АҴАРАЗЫ АСТАТИА 44
Аҵыхәтәа ааиаанӡа аҩызцәа бзиақәа шәырҳала
«Аҩыза бзиа ианакәзаалакгьы абзиабара ааирԥшуеит» (АЖӘАМ. 17:17).
АШӘА 101 Ҳаидгыланы аус еицаҳуеит
АХҲӘААa
«Арыцҳара ду» аан ҳара аҩызцәа бзиақәа рыда ԥсыхәа ҳауам (Шәахәаԥш абзац 2.)c
1, 2. Иҳацхраауазеи аамҭа цәгьақәа рыхгара, 1 Пиотр 4:7, 8 иану инақәыршәаны?
АРИ адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа ҳара аԥышәара ӷәӷәақәа ҳрықәшәар ауеит (2 Тим. 3:1). Иаҳҳәап, мраҭашәаратәи Африка алхрақәа рышьҭахь аилаҩеиласрақәа ирылагеит, насгьы ажәлар еиҿагылеит. Фымз инареиҳаны аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ргәы рҭынчны аҩны издәылҵуамызт, избанзар рыкәша-мыкәша ауаа анибарҵәара иаҿын. Ирыцхраазеи дара имариамыз арҭ аамҭақәа рыхгара? Шьоукы рҽырҵәахит уиаҟара ишәарҭамыз аҭыԥқәа рҿы инхоз ҳашьцәа рыҩнқәа рҿы. Иашьак игәалашәоит: «Ҳәашьа сзаҭом сҩызцәа ахьсывагылаз шаҟа сеигәырӷьоз! Ҳара ҳагәқәа еибаҳарӷәӷәалар ҳалшон».
2 Арыцҳара ду аналагалак, бзиа ҳазбо ҳҩызцәа ахьҳавагыло даараӡа ҳааигәырӷьалоит (Аат. 7:14). Убри аҟынтә даара ихадоуп уажәнатә аҩызцәа бзиақәа рырҳара. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 4:7, 8.) Иеремиа иҿырԥштәы иаҳнарҵар алшо рацәоуп. Иара иҩызцәа ицхрааит Иерусалим еилабгаанӡа иҟаз аамҭа цәгьақәа рыхгараb. Ишԥаҳалшо ҳара Иеремиа иҿыԥшра?
ИЕРЕМИА ШӘИҾЫԤШЛА
3. а) Избан Иеремиа зегьы рҟынтә иҽыԥхьеикырц иҭаххар залшоз? б) Изеиҭеиҳәози Иеремиа Варух, насгьы иабзоурахазеи уи?
3 40 шықәса иреиҵамкәа Иеремиа дрыланхон азиашара аазмырԥшуаз ауаа. Урҭ рыбжьара иҟан игәылацәа. Иара убас урҭ ирылазар ауан иқалақь гәакьа Анафоф иатәыз иуацәагьы (Иер. 11:21; 12:6). Аха иара зегьы рҟынтә иҽыԥхьеикуамызт. Иаҳҳәап, Иеремиа игәҭыхақәа азиашара аазырԥшуаз имаӡаныҟәгаҩ Варух изеиҭеиҳәон. Иахьа ҳаргьы Абиблиа аҟынтә иаҳдыруеит Иеремиа игәы иҵхоз (Иер. 8:21; 9:1; 20:14—18; 45:1). Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Варух Иеремиа иҭоурых ашәҟәы иананиҵоз, реиҩызара шаҟа иӷәӷәахоз, пату аиқәҵашьагьы шырҵоз (Иер. 20:1, 2; 26:7—11).
4. Иарбан усу Иегова Иеремиа идиҵаз, насгьы ишԥарӷәӷәеи уи Иеремиеи Варухи ирыбжьаз аиҩызара?
4 Акыршықәса рыҩныҵҟа Иеремиа гәымшәарала Израильаа ирылеиҳәон Иерусалим иахьраны иҟаз (Иер. 25:3). Ауаа рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц азы еиҭа алшара риҭарц азы Иегова Иеремиа иеиҳәеит ирылеиҳәоз агәҽанҵаратә жәабжь аикәарҳә ианиҵарц (Иер. 36:1—4). Иеремиеи Варухи Анцәа ириҭаз адҵа анагӡаразы аџьабаа еицырбон, уи мызқәак рцәагазар ҟалап. Ҳәарада, уи аамҭазы дара рыгәқәа шьҭибахуан, еибарӷәӷәон.
5. Избан иаҳҳәар зҳалшо Варух Иеремиа изы дҩыза бзиан ҳәа?
5 Аикәарҳә аҩра ианалга ашьҭахь Иеремиа Варух инапы ианиҵеит уи ианыз ажәлар рҟынӡа анагара (Иер. 36:5, 6). Варух агәымшәара аарԥшны ишәарҭаз уи адҵа наигӡеит. Иара ауахәама ашҭа дҭаланы Иеремиа иеиҳәаз зегь ҟаиҵеит. Шәхаҿы иаажәг Иеремиа Варух шаҟа дизгәдууз! (Иер. 36:8—10). Иудатәи аҭауадцәа Варух иҟаиҵаз анраҳа, ибжьы ҭганы аикәарҳә ианыз даргьы дырзаԥхьарц иарҳәеит (Иер. 36:14, 15). Аҭауадцәа Иеремиа иажәабжь аҳ иҟынӡа инаргарц рыӡбеит. Аха раԥхьа Варух игәиҽанырҵеит: «Уцаны, Иеремиагьы уаргьы шәҽышәҵәах, шәахьыҟоу аӡәгьы изымдырыртә еиԥш» (Иер. 36:16—19). Уи лабжьара бзиан!
6. Иҟарҵазеи Иеремиеи Варухи ашьҭашәарыцарақәа ианрықәшәа?
6 Аҳ Иоаким Иеремиа ианиҵаз ажәақәа аниаҳа, игәы ԥжәан аикәарҳә иблит, насгьы Иеремиеи Варухи ркырц адҵа ҟаиҵеит. Аха Иеремиа уи дамыршәаӡеит. Иара даҽа еикәарҳәык Варух ииҭан ианҵатәыз Иегова иажәақәа иеиҳәеит. Убас ала «Иуда аҳ Иоаким ииблыз аикәарҳә ианыз ажәақәа зегьы» Варух еиҭах даҽа еикәарҳәык ианиҵеит (Иер. 36:26—28, 32).
7. Ишԥарныри Иеремиеи Варухи аџьабаа ахьеицырбоз?
7 Ҩыџьа ауаа уадаҩрак ианеицҭагыло, лассы-лассы реиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Иеремиеи Варухи аҳ Иоаким ииблыз аикәарҳә ианыз ажәақәа даҽа еикәарҳәык ианырҵарц азы аус анеицыруаз, еиҳа еиӷьны ишеибадырыз, реиҩызарагьы еиҳа ишыӷәӷәахаз. Иаҳнарҵозеи Анцәа изиашаз арҭ ҩыџьа ауаа рҿырԥшы?
ГӘААРТЫЛА ШӘЕИЦӘАЖӘАЛА
8. Иаҳԥырхагахар алшозеи аҩызцәа гәакьақәа рырҳара, насгьы избан уи аҟаҵара ҳҽазаҳшәалар зҳахәҭоу?
8 Иҟалап уаанӡа аӡәы ҳгәы ахьаҳирхьхьаз азы, ҳгәы иҭоу аӡәы изаартра ҳцәыцәгьазар (Ажәам. 18:19, 24). Мамзаргьы иҟалап аӡәы иҩызахаразы аамҭеи амчи ҳамам ҳәа ҳхәыцуазар. Иагьа ус иҟазаргьы, ҳгәы каҳмыжьроуп. Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәалак ҳашьцәа ҳавагылазарц ҳҭахызар, уажәнатә ҳҽаҳаршьцылалароуп рыгәра агара, насгьы ҳгәы иҭоу раҳәара. Уи ада аҩызцәа бзиақәа ҳзырҳауам (1 Пиотр 1:22).
9. а) Ишԥааирԥшуаз Иисус иҩызцәа рыгәра шигоз? б) Ишԥашәыцхраауеи шәеиҩызара арӷәӷәара, гәаартыла шәанеицәажәо? Иаажәга аҿырԥштәы.
9 Иисус иҩызцәа акгьы рцәиҵәахуамызт, убри ала рыгәра шигоз дирбон (Иоанн 15:15). Ҳаргьы ҳҩызцәа ҳзыргәырӷьо, ҳгәы иҵхо, ҳгәы казыжьуа рзеиҭаҳҳәозар, Иисус ҳаиҿыԥшуеит. Аӡәы игәы иҭоу анышәзеиҭеиҳәо зҿлымҳарала шәизыӡырҩла, усҟан ижәбоит шәгәаанагарақәеи, шәцәаныррақәеи, шәхықәкқәеи шеиқәшәо. Ҳахәаԥшып 29 шықәса зхыҵуа Синди лҿырԥштәы. Лара ҩызас дышьҭылхит 67 шықәса зхыҵуа пионерс амаҵ зуа Мери-Луиз. Есԥшьаша шьыжьла дара ажәабжь еицырҳәоит. Дара гәаартыла еиуеиԥшым атемақәа ирылацәажәоит. Синди илҳәоит: «Сара исгәаԥхоит сҩызцәеи сареи гәаартыла ҳанеицәажәо, избанзар уи дара еиӷьны реилкаара исыцхраауеит». Шәгәы иҭоу шәҩызцәа ианырзеиҭашәҳәо, насгьы зҿлымҳарала шәанырзыӡырҩуа, шәеиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Синди леиԥш шәаргьы шәҩызцәа гәаартыла шәрацәажәалар, ишәыбжьоу аиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахар алшоит (Ажәам. 27:9).
АУС ЕИЦЫЖӘУЛА
Аҩызцәа бзиақәа амаҵ еицыруеит (Шәахәаԥш абзац 10.)
10. Иҟалар алшозеи ҳашьцәеи ҳареи аус анеицаҳуа, Ажәамаанақәа 27:17 иану инақәыршәаны?
10 Иеремиеи Варухи рҿырԥштәы ишаҳнарбаз еиԥш, ҳашьцәеи ҳареи аус анеицаҳуа, насгьы ирылоу аҟазшьа бзиақәа анаҳбо, рҿыԥшра ҳҭаххоит, насгьы еиҳагьы ҳарзааигәахоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:17.) Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа амаҵзураҿы шәҩыза гәымшәарала игәрахаҵара шихьчо аныжәбо, мамзаргьы игәы ҭыӷьӷьаа ауаа Иегова иӡбахә шырзеиҭеиҳәо, насгьы игәҭакы шеилдиркаауа аныжәбо? Уи шәыбзиабара еиҳагьы иарӷәӷәар алшоит.
11, 12. Ҳаиднакылар шԥалшо ҳҩызцәеи ҳареи ажәабжьҳәаратә ус? Иаажәга аҿырԥштәы.
11 Еилҳаргап ажәабжьҳәаратә ус аҩызцәа шеиднакыло узырбо ҩ-ҿырԥштәык. Аделин зыхьӡу 23 шықәса зхыҵуа аиаҳәшьа Кандис зыхьӡу лҩыза длыҳәеит ажәабжьҳәаҩцәа лассы-лассы ажәабжь ахьырымҳәо аҭыԥ ахь жәабжьҳәара длыццарц. «Ҳара иаҳҭахын амаҵзура еиҳа гәацԥыҳәарала инаҳагӡаларц, насгьы еиҳаны агәырӷьара ҳауларц,— лҳәоит лара.— Ҳҩыџьагьы агәышьҭыхра ҳҭахын». Хәарҭас ирзаанагазеи дара аџьабаа ахьеицырбоз? Аделин илҳәоит: «Есыхәылбыҽха ҳара ҳаидтәаланы ҳаицәажәон, еибаҳҳәон амаҵзураҿы ҳгәы шьҭызхыз ахҭысқәа, насгьы Иегова дышҳацхраауаз шаҳбоз. Урҭ аицәажәарақәа ҳҩыџьагьы агәахәара ҳзааргон, уи адагьы, урҭ рыбзоурала еиҳа ҳаизааигәахон».
12 Франциа инхо аҭаацәара иалам Лаилеи Марианнеи хәымчыбжь ҳәа Агәҭанытәи Африка аҳҭнықалақь Бангиҟа жәабжьҳәара ицарц рыӡбеит. Уа ирацәаны ауаа нхоит. Лаила илҳәоит: «Марианнеи сареи ауадаҩрақәа ҳазцәырҵит, аха гәаартыла ҳахьеицәажәоз, насгьы гәыкала бзиа ҳахьеибабоз абзоурала ҳаиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахеит. Марианна иҿыцу аҭагылазаашьақәа лыҽшрықәлыршәоз, уа инхоз ауаа рахь абзиабара шаалырԥшуаз, насгьы гәацԥыҳәарала ажәабжь шылҳәоз анызба, еиҳагьы ҳаҭыр лықәысҵо салагеит». Арҭ аиаҳәшьцәа рцәаныррақәа еилышәкаарц азы даҽа тәылак ахь ацара аҭахӡам. Шәахьынхо аҭыԥ аҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ажәабжь анрыцышәҳәо, шәара урҭ еиӷьны шәрабадырыр, насгьы шәеиҩызара шәырӷәӷәар шәылшоит.
ШӘҨЫЗЦӘА ИРЫЛОУ АҞАЗШЬА БЗИАҚӘА ШӘХЫ РЗЫШӘЫШЬҬЛА, РЫГХАҚӘАГЬЫ РАНАШӘЫЖЬЛА
13. Игәаҳҭар алшозеи ҳҩызцәеи ҳареи лассы-лассы уск анеицыҟаҳҵо?
13 Ҳҩызцәеи ҳареи лассы-лассы уск анеицыҟаҳҵо, рҟазшьа бзиақәа рыдагьы, рыграқәагьы гәаҳҭар ауеит. Иҳацхраар алшозеи уеизгьы урҭ бзиа рбара? Шәааи еиҭах ҳазхәыцып Иеремиа иҿырԥштәы. Ицхраауази иара иҩызцәа рҟазшьа бзиақәа рбара, насгьы рыгхақәа ранажьра?
14. Еиликаазеи Иеремиа Иегова изкны, насгьы ишԥаихәеи уи иара?
14 Иеремиа ихьӡ зху ашәҟәы адагьы, 1-тәи, 2-тәи Аҳцәа рышәҟәы иҩызар ҟалап. Ҳәарада, уи абзоурала иара еиликааит Иегова инаӡам ауаа рахь шаҟа агәшаҭара ааирԥшуа. Иаҳҳәап, иара еиликааит аҳ Ахав игәнаҳақәа дахьрыхьхәыз азы, Иегова уи иԥсы ҭанаҵы иҭаацәара шықәимхыз, ихылҵыз зегь шықәӡаауа имбарц азы (1 Аҳ. 21:27—29). Уи адагьы, иара еиликааит Манассиа Ахав иаасҭа Иегова дшылаирҟәуаз. Ус шакәызгьы, Манассиа игәнаҳақәа данрыхьхәы, Иегова урҭ ианаижьит (2 Аҳ. 21:16, 17; 2 Аш. 33:10—13). Иҟалап арҭ аҭоурыхқәа Иеремиа игәазҭарҵазар Иегова иҿыԥшра, насгьы иҩызцәа рахь ачҳареи агәшаҭареи раарԥшра (Аԥсал. 103:8, 9).
15. Дышԥеиҿыԥши Иеремиа Иегова ачҳара аарԥшраҿы, Варух имаҵзура ахә ашьара данаҟәыҵ?
15 Ҳахәаԥшып Варух имаҵзура ахә ашьара данаҟәыҵ, Иеремиа уи дышизныҟәаз. Иара дымхәыцӡеит иҩыза ахаангьы иҽиԥсахӡом ҳәа. Уи аҭыԥан дицхрааит — Анцәа иҟынтә алабжьара ииҭеит. Уи ақьиара аныԥшуан, аха убри аамҭазгьы дахьиашамыз инҭкааны инарбон (Иер. 45:1—5). Иаҳнарҵозеи ҳара уи?
Аҩызцәа бзиақәа рыгхақәа ранеибажьуеит (Шәахәаԥш абзац 16.)
16. Иҳацхраауазеи аиҩызара ахьчара, Ажәамаанақәа 17:9 иану инақәыршәаны?
16 Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә анаӡара ҳазыԥшымзароуп. Убри аҟынтә аӡәы ҩызас дышьҭаҳхзар, ҳаиҩызара ҳарӷәӷәаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Ҳҩызцәа агха рыхьзар, рыгха мӡакәа Абиблиа шьаҭас измоу алабжьара раҳҭар ауп, аха убри аамҭазгьы ҳажәақәа ақьиара рныԥшуазароуп (Аԥсал. 141:5). Ҳгәы ндырхаргьы, иранаҳажьроуп. Уи ашьҭахь ахаан уи аӡбахә ргәалаҳмыршәалароуп, насгьы аӡәгьы изеиҭаҳамҳәалароуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 17:9.) Ихьанҭоу арҭ аамҭақәа раан ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыграқәа ракәымкәа, рҟазшьа бзиақәа ҳахшыҩ рзаҳашьҭлароуп! Уи даараӡа ихадоуп, избанзар ҳаиҩызара арӷәӷәоит. Дара рыда арыцҳара ду аан ԥсыхәа ҳауам.
АЗИАШАРА ЗНЫԤШУА АБЗИАБАРА ААШӘЫРԤШЛА
17. Ишԥааирԥши Иеремиа арыцҳара аан иувагыло аҩыза шиакәыз?
17 Иеремиа иусқәа рыла иааирԥшит арыцҳара аан иувагыло аҩыза шиакәыз. Иаҳҳәап, Иеремиа ҳәынҵәала иҭәыз аҵеџь данҭарыжь, аҳ иашҭаҿы амаҵ зуаз Авдемелех уи деиқәирхеит. Аха уи ашьҭахь Авдемелех аҭауадцәа ак изырур ҳәа дшәеит. Иеремиа уи анидыр, иҩыза ихала ак ҟаиҵап ҳәа ҭынч дымтәаӡеит. Иара абахҭа дышҭакызгьы, иҩыза дицхраарц иӡбеит — игәы зырҭынчуаз Иегова иқәыргәыӷра иеиҳәеит (Иер. 38:7—13; 39:15—18).
Аҩызцәа бзиақәа ауадаҩрақәа раан еицхыраауеит (Шәахәаԥш абзац 18.)
18. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара ҳҩызцәа арыцҳара ианҭагыло, Ажәамаанақәа 17:17 иану инақәыршәаны?
18 Иахьа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Иаҳҳәап, аӡәырҩы аԥсабаратә рыцҳарақәа, мамзаргьы аибашьрақәа ирыхҟьаны игәаҟуеит. Уи аҩыза аныҟало, ҳашьцәа шьоукы урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыдыркылоит, мамзаргьы ԥарала ирыцхраауеит. Уи ҳзыҟамҵозаргьы, ҳара зегьы арыцҳара иақәшәаз ҳашьцәа рзы Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит. Аизараҿы аӡәы илахь шеиқәу гәаҳҭазар, иаҳҳәаша ма иҟаҳҵаша ҳзымдыруазар ауеит. Аха уеизгьы ҳазларыцхрааша ак ыҟоуп — ҳара зегьы иҳалшоит ҳҩызцәа аамҭа рзаҳкыр, насгьы ргәы иҵхо анҳзеиҭарҳәо, зҿлымҳарыла ҳарзыӡырҩыр. Иара убас ргәы шьҭызхуа бзиа иаҳбо абиблиатә жәеинраала ҳарзаԥхьар ҟалоит (Ис. 50:4). Еиҳарак ихадоу, ҳҩызцәа ацхыраара анырҭаху ҳахьрывагылоу ауп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 17:17.)
19. Ишԥаҳацхраауеи ҳаԥхьаҟа уажәы еизҳарҳауа аиҩызара?
19 Шәааи уажәнатә ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳарҩызцәахалап, насгьы уи аиҩызара ҳарӷәӷәалап. Избан уи аҟаҵара зхадоу? Избанзар ҳаӷацәа амц рхы иадырхәоит агәреибагареи аицхыраареи ҳаҟәырхырц азы. Дара ҳаибафаларц рҭахуп. Аха акгьы рзалҵуам. Дара ирылшом ҳашьцәа рахь иҳамоу абзиабара арцәара. Иҟарҵалакгьы, ҳаиҩызара аӡы ирзаҭом. Ҳашьцәеи ҳареи ҳаиҩызара ари адунеи цәгьа аҵыхәтәа ааиаанӡа мацара акәӡам аԥсы ахьынӡаҭазаауа. Уи наунагӡа иҟазаалоит!
АШӘА 24 Иегова ишьхахь шәхала
a Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалароуп. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иеремиа иҿырԥштәы иаҳнарҵар алшо. Иара убас еилаҳкаауеит аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳареи ҳаиҩызара уажәнатә иҳарӷәӷәозар, аԥышәарақәа раан уи ҳахәар шалшо.
b Иеремиа ишәҟәы иану ахҭысқәа реишьҭагылашьеи аҭоурыхтә еишьҭагылашьеи еиԥшӡам.
c АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: асахьаҿы иаҳбоит «арыцҳара ду» аан иҟалар алшо аҭагылазаашьа. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аиашьа иҩны аҭуан аҿы рҽырҵәахуеит. Ицәгьоу арҭ аамҭақәа раан дара ахьеицу ргәы арӷәӷәоит. Анаҩстәи х-сахьак рҿы иаҳбоит урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи арыцҳара ду алагаанӡа аиҩызара ӷәӷәа шеиздырҳаз.