Аԥааимбарцәа рҟынтә аҿырԥшы жәгала. Иоил
1. Ишԥаҳалшо ажәабжьҳәараан Иоил имаз ахынраалара ҳаҿыԥшлар?
1 Дызусҭадаз аԥааимбар Иоил? Уи ихазы «Вафуил иԥа» шиакәу мацара ауп ииҳәо (Иоил 1:1). Ахынраалара змаз ари аԥааимбар ажәабжьҳәаҩ ҳәа ихы аликаауамызт, аха Иегова иажәабжь ахь ауаа хьаирԥшуан. Ҳаргьы ҳмаҵзураҿы арҽхәара ҳашьҭаӡам, аха ауаа Иегова иахь, насгьы Абиблиа ахь ихьаҳарԥшуеит (1 Кор. 9:16; 2 Кор. 3:5). Иара уи адагьы, ажәабжь анеиҭаҳҳәо, амч ҳауеит. Иарбан ганқәоу Иоил иԥааимбаражәа аҟынтә агәыӷреи агәцаракреи ҳамазарц иҳацхраауа?
2. Ҳгәы зызҭанаҵар акәзеи ҳара, Иегова имш шааигәахо ҳаназхәыцуа?
2 «Иегова имш ааигәоуп» (Иоил 1:15). Арҭ ажәақәа аагоижьҭеи азқьышықәсақәа шыҵхьоугьы, урҭ аҵыхәтәантәи рынагӡара иахьатәи ҳамшқәа раан иаҿуп. Адунеи аҿы аҭагылазаашьа аицәахара, ажәабжь заҳҳәо ауаа иаадырԥшуа ахыччареи зегьазеиԥшреи иудырбоит аҵыхәтәантәи амшқәа шааигәахаз (2 Тим. 3:1—5; 2 Пиот. 3:3, 4). Аҵыхәтәа ааигәахара иаҿуп, убри аҟынтә иҳамоуп акрызҵазкуа амзызқәа ажәабжьҳәара ҳаԥсҭазаараҿ ихадоу аҭыԥ азалҳхларц (2 Пиот. 3:11, 12).
3. Избан иахьа, арыцҳара ду анааигәаха, амаҵзура еиҳа акыр заҵанакуа?
3 «Иегова дҽыҵәахырҭахоит ижәлар рзы» (Иоил 3:16). Ажәақәа «ажәҩани адгьыли ҵысуеит» ари ажәеинраала аҟынтәи арыцҳара ду аан Иегова изыӡба анагӡара мацара ауп изҵазкуа. Ҳара ҳгәы арҭынчуеит уи аныҟало Иегова изиашоу имаҵуҩцәа шихьчо ахьаҳдыруа (Аатр. 7:9, 14). Ажәабжьҳәара ҳҽаналаҳархәуа, Иегова дышҳадгыло, ҳаширӷәӷәо анаҳбо, ҳара еизҳарҳауеит агәрахаҵареи ахачҳареи, иааигәахо арыцҳара ду ахгаразы.
4. Иарбан ҵаҵӷәу иҳамоу ҳгәырӷьаларц, насгьы ԥхьаҟа агәрагара ҳаманы ҳаԥшларц?
4 Шьоукы Иоил иажәабжь митәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, аха Анцәа ижәлар рзы уа иануп аҽацәыхьчара азы агәыӷра бзиахә (Иоил 2:23). Убри аҟынтә шәааи агәрагара ҳаманы ԥхьаҟа ҳаԥшлап, насгьы ҳгәы ҳаҵҳаҵо Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа рылаҳҳәалап, Иоил 2:23 иану инақәыршәаны: «Шәгәырӷьала шәара шә-Нцәа Иегова иҟны».