Адгаларақәа рыхкқәа
Ахәылԥаз ахь ааԥхьара иазку акампаниа
«Ҳара ирылаҳарҵәоит акрызҵазкуа ахҭыс ахь ааԥхьара. Миллионҩыла ауаа адунеи зегь аҿы еизоит апрель 3 рзы Иисус Христос иԥсра амш азгәарҭарц, насгьы уи иԥсра хәарҭас иаҳзаанагаз уеилзыркаауа Абиблиа шьаҭас измоу ажәахә иазыӡырҩырц. Ааԥхьара аҿы иарбахоит уи аиԥылара анымҩаԥысуа аамҭа, насгьы иахьымҩаԥысуа аҭыԥ».
Аброшиура «Ҳазцәихьчозеи ҳара Иисус?».
«Апрель 3 рзы Иисус Христос иԥсра амш азгәарҭоит. Ҳара ҳахьынхо аҭыԥ аҿы шьоукы еизоит ари ахҭыс азгәаҭаразы. Даҽа шьоукы Иисус иԥсра аҵакы амоуп ҳәа ирыԥхьаӡом. Шәара шәгәы ишԥаанаго? Аҵакы амоума ҳара ҳзы Иисус Христос иԥсреи иԥсҭалареи? [Уазыӡырҩы аҭак.] Шәахәаԥш уи аганахь ала Анцәа Иажәаҿы иану [Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:22, 26.] Ари аброшиураҿы иануп Иисус Христос иԥсхҭынҵара абзоурала адгьыл аҿы аԥсра шықәгахо».