АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИОИЛЬ 1—3
Шәыҷкәынцәеи шәыӡӷабцәеи аԥааимбаражәақәа рҳәалоит
2:28, 29
Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа аԥааимбаражәатә ҵакы змоу ажәабжь рҳәоит. Дара Анцәа иус дуқәа еиҭарҳәоит, насгьы «Аԥсҳаратә Евангелие аӡбахә» ауаа ирыларҳәоит (Аус. 2:11, 17—21; Матф. 24:14). «Егьырҭ аусақәагьы» уи адҵа анагӡара ирыцхраауеит.
2:32
Иаанагозеи Иегова ихьӡ аