Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 ииун ад. 14—19
  • Шәгәы каҳаны шәаныҟоу Иегова шәиқәгәыӷла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәгәы каҳаны шәаныҟоу Иегова шәиқәгәыӷла
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «ИЛИА ҲАРҬ ЗЕГЬЫ ИҲАИԤШЫЗ АӠӘ ИАКӘЫН»
  • ИЕГОВА ҲАРА ДЫШҲАЦХРААУА
  • АННЕИ, ДАВИДИ, АԤСАЛОМШӘАҲӘАҨИ ИЕГОВА ИҚӘГӘЫӶУАН
  • ИЕГОВА ШӘИҚӘГӘЫӶЛА, ИАРГЬЫ ДШӘЫЦХРААУЕИТ
  • Иара Инцәа иҿы агәҭынчра иԥшааит
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Иҟалахьоума зныкыр аӡәгьы уиҭахымызшәа ухы анубо, насгьы уаншәо?
    Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иара аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааирԥшуан
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Иара агәҽанызаара иман, насгьы дыԥшын
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 ииун ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 25

Шәгәы каҳаны шәаныҟоу Иегова шәиқәгәыӷла

«Агәҭынчымра ауаҩы игәы канажьуеит» (АЖӘАМ. 12:25).

АШӘА 30 Сыхьчаҩ, Саб, Сҩыза

АХҲӘААa

1. Избан Иисус иажәақәа ҳара ҳзы аҵак ду зрымоу?

ИИСУС аҵыхәтәантәи амшқәа данрылацәажәоз, иҳәеит: «Шәхы шәашьклаԥшла... иахьеи-уахеитәи абзазара шәҽашәымҭан [мамзаргьы аԥара шԥаҳарҳари, ма ҳхы шԥаныҟәаҳгари ҳәа агәҭынчымра аашәмырԥшлан]» (Лука 21:34). Ҳара ҳзы арҭ ажәақәа аҵак ду рымазар ауп. Избан? Избанзар ҳара, ауаа зегь реиԥш, ҳгәы казыжьуа ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит.

2. Иарбан уадаҩрақәоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иахьа изықәшәо?

2 Зны-зынла ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҵыхәаԥҵәара рымамзар алшоит. Ҳарзааҭгылап ҿырԥштәқәак. Џьонb зыхьӡу асклерозc змоу иашьак иԥҳәыс данкалыжь, даараӡа игәы каҳаны дыҟан. Дара 19 шықәса еицынхон. Уи ашьҭахь ҩыџьа иԥҳацәа Иегова имаҵ аура иаҟәыҵит. Боби Линдеи зыхьӡу хаҵеи-ԥҳәыси даҽа ҩадаҩрақәак ирықәшәеит. Дара рҩыџьагьы русура рцәыӡит, анаҩс ҩныда иаанхеит. Уи рзымхакәа, аҳақьымцәа игәарҭеит Линда агәыхь ӷәӷәа шлымаз, уи иахҟьаны дыԥсыр ауан. Иара убас хәыҷы-хәыҷла дызфоз даҽа чымазарак лызцәырҵит.

3. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара, Филиппаа рахь 4:6, 7 иану инақәыршәаны?

3 Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит бзиа ҳазбо Ҳазшаз Ҳаб Иегова агәҭынчымрақәа анҳамоу ҳшеиликаауа. Иара иҭахуп ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара дҳацхраарц. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:6, 7.) Абиблиаҿы иаагоуп имаҷымкәа аҿырԥштәқәа, Иегова имаҵзуҩцәа ирхыргоз ауадаҩрақәа ҳзырбо. Иара убас уа иануп Иегова урҭ ауадаҩрақәа рыхгара дышрыцхраауаз. Шәааи ҿырԥштәқәак еилҳаргап.

«ИЛИА ҲАРҬ ЗЕГЬЫ ИҲАИԤШЫЗ АӠӘ ИАКӘЫН»

4. Иарбан уадаҩрақәоу Илиа дзықәшәаз, насгьы дышԥаиқәгәыӷуаз иара Иегова?

