АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИОВ (ИОВ) 21—27
Иов ииашамыз агәаанагарақәа дырҿагылеит
Иахьатәи Иегова имаҵзуҩцәа ргәы каҳарц азы, Аҩсҭаа амц ихы иаирхәарц даҿуп. Иов ишәҟәаҿы иарбоуп Иегова иара имаҵзуҩцәа дшырзыҟоу, насгьы уи Аҩсҭаа ииҳәо амц ишеиԥшым. Ианҵа егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа Иегова уара дышуеиҷаҳауа агәра узырго.
АҨСҬАА ИИҲӘО АМЦ |
ИЕГОВА ДШАҲЗЫҞОУ |
---|---|
Анцәа убриаҟара ҳамч зқәымхо адҵа ҳаиҭоит, игәы иақәшәо нагӡашьа амамкәа. Иарбанзаалак ишамҭақәа агәырӷьара изааргом (Иов [Иов] 4:18; 25:5) |
Иегова иҳалшо ахәыҷы ахә ҳаракны ишьоит (Иов [Иов] 36:5) |
Анцәа изы ауаҩы акгьы даԥсам (Иов [Иов] 22:2) |
Иегова идикылоит, насгьы дазылԥхоит ҳизиашаны имаҵ анаҳуа (Иов [Иов] 33:26; 36:11) |
Анцәа хьаас имаӡам ауаҩы иара дизиашаны даанхоу-даанымхоу (Иов [Иов] 22:3) |
Иегова иара изиашоу дреиҷаҳауеит (Иов [Иов] 36:7) |