АҴАРАЗЫ АСТАТИА 45
Ишԥаҳацхраауеи иԥшьоу адоуҳа?
«Амч-алшара зтәугьы ҳара ҳакәӡам — Анцәа иоуп» (2 КОР. 4:7).
АШӘА 104 Иԥшьоу адоуҳа Анцәа иҳамҭоуп
АХҲӘААa
1, 2. а) Иҳацхраауазеи есыҽны ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара? Иҳаилшәыркаа. б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
«ИСХЫЗГАЗ ауадаҩрақәа санрызхәыцуа еилыскаауеит сымчқәа рыла урҭ сшырзымиааиуаз». Ишәҳәахьома шәара зныкыр абарҭ ажәақәа? Ааи зҳәо маҷҩым. Иҟалап шәара ачымазара ӷәӷәа шәхыжәгазар, мамзаргьы ишәзааигәоу аӡәы дышәцәыԥсызар. Шәызхысыз ауадаҩрақәа шәанрызхәыцуа, еилышәкаауеит Иегова иԥшьоу идоуҳа ала «амч-алшара» шәимҭозҭгьы, мышкгьы ишышәзымчҳауаз (2 Кор. 4:7—9).
2 Иԥшьоу адоуҳа абзоурала ҳара иара убас иҳалшоит ицәгьоу ари адунеи анырра аҿагылара (1 Иоанн 5:19). Уи адагьы, ҳара ицәгьоу адоуҳатә мчқәа ҳрабашьуеит (Еф. 6:12). Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит иԥшьоу адоуҳа абарҭ ауадаҩрақәа рыхгара ишҳацхраауа. Анаҩс еилаҳкаауеит уи инагӡаны ахәарҭа ҳзаанагаларц азы иҟаҵалатәу.
ИԤШЬОУ АДОУҲА АМЧ ҲНАҬОИТ
3. Дышԥаҳацхраар алшо Иегова аԥышәарақәа рыхгара?
3 Иԥшьоу адоуҳа ҳацхраауеит ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы иҳаду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара. Апостол Павел ауадаҩрақәа дышрықәшәозгьы, анаҩсгьы Иегова имаҵ иулар илшон, избанзар «Христос имч-илшара» дақәгәыӷуан (2 Кор. 12:9). Аҩбатәи имиссионертә ныҟәара аан иара гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара адагьы, ихы ныҟәигаларц азы аус иулар акәын. Иара Коринф Акилеи Прискиллеи рҿы даанҿасит. Дара ақьалақәыршәқәа рӡахуан. Павелгьы инапы злакыз уи аус акәын, убри аҟынтә урҭ аус рыциуларц азы иаамҭа абжа нихуан (Аус. 18:1—4). Иԥшьоу адоуҳа Павел ажәабжь иҳәаларц азгьы, аус иуларц азгьы амч инаҭон.
4. Иарбан уадаҩроу Павел имаз, 2 Коринфаа рахь 12:7б—9 иану инақәыршәаны?
4 Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 12:7б—9. Ииҳәарц ииҭахызи Павел «ашҳам ҭархага» саргәаҟуеит ҳәа аниҳәаз? Еиҭагак аҿы ажәа «ашҳам» «ахьаа ӷәӷәа узаазго анаҵкьар» ҳәа еиҭагоуп. Шәара зныкыр анаҵкьар шәылалахьазар, ижәдыруеит уи шаҟа ахьаа амоу. Ус анакәха, Павел зыӡбахә имаз ҭаха изымҭоз уадаҩрак акәын. Павел иҳәеит «аџьныш имаалықь» сцәеижь ԥишәоит ма сипҟоит ҳәа. Убас акәын иара уи ауадаҩра иахҟьаны ихы шибоз. Павел ауадаҩрақәа дрықәзыршәоз, даҽакала иуҳәозар, «анаҵкьар» илазҵоз Аҩсҭаа идемонцәеи иареи ракәмызҭгьы ҟалап. Аха дара уи ауадаҩра, мамзаргьы анаҵкьар, анырба еиҳа иӷәӷәаны иларҵарц рҭаххеит, Павел еиҳагьы дгәаҟларц азы. Иҟаиҵазеи нас Павел?
5. Ишԥаҟаиҵеи Иегова Павел иҳәарақәа рҭак?
5 Раԥхьа Павел иҭахын Иегова уи «ашҳам» илихирц. Иара уи азы хынтә Анцәа диашьаԥкны диҳәеит. Аха Иегова уи ашҳам илимхӡеит. Иаанагома нас уи Иегова Павел иҳәарақәа рҭак ҟаимҵеит ҳәа? Ҳәарада, мап. Иара урҭ рҭак ҟаиҵеит. Иегова ауадаҩра ахаҭа ықәимгаӡеит, аха уи ахгаразы Павел амч ииҭеит. Иегова иҳәеит: «Сара сымч-сылшара ахьаасырԥшуа аԥсыҽраҿ ауп» (2 Кор. 12:8, 9). Анцәа ицхыраара абзоурала Павел агәырӷьареи аҩныҵҟатәи аҭынчреи ицәымӡӡеит (Флп. 4:4—7).
6. а) Ишԥаилшо Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵар? б) Иарбан қәыргәыӷрақәоу абзац аҿы иаагоу ажәеинраалақәа рҟынтә шәара амч шәызҭо?
6 Шәиҳәахьоума шәаргьы Иегова, Павел иеиԥш, ԥышәарак шәԥырихырц азы? Шәӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова шәышиҳәозгьы шәыуадаҩра ӡбашьак амамкәа иаанхазар, ма еиҳагьы еицәахазар, шәгәы иаанагама Иегова дышәзыразым ҳәа? Ааи акәзар, ишәгәалашәыршәа Павел иҿырԥштәы. Иегова уи иҳәара аҭак ҟаиҵеит, шәыҳәарагьы ҭакда иаанижьуам! Иегова шәыуадаҩра ықәимгаргьы ҟалоит, аха иԥшьоу идоуҳа ала уи ахгаразы амч шәиҭоит (Аԥсал. 61:3, 4). Иҟалап шәара уаҳа шәылшаӡом ҳәа шәгәы иаанагозаргьы, аха Иегова шәаанижьӡом (2 Кор. 4:8, 9; Флп. 4:13).
ИԤШЬОУ АДОУҲА АНАҨСГЬЫ ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ИҲАЦХРААУЕИТ
7, 8. а) Излеиԥшузеи иԥшьоу адоуҳа аԥша? б) Ииҳәазеи Пиотр иԥшьоу адоуҳа аус шауа иазкны?
7 Ишԥаҳацхраар алшо еиҭа иԥшьоу адоуҳа? Иԥшьоу адоуҳа аԥша иаҿҳарԥшыр ауеит. Аԥша аӷба цараны иахьыҟоу аган ахь иасуазар, амшын цәқәырԥозаргьы, аӷба иахьахәҭоу аҭыԥ аҟынӡа акгьы амыхькәа инеиуеит. Убас еиԥш ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы, иԥшьоу адоуҳа ҳацхраауеит адунеи ҿыц аҟынӡа анеира, насгьы Иегова имаҵ аура.
8 Ԥсыӡкҩык иаҳасабала, апостол Пиотр мшынла аныҟәара иаҵанакуаз ибзианы идыруан. Иҟалап убри азы акәзар иԥшьоу адоуҳа аус шауа даналацәажәоз, мшынла аныҟәара иадҳәалазар алшо ажәақәа ихы изаирхәаз. Иара иҩит: «Избанзар аԥааимбаражәақәа ахаан ауаҩы игәаҳәарала иҟамлацызт, аха ауаа Анцәа Иажәа рҳәон иԥшьоу адоуҳа ишрыҵанаҳәоз еиԥш». «Ишрыҵанаҳәоз» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагоит «ишагоз» (2 Пиотр 1:21, АдҾ).
9. Иарбан сахьоу ҳхаҿы иҭнахуа Пиотр ихы иаирхәаз ажәа «ишагоз»?
9 Иарбан сахьоу ҳхаҿы иҭнахуа Пиотр ихы иаирхәаз ажәа «ишагоз»? Аусқәа захьӡу ашәҟәаҿы Лука аԥша иаманы ицо аӷба даналацәажәоз, уи иеиԥшу абырзен ажәа ихы иаирхәеит (Аус. 27:15). Библиаҭҵааҩык излеиҳәо ала, Пиотр Абиблиа зыҩуаз иԥшьоу адоуҳа «иагон» ҳәа аниҳәа, ихы иаирхәеит мшынла аныҟәара иадҳәалаз ажәа. Иара иҳәарц иҭахын аԥша аӷба ԥхьаҟа ишаго еиԥш, иԥшьоу адоуҳа Абиблиа зыҩуаз ауааи аԥааимбарцәеи рнапы ианыз аус анагӡара ргәазҭанаҵон ҳәа. Уи абиблиаҭҵааҩ иара убас иҳәеит Абиблиа зыҩуаз ауаа зыԥрақәа еиҵызхуа аӷба ишеиԥшыз — дара иԥшьоу адоуҳа ирыднаҵоз аус анагӡара иазхиан. Иегова иара иганахь ала ихәҭаз наигӡон — «аԥша», мамзаргьы иԥшьоу адоуҳа, риҭон. Абиблиа зыҩуаз рганахь ала ирыхәҭаз ҟарҵон — иԥшьоу адоуҳа ирнаҭоз анапхгара иқәныҟәон.
АШЬАҾА 1. Иааиԥмырҟьаӡакәа адоуҳатә усқәа шәыҽрылашәырхәла
АШЬАҾА 2. Шәымчқәа шәырмеигӡакәа урҭ аусқәа нашәыгӡала (Шәахәаԥш абзац 11.)d
10, 11. Иарбан шьаҿақәоу иҟаҳҵалар ҳахәҭоу иԥшьоу адоуҳа напхгара шаҳнаҭо агәра ганы ҳаҟазарц азы? Иаажәга аҿырԥштәы.
10 Ҳәарада, ауаа Абиблиа рыҩларц азы Иегова иԥшьоу адоуҳа анриҭоз аамҭа цахьеит. Аха иара иахьа уажәраанӡагьы иԥшьоу адоуҳа ихы иархәаны ижәлар анапхгара риҭоит. Иегова уаанӡа еиԥш иахьагьы иганахь ала ихәҭоу ҟаиҵоит. Ишԥаҳалшо иԥшьоу адоуҳа анырра шаҳнаҭо агәра ҳгар? Ҳара ҳганахь ала иҳахәҭоу шыҟаҳҵо дырны ҳаҟазар ауп. Аха иҟаҵатәузеи уи азы?
11 Еилҳаргап ҿырԥштәык. Абар аӷбаныҟәцаҩ аԥша ихәарц азы ихамышҭлар ихәҭоу: актәи, иара иӷба аԥша ахьасуа ихиҵар ауп, избанзар аӷба аԥша ахьыҟам абаӷәазаҿы инхар, џьаргьы изцаӡом, аҩбатәи, аԥра шьҭыхны иахьынӡалшо еиҵихыр ауп. Амшын аҿы аԥша асуазаргьы, аԥра анышьҭыху ауп аӷба ԥхьаҟа ианцо. Убас еиԥш ҳаргьы иԥшьоу адоуҳа анҳацхраауа ауп анаҩсгьы Иегова имаҵ аура анҳалшо. Иԥшьоу адоуҳа анырра ҳнаҭаларц азы абар иҟаҵатәу ҩ-шьаҿак: актәи, «абаӷәаза ҳҭыҵроуп», даҽакала иуҳәозар, Анцәа идоуҳа имаҵзуҩцәа ирыҵанаҳәо ҟаҳҵалар ауп. Аҩбатәи, «ҳаԥрақәа еиҵаҳхроуп», даҽакала иуҳәозар, амаҵзураҿы иҳалшо зегь ҟаҳҵалар ауп (Аԥсал. 119:32). Абарҭ ашьаҿақәа аныҟаҳҵо, иԥшьоу адоуҳа ҳацхраауеит анаҩсгьы Иегова имаҵ аура, насгьы адунеи ҿыц ахь анеира.
12. Еилҳаргозеи ҳара уажәы?
12 Ҳара еилҳаргеит иԥшьоу адоуҳа ҳацхраар шалшо ҩ-знеишьак. Иԥшьоу адоуҳа ауадаҩрақәа анҳамоу амч ҳнаҭоит, насгьы Анцәа ҳизиашаны аанхара иҳацхраауеит. Иара убас уи анапхгара ҳнаҭоит, насгьы Иегова иҳадиҵаз аус анагӡара иҳацхраауеит, уи абзоурала наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауеит. Уажәы ҳара еилҳаргоит иԥшьоу адоуҳа инагӡаны ахәарҭа ҳзаанагаларц азы иҳацхраауа ԥшь-лабжьарак.
ИԤШЬОУ АДОУҲА ИНАГӠАНЫ АХӘАРҬА ҲЗААНАГАЛАРЦ АЗЫ ИҞАҲҴАЛАР ҲАЛШО
13. Иаҳнырыр шԥалшо Абиблиа, 2 Тимофеи иахь 3:16, 17 иану инақәыршәаны, аха иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи уи азы?
13 Актәи, Анцәа Иажәа ҭышәҵаала. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 3:16, 17.) «Нцәа доуҳала иаԥҵоуп» ҳәа еиҭагоу ажәақәа аагоуп «Анцәа», насгьы «аԥсыԥ алагаҩагара» рыла ишьақәгылоу абырзен ҟазшьарба аҟынтә. Анцәа иԥшьоу идоуҳа ихы иаирхәеит ихәыцрақәа Абиблиа зыҩуаз рхы иҭеигаларц азы. Ҳара Абиблиа ҳанаԥхьо, насгьы ҳаназхәыцуа, Анцәа имҩақәҵарақәа ҳгәи-ҳахшыҩи ирныруеит. Уи Анцәа игәы ҳақәшәаларц азы аҽыԥсахра ҳгәазҭанаҵоит (Аур. 4:12). Аха иԥшьоу адоуҳа инагӡаны ахәарҭа ҳзаанагаларц ҳҭахызар, иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҭҵааразы, насгьы ҳзыԥхьо инарҵауланы азхәыцразы аамҭа алаҳхлароуп. Ус ҟаҳҵалар, Анцәа Иажәа ҳажәақәеи ҳусқәеи ирнырлоит.
14. а) Иаҳҳәар зҳалшозеи аизарақәа рҿы иԥшьоу адоуҳа ыҟоуп ҳәа? б) Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи аизарақәа рахь «ҳаԥрақәа еиҵыхны» ҳнеиларц азы?
14 Аҩбатәи, шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи шәрывагыланы Анцәа шәимҵахырхәала (Аԥсал. 22:22). Ҳқьырсиантә еизарақәа рҿы Иегова идоуҳа ыҟоуп (Аат. 2:29). Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы аизарақәа рҿы Иегова ҳанимҵахырхәо, ҳара иԥшьоу адоуҳа ҳаурц Анцәа ҳиҳәоит, Анцәа Иажәа шьаҭас измоу Аҳра ашәақәа ҳҳәоит, насгьы иԥшьоу адоуҳа анапхгарала иалху аишьцәа иҳарҭо Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа ҳарзыӡырҩуеит. Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала аиаҳәшьцәагьы ирыду адҵақәа рҽырзыҟарҵоит, иагьынарыгӡоит. Аха иԥшьоу адоуҳа ихарҭәааны ахәарҭа ҳзаанагаларц азы, ҳара аизарақәа ҳҽырзыҟаҵаны ҳнеилароуп, насгьы ҳаҽрылаҳархәлароуп. Убасҟан ҳара «ҳаԥрақәа еиҵыхны» аизарақәа ҳарҭаалоит.
15. Ишԥаҳацхраауеи иԥшьоу адоуҳа ажәабжь анаҳҳәо?
15 Ахԥатәи, ажәабжьҳәаратә ус нашәыгӡала. Ажәабжьҳәаратә, насгьы арҵаратә ус аҿы Абиблиа ҳхы ианаҳархәо, иԥшьоу адоуҳа ҳацхрааларц алҳаршоит (Рим. 15:18, 19). Аха Анцәа идоуҳа ихарҭәааны ахәарҭа ҳзаанагаларц азы, ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь ҳҳәалароуп, насгьы иахьынӡауа еиҳаны Абиблиа ҳхы иаҳархәалароуп. Аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы иаагоу аицәажәарақәа рыхкқәа шәхы иашәырхәалар, шәмаҵзура еиҳа еиӷьышәтәуеит.
16. Иҟаҳҵар ҳалшозеи зегь раԥхьаӡа иргыланы, иԥшьоу адоуҳа ҳаурц ҳҭахызар?
16 Аԥшьбатәи, Анцәа Иегова шәиҳәала. (Матф. 7:7—11; Лука 11:13). Иԥшьоу адоуҳа ҳаурц ҳҭахызар, зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳара Иегова уи ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп. Ҳаҳәарақәа Иегова иҟынӡа иназмышьҭуа ԥынгыла ыҟам. Иара убас Анцәа идоуҳа аиура иаҳԥырхагахар алшо ак ыҟам. Абахҭа ҳҭакызаргьы, иԥшьоу адоуҳа ҳацхраар ауеит. Аҩсҭаа илшом уи ҳмоуртә еиԥш аҟаҵара (Иак. 1:17). Аха ҳашԥаиҳәалар акәзеи Анцәа, иԥшьоу адоуҳа инагӡаны ахәарҭа ҳзаанагаларц азы? Ари азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы, шәааи инарҵауланы еилҳаргап анцәаиҳәара иадҳәалоу Лука иҟынтә Аевангелие аҟны иаагоу ажәамаанаb.
ШӘААҞӘЫМҴӠАКӘА АНЦӘА ШӘИҲӘАЛА
17. Иҳаилнаркаауазеи Лука 11:5—9, 13 аҿы иаагоу Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаана?
17 Шәаԥхьа Лука 11:5—9, 13. Иисус иажәамаана иҳаилнаркаауеит Анцәа иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц азы ҳашиҳәалаша. Уи ажәамаанаҿы Иисус зыӡбахә иҳәаз ауаҩы ииҭахыз иоуит, избанзар дааҟәымҵӡакәа уи даҳәон. Аҵх акыр ишцахьазгьы, иара иҩыза ацхырааразы иҳәара дацәыԥхашьомызтc. Ишԥадиҳәалеи Иисус ари ажәамаана анцәаиҳәара? Иара иҳәеит: «Шәаҳәала — ишәоуеит; шәыԥшаала — ишәԥыхьашәоит; шәасла — ишәзаадыртуеит». Иаҳнарҵозеи ҳара ари ажәамаана? Иԥшьоу адоуҳа ҳаурц ҳҭахызар, ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа уи ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп.
18. Агәра ганы ҳаҟазар зҳалшозеи Иегова иԥшьоу адоуҳа шҳаиҭо, Иисус иажәамаана инақәыршәаны?
18 Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаана иара убас иҳаилнаркаауеит Иегова иԥшьоу адоуҳа зҳаиҭо. Ажәамаанаҿы зыӡбахә ҳәаз ауаҩы асасдкылара ааирԥшыр иҭахын. Иара иҭахын ҵхагәазы изааз асас акриҿеиҵарц, аха изцәыригашаз имамызт. Иисус излеиҳәаз ала, уи ауаҩ игәыла ача зииҭаз диҟәамҵӡакәа дахьиҳәоз азы ауп. Иаҳнарҵозеи ҳара уи? Инаӡамыз ауаҩы игәыла диҟәамҵӡакәа дахьиҳәоз азы дицхраазар, шаҟа дрыцхраауазеи ақьиара злоу жәҩантәи Ҳаб иааҟәымҵӡакәа иԥшьоу адоуҳазы иҳәо! Иегова иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц ҳиҳәозар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит хымԥада уи шҳаиҭо (Аԥсал. 10:17; 66:19).
19. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Анцәа ҳизиашаны аанхара шҳалшо?
19 Аҩсҭаа дааҟәымҵӡакәа дышҳашьҭашәарыцогьы, аиааира шаҳго агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. Избан? Избанзар иԥшьоу адоуҳа ҳацхраауеит. Ишԥа? Актәи, ауадаҩрақәа рыхгаразы амч ҳнаҭоит. Аҩбатәи, адунеи ҿыц аҟынӡа ҳнеиаанӡа Иегова имаҵ аура иҳацхраауеит. Шәааи иҳалшо зегь ҟаҳҵалап иԥшьоу адоуҳа инагӡаны ахәарҭа ҳзаанагаларц азы!
АШӘА 41 Суҳәоит, сыҳәара удкыл
a Ари астатиа иаҳнарбоит иԥшьоу Анцәа идоуҳа ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраар шалшо. Иара убас иҳаилнаркаауеит уи иахьынӡалшо еиҳаны ахәарҭа ҳзаанагаларц азы иҟаҳҵалар ҳахәҭоу.
b Аевангелиеқәа зыҩуаз зегь рҟынтә Лука еиҳа лассы-лассы иҳәон Иисус иԥсҭазаараҿы анцәаиҳәара ихадоу аҭыԥ шааннакылоз (Лука 3:21; 5:16; 6:12; 9:18, 28, 29; 18:1; 22:41, 44).
c «Диҟәамҵӡар» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагоит «ахӡырымгара злам» ма «аԥхашьара злам». Ажәамаанаҿы Иисус зыӡбахә иҳәаз ауаҩы ииҭахыз дааҟәымҵӡакәа а́ҳәара дацәыԥхашьомызт. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит убри ауаҩ иеиԥш иааҟәымҵӡакәа Анцәа иҳәалар шрыхәҭаз (Лука 11:9, 10).
d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: АШЬАҾА 1. Иашьаки иаҳәшьаки аизарахь иааит. Дара иԥшьоу адоуҳа ахьыҟоу, насгьы рашьцәеи раҳәшьцәеи дареи Иегова иахьимҵахырхәо аҭыԥ аҿы иҟоуп. АШЬАҾА 2. Дара аизара рҽазыҟаҵаны иааит, насгьы аҭакқәа ҟарҵоит. Ари астатиаҿы иаагоуп егьырҭ алабжьарақәагьы: Анцәа Иажәа ҭышәҵаала, ажәабжь бзиа шәҳәала, Иегова шәиҳәала. Урҭ рықәныҟәаразгьы иаҭахуп ҩ-шьаҿак.