4 Илиа ицәгьаз аамҭақәа рзы Иегова имаҵ иуан, убри аҟынтә ауадаҩра ӷәӷәақәа дрықәшәон. Иегова изиашамыз аҳ Ахав Иезавель ԥҳәысс дигеит. Лара Ваал имаҵ зуаз ԥҳәыс бааԥсын. Дара Израильаа зегьы Ваал имҵахырхәара иаларгалеит, уи инеиҳангьы Иегова иԥааимбарцәа аӡәырҩы ршьит. Аха Илиа деиқәхеит. Иара Иегова дахьиқәгәыӷуаз азы амлакра ӷәӷәа аныҟазгьы иԥсы еиқәхеит (1 Аҳ. 17:2—4, 14—16). Илиа Ваал иԥааимбарцәеи имаҵзуҩцәеи данырҿагылагьы иааирԥшит Иегова дышиқәгәыӷуаз. Иара Израильаа Иегова имаҵ руларц ргәазҭеиҵон (1 Аҳ. 18:21—24, 36—38). Ҳәара аҭахума, Илиа еилыкка ибон ицәгьаз урҭ аамҭақәа рзы Иегова дышицхраауаз.

Иегова Илиа дирӷәӷәарц азы амаалықь дизынаишьҭит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5, 6.)d

5, 6. Ихы шԥеибоз Илиа 1 Аҳцәа 19:1—4 иану инақәыршәаны, насгьы ишԥааирԥши Иегова Илиа бзиа дшибоз?

5 Шәаԥхьа 1 Аҳцәа 19:1—4. Илиа даараӡа дшәеит аҳкәажә Иезавель усшьуеит ҳәа даниқәмақар. Убри аҟынтә Вирсавиаҟа дыбналеит. Иара даара игәы каҳаит аҟынтә, «аԥсра даҳәо далагеит». Избан? Избанзар иара днаӡамызт, «ҳарҭ зегьы иҳаиԥшыз аӡә иакәын» (Иак. 5:17). Иҟалап Илиа агәҭынчымра ҭаха инамҭозҭгьы, насгьы имчқәа илӡааны, уаҳа наилымшо дыҟазҭгьы. Иара игәы иаанагозҭгьы ҟаларын ицқьоу амҵахырхәара мыӡырц азы иҟаиҵоз зегь башахазшәа, насгьы Иегова имаҵ аура иаҟәымҵыз иара заҵәык иакәызшәа (1 Аҳ. 18:3, 4, 13; 19:10, 14). Ҳара Илиа иеилкаара ҳцәыцәгьазар ауеит, аха Иегова уи деиликаауан.

6 Иегова Илиа димықәыӡбаӡеит, уи аҭыԥан иара Илиа дирӷәӷәеит, имч ҭеиҵеит (1 Аҳ. 19:5—7). Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова Илиа ихәыцшьа иԥсахырц азы амч ду шимоу иирбеит. Иара убас иеиҳәеит Ваал имаҵ зымуаз 7 000-ҩык шыҟаз (1 Аҳ. 19:11—18). Убасала Иегова Илиа бзиа дшибоз иирбеит.

ИЕГОВА ҲАРА ДЫШҲАЦХРААУА

7. Избан Иегова Илиа дахьеиликаауаз ҳгәы зарҭынчуа?

7 Ишәхыжәгома шәаргьы ауадаҩра ӷәӷәақәа? Шаҟа ҳгәы арӷәӷәозеи Иегова Илиа дшеиликаауаз ахьаҳдыруа! Уи агәра ҳнаргоит ҳаргьы ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо Иегова ҳцәаныррақәа шеиликаауа. Иара иҳалшогьы иҳалымшогьы ибзиаҵәҟьаны идыруеит, иара идыруеит ҳара ҳзызхәыцуа, насгьы ҳхы шаҳбо (Аԥсал. 103:14; 139:3, 4). Илиа иеиԥш Иегова ҳиқәгәыӷуазар, иара агәҭынчымрақәа ҳазцәырызго ауадаҩрақәа риааира дҳацхраауеит (Аԥсал. 55:22).

8. Дышԥашәыцхраауеи Иегова ауадаҩрақәа шәанрықәшәо?

