АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИОВ (ИОВ) 38—42
Иегова игәы иахәоит егьырҭ рзы иара ҳаниҳәо
Иегова иҭахын Елифази, Вилдади, Софари рзы Иов иара диҳәарц
42:7—10
Елифази, Вилдади, Софари Иегова иреиҳәеит Иов иахь ицаны акәырбан наргарц
Иов арҭ хҩык ахацәа рзы Анцәа диҳәар акәын
Иов урҭ рзы Анцәа даниҳәа ашьҭахь, Иегова азылԥхарақәа ииҭеит
Иов агәрахаҵареи акрычҳареи ахьааирԥшыз азы, Иегова ирацәаны азылԥхарақәа ииҭеит
42:10—17
Иегова Иов агәабзиара иҭаны, атәра аҟынтә дирхынҳәит
Иов ихигаз агәаҟрақәа зегь рышьҭахь, иҩызцәеи иуацәеи игәы шьҭырхит
Иегова Иов имаз имал изирхынҳәит, ицәыӡыз аасҭа ҩынтә еиҳангьы ииҭеит
Иов иԥҳәыси иареи еиҭа жәаҩык ахшара роуит
Иов даҽа 140 шықәса дынхон, иара ихылҵыз ԥшь- абиԥарак ибеит