АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ухәыҷы Ҳазшаз иахь агәрахаҵара ӷәӷәа аизырҳара уицхраа
Ашамҭақәа Анцәа Иегова дҳараркуеит (Аԥсал. 18:2—5; 138:14 [19:1—4; 139:14, АдҾ]). Аха Аҩсҭаа идунеи ауаа ирыднацалоит аԥсҭазаара шыҟалаз иазку Ҳазшаз длазырҟәуа атеориақәа (Рим. 1:18—25). Ишԥаулшо ухәыҷы игәи ихшыҩи урҭ атеориақәа рҟынтә рыхьчара? Ахәыҷы дшыхәыҷу Иегова дшыҟаҵәҟьоу, насгьы хаҭала иара дышиеиҷаҳауа агәра игалартә уицхраала (2 Кор. 10:4, 5; Еф. 6:16). Ухәыҷы ашкол аҿы идырҵо дшазыҟоу аилкаара уҽазышәала. Иуҳәо игәаҵанӡа инеирц азы еиуеиԥшым азнеишьақәа ухы иархәала (Ажәам. [Пр] 20:5; Иак. 1:19).
УХӘЫҶИ УАРЕИ АВИДЕОНҴАМҬА «ЧТО ГОВОРЯТ ТВОИ СВЕРСТНИКИ. ВЕРА В БОГА» ШӘЕИЦАХӘАԤШ, НАСГЬЫ АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА ЕИЛШӘЫРГА:
Иарбан ииашам гәаанагароу иҟоу Анцәа ихаҵара иазкны?
Ирҳәозеи арҵаҩцәа ашкол аҿы?
Агәра узыргозеи уара Иегова дшыҟаҵәҟьоу?
Ишԥаулшо даҽаӡәы уицхраар зегь зшаз Анцәа шиакәу агәра игартә?