АҴАРАЗЫ АСТАТИА 47
Ашәҟәы Алевит иаҳнарҵо
«Аҩыра зегьы нцәа доуҳала иаԥҵоуп, уи хәарҭоуп» (2 ТИМ. 3:16).
АШӘА 98 Аҩыра Анцәа идоуҳала иҩуп
АХҲӘААa
1, 2. Изрыхәҭоузеи ақьырсианцәа иахьа ашәҟәы Алевит хшыҩзышьҭрала аҭҵаара?
АПОСТОЛ Павел иҩыза қәыԥш Тимофеи игәалаиршәеит Аҩыра зегьы Анцәа идоуҳала ишаԥҵоу, иагьшхәарҭоу (2 Тим. 3:16). Ашәҟәы Алевитгьы уахь иаҵанакуеит. Иахышәҳәаауазеи шәара уи ашәҟәы? Шьоукы ргәаанагарала уи иахьа џьаргьы иумыхәо аԥҟарақәа зну шәҟәуп, аха ииашоу ақьырсианцәа ус ихәыцуам.
2 Ашәҟәы Алевит рҩижьҭеи 3 500 шықәса раҟара шцахьоугьы, Иегова уи ҳара ҳҟынӡа иааиртә иҟаиҵеит, избанзар дҳалабжьаларц иҭахуп (Рим. 15:4). Уи ашәҟәы Иегова ихәыцшьа аилкаара иҳацхраауеит, убри аҟынтә хшыҩзышьҭрала иҭаҳҵаалароуп. Ааи, Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩыз уи ашәҟәы иаҳнарҵар алшо даараӡа ирацәоуп. Шәааи ԥшь-урокк еилҳаргап.
ИЕГОВА ИРАЗРА ҲАУР ШҲАЛШО
3. Избан Аҿыхра амш аҽны акәырбан знаргоз?
3 Актәи аурок. Иегова изы иҟаҳҵо идикыларц азы иразра ҳамазароуп. Есышықәса Израильаа зегьы Аҿыхра амш аҽны еизон, насгьы аԥхьаԥшьаҩы аԥстәқәа кәырбанс инеигон. Уи Израильаа иргәаланаршәон рыгәнаҳақәа рхырхырц шрыхәҭаз. Аха аԥхьаԥшьаҩы кәырбанс инеигоз ашьа иманы Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ дыҩналаанӡа, ажәлар рыгәнаҳақәа рхыхра аасҭа ихадаз ак ҟаиҵар акәын.
(Шәахәаԥш абзац 4)d
4. Иҟаиҵози аԥхьаԥшьаҩы Аҿыхра амш аҽны раԥхьаӡакәны Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ даныҩналоз, Алевит 16:12, 13 иану инақәыршәаны? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)
4 Шәаԥхьа Алевит 16:12, 13. Ҳхаҿы иааҳгап Аҿыхра амш. Аԥхьаԥшьаҩы иԥшьоу ақьала дыҩналоит. Иахьа иара Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ хынтә дыҩналароуп. Уажәы иара раԥхьаӡа акәны дыҩналоит. Иара икуп зыфҩы хаау афимиам зҭоу амаҭәар, насгьы акәицқәа зну ахьтәы маҭәар. Иара Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ аҩналарҭаҿы икнаҳау аԥарда аҿаԥхьа дааҭгылоит, игәы хыҭ-хыҭуа дыҩналоит, насгьы аиқәшаҳаҭра аковчег аԥхьа дгылоит. Асимволтә ҵакыла иуҳәозар, иара Анцәа Иегова иҿаԥхьа дгылоуп! Уажәы аԥхьаԥшьаҩы ашьшьыҳәа афимиам ижжаӡа иаку акәицқәа ирықәиҭәоит, ауадагьы афҩы хаа лаҳа-лаҳауа иҩначуеитb. Ԥыҭрак ашьҭахь иара агәнаҳақәа рхыхразы кәырбанс инаргоз аԥстәқәа ршьа иманы деиҭаҩналоит. Иазгәашәҭ, аԥстәқәа ршьа неигаанӡа афимиам шибылуа.
5. Иаҳнарҵозеи ҳара аԥхьаԥшьаҩы Аҿыхра амш аҽны афимиам ихы ишаирхәоз?
5 Иаҳнарҵозеи ҳара аԥхьаԥшьаҩы Аҿыхра амш аҽны афимиам ихы ишаирхәоз? Абиблиаҿы иануп Иегова изы изиашоу имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа афимиам ишаҩызоу (Аԥсал. 141:2; Аат. 5:8). Иаҳгәалаҳаршәап аԥхьаԥшьаҩы игәы хыҭ-хыҭуа Иегова иҿаԥхьа афимиам шибылуаз. Уи иаанарԥшуан иара Иегова шаҟа ҳаҭыр иқәиҵоз. Убас еиԥш Иегова ҳаниҳәо, ҳаргьы уи ҳаҭырқәҵарала иҟаҳҵоит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит адунеи зегь Зшаз иацәажәара алшара ахьҳамоу, насгьы ахәыҷы иаб дшизааигәоу еиԥш изааигәахара ахьҳалшо (Иак. 4:8). Иара ҩызцәас ҳиԥхьаӡоит! (Аԥсал. 25:14). Ҳара уи ахә ҳаракны иаҳшьоит, убри аҟынтә ахаангьы игәы иҳархьыр ҳҭахӡам.
6. Иаҳнарҵозеи ҳара аԥхьаԥшьаҩы ашьтәақәа неигаанӡа афимиам ахьибылуаз?
6 Ишаҳҳәаз еиԥш аԥхьаԥшьаҩы ашьтәақәа неигаанӡа афимиам иблыр акәын. Уи абзоурала иара агәра ганы дыҟазар илшон инеигоз акәырбан Анцәа ишидикылоз. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иисус адгьыл аҿы даныҟаз ауаатәыҩса ҿихырц азы иԥсы рыхҭниҵаанӡа акырӡа ихадаз ак ҟаиҵар акәын. Изакәызи уи? Иисус аҵыхәтәанынӡа азиашара ааирԥшыр акәын, убасҟан ауп Иегова уи иԥсхҭынҵара анидикылоз. Убас ала Иисус иааирԥшуан Иегова ишиҭаху еиԥш анхара зегьы ишреиӷьу, насгьы ишьақәирӷәӷәон Иаб напхгара аура закәанла азин шимоу.
7. Избан Иисус иԥсҭазаара Иаб дзаргәырӷьоз?
7 Иисус адгьыл аҿы дынхонаҵы еснагь Иегова дизыӡырҩуан. Аԥышәара ӷәӷәақәа дышрықәшәозгьы, иара убас гәаҟрала дыԥсраны дшыҟоу шидыруазгьы, иара Иаб имчра зегьы ишреиӷьу ашьақәырӷәӷәара дазхиан (Флп. 2:8). Даара ианицәыцәгьаз, иара «дқьыз-қьызуа, длаӷырӡышауа» Анцәа диҳәон (Аур. 5:7). Иисус гәык-ԥсыкала Иаб дахьиҳәоз иаанарԥшуан Иегова дышизиашаз. Урҭ аҳәарақәа Иаб еснагь изыӡырҩразы игәаҳәара еиҳагьы идырӷәӷәон. Иисус иҳәарақәа Иегова изы зыфҩы хааз афимиам иеиԥшын. Иисус иԥсҭазаара шымҩаԥигаз Иаб даргәырӷьеит, насгьы имчра зегьы ишреиӷьыз шьақәнарӷәӷәеит.
8. Ишԥаҳалшо Иисус иҿыԥшра?
8 Ишԥаҳалшо Иисус иҿыԥшра? Ҳара ҳҽазаҳшәозар ауп Иегова еснагь изыӡырҩра, насгьы ҳизиашаны аанхара. Ауадаҩрақәа анҳамоу, ҳара Иегова дҳацхраарц азы гәыкала ҳиҳәоит, избанзар дҳаргәырӷьаларц ҳҭахуп. Убас ала иааҳарԥшуеит иара инапхгара ҳшадгылоу. Ҳара еилаҳкаауеит иара ицәымӷу ак ҟаҳҵозар, ҳаҳәарақәа шидимкыло. Аха инормақәа рыла ҳанынхо, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит гәык-ԥсыкала иҟаҳҵо ҳаҳәарақәа Иегова изы зыфҩы хаау афимиам ишаҩызахо. Иара убас агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иааҳарԥшуа азиашареи ацқьареи жәҩантәи Ҳаб дшаргәырӷьо (Ажәам. 27:11).
АЏЬШЬАРЕИ АБЗИАБАРЕИ ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ҲГӘАЗҬАРҴОИТ
(Шәахәаԥш абзац 9)e
9. Избан аҭынчратә амҭақәа зыҟарҵоз?
9 Аҩбатәи аурок. Ҳара Иегова имаҵ ҳуеит, избанзар иара иахь аџьшьара ааҳарԥшуеит. Уи еиӷьны еилаҳкаарц азы, шәааи ҳрызхәыцып Израильаа иҟарҵоз аҭынчратә амҭақәаc. Ашәҟәы Алевит аҿы ҳара еилаҳкаауеит Израильаа «аџьшьара аарԥшразы» аҭынчратә амҭа наргар шрылшоз (Алев. 7:11—13, 16—18). Дара уи амҭа знаргоз ус иахьаҭахыз акәӡамызт, аха рхаҭа уи аҩыза агәаҳәара ахьрымаз акәын. Уи ауаа Иегова бзиа дахьырбоз азы хатәгәаԥхарала иҟарҵоз амҭақәа ракәын. Ауаҩы амҭа аннеигалак ашьҭахь, иҭаацәеи иареи аԥхьаԥшьаҩи акәац еицырфон. Аха ашьтәа ахәҭақәак Иегова заҵәык итәын. Иарбанқәаз урҭ?
(Шәахәаԥш абзац 10)f
10. Ишԥаҳацхраауеи Алевит 3:6, 12, 14—16 аҿы зыӡбахә ҳәоу аҭынчратә амҭақәа Иисус Иаб имаҵ аура игәазҭазҵоз аилкаара?
10 Ахԥатәи аурок. Ҳара Иегова зегь иреиӷьу иаҳҭоит, избанзар бзиа даҳбоит. Иегова ашша зегьы иреиӷьуп ҳәа иԥхьаӡон. Уи адагьы, иара изы аҷаҷақәеи агәаҵәеи рыхә ҳаракын. (Шәаԥхьа Алевит 3:6, 12, 14—16.) Убри аҟынтә Иегова Израильаа хатәгәаԥхарала аҷаҷақәеи, агәаҵәеи, ашшеи анизнаргоз, даараӡа игәы иахәон. Уи ала дара иаадырԥшуан Анцәа зегь иреиӷьу ирҭарц шырҭахыз. Иисусгьы Иегова бзиа дибон аҟынтә, гәык-ԥсыкала имаҵ аниуаз, зегь иреиӷьыз ииҭон (Иоанн 14:31). Иисус Анцәа игәаԥхара анагӡара игәаԥхон, иара Анцәа изакәанқәа даараӡа бзиа ибон (Аԥсал. 40:8). Иегова даара дгәырӷьон Иисус гәахәарыла имаҵ шиуаз анибоз.
Ҳара Иегова зегь иреиӷьу иаҳҭоит, избанзар бзиа даҳбоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)g
11. Ишԥареиԥшу ҳмаҵзура аҭынчратә амҭақәа? Избан уи ҳгәы зышьҭнахуа?
11 Израильаа аҭынчратә амҭақәа хатәгәаԥхарала ишнаргоз еиԥш, ҳаргьы Иегова хатәгәаԥхарала имаҵ ҳуеит. Ҳара Иегова зегь иреиӷьу иаҳҭоит, избанзар гәык-ԥсыкала бзиа даҳбоит. Шаҟа игәы иахәозеи Иегова миллионҩыла имаҵзуҩцәа гәык-ԥсыкала бзиа дшырбо, насгьы инормақәа рықәныҟәара агәахәара шырзаанаго анибо! Иегова иара изы иҟаҳҵо адагьы, уи зыҟаҳҵо ибоит, насгьы ахә ишьоит. Уи ҳгәы шьҭнахуеит. Иаҳҳәап, шәара шәықәрахь шәнеихьазар, насгьы уаанӡа еиԥш амаҵзураҿы уиаҟара шәзыҟамҵозар, агәра ганы шәыҟаз Иегова шәшеиликаауа. Шәгәы иаанагозар ауеит иҟашәҵо зынӡа имаҷуп ҳәа, аха Иегова ибоит иаашәырԥшуа абзиабара ишәылшо аҟаҵара шәгәы шазҭанаҵо. Иара даараӡа деигәырӷьоит гәык-ԥсыкала имаҵ ахьыжәуа.
12. Дышԥарзыҟаз Иегова аҭынчратә амҭақәа, насгьы избан уи ҳара ҳгәы зышьҭнахуа?
12 Иаҳдырҵозеи ҳара аҭынчратә амҭақәа? Ашьтәа иреиӷьыз ахәҭақәа аныбылуаз, хыхь ихалоз алҩа Иегова игәы иахәон. Агәра ганы шәыҟаз шәаргьы гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ аныжәуа, уи игәы ишахәо (Кәал. 3:23). Шәхаҿы иаажәг Иегова даншәыхәаԥшуа ихы-иҿы шеихаччо. Иегова ижәбо аџьабаа ахә ишьоит, уи маҷзаргьы идузаргьы, ахаангьы ихашҭраны дыҟам (Матф. 6:20; Аур. 6:10).
ИЕГОВА ИОРГАНИЗАЦИА ДАЗЫЛԤХОИТ
13. Ишԥааирԥши Иегова аԥшьаҩцәа дшырзыразыз, Алевит 9:23, 24 иану инақәыршәаны?
13 Аԥшьбатәи аурок. Иегова ижәлар дырзылԥхоит. Шәааи иаҳгәалаҳаршәап 1512 шықәсазы ҳ. ҟ. ашьха Синаи ашьапаҿы иԥшьоу ақьала андыргыла иҟалаз (Ақәҵ. 40:17). Моисеи Аарон иԥацәеи иареи ԥшьаҩцәас иҟаиҵеит. Израильаа зегьы еизеит аԥшьаҩцәа раԥхьаӡакәны акәырбан шнаргоз иахәаԥшырц (Алев. 9:1—5). Ишԥааирԥши Иегова ҿыц иԥшьаҩцәахаз дшырзыразу? Моисеии Аарони ажәлар анырныҳәа, Иегова ажәҩан аҟынтә амца лбааишьҭит, уи акәырбаннагарҭа иқәыз ахәланабгеит. (Шәаԥхьа Алевит 9:23, 24.)
14. Избан ҳара ҳзы аинтерес заҵоу Иегова ԥшьаҩцәас иалихыз Аарон иԥацәеи иареи дахьырзыразыз?
14 Ишьақәнарӷәӷәазеи ажәҩан аҟынтә илбааз амца? Иегова амца ааишьҭит ԥшьаҩцәас иалихыз Аарон иԥацәеи иареи дшырзыразу, насгьы дышрыцхраало ааирԥшырц азы. Израильаа Иегова аԥшьаҩцәа дшырзыразу лабҿаба ианырба, еилыркааит даргьы ишрыхәҭоу урҭ рыдгылара. Иҳаҵанакуама уи ҳара? Ааи! Израиль иҟаз аԥшьаҩцәа рмаҵзура ԥхьаҟатәи, еиҳа еиҳаз аԥшьаҩцәа рмаҵзура аанарԥшуан. Христос, Иреиҳау Аԥхьаԥшьаҩы, имоуп ажәҩан аҿы амаҵ ицзуло 144 000-ҩык аҳцәеи аԥшьаҩцәеи (Аур. 4:14; 8:3—5; 10:1).
Иегова иорганизациа дазылԥхоит, насгьы напхгара азиуеит. Ҳара уи гәык-ԥсыкала ҳадгылоуп (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15—17.)h
15, 16. Ишԥааирԥшуеи Иегова игәрагоу, иҟәышу атәы дшизыразу?
15 1919 шықәсазы Иисус имаҷыз агәыԥ игәрагоу, иҟәышу тәыс иҟаиҵеит. Уи атәы ажәабжьҳәаратә ус напхгара азиуеит, насгьы Христос ишьҭанеицәа ианаамҭоу адоуҳатә фатәы риҭоит (Матф. 24:45). Ижәбома шәара лабҿаба Анцәа игәрагоу, иҟәышу атәы дшизыразу?
16 Аҩсҭаа, насгьы уи иган аанызкыло зегьы игәрагоу атәы инаигӡо аус ааныркылар рҭахуп. Иегова ицхыраарада игәрагоу атәы уи аус анагӡара илшомызт. Адунеи аҿы аибашьра дуқәа ҩба шыҟазгьы, аекономикатә ҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, ақьырсианцәа ӷәӷәала ишрышьҭашәарыцогьы, насгьы ииашамкәа ишрызныҟәогьы, игәрагоу, иҟәышу атәы Анцәа ижәлар адоуҳатә фатәы шриҭац ириҭоит. Шәазхәыц иахьа иҳамоу апубликациақәа рхыԥхьаӡара шаҟа ирацәоу! Урҭ 900 бызшәа инареиҳаны рыла иҭыҵуеит, изҭахугьы хәыда-ԥсада ироур рылшоит. Уи ишьақәнарӷәӷәоит Анцәа игәрагоу, иҟәышу атәы дшизыразу, дагьшицхраауа. Ажәабжьҳәаратә усгьы Иегова дшазылԥхо ҳбоит. Ииашаҵәҟьаны ажәабжь бзиа адунеи зегь аҿы ауаа ирыладырҵәоит (Матф. 24:14). Агәра ганы ҳаҟоуп Иегова иахьа иорганизациа напхгара шазиуа, насгьы дшазылԥхо.
17. Ишԥаҳалшо Иегова иорганизациа ҳшадгылоу аарԥшра?
17 Ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Иаасырԥшуама сара аџьшьара Иегова ижәлар сахьрыхәҭаку азы?» Моисеи ихаан Иегова иалихыз аԥшьаҩцәа дшырзыразу шьақәирӷәӷәарц азы ажәҩан аҟынтә амца лбааишьҭит. Иахьагьы Иегова лабҿаба ашьақәырӷәӷәарақәа ҳирбоит. Ҳара Иегова иорганизациа ҳахьахәҭаку азы аџьшьара ааҳарԥшлароуп (1 Фес. 5:18, 19). Ишԥаҳалшо Иегова иорганизациа ҳшадгылоу аарԥшра? Ҳара иҳалшоит ҳпубликациақәа рҿы ҳзыԥхьо, насгьы аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы иҳаҳауа Абиблиа шьаҭас измоу амҩақәҵарақәа рықәныҟәара. Иара убас иҳалшоит ажәабжьҳәаратә, насгьы арҵаратә ус гәацԥыҳәарала аҽалархәра (1 Кор. 15:58).
18. Шәзызхиоузеи шәара?
18 Шәааи ашәҟәы Алевит аҟынтә еилаҳкааз аурокқәа ҳхы иаҳархәалап. Ҳара иаҳҭахуп Иегова изы иҟаҳҵо амҭақәа идикылаларц. Ҳара иаҳҭахуп аџьшьара аарԥшуа Иегова имаҵ ҳауларц. Ҳара иаҳҭахуп Иегова иҳалшо аҟынтә зегь иреиӷьу иаҳҭаларц, избанзар гәык-ԥсыкала бзиа даҳбоит. Ҳара иаҳҭахуп иахьа Иегова дыззылԥхо аорганизациа ҳадгылазарц. Убас Иегова иҳарбоит ҳара ҳзы ишҳаҭыр дуу иара Ишаҳаҭцәа ахьҳакәу!
АШӘА 96 Анцәа Иажәа хазыноуп
a Ашәҟәы Алевит аҿы иануп Иегова ажәытәан Израильаа ириҭаз азакәанқәа. Ақьырсианцәа раҳасабала, ҳара урҭ азакәанқәа рыҵаҟа ҳаҟам, аха уеизгьы урҭ иахьагьы ихәарҭоуп. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ашәҟәы Алевит иаҳнарҵар алшо.
b Иԥшьоу ақьалаҿы ирбылуаз афимиам ԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡан. Израильаа уи рхы иахьадырхәоз Иегова имҵахырхәараҿы мацара акәын (Ақәҵ. 30:34—38). Џьаргьы ианӡам актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа Анцәа ианимҵахырхәоз афимиам рхы иадырхәон ҳәа.
c Аҭынчратә амҭақәа ирызкны еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит аенциклопедиа «Понимание Писания» аҟны астатиа «Приношения» аҿы.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Аҿыхра амш аҽны Израильаа рыԥхьаԥшьаҩы афимиами акәицқәеи иманы Зегь раасҭа иԥшьоу аҭыԥ дыҩналоит, ауада афҩы хаа лаҳа-лаҳауа иҩначуеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара Зегь раасҭа иԥшьоу аҭыԥ деиҭаҩналоит агәнаҳақәа рҿыхразы ашьа иманы.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: израильтәи ахаҵа аҭынчратә амҭас аԥшьаҩы ауаса ииҭоит. Убас иара иҭаацәара Иегова иахь аџьшьара аадырԥшуеит.
f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иисус адгьыл аҿы Анцәа имаҵ аниуаз Анцәа иԥҟарақәа дрықәныҟәон, иҵаҩцәагьы уи аҟаҵара дрыцхраауан. Убас иара Иегова гәык-ԥсыкала бзиа дшибоз ааирԥшуан.
g АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа асаламшәҟәқәа рыла ажәабжь лҳәоит. Убас лара лгәамбзиара дамыхәаԥшӡакәа гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ луеит.
h АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: февраль мза 2019 шықәсазы Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аиашьа Геррит Лиош еиҭарҿыцу «Адунеи ҿыц аиҭага» анемец бызшәала ишҭыҵыз рылеиҳәеит. Иахьа, арҭ ҩыџьа аиаҳәшьцәа реиԥш, Германиа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи амаҵзураҿы гәахәарыла рхы иадырхәоит ҿыц иҭыҵыз ари Абиблиа.