Аԥааимбарцәа рҟынтә аҿырԥшы жәгала. Осиа
1. Иарбан зҵаароу уара ухы иауҭар улшоз?
1 «Сзызхиоузеи сара Иегова изы аҟаҵара?» Иҟалап уара ари азҵаара ухы иауҭозҭгьы, Анцәа иқьиара дуӡӡеи игәшаҭареи уанрызхәыцуаз (Ԥс. 103:2—4; 116:12). Аԥааимбар Осиа дазхиан Иегова идиҵоз зегьы аҟаҵара, уи Осиа изы ахамеигӡара аарԥшра шаанагозгьы. Ишԥаҳалшо ҳара Осиа иҿыԥшра?
2. Ишԥаҳаиҭеи Осиа аҿырԥшы бзиа ажәабжьҳәара ацҵараҿы?
2 Ажәабжь шәҳәала иуадаҩу аамҭазы. Осиа иажәабжь зызкыз раԥхьаӡа иргыланы ицқьоу амҵахырхәара зынӡа иахьыҟамыз, жәа-еимшьҭрак рыла ишьақәгылаз Израил аҳра акәын. Аҳ Иеровоам II Иегова иҿаԥхьа ацәгьа иуан, насгьы Иеровоам I иалеигалаз аҳәыс амҵахырхәара шьақәирӷәӷәеит (2 Аҳ. 14:23, 24). Уи ишьҭанеиуаз аҳцәагьы жәа-еимшьҭрак рыла ишьақәгылаз Израил аҳра доуҳала аилаҳара иацхрааит, уи 740 шықәсазы ҳ. ҟ. иқәгахаанӡа. Амцтә динхаҵара шеизҳауазгьы, Осиа 59 шықәса иреиҵамкәа Анцәа дизиашаны ԥааимбарс имаҵ иуан. Ҳазхиоума ҳара шықәсы рацәала ажәабжьҳәара, ауаа рҿагылареи зегь азеиԥшреи шыҟоугьы? (2 Тим. 4:2).
3. Ишԥаныԥшуаз Осиа иԥсҭазаараҿ Иегова игәшаҭара?
3 Иегова игәшаҭара шәазхьаԥшла. Иегова Осиа иеиҳәеит: «Ԥҳәысс дга зкалҭ бааԥсхо аԥҳәыс» (Ос. 1:2). Иара иԥҳәыс Гомер аԥа длоуит, аха анаҩс ҩыџьа ахәыҷқәа даҽаӡә иҟынтәи илоузар ҟалап. Осиа изиашареи иара анажьра дшазхиази иаадырԥшит Иегова изымӡырҩуаз ижәлар рахь игәшаҭара шаҟа иҵаулаз (Ос. 3:1; Рим. 9:22—26). Ҳазхиоума ҳара ҳхатә ҭахрақәа рыхҭынҵара, ауаа зегь Иегова игәшаҭара атәы еилыркаарц? (1 Кор. 9:19—23).
4. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара Иегова изы?
4 Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы ркариера аанрыжьит, амаҵзура еиҳа аамҭа азыркларц. Егьырҭ Аҳра аус еиҳа рҽаладырхәларц азы, аҭаацәара аԥырҵаӡом, ма ахшара ирхыццакӡом. Осиа иԥсҭазаара уаназхәыцуа, уара иуҳәар ҟалап: «Сара ус аҟаҵара сылшарымызт». Аха ҳара ҳзыԥсам Иегова иқьиара ахә ҳшьозар, насгьы иԥшьоу адоуҳала ҳирӷәӷәарц ҳиҳәозар, ҳара, Осиа иеиԥш, Анцәа илҳаршоит ихы ҳаирхәарц ахаан ҳшазымхәыцуаз еиԥш (Матф. 19:26; Флп. 2:13).