҳәалоу аусқәеи амцҵарақәеи роуп. Иаҳҳәап, шьоукы агәра ргоит ауаҩы данԥсуа иԥсы нхоит, насгьы данԥслак ашьҭахьгьы иацәажәара ҟалоит ҳәа, еиҳарак амедиум ила. Уи адагьы аспиритизм ахь иаҵанакуеит аҟреи аԥшреи. Амагиахь ари астатиаҿы иара убас иаҵанакуеит оккультизм, иаҳҳәап, аныха аҭара, ашәҟәқәеи аҭәҳәақәеи рыҟаҵара. Аха уахь иаҵанакӡом ауаа ргәы дырҿыхарц азы ацирк аҿы иҟарҵо афокусқәа, иара убас уи иеиԥшу егьырҭ ахәмаррақәа.
c Аизара аиҳабацәа агәырҿыхагақәа ирыдҳәалоу аԥҟарақәа шьақәдыргылаӡом. Ақьырсиан дзыԥхьаша, дызхәаԥшыша, ма иарбан хәмарроу иалихша аниӡбо, Абиблиа ала иааӡоу иламыс дазыӡырҩлароуп. Аҟәыӷара аазырԥшуа аҭаацәара ахадацәа рҭаацәа иалырхуа агәырҿыхагақәа абиблиатә принципқәа ирықәшәоу ирықәымшәоу иацклаԥшуеит. (Шәахәаԥш асаит jw.org® аҿы астатиа «Запрещены ли у Свидетелей Иеговы какие-то фильмы, книги или песни?», агәылаҵа О НАС > ЧАСТО ЗАДАВАЕМЫЕ ВОПРОСЫ.)
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: амчра ду змоу жәҩантәи Аҳ Иисус амаалықьцәа рыла ишьақәгылоу ар дахагылоуп.