Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 ииун ад. 31
  • Аҵарауаа ажәытәтәи аикәарҳә «аадыртит»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҵарауаа ажәытәтәи аикәарҳә «аадыртит»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ижәдыруама шәара?
    Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иезекииль Анцәа иажәабжь ауаа рзеиҭаҳәара агәахәара изаанагон
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 ииун ад. 31

Аҵарауаа ажәытәтәи аикәарҳә «аадыртит»

1970 шықәсазы Еин-Геди ирыԥшааз ибылны иҟаз аикәарҳә уаԥхьартә иҟамызт. Аха ааигәа 3-D асканер абзоурала аикәарҳә ианыз иаԥхьеит, насгьы еилыркааит уа Анцәа ихьӡ ахьарбо ашәҟәы Алевит ацыԥҵәаха шану

1970 шықәсазы Иԥсу амшын мраҭашәаратәи аҿықә азааигәара Еин-Геди ақалақь аҿы (Израиль) археологцәа ирыԥшааит ибылны иҟаз аикәарҳә. Дара уи рымпыҵашәеит ибылны иқәхыз ақыҭаҿы асинагога рыԥшаарц азы анышә аныржуаз. Иҟалап уи ақыҭа анырблыз VI ашәышықәсазы акәзар. Аикәарҳә аартра уалагар, ихәаш-хәаша ицар ауан, убри аҟынтә иану узеилыргартә иҟамызт. Аха 3-D асканер абзоурала аикәарҳә «аадыртит», насгьы асахьақәа еилзырго иҿыцу акомпиутертә программа ацхыраарала аҵарауаа уа ианыз иаԥхьеит.

Ианызи нас уа? Абиблиатә цыԥҵәаха — ашәҟәы Алевит злалаго раԥхьатәи ажәеинраалақәа. Урҭ ажәеинраалақәа рҿы Анцәа ихьӡ аазырԥшуа атетраграмматон анын. Изларҳәо ала, уи аикәарҳә рҩызар ауан I ашәышықәса аҩбатәи азбжеи IV ашәышықәсеи рыбжьара. Ус анакәха, Ауриатә Ҩырақәа зну ари аикәарҳә аасҭа иажәу Иԥсу амшын (Кумрантәи) аикәарҳәқәа роуп. Абар агазеҭ «Џьерузалем ԥосҭ» ианыз: «Еин-Геди ирыԥшааз ашәҟәы Алевит аҟынтә ацыԥҵәаха зныз аикәарҳә иаԥхьаанӡа Иԥсу амшын аикәарҳәқәеи (Аҩбатәи ауахәама ықәырхаанӡа маҷк шагыз) ақалақь Алеппо ирыԥшааз аиқәарҳәқәеи (X ашәышықәса ҳ. ҳ.) ирыбжьысыз зқьышықәса рыҩныҵҟа иҩыз еикәарҳәыкгьы рмыԥшаацызт». Аекспертцәа изларҳәо ала, уи аикәарҳә ишьақәнарӷәӷәоит Тора иану «азқьышықәсақәа рыҩныҵҟа ишыԥсахмыз, насгьы ахҩылааҩцәа иҟарҵаз агхақәа атекст аҵакы шырымԥсахыз».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра