Аконгресс иадҳәалоу агәаларшәарақәа
Аконгресс аихшанҵа. Есҽны арҭ ахымш раан апрограмма алагалоит 9:20 рзы. Аҩналарҭа аартхоит асааҭ 8:00 нахыс. Амузыка шалаго алаҳәара аныҟалалак ашьҭахь, зегьы рҭыԥқәа ааныркылар ауп, апрограмма ишахәҭоу иалагарц азы. Ахәашеи асабшеи апрограмма хыркәшахоит 17:00 рзы, амҽыша 16:00 рзы.
Ашәала Иегова дҳарашәкла. Ажәытәан Иегова имаҵзуҩцәа иара ашәақәа рыла дҳараркуан, убас еиԥш иахьа уажәраанӡагьы амузыка ииашоу амҵахырхәараҿы ихадоу ароль ааннакылоит (Ԥс. 28:7). Арегионалтә конгресс апрограмма ахәҭақәа музыкала иалагоит. Ари ус баша музыкам. Уи заԥҵоу еиҳаны Иегова иӡбахә еилаҳкааларц, насгьы ҳимҵахырхәаларц азы ауп. Убри аҟынтә ахантәаҩы амузыкатә ааҭгылара шыҟало алаҳәара аныҟаиҵалак, ҳара ҳҭыԥқәа аанкыланы ацәажәара ҳаҟәыҵны амузыка ҳазыӡырҩлар ауп. Уи ала ҳара иааҳарԥшуеит Ахьчаратә Бааш Рхеилак аоркестр алахәылацәа рџьабаа пату шақәаҳҵо. Шықәсык ахь ҩынтә урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рхатә ԥарала Паттерсон (штат Ньиу-Иорк) иаауеит, ҳара ҳзы амузыка ԥшӡа аҭаҩразы. Амузыкатә ааҭгылара игәцаракны ҳазыӡырҩны Аҳра иазку ашәақәа рыла ҳара зегьы Иегова дҳараҳкроуп.
Амашьынақәа рыргыларҭа. Аконгрессқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рҿы иахьынӡазалшо ала хәыда-ԥсада амашьынақәа рыргыларҭа ҭыԥқәа рхиазаауеит. Амашьына аргылара ҟалоит ушнеилак иҭацәу ҭыԥк аҿы. Аҭыԥқәа еснагь иахьмаҷу иахҟьаны, ибзиахон аделегатцәа иахьынӡазалшо ала машьынак ала еицны инеилар. Аинвалидцәа рмашьынақәа рзы хазы аҭыԥ алхуп, рмашьына иахәҭоу арбага амазар.
Атәарҭа ҭыԥқәа. Агәашәқәа анаадыртуа, ҳуҳәоит уахымыццакын зегь иреиӷьу аҭыԥ аанкылара егьырҭ урацлабуазшәа. Апатуқәҵара аарԥшла, уара ухы мацара акәымкәа, егьырҭ рманшәалара уазхәыцла. Ахамеигӡара ҳара ииашоу ақьырсианцәа реиԥш ҳалнакаауеит, насгьы ҳхымҩаԥгашьа иацклаԥшуа ауаа Анцәа ирҳаракра ргәазҭанаҵоит (Иоан. 13:34, 35; 1 Кор. 13:5; 1 Пиот. 2:12). Аҭыԥқәа раанкылара ҟалоит машьынак аҿы иуцааз, иуцынхо, мамзаргьы Абиблиа зурҵо рзы. Ҳуҳәоит уааигәа иҟоу аҭыԥқәа рҿы акгьы ықәумҵаларц, егьырҭ ирбаларц аҭыԥ шҭацәу. Аинвалидцәа, ма зықәрахь инеихьоу ауаа, хазы ирзалхзаауеит иҷыдоу аҭыԥқәа. Урҭ аҭыԥқәа ахьмаҷу иахҟьаны, аинвалидцәа, ма зықәрахь инеихьоу ирыдтәалар ҟалоит ирхылаԥшуа аӡәы ма ҩыџьа.
Иӡыргацәам амаҭәа. Аконгресс анымҩаԥысуа ҳара иақәнагоу, иӡыргацәам, ари адунеи адоуҳа знымԥшуа маҭәала ҳаилаҳәазар ҳахәҭоуп (1 Тим. 2:9). Асасааирҭаҿы ҳҽанҭаҳаҩуа, ҳҽанҭаҳго, насгьы аконгресс анымҩаԥымсуа аан ҳаԥсы анаҳшьо, ҳара ишабалак, ҳаиҿкааӡамкәа ҳҽеилаҳҳәар ахәҭам. Усҟан ҳара ишаҭәоу иныҟәаҳгоит ҳаԥхьа иаҳҭо аплакетка, ҳагьыԥхашьаӡом алшара анҳауа ашаҳаҭра аҭара. Иааиуа аконгресс аан ҳара ҳҭеиҭыԥши ҳхымҩаԥгашьеи гәык-ԥсык ала иҟоу ауаа хьанарԥшуеит Абиблиа иану аиқәырхаратә жәабжь ахь, иара убасгьы Иегова даргәырӷьоит (Соф. 3:17).
Аелеқтронтә хархәагақәа. Ҳара ахымҩаԥгашьа бзиа ааҳарԥшуеит апрограмма алагаанӡа ҳҭелқәа, насгьы егьырҭ аелеқтронтә хархәагақәа аӡәгьы иԥырхагамхартә еиԥш ишьақәҳаргылар. Апатреҭ ҭыхга, авидеокамера, апланшет, ма егьырҭ ахархәагақәа ҳхы ианаҳархәо ҳара егьырҭ ҳарԥырхагахаӡом апрограмма ахәаԥшреи азыӡырҩреи. Иара убас, ахымҩаԥгашьа бзиахь иаҵанакуеит апрограмма аан иаҭахымкәа СМС-аацҳарақәа, насгьы аелеқтронтә ԥошьҭала асаламшәҟәқәа рышьҭра.
Шьыбжьхьа. Шьыбжьон аконгресс аҟынтә џьаргьы ацара уқәымшәарц азы, шьыбжьхьа шьҭых. Иуҭахызар иугар улшоит идуум аҵааршәыга-сумка, уахьтәоу иузыҵаргылартә еиԥш. Даара идуу аҵааршәыга-сумка, ма асаркьа иалху ачысмаҭәа аконгресс ахь анагара ҟалаӡом.
Хатәгәаԥхарала аҭара. Ҳара аконгресс аиҿкааразы аџьшьара ааҳарԥшыр ҳалшоит хатәгәаԥхарала аҭара ҟаҳҵозар, адунеизегьтәи аус ахь ҳ-Аҳратә Зал, ма аконгресс аҿы. Ачекқәа рҿы иарбатәуп «Иегова ишаҳаҭцәа рқьырсиантә еизара азы» ҳәа. Уи адагьы хатәгәаԥхарала аҭара ҟалоит адебеттә, ма акредиттә картақәа рыла.
Ахәшәқәа. Аҳақьым иузылиҩааз ахәшәқәа удукылозар, ҳуҳәоит урҭ ргара ухоумыршҭын, избанзар аконгресс аҿы урҭ ахәшәқәа ҟалаӡом. Аинсулинтә шприцқәеи агәырқәеи — ари ишәарҭоу гәам-самуп, убри аҟынтә аконгресс ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рҿы аурнақәа рҭажьра ҟалом, иара убас асасааирҭа ҭыԥқәа рҿгьы.
Ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа. Еиҳараӡак агәҽанызаара аарԥшла уахьныҟәо ааха умоурц, избанзар иҟоуп иахьыҵәырҵәыруа, иахьҭаҟәаҭаҿароу. Есышықәса ашьапымаҭәа иахҟьаны аахақәа зауа ҟалоит, еиҳараӡак аимаа ашьхәа ахьыҳараку азы. Ашьапымаҭәа ӡыргацәамкәа иҟазар ауп, аҭагылазаашьа инақәыршәаны, убасҟан ауп аныҟәара аныманшәалахо, еиҳараӡак амардуанқәа рҿы, ма аихацқәа ахьышьҭоу уҳәа убас иҵегьы.
Уиаҟара измаҳауа ауаа рзы. Еиҿкаахоит апрограмма арадиотранслиациа FM ацәқәырԥақәа рыла. Атранслиациа азыӡырҩразы алымҳахаҵа зцу арадиодкылага-FM нагатәуп.
Ахәыҷтәы кәырҷыжьи еиҵало аҟәардәқәеи. Аконгресс ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рахь рнагара ҟалаӡом ахәыҷтәы кәырҷыжьқәеи еиҵало аҟәардәқәеи. Аха азин ыҟоуп ахәыҷы иҭартәага анагара, аҭаацәа рывараҿы аҟәардә ақәыргыларазы.
Апарфиумериа. Иахьатәи аамҭазы аконгрессқәа реиҳарак авентилиациа ахьмаҷу иарку ахыбрақәа рҟны имҩаԥысуеит. Убри аҟынтә егьырҭ рахь абзиабара аарԥшуа, мыцхәы зыфҩы ӷәӷәоу апарфиумериа ирмаҷны ҳхы иаҳархәар ауп. Уи ареспиратортә чымазара змоу, насгьы згәабзиара ҽеим ауаа ирԥырхагахар алшоит (1 Кор. 10:24).
Абланкқәа «Ҳуҳәоит, ари ауаҩы уиҭаа» (S-43). Аконгресс аҿы иформалтәым ашаҳаҭра зауз ауаҩы аинтерес ааирԥшызар, абланк (S-43) ухы иархәаны аацҳара ҟаҵа. Ихаурҭәааз абланкқәа рыҭатәуп алитературатә ҟәшахьы, мамзаргьы аконгресс аҟынтә уаныхынҳәлак уеизара амаӡаныҟәгаҩ иуҭар улшоит.
Аресторанқәа. Аресторанқәа рҿы уаныҟоу, ухымҩаԥгашьа бзиала Иегова ихьӡ ырҳаракла. Ақьырсиантә маҵзуҩы ишиқәнаго еиԥш уҽеилаҳәала. Ус иаԥҵазар, иацҵаны аԥара ныжь.
Асасааирҭақәа.
Ауадақәа мыцхәы аанумкылан, насгьы ауада ирацәаҩны шәыҩнамлан, уи аҩыза азин ыҟамзар.
Узқәымгәыӷуа ҭагылазаашьак уақәымшәакәа, ауада мап ацәумкын, ус ҟалазар, иахьынӡазалшо ала асасааирҭахь заа аацҳара дәықәҵа, егьырҭ уи ауада аҩналара иахьӡарц (Матф. 5:37). Ауада мап ацәукзар, уи зыршаҳаҭуа аномер шурҭаз ала агәра га. Асасааирҭаҿы ауада аҩналара 48 сааҭ шыбжьоу мап ацәукзар, аԥара узыргьежьхаӡом.
Асасааирҭаҿы аҽҭаҩраан акредиттә, ма адебеттә харҭәаабӷьыцқәа зхы иазырхәо рзы азгәаҭа: ишаԥу еиԥш асасааирҭа ахарҭәаабӷьыц аҿы аԥара ааннакылоит ауада аанкылараан, иҟалап ауада ааха аиузар ма даҽа ҭагылазаашьак уақәшәазар ахә злахушәаауа умазарц. Асасааирҭа аҟынтәи уанцалак мышқәак рышьҭахь урҭ аусқәа еилдыргаанӡа, уара арҭ аԥарақәа ухы иузархәаӡом.
Акәырҷыжь угар улшоит убагаж аиҭагаразы ианыхио, анаҩс иаразнак иганы аҭыԥахь иргыл егьырҭ рхы иадырхәарц азы.
Ус иаԥызар, асасааирҭа амаҵзуҩцәа убагаж анаарго, ма ууада анеилдырго, аԥара рыҭ.
Афатә ҟаҵала уи аҭыԥ ахьазалху мацараҿы.
Цәгьашақә ухы иаумырхәалан амалаҳәа иурҭо шьыжьхьа, акаҳуа, ма аҵа́а — ари алшара ухы иаурхәар ауеит асасааирҭаҿы уҟазар.
Асасааирҭа аусзуҩцәа уанрацәажәо, еснагь аҟазшьа бзиақәа аарԥшла. Дара ауаа рацәа рымаҵ руеит, убри аҟынтә иааурԥшуа ақьиареи, ачҳареи, аҟәыӷареи пату рзақәуп.
Аҭаацәа рхәыҷқәа еснагь ирхылаԥшлар рыхәҭоуп асасааирҭаҿы иҟанаҵ, иаҳҳәап алифт, абассеин, авестибиуль, аспорттә зал аҿы уҳәа убас иҵегьы.
«Иудыргало анхарҭа ҭыԥқәа реиқәыԥхьаӡа» аҿы иаагоуп уахык ауада шаҟа иаԥсоу. Заа инумкылаз, ма ухы иаумырхәаз азы иацны ахә ахушәаарц удыргалозар мап ацәкы, насгьы иахьынӡазалшо ала заа аацҳара рыҭ уи азҵаара аус адызуло аишьцәа.
Асасааирҭатә уада иадҳәалоу ауадаҩрақәа зегьы иаразнак уи азҵаара аус адызуло аишьцәа ираҳәала.
Хатәгәаԥхаралатәи амаҵзура аҟәша. Ацхыраара аҟаҵара зҭаху зегьы хатәгәаԥхаралатәи амаҵзура аҟәшахьы инеир рылшоит. 16 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәагьы ирылшо ахәыҷы ҟарҵар ҟалоит ран ма раб, мамзаргьы ахәыҷы ихылаԥшра аҭаацәа азин зырҭаз аӡәы дицзар.