«Зегьы рзы иҭабуп шәҳәала»
ИШӘҲӘАР шәылшома шәара аџьшьара аазырԥшуа уаҩуп ҳәа? Ари азҵаара дасу ҳхы иаҳҭар бзиоуп. Абиблиаҿы акыршықәса раԥхьа ианын ҳаамҭазы ауаа иҭабуп аҳәара шырхадыршҭуа (2 Тим. 3:2). Иҟалап шәаргьы ишәықәшәахьазар еснагь егьырҭ рҟынтә акы иазыԥшу, насгьы иҭабуп аҳәашьа иақәымшәо ауаа. Ижәгәаԥхома шәара урҭ рҩызцәа ауаа рацәажәара?
Аха Иегова иҭахуп имаҵ зуа зегьы аџьшьара аадырԥшларц. Убри аҟынтә ҳара зегьы рзы иҭабуп ҳҳәоит (Кәал. 3:15, АдҾ; 1 Фес. 5:18). Уи адагьы, аџьшьара ааҳарԥшуазар, уи ахәарҭа ҳзаанагоит. Аџьшьара аарԥшразы иҟоу амзызқәа рацәоуп.
АЏЬШЬАРА ААЗЫРԤШУА АУАҨЫ ИХӘ ШЫРШЬО ИДЫРУЕИТ
Аџьшьара аазырԥшуа ауаҩы идыруеит егьырҭ ихә шыршьо — уи аџьшьара аарԥшразы ихадоу амзызқәа ируакуп. Аӡәы иҭабуп ҳәа аниаҳҳәо згәы шьҭыҵуа иара имацара иакәӡам, ҳхаҭагьы ҳгәы шьҭыҵуеит. Избан? Ҳазхәыцып ҿырԥштәык: аӡәы иаамҭа дамеигӡаӡакәа ак анышәзыҟаиҵо, шәара еилышәкаауеит иара уи шәаԥсоуп ҳәа шиԥхьаӡо, дышшәеиҷаҳауа. Уи шәгәы шьҭнахуеит. Руфь лҿырԥштәы уи шьақәнарӷәӷәоит. Вооз лара лахь агәыҭбаара анааирԥш, ҳәара аҭахума, уи Руфь даараӡа лгәы иахәеит (Руфь 2:10—13).
Еиҳараӡак ихадоуп Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәара. Ҳәарада, шәара Иегова ишәзыҟаиҵахьоу, насгьы иахьа уажәраанӡа ишәзыҟаиҵо зны-зынла шәазхәыцуеит (Ҩынтә. 8:17, 18; Аус. 14:17). Иегова шәҭынхацәеи шәареи ишәиҭаз азылԥхарақәа хыхь-хыхь рызхәыцра аҭыԥан, изалшәымхрызеи аамҭа инарҵауланы урҭ шәрызхәыцларц азы. Ҳазшаз хаҭала шәара шәахь шаҟа агәыҭбаара ааирԥшуа шәазхәыцуазар, еиҳагьы иҭабуп ҳәа иаҳәара шәҭаххоит, иара убас шаҟа бзиа шәибо, насгьы шәыхә ишьо еилышәкаауеит (1 Иоанн 4:9).
Аха Иегова шаҟа агәыҭбаара ааирԥшуа, насгьы шаҟа зылԥхара шәиҭо азхәыцра мацара азхаӡом, иҭабуп ҳәагьы иаҳәалатәуп (Аԥсал. 100:4, 5). Ауаа анасыԥ рымазарц азы аџьшьара аадырԥшлароуп.
АЏЬШЬАРА АИҨЫЗАРА АРӶӘӶӘОИТ
Иҟоуп аџьшьара аарԥшра заҭаху даҽа мзызкгьы — уи аиҩызара арӷәӷәоит. Ҳара зегьы иаҳҭахуп ҳахә ршьаларц. Гәык-ԥсыкала аӡәы иҭабуп ҳәа аниашәҳәо, иареи шәареи шәеиҩызара ӷәӷәахоит (Рим. 16:3, 4). Уи адагьы, аџьшьара аазырԥшуа ауаа егьырҭ рыцхраара еиҳа иазхиоуп. Дара игәарҭоит егьырҭ бзиарак анырзыҟарҵо, насгьы рхаҭақәагьы аҭак аҟаҵара рҭаххоит. Ааи, егьырҭ ҳанрыцхраауа, ҳара еиҳагьы насыԥ ҳауеит. Иисусгьы уи ауп ииҳәаз: «Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо — еиҳа инасыԥуп, еиҳа игәахәоуп» (Аус. 20:35).
Роберт Еммонс Калифорниатәи ауниверситет аҿы аџьшьара ҭызҵаауа дыруаӡәкуп, абар иара ииҳәаз: «Насыԥ ҳамазарц азы ҳара еилаҳкаауазар ауп егьырҭ рыда ԥсыхәа шҳамам. Зны ҳара аӡәы ак иаҳҭоит, зны ҳара ак ҳарҭоит». Ииашаҵәҟьаны, ауаҩы ауаҩ ида дзынхом, насыԥгьы иоуам. Иаҳҳәап, ҳара ҳада аӡәгьы дыҟамызҭгьы, афатә ҳауамызт, насгьы ҳазхәышәтәуа ҳәа аӡәгьы дҟаломызт (1 Кор. 12:21). Аџьшьара аазырԥшуа ауаҩы изыҟарҵо ахә ишьоит. Шьцыларас ишәымоума шәара егьырҭ иҭабуп ҳәа раҳәара?