8 Ауадаҩра ӷәӷәақәа аншәымоу, шәҭагылазаашьа ахаан аҽаԥсахуам ҳәа шәгәы иаанагалар ҟалоит, уи еиҳагьы шәгәы канажьуеит. Аха ишәхашәмыршҭын Иегова дышшәыцхраауа. Ишԥа? Иара иҭахуп шәыгәҭыхақәа зегьы изеиҭашәҳәаларц. Уи шәыҳәарақәа ҭакда инижьӡом (Аԥсал. 5:3; 1 Пиотр 5:7). Убри аҟынтә еснагь Иегова шәгәы иҵхо изеиҭашәҳәала. Ҳәарада, иара Илиа дышиацәажәоз еиԥш дшәацәажәаӡом. Иара дшәацәажәалоит Абиблиеи иорганизациеи рыла. Абиблиаҿы шәзыԥхьо шәгәы арҭынчыр, насгьы агәыӷра шәнаҭар алшоит. Иара убас аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шәгәы шьҭырхыр рылшоит (Рим. 15:4; Аур. 10:24, 25).

9. Дшәыцхраар шԥаилшо зыгәра жәго аҩыза?

9 Иегова Илиа идыз ҭакԥхықәрақәак Елисеи идиҵарц иеиҳәеит. Убасала иара Илиа игәы шьҭызхшаз аҩыза бзиа дизиԥшааит. Ҳаргьы зыгәра ҳго ҳҩыза ҳгәы иҵхо изеиҭаҳҳәозар, уи ҳагәҭынчымрақәа риааира дҳацхраар ауеит (2 Аҳ. 2:2; Ажәам. 17:17). Шәыгәҭыхақәа ззеиҭашәҳәаша аӡәгьы дшәымамзар, Иегова шәиҳәала шәгәы шьҭызхша доуҳала ишәу ақьырсиан иԥшаара дшәыцхраарц азы.

10. Избан Илиа ихҭыс агәыӷра заҳнаҭо, насгьы ҳгәы шԥашьҭырхуеи Исаиа 40:28, 29 иану ажәақәа?

10 Иегова Илиа дицхрааит игәҭынчымрақәа риааира, уи абзоурала иара акыршықәса рыҩныҵҟа Иегова дизиашаны имаҵ иуан. Илиа ихҭыс агәыӷра ҳнаҭоит. Зны-зынла ауадаҩра ӷәӷәақәа ирыхҟьаны даараӡа ҳгәы каҳалар ауеит, насгьы мыч кәармак ҳзынхом. Аха Иегова ҳиқәгәыӷлар, анаҩсгьы имаҵ ҳауларц азы амч ҳаиҭоит. (Шәаԥхьа Исаиа 40:28, 29.)

АННЕИ, ДАВИДИ, АԤСАЛОМШӘАҲӘАҨИ ИЕГОВА ИҚӘГӘЫӶУАН

11—13. Ишԥарныруаз ауадаҩрақәа ажәытәан Анцәа имаҵ зуаз хҩык ауаа?

11 Абиблиаҿы зыӡбахә ану егьырҭ ауаагьы ауадаҩра ӷәӷәақәа ирықәшәон. Иаҳҳәап, Анна ахшара дахьылмоуаз хьымӡӷылшьон, уи лзымхакәа, лхаҵа аҩбатәи иԥҳәыс ҭаха лылҭомызт, еснагь дҵәылылхуан (1 Сам. 1:2, 6). Анна уи зегь даараӡа лгәы канажьуан аҟынтә, лылаӷырӡқәа лзынкыломызт, акрагьылфомызт (1 Сам. 1:7, 10).

12 Аҳ Давид зны-зынла агәҭынчымрақәа ҭаха ирҭомызт. Шәазхәыц иара ихигаз. Давид агхақәа рацәаны иҟаиҵеит, уи иахҟьаны иламыс даргәаҟуан (Аԥсал. 40:12). Бзиа иибоз иԥа Авессалом иара диҿагылеит, аҵыхәтәаны дагьыршьит (2 Сам. 15:13, 14; 18:33). Иара убас иҩыза гәакьа диҭиит (2 Сам. 16:23—17:2; Аԥсал. 55:12—14). Давид ииҩыз аԥсаломқәа жәпакы иаҳдырбоит игәы каҳаны дшыҟаз, аха убри аамҭазгьы Иегова даараӡа дышиқәгәыӷуаз (Аԥсал. 38:5—10; 94:17—19).

Ицхраазеи аԥсаломшәаҳәаҩ ҩаԥхьа гәырӷьарыла Иегова имаҵ аура? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13—15.)e

13 Ԥсаломшәаҳәаҩык ауаа цәгьақәа дрыҵашьыцуа далагеит. Иара алевит Асаф ихылҵшьҭра датәызар алшон, насгьы «Анцәа иԥшьаҭыԥ ду» аҿы амаҵ иуан. Ари аԥсаломшәаҳәаҩ игәы каҳаны дыҟан, уи иахҟьаны агәырӷьара ицәыӡит. Анцәа имаҵ аураҿы иоуаз азылԥхарақәагьы акгьы иаԥсамшәа ибо далагеит (Аԥсал. 73:2—5, 7, 12—14, 16, 17, 21).

14, 15. Иаҳдырҵозеи еилҳаргаз х-ҿырԥштәык?

14 Анцәа имаҵ зуаз арҭ ауаа Иегова игәқәыӷуан. Дара Анцәа иҳәон, ргәы ҭыӷьӷьаа рыгәҭыхақәа изеиҭарҳәон, насгьы Анцәа иҩнахьы анеира иаҟәыҵуамызт (1 Сам. 1:9, 10; Аԥсал. 55:22; 73:17; 122:1).

15 Иегова агәрыцҳашьара аарԥшны урҭ рыҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит. Анна агәҭынчра лиҭеит (1 Сам. 1:18). Давид иакәзар, иҩуан: «Рхьаа рацәоуп ацқьацәа, аха Нцәа Ҳазшаз урҭ рхьаақәа зегьы рхихуеит» (Аԥсал. 33:20, АԤ). Иегова абзиабара аарԥшны аԥсаломшәаҳәаҩ алабжьара анииҭа, иара иҳәеит: «Уара сарӷьанап санкны снаугоит». Иара убас иациҵеит: «Сара сзы Анцәа изааигәахара аиҳа еиҳау бзиара ыҟам! Нцәа Ҳазшаз инапы сҽанысҵеит» (Аԥсал. 72:23, 24, 28, АԤ). Иаҳдырҵозеи арҭ аҿырԥштәқәа? Зны-зынла агәҭынчымра ҳазцәырызго ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәалар алшоит. Аха уи зегь ахгара ҳалшоит Иегова егьырҭ дышрыцхраауаз ҳазхәыцуазар, ҳиҳәозар, ҳиқәгәыӷуазар, иара убас ииҭаху ҟаҳҵозар (Аԥсал. 143:1, 4—8).

ИЕГОВА ШӘИҚӘГӘЫӶЛА, ИАРГЬЫ ДШӘЫЦХРААУЕИТ

Аиаҳәшьа аӡәгьы иацәажәара лҭахым, аха егьырҭ рыцхраара даналага, зегь аҽаԥсахит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)

16, 17. а) Избан ҳара Иегова ижәлари иареи ҳарцәыхарахалар зҳахәҭам? б) Иҳазҭозеи ҳара амч?

16 Арҭ аҿырԥштәқәа ихадоу даҽа хшыҩҵакык ҳдырҵоит: ҳара Иегова ижәлари иареи ҳарцәыхарамхалароуп (Ажәам. 18:1). Ненси лхаҵа данкаижь, даараӡа лгәы каҳаны дыҟан. Лара илҳәоит: «Сара аӡәымзар-аӡәы дызбаргьы дсаҳаргьы сҭахымызт. Ус акыраамҭа сыҟан. Аха ауаа шаҟа сырцәыхарахоз аҟара, еиҳагьы сгәы каҳауан». Ненси ауадаҩрақәа змаз рыцхраара даналага, зегь аҽаԥсахит. Лара илҳәоит: «Сара урҭ рыгәҭыхақәа анысзеиҭарҳәоз, сырзыӡырҩуан. Уи иснарбеит дара рахь агәрыцҳашьара анаасырԥшуаз, рыуадаҩрақәа санрызхәыцуаз, схы арыцҳашьара сшаҟәыҵуаз».

17 Аизарақәа ҳамч ҭарҵоит. Урҭ ҳанырҭаауа, Иегова дҳацхраарц, насгьы ҳгәы шьҭихырц азы даҽа лшарак иаҳҭоит (Аԥсал. 86:17). Уа иара иԥшьоу идоуҳаи, Абиблиеи, имаҵзуҩцәеи рыла ҳгәы ирӷәӷәоит. Аизарақәа рҿы ҳара ҳгәы шьҭибахуеит (Рим. 1:11, 12). Софиа зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Иеговеи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи сзықәшәоз зегь ахгара исыцхрааит. Сара сзы аизарақәа даараӡа ицхыраара дуун. Сара игәасҭеит ажәабжьҳәареи аизарақәеи еиҳаны схы анрыласырхәуаз, сыгәҭынчымрақәа риааира шысзымариаз».

18. Дышԥаҳацхраауеи Иегова ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу?

18 Ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу, шәааи иаҳхаҳмыршҭлап Иегова ҳгәы казыжьуа ауадаҩрақәа ҳаԥхьаҟа ишықәиго мацара шакәым ҳзықәиргәыӷуа. Иара агәра ҳиргоит уажәнатә дышҳацхраауа урҭ ауадаҩрақәа рыхгара. Ҳара уаҳа наҳалымшо ҳаҟазаргьы, Иегова урҭ ауадаҩрақәа риааиразы агәаҳәареи амчи ҳаиҭоит (Флп. 2:13).

19. Зыгәра ҳдыргозеи Римаа рахь 8:37—39 иану ажәақәа?

19 Шәаԥхьа Римаа рахь 8:37—39. Апостол Павел иажәақәа агәра ҳдыргоит «Анцәа ибзиабара ҳаҟәызыҭхо» акгьы шыҟам. Ишԥаҳалшо ауадаҩра ӷәӷәақәа змоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыцхраара? Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит Иегова ҳаиҿыԥшны ауадаҩрақәа змоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рахь агәрыцҳашьара аарԥшра, насгьы урҭ рыцхраара шҳалшо.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Дышԥаицхрааи Иегова Илиа игәҭынчымрақәа риааира, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?

  • Иаҳдырҵозеи еилҳаргаз Абиблиа аҟынтә иаагаз х-ҿырԥштәык?

  • Иҳацхраауазеи ауадаҩрақәа ирыхҟьаны иҳазцәырҵуа агәҭынчымрақәа риааира?

АШӘА 44 Згәы каҳаны иҟоу Анцәа дышиҳәо

a Акыраамҭа ҳгәы каҳаны ҳаҟазар, уи ҳгәабзиара иаԥырхагахар алшоит. Дышԥаҳацхраауеи Иегова? Ари астатиаҿы еилаҳкаауеит Илиа игәы каҳаны даныҟаз Иегова дышицхрааз. Иара убас еилҳаргоит ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу Иегова ҳашиқәгәыӷлаша ҳзырбо абиблиатә ҿырԥштәқәа.

b Ари астатиаҿы ахьӡқәа ԥсахуп.

c Асклероз — ари анервеибаркыра хада ачымазара ауп. Уи ачымазара змоу ауаа лассы-лассы ршьапқәа рмыхәо иҟалоит, рнапқәеи ршьапқәеи рымнахуеит; рыла цқьа иамбо иҟалоит, рыбз еилахәоит, мамзаргьы рхы цоит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иегова имаалықь Илиа ашьшьыҳәа даарԥшны акриҿеиҵоит.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Асаф ихылҵшьҭра иатәызар алшоз аԥсаломшәаҳәаҩ дгәырӷьаҵәа аԥсаломқәа иҩуеит, насгьы егьырҭ алевитцәа ашәа рыциҳәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра