АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Абар сахьыҟоу! Сышьҭы сара»
Исаиа Иегова идҵа анагӡара дахьазхиаз аҿыԥшра иаԥсоуп. Иара агәрахаҵара ааирԥшит, насгьы ааԥхьара иаразнак идикылеит, уи иаҵанакуаз инагӡаны ишизымдыруазгьы (Ис. [Иса] 6:8). Иулшома уара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ аҿы амаҵ ауразы уԥсҭазаараҿы ак аԥсахра? (Аԥсал. 109:3 [110:3, АдҾ]). Ҳәарада, даҽа ҭыԥк ахь аиасра иадҳәалоу ахарџь аԥхьаӡара даара ихадоуп (Лука 14:27, 28). Аха ажәабжь бзиа азы ахамеигӡара аарԥшра уазхиаз (Матф. 8:20; Марк 10:28—30). Авидеонҵамҭа «Переезд туда, где нужна помощь» иаҳнарбоит Иегова имаҵ аураҿы иҳауа азылԥхарақәа мап зцәаҳкуа аасҭа акырӡа ишеиҳау.
АВИДЕОНҴАМҬА УАНАХӘАԤШЛАК АШЬҬАХЬ, АНАҨСТӘИ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Мап зцәыркзеи Уильиамсраа рҭаацәара Еквадор амаҵ ауразы? 
- Изызхәыцзеи дара, амаҵ ахьырулаша анырыӡбоз? 
- Иарбан зылԥхарақәоу ироуз? 
- Иабаулшо ацхыраара ахьаҭаху аилкаара? 
АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА АНАҨСТӘИ АҬААЦӘАРАТӘ МҴАХЫРХӘАРА ААН ЕИЛЫРГА:
- Ишԥалшо ҳҭаацәара амаҵзураҿы аҽырҭбаара? (km-U 8/11 4—6) 
- Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь аиасра ҳалымшозар, ишԥаҳалшо ҳаизара ҳацхраар? (bw568 23—25)