АЏЬШЬАРЕИ ИИАШОУ АГӘАЗЫҞАШЬЕИ
Аџьшьара аарԥшразы иҟоуп даҽа мзызкгьы: уи ииашоу агәазыҟашьа аарԥшра иҳацхраауеит. Ҳахшыҩ афильтр иаҿурԥшыр ауеит: ҳара иҳалшоит акы ҳхы азышьҭны ҳазхәыцлар, даҽакы зынӡа ҳхахьы иааҳамгалар. Аџьшьара аазырԥшуа ауаҩы ихы ззишьҭуа ауадаҩрақәа ракәӡам, аха ибзиоу ак ауп. Шаҟа лассы-лассы егьырҭ иҭабуп ҳәа раҳҳәо аҟара, иҭабуп зхаҳҳәааша шырацәоу ҳбалоит, усҟан аџьшьара аарԥшра еиҳагьы иаҳҭаххоит. Иҭабуп зхаҳҳәааша ҳхы азаҳашьҭлар, апостол Павел иажәақәа рықәныҟәара ҳзымариахоит. Абар уи ииҳәаз: «Еснагь Иҳақәиҭу шәизгәырӷьала» (Флп. 4:4).
Аџьшьара ииашоу агәазыҟашьа аарԥшра иҳацхраауеит, избанзар уи ашьыцреи, агәкаҳареи, агәаареи рҟынтә ҳахьчоит. Уи адагьы, аџьшьара аазырԥшуа ауаа рзы аԥара зегь раасҭа ихадаӡам. Дара ирымоу ахә ршьоит, насгьы амал арҳара иашьҭаӡам (Флп. 4:12).
ИШӘЫМОУ АЗЫЛԤХАРАҚӘА ШӘРЫЗХӘЫЦЛА
Ҳара ҳқьырсианцәоуп аҟынтә, еилаҳкаауеит Аҩсҭаа ишиҭаху аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа раан ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҳгәы карыжьларц. Иҽеим агәазыҟашьа шьҭаҳхыр, насгьы еснагь агәынамӡара аарԥшра ҳалагар, Аҩсҭаа даараӡа дгәырӷьалоит. Иара убасгьы усҟан ауаа ирцәыцәгьахоит ажәабжь бзиа анырзеиҭаҳҳәо ҳзыӡырҩра. Ишаҳбо еиԥш аџьшьареи Анцәа идоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәеи еицрымшәо еицуп. Иаҳҳәап, ҳара ҳреигәырӷьоит Анцәа иаҳзыҟаиҵо абзиарақәа, насгьы ҳзықәиргәыӷуа шынаӡо агәра ҳгоит (Гал. 5:22, 23).
Иегова имаҵ зуа аӡә иаҳасабала иҟалап шәара шәақәшаҳаҭзар ари астатиаҿы аџьшьара иазкны иану зегь шиашоу, аха еилышәкаауеит еснагь агәазыҟашьа бзиа аарԥшреи иҭабуп аҳәареи шымариам. Шәгәы кашәмыжьын. Шәара ишәылшоит аџьшьара аарԥшра шьцыларас ишьҭышәхыр. Ишԥа? Есыҽны иалшәхла аамҭа ишәымоу азылԥхарақәа шәрызхәыцларц азы. Шаҟа еиҳаны уи шәазхәыцло аҟара, аџьшьара аарԥшра шәзымариахоит. Уи абзоурала зхы ауадаҩрақәа ирзызышьҭуа раасҭа насыԥ шәымазаауеит. Шәрызхәыцла шәгәы шьҭырхырц азы Анцәеи ауааи иҟарҵо, иара убас агәахәара шәзаазго зегьы. Уи џьара анҵара шәалагаргьы ауеит. Есыҽны ианышәҵала амш аҩныҵҟа шәзыргәырӷьаз ҩба-хԥа хҭыс.
Ҵарауаак игәарҭеит еснагь аџьшьара анааҳарԥшуа ҳахшыбаҩ даҽакала аусура ишалаго, насгьы агәазыҟашьа бзиа аарԥшра шаҳзымариахо. Аџьшьара аазырԥшуа ауаҩы насыԥ имоуп. Убри аҟынтә ишәымоу зегь ахә шәшьала, еснагь агәазыҟашьа бзиа шәымаз, насгьы аџьшьара аашәырԥшла! Ишәымоу азылԥхарақәа иаабац ак еиԥш рзыҟазаара аҭыԥан, «Иегова аџьшьара ишәҭала, избанзар иара дқьиоуп». Ааи, «зегьы рзы иҭабуп шәҳәала» (1 Аш. 16:34; 1 Фес. 5:18).