Август — иналукааша мзоуп!
Адунеи ахьынӡа-наӡааӡо абуклет ҿыц рыларҵәахоит
1. Иарбан кампаниоу Аҳра 100 шәықәса ахыҵра иадҳәаланы адунеи ахьынӡа-наӡааӡо имҩаԥгахо?
1 Анцәа Иаҳра напхгара ауеижьҭеи 100 шықәса ҵырц акгьы агым. Уи иадҳәаланы имҩаԥгахоит Иегова дҳараҳкыртә еиԥш алшара ҳазҭо иҷыдоу акампаниа. Август мзазы адунеи ахьынӡа-наӡааӡо ҳара ирылаҳарҵәоит абуклет ҿыц «Иабаԥшаатәу акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак?» захьӡу. Ари абуклет ауаа ргәазҭанаҵоит рҭакқәа Абиблиаҿы ирыԥшааларц, насгьы уа иаҳәоит асаит jw.org аҿы хәарҭас ирыԥшаар рылшо.
2. Ишԥаҳалшо ҳара август мзазы ҳабжьы рдуны Иегова дҳараҳклар?
2 Шәыбжьы рдуны Иегова дҳарашәкла. Ажәабжьҳәара ирацәаны зҽалазырхәырц зҭаху зегьы ирыҭахоит иҷыдоу алшара. Август мзазы ицхырааҩу пионерцәас аҟалара зҭаху ирымоуп алшара 30 сааҭ амаҵ аура. Август амза хә-хәашак, хә-сабшак, хә-мҽышак амоуп аҟынтә, аус зуа ажәабжьҳәаҩцәа реиҳараҩык ироуеит алшара ицхырааҩу пионерцәас аҟалара. Август мзазы аԥсшьарамшқәа змоу ашкол иҭоу ажәабжьҳәаҩцәа ицхырааҩу пионерс аҟаларазы еиҳа алшара роуеит. Ақәҿиара бзиақәа ҟазҵо ауаҩы Абиблиа иурҵозар, мамзаргьы ухәыҷы жәабжьҳәаҩыс аҟалара иҭахызар, уажәы иаамҭоуп аизара аиҳабацәа рхеилак акоординатор иацәажәара. Даараӡа ибзиахоит урҭ жәабжьҳәаҩцәахар, насгьы ари иналукааша амза аҩныҵҟа амаҵзураҿы рыҽҳадыркылар! Лассы-лассы азеиԥш пионерцәа шықәсыктәи рнорма анынарыгӡалак ашьҭахь, август мзазы рыԥсы ршьарц рыӡбоит, аха иҟалап рыпланқәа аԥсахра рҭаххар, ари иҷыдоу акампаниа инарҭбааны рҽаладырхәырц азы. Ибзиахон уажәнатә ҭаацәашәала шәалацәажәар, август мзазы шәыбжьы рдуны Иегова дҳарашәклар шшәылшо (Езд. 3:11; Ажәам. 15:22).
3. Ҳаззыԥшузеи ҳара ари иҷыдоу акампаниа аҟынтәи?
3 Абас еиԥш иҟоу акампаниақәа ҳаҽрылаҳархәхьеит, аха ҳара ҳақәгәыӷуеит ари акампаниа аҭоурых адаҟьақәа рҿы иаанхоит ҳәа. Иҳалшома ҳара август амза иалагӡаны иҿыцу арекордтә цифрақәа рышьақәыргылара асааҭқәеи, ажәабжьҳәаҩцәеи, ицхырааҩу апионерцәеи рыла? Дазылԥхааит Иегова адунеи ахьынӡа-наӡааӡо имаҵзуҩцәа ирбо аџьабаа, 2014-тәи амаҵзуратә шықәса аҵыхәтәантәи амза август азы, даҽа мызқәак иреиԥшымкәа ашаҳаҭра дуӡӡа аҭара алыршахартә еиԥш! (Матф. 24:14).