Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 октиабр ад. 26—31
  • Иегова заҵәык шәизиашаз

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова заҵәык шәизиашаз
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ШӘГӘЫШӘҼАНЫЗ АԤАРА БЗИА АБАРА ШӘАЛАМГАРЦ АЗЫ
  • ҞӘЫӶАРАЛА АГӘЫРҾЫХАГАҚӘА АЛШӘХЛА
  • ЕСНАГЬ ИЕГОВА ЗАҴӘЫК ИАХЬ АЗИАШАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • Шәгәы злашәырҿыхаша аналшәхуа, Анцәа дшәыргәырӷьала
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ихәарҭоу агәырҿыхагақәа шалхтәу
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Ҟәыӷарыла агәырҿыхагақәа шалхлатәу
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2019
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 октиабр ад. 26—31

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 43

Иегова заҵәык шәизиашаз

«Иегова — иара заҵәык ҳизиашазарц зҭаху Нцәоуп» (НАУМ 1:2).

АШӘА 51 Ҳаԥсҭазаара Анцәа изаҳкит!

АХҲӘААa

1. Избан Иегова заҵәык ҳизиашазарц зҳахәҭоу?

ИЕГОВА Ҳазшаз иоуп, иара аԥсҭазаара ҳаиҭеит, убри аҟынтә иара заҵәык ҳизиашазарц даԥсоуп (Аат. 4:11). Аха уи мариаӡам. Ҳара Иегова бзиа даҳбоит, ҳаҭыргьы иқәаҳҵоит, аха акы ҳахнахыр ауеит, уи иара заҵәык ҳизиашаны аанхара иаҳԥырхагахоит. Шәааи еилаҳкаап уи ҟалар шалшо. Аха раԥхьа еилҳаргап Иегова заҵәык изиашаны аанхара иаанаго.

2. Иҟаҳҵалозеи ҳара Иегова заҵәык ҳизиашазар, Ақәҵымҭа 34:14 иану инақәыршәаны?

2 Абиблиа излаҳәо ала Анцәа ҳизиашазарц азы ҳара уи бзиа даҳбалароуп. Ҳара Анцәа заҵәык ҳизиашазар, иара заҵәык имаҵ ҳаулоит. Ҳара иалҳаршаӡом ҳгәаҿы иара иҭыԥ даҽаӡәы, ма даҽакы иааннакыларц. (Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 34:14.)

3. Избан иаҳҳәар зҳалшо Иегова ҳазизиашоу уи ус иаҭахуп ҳәа мацара акәӡам ҳәа?

3 Ҳара Иегова ҳазизиашоу уи ус иаҭахуп ҳәа мацара акәӡам. Ҳазиашара шьаҭас иамоу иара изкны иҳамоу адыррақәа роуп. Ҳара даараӡа иаҳгәаԥхоит Анцәа иааирԥшуа иссиру аҟазшьақәа. Иаҳдыруеит уи бзиа иибо, ицәымӷу. Ҳаргьы бзиа иибо бзиа иаҳбоит, ицәымӷугьы ҳцәымӷуп. Ҳара иаҳдыруеит Иегова ишиҭаху наунагӡа ҳгәырӷьаҵәа имаҵ ҳауларц, убри азоуп инормақәа инарықәыршәаны ҳзынхо. Ҳара даара ахә ҳшьоит иҩызцәа ҳакәны ҳахьиԥхьаӡо (Аԥсал. 25:14). Ҳазшаз изкны ак еилаҳкаацыԥхьаӡа еиҳагьы ҳаизааигәахоит (Иак. 4:8).

4. а) Иҽшԥазишәо Аџьныш Анцәа иахь азиашара аарԥшра даҳԥырхагахарц? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Ари адунеи зтәу Аҩсҭаа иоуп, убри аҟынтә ауаа рҭахрақәеи рцәеижьтә гәазыҳәарақәеи рыла ихихырц азы иара идунеи ихы иаирхәоит (Еф. 2:1—3; 1 Иоанн 5:19). Аҩсҭаа иҭахуп иҳадигало бзиа иаҳирбарц, Иегова заҵәык бзиа дҳамбаларц азы. Шәааи Аҩсҭаа ихықәкы наигӡар шилшо еилҳаргап. Актәи, амал арҳара ҳгәаирԥхар илшоит, аҩбатәи, иҽеим агәырҿыхагақәа ралхра ҳгәазҭеиҵар ауеит.

ШӘГӘЫШӘҼАНЫЗ АԤАРА БЗИА АБАРА ШӘАЛАМГАРЦ АЗЫ

5. Избан аԥара бзиа абара ҳаламгарц ҳгәаҳҽанызар зҳахәҭоу?

5 Ҳәарада, ҳара зегьы иаҳҭахуп амаҭәа бзиеи, аҩны ԥшӡеи, афатәи ҳамазарц. Аха аԥара бзиа абара ҳаламгарц ҳгәаҳҽанызароуп. Аҩсҭаа идунеи аҿы инхо аӡәырҩы аԥареи амали бзиа ирбоит (2 Тим. 3:2). Иисус идыруан иҵаҩцәагьы уи рнырыр шалшо. Иара иҳәеит: «Ҩыџьа аҳцәа рымаҵ аура аӡәгьы илшом: уи аҩыза ԥеиԥшс измоу иаҳцәа руаӡә дицәымӷуп, егьи еиҳа бзиа дибоит; аӡәы изы хыс-хысра игирхом, егьи дицәаашьоит. Анцәагьы амазарагьы узеицбом» (Матф. 6:24). Иегова имаҵ зуа, аха убри аамҭазгьы амал арҳара заамҭеи зымчи ақәзырӡуа ҩыџьа аҳцәа рымаҵ аура иҽазишәоит. Уи Иегова заҵәык дизиашоуп ҳәа узҳәом.

Лаодикиа инхоз ақьырсианцәа шьоукы рхы шырбоз, Иеговеи Иисуси урҭ шырбоз (Шәахәаԥш абзац 6.)

6. Иаҳнарҵозеи Иисус Лаодикиа инхоз ақьырсианцәа ириҭаз алабжьара?

6 Актәи ашәышықәса анҵәамҭазы ҳ. ҳ. аан Лаодикиа инхоз ақьырсианцәа рхы иахыҽхәаны ирҳәон: «Сара сбеиоуп, акыр сырҳаит, акы сахгәаҟуа сыҟам». Аха Иеговеи Иисуси ргәаанагарала урҭ насыԥ рымамызт, ирыцҳан, иӷарын, илашәын, иҟьантазын. Иисус урҭ алабжьара зриҭаз амал ду ахьрымаз азы акәмызт, аха амал ахь ирымаз абзиабара Иеговеи дареи реиҩызара иахьаԥырхагаз азы ауп (Аат. 3:14—17). Ҳара амал бзиа ишаҳбо гәаҳҭазар, аамҭа мгакәа ҳхәыцшьа ҳаԥсахроуп (1 Тим. 6:7, 8). Ус ҟаҳамҵар, гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ ҳзулаӡом, убри аҟынтә иара ҳмаҵзура идикылаӡом. Иегова иҭахуп иара заҵәык ҳизиашазарц (Ҩынтә. 4:24). Иалшома ҳаԥсҭазаараҿы амал ихадоу аҭыԥ ааннакылар? Ааи акәзар, ишԥа?

7—9. Иаҳнарҵозеи аизара аиҳабыс амаҵ зуа Деивид иҿырԥштәы?

7 Ҳахәаԥшып Еиду Аштатқәа рҿы инхо аизара аиҳабыс амаҵ зуа Деивид иҿырԥшы. Иара иҳәоит аусура ахаан дшацәымаашьоз. Иара аус ахьиуаз акомпаниаҿы аҭыԥ бзиа ирҭеит, аԥара бзиангьы изыршәон. Уи адагьы, иара атәылаҿы иреиӷьыз аусуҩцәа ируаӡәкыз иеиԥш деицырдыруан. «Усҟан сгәы иаанагон исымаз ақәҿиара Иегова дшысзылԥхо шьақәнарӷәӷәоит ҳәа»,— иҳәоит Деивид. Аха ус акәызма уи?

8 Деивид хәыҷы-хәыҷла игәеиҭо далагеит иусура Иеговеи иареи реиҩызара ишаԥырхаго. «Аизарақәа рҿгьы, ажәабжьҳәараҿгьы сзызхәыцуаз аусураҿы иҟаз ауадаҩрақәа ракәын,— иҳәоит иара.— Сара аԥара бзианы исырҳауан, аха исоуаз астресс еиҳа-еиҳа еизҳауан, уи сҭаацәалазаараҿы ауадаҩрақәа цәырнагон».

9 Деивид еиликааит иара изы ихадоу ибзианы дазхәыцыр шакәыз. «Сара сҭагылазаашьа сыриашарц сыӡбеит»,— иҳәоит Деивид. Иара аусура иазикуаз аамҭа ирмаҷырц иӡбеит, насгьы иеиҳабы уи иеиҳәеит. Иҟалазеи анаҩс? Деивид иусура дамырхит. Иҟаиҵазеи Деивид? «Адырҩаҽныҵәҟьа сара иахьынӡасҭаху ицхырааҩу пионерс амаҵ аура салагарц азы арзаҳал хасырҭәааит»,— иҳәоит иара. Рхы ныҟәыргаларц азы Деивид иԥҳәыси иареи аҩн дуқәа реилыргара иалагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара пионерс амаҵ аура далагеит, аамҭак ашьҭахь иԥҳәысгьы пионерс дҟалеит. Деивид иԥҳәыси иареи аӡәырҩы ираҭәарымшьоз аусура алырхит, избанзар дара рзы аус ахьыруаз уиаҟара ихадамызт. Идырҳауаз аԥара уаанӡа ироуаз аасҭа жәантә ишеиҵахазгьы, есымза иҟарҵоз ахарџь ахҩаразы шаҟа аҭахыз рыман. Иегова рыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа дхадазарц рҭахын, уи абзоурала рхатә ԥышәала агәра ргеит иара дышреиҷаҳауа зегь раԥхьаӡа иргыланы Иаҳра иашьҭоу (Матф. 6:31—33).

10. Иԥшаҳалшо ҳгәы ҳацклаԥшлар?

10 Амал ҳамазаргьы-иҳамамзаргьы, ҳара зегьы ҳгәы ҳацклаԥшлароуп. Ишԥаҟаҵалатәу уи? Аԥарахь абзиабара еизшәмырҳалан. Ишәхашәмыршҭлан аусура Анцәа имаҵ аура аасҭа ишхадам. Еилаҳкаар шԥаҳалшо ҳгәы аҭагылазаашьа? Шәхы шәазҵаа: «Лассы-лассы сазхәыцуама сара сусура, аизарақәеи амаҵзураҿи саныҟоу? Сшәома сара знымзар-зны исызхаша аԥара смоур ҳәа? Ицәырҵуама сҭаацәалазаараҿы аԥареи амали ирыхҟьаны ауадаҩрақәа? Сазхиоума сара егьырҭ ираҭәарымшьо аусура алхра, уи еиҳаны Иегова имаҵ аура сылнаршозар?» (1 Тим. 6:9—12). Арҭ азҵаарақәа ҳанрызхәыцуа, шәааи иаҳхаҳмыршҭлап Иегова бзиа ҳшибо. Иара изиашоу зегьы агәра диргоит: «Угәыгәҭасыжьуам, уаансыжьуам». Убри аҟнытә апостол Павел иҩит: «Амазара арҳара-абеиахара хәыцырҭас-хьаас ишәымамыз» (Аур. 13:5, 6).

ҞӘЫӶАРАЛА АГӘЫРҾЫХАГАҚӘА АЛШӘХЛА

11. Инырыр шԥалшо ауаҩы агәырҿыхагақәа?

11 Иегова иҭахуп аԥсҭазаара агәырӷьара ҳзаанагаларц. Агәырҿыхагақәа агәырӷьара аиура иҳацхраауеит. Анцәа Иажәаҿы иануп: «Акрыфареи, акрыжәреи, аџьабаа иаанаго алҵшәақәа рылагәырӷьареи раасҭа ауаҩы изы еиӷьу ыҟам» (Еккл. 2:24). Аха ари адунеи иҳаднагало агәырҿыхагақәа реиҳарак иҽеим анырра ҳарҭар ауеит. Урҭ ауаа бжьырхуеит, избанзар Анцәа дызқәыӡбо аусқәа цәгьарак рыҵам ҳәа ихәыцларц, уи инеиҳангьы, бзиа ирбаларц ргәазҭанаҵоит.

Изырхиода шәара шәгәырҿыхага? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11—14.)b

12. Избан агәырҿыхагақәа ҟәыӷарала иалаҳхлар зҳахәҭоу, 1 Коринфаа рахь 10:21, 22 иану инақәыршәаны?

12 Ҳара Иегова заҵәык ҳизиашазарц ҳҭахуп, убри аҟынтә «Иҳақәиҭу иеишәеи аҩысҭаацәа реишәеи» ҳзеицахатәом. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 10:21, 22.) Ауаа акранеицырфо лассы-лассы иаанарԥшуеит дара шеиҩызцәо. Ҳара агәымбылџьбарареи, аспиритизми, аламысдареи, егьырҭ ацәеижьтә гәазыҳәарақәеи агәазыҟашьеи зныԥшуа агәырҿыхагақәа алаҳхуазар, Анцәа иаӷацәа ҳрыдтәаланы идырхиаз афатә рыцаҳфошәа иаҩызоуп. Убри аҟынтә уи зԥырхагоу ҳамацара ҳакәӡам. Иеговеи ҳареи ҳаиҩызарагьы иаԥырхагоуп.

13, 14. Избан агәырҿыхагақәа аналҳхуа, агәҽанызаара аарԥшра зҳахәҭоу, Иаков 1:14, 15 иану инақәыршәаны? Иаажәга аҿырԥштәы.

13 Ҳахәаԥшып агәырҿыхагақәа афатә излеиԥшу узырбо ҿырԥштәык. Ҳара фатәык ҳфару-иҳамфару ҳаӡбар ҳалшоит. Аха ҳҿы иҭаҳҵаз анылбааҳдалак ашьҭахь ҳаҩныҵҟа имҩаԥысуа апроцессқәа раанкылара ҳалшом. Афатә бзиа ҳгәабзиара иазеиӷьуп, иҽеим — иазеицәоуп. Алҵшәақәа иаразнак иумбаргьы ауеит, аха знымзар-зны ицәырымҵыр залшом.

14 Убас еиԥш агәырҿыхагақәа аналаҳхуа ҳахшыҩ злаҳарҭәуа ҳаӡбар ҳалшоит, аха ҳахшыҩ ак анҭаҳгала ашьҭахь, уи ҳхәыцшьеи ҳгәи ишаныруа ҳзыԥсахуам. Ибзиоу агәырҿыхагақәа ҳара иаҳзеиӷьуп, иҽеим — ҳзеицәоуп. (Шәаԥхьа Иаков 1:14, 15.) Иҽеим агәырҿыхага иаҳнаҭаз анырра иаразнак иумбар алшоит, аха аҵыхәтәаны уи цәырымҵыр залшом. Убри азоуп Абиблиа изану: «Шәхы шәымжьан: Анцәа ихы злаирԥхашьаша, дызлалаурҟәыша ҟаиҵом. Ауаҩы илаиҵаз ауп иааирыхуа: зцәеижь азыҳәа ажәла зҟьо, ицәеижь иазааигауа ала ауп дшыҟало, дшеилабаауа» (Гал. 6:7, 8). Убри аҟынтә даараӡа ихадоуп Иегова ицәымӷу агәырҿыхагақәа мап рыцәкра (Аԥсал. 97:10).

15. Ҳамҭас иҳаиҭазеи Иегова ҳгәы шьҭихларц азы?

15 Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы даараӡа иргәаԥхоит JW Broadcasting® — ҳинтернет-телехәаԥшра ахәаԥшра. Абар Мерлин зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәо: «JW Broadcasting сгәалаҟазаара аиӷьтәра исыцхрааит. Уа иҟоу зегьы еилых ҟамҵакәа срыхәаԥшлар ауеит, избанзар зегьы исыхәо ауп. Схы заҵәны ианызбо ма сгәы анкаҳауа, сара исгәаԥхоит ашьыжьтәи амҵахырхәарақәа рыхәаԥшра, избанзар урҭ сгәы шьҭырхуеит. Урҭ рыбзоурала Иегова иорганизациеи иареи еиҳа сырзааигәахоит. JW Broadcasting сыԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит». Иалшәхуама шәара ахәарҭа Иегова иҳаиҭаз ари аҳамҭа? JW Broadcasting аҿы есымза иҭыҵуа апрограммақәа рыдагьы, ҳара иҳаԥшаар ҳалшоит еиуеиԥшым аудио- авидеонҵамҭақәа, ҳгәы шьҭызхуа ашәақәа. Урҭ ианааҳҭаххалак ҳрыхәаԥшлар, насгьы ҳарзыӡырҩлар ҳалшоит.

16, 17. Избан агәырҿыхара иазаҳкуа аамҭа ҳацклаԥшлар зҳахәҭоу, насгьы ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?

16 Ҳгәы злаҳарҿыхо ҟәыӷарала алхра адагьы, ҳара ҳацклаԥшлароуп агәырҿыхара шаҟа аамҭа ҳцәаго. Ус ҟаҳамҵалар, Иегова имаҵ аура аасҭа ҳгәы арҿыхара еиҳаны аамҭа ақәҳарӡлоит. Аӡәырҩы ирҳәоит агәырҿыхагақәа ирзыркуа аамҭа ацклаԥшра шырцәыцәгьоу. 18 шықәса зхыҵуа Абигеил илҳәоит: «Сааԥсаха аҩныҟа санааиуа, сара бзиа избоит ателевизор ахәаԥшра. Аха аамҭа самыцклаԥшуазар, уи ахьцазгьы сымбар ауеит». Самиуел зыхьӡу иқәыԥшу аиашьа иҳәоит: «Зны-зынла сара аинтернет аҿы икьаҿу авидеонҵамҭақәа срыхәаԥшуеит. Раԥхьа видеонҵамҭак ала салагоит, уи сшаҿу исызгәамҭакәа х-сааҭк ма ԥшь-сааҭк цоит».

17 Шәацклаԥшлар шԥашәылшо агәырҿыхара иазышәкуа аамҭа? Зегь раԥхьаӡа иргыланы шәара игәашәҭар ауп уи шаҟа аамҭа ақәшәырӡуа. Ишәылшарызма мчыбжьык аҩныҵҟа агәырҿыхара шаҟа аамҭа азышәкуа џьара анҵара? Ианышәҵа акалендар аҿы ателевизор ахәаԥшреи, аинтернет ахархәареи, шәелектронтә хархәагаҿы ишәымоу ахәмаррақәеи шаҟа сааҭ шәцәырго. Мыцхәы аамҭа шәцәыргошәа шәбозар, шәҽазышәшәа аихшанҵа аҟаҵара. Раԥхьа ихадоу аусқәа рзы аамҭа алшәх, анаҩс — агәырҿыхара азы. Аихшанҵа анышьақәшәыргылалак ашьҭахь, шәиҳәала Иегова шәгәы иҭашәкыз анагӡара дшәыцхраарц азы. Ус ҟашәҵар, Абиблиа аҭҵаареи, аҭаацәаратә мҵахырхәареи, аизарақәа рҭаареи, ажәабжь аҳәареи, аҵаҩцәа разыҟаҵареи азы аамҭеи амчи шәоуеит. Уи инеиҳангьы, агәырҿыхара ишәзаанаго агәырӷьара еиҳахар ауеит, избанзар Иегова иусқәа раԥхьа ишәыргылеит.

ЕСНАГЬ ИЕГОВА ЗАҴӘЫК ИАХЬ АЗИАШАРА ААШӘЫРԤШЛА

18, 19. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Иегова заҵәык ҳашизиашоу?

18 Апостол Пиотр Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа шааиуа, насгьы адунеи ҿыц шыҟало даналацәажәоз иҳәеит: «Гәы цаҳә-цаҳәла сыззыҟоу, Иара иаара шәазыԥшны иаашәылшо зегьы ҟашәҵала шәыԥсҭазаара шәытарак, гәнаҳарак амамкәа иҟазааразы, шәизыразны Иҿаԥхьа ацәырҵразы» (2 Пиотр 3:14). Ари алабжьара инақәыршәаны ҳара Иегова ишиҭаху еиԥш ҳанхаларц, насгьы ҳимҵахырхәаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова заҵәык ҳашизиашоу ааҳарԥшуеит.

19 Аҩсҭаа идунеии иареи анаҩсгьы рҽазыршәалоит ҳаԥсҭазаараҿы Иегова иҭыԥ даҽакы иазаҳкыртә еиԥш аҟаҵара (Лука 4:13). Аха ҳара иалҳаршом ҳгәаҿы Иегова иҭыԥ даҽаӡәы ма даҽакы иааннакылартә. Иегова иара заҵәык ҳизиашазарц даԥсоуп. Ҳара ҳазхиоуп иара дзыԥсоу иҭара!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаанагозеи Иегова заҵәык иахь азиашара аарԥшра?

  • Ишԥаныруеи амал ҳшазыҟоу Иегова иахь иааҳарԥшуа азиашара?

  • Ишԥаныруеи иалаҳхуа агәырҿыхагақәа Иегова иахь иааҳарԥшуа азиашара?

АШӘА 30 Сыхьчаҩ, Саб, Сҩыза

a Ҳара ҳхы Иегова имаҵ аура иазаҳкит. Аха ҳизиашоума иара заҵәык? Иҳадаҳкыло аӡбарақәа уи аадырԥшуеит. Иегова заҵәык ҳизиашоу-ҳизиашаму еилаҳкаарц азы, шәааи еилҳаргап ҳаԥсҭазаара иадҳәалоу ҩ-ганк.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ҳара ицқьаны иҟаҵам афатә афара ҳҭаххомызт. Нас изаҳҭаххарызеи агәымбылџьбарареи, аспиритизми, аламысдареи злоу агәырҿыхагақәа рыхәаԥшра?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра