АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИЕРЕМИА 39—43
Иегова ахьырхәра зыхәҭоу дахьирхәуеит, азылԥхара иаԥсоу дизылԥхоит
Седекиа Иегова дизымӡырҩӡеит, насгьы вавилонаа иҽримҭаӡеит
39:4—7
Седекиа иԥацәа ила ишабоз иршьит, иара ихаҭа илақәа ҭыхны, абҩатә шьамҭлаҳәқәа рыла дшьаҳаны, Вавилонтәи абахҭа дҭарыжьит. Уа иара иԥсы ахьынӡаҭаз дҭакын.
Авдемелех Иегова диқәгәыӷуан, насгьы аԥааимбар Иеремиа диеиҷаҳауан
39:15—18
Иегова Авдемелех дақәиргәыӷит, Иерусалим аилабгара аан иԥсҭазаара шеиқәирхо.
Иеремиа Иерусалим хыбгалаанӡа гәымшәарала акыршықәса ажәабжь иҳәон
40:1—6
Иегова Иеремиа диеиҷаҳаит, Иерусалим иакәшан иангылаз, анаҩс вавилонаа ихы дақәиҭыртәырц ргәазҭеиҵеит.