Ижәдыруама шәара?
Иарбан усу абиблиатә аамҭақәа раан ахылаԥшцәа инарыгӡоз?
АБИБЛИАТӘ аамҭақәа раан ахылаԥшҩы зымаҵ иуаз ауаҩы имазара зегь дахагылан, мамзаргьы дахылаԥшуан.
Апатриарх Иаков иԥа Иосиф Мысра тәыс даныҟаз, тәыс дызмаз иҩны ахылаԥшҩыс дахаиргылеит. Уи «имаз зегьы Иосиф инапы ианиҵеит» (Аҟаз. 39:2—6). Ԥыҭрак ашьҭахь Иосиф ихаҭа Мысра амчра аниоу, иҩны иахылаԥшуаз ақьаҳиа дахаиргылеит (Аҟаз. 44:4).
Иисус ихаан амхқәа змаз аӡәырҩы ауаа ихараз ақалақьқәа рҿы инхон. Убри аҟынтә есыҽны русуцәа ирхылаԥшуаз ақьаҳиа дырхадыргылон.
Иҟарҵодаз хылаԥшҩыс? Актәи ашәышықәсазы инхоз римтәи ашәҟәыҩҩы Колумелла иҳәон хылаԥшҩыс иҟарҵоз атәы «иԥыршәахьаз аӡә» шиакәыз. Уи дызхагылаз аусуцәа рус шынарыгӡоз ахылаԥшра зылшоз, аха убри аамҭазгьы агәымбылџьбарара аазмырԥшуаз иакәзар акәын. Колумелла иара убас иҳәеит ахылаԥшҩы зегь идыруашәа ихы ааимырԥшлар, насгьы иҿыцу ак аҵара дазхиазар шихәҭаз. Уи даара ихадан.
Анцәа Иажәаҿы иануп ақьырсиантә еизараҿы иҟоу усқәак ажәытәан ахылаԥшҩы инаигӡоз аусқәа ишреиԥшу. Иаҳҳәап, апостол Пиотр ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон Анцәа ириҭаз алшарақәа рхы иадырхәаларц изыԥсам Анцәа иқьиара ахылаԥшыҩцәа раҳасабала дара дара рымаҵ еибауларц азы (1 Пиотр 4:10, АдҾ).
Иисусгьы Лука 16:1—8 аҿы ахылаԥшҩы иҿырԥшы ихы иаирхәеит. Уи инеиҳангьы, Аҳ иеиԥш дшаауа узырбо адырга аӡбахә ахьиҳәоз аԥааимбаражәаҿы иҵаҩцәа агәра диргеит игәрагоу, иҟәышу атәы, мамзаргьы игәрагоу, иҟәыӷоу ақьаҳиа дшалихуа. Уи дҵа хадас иоуан аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан Христос иҵаҩцәа адоуҳатә фатәы ианаамҭоу рыҭара (Матф. 24:45—47; Лука 12:42). Ҳара даараӡа аџьшьара ааҳарԥшуеит игәрагоу ахылаԥшҩы ҳагәрахаҵара зырӷәӷәо адоуҳатә фатәы ахьҳазирхио, уи адунеи иқәынхо зегьы ироур рылшоит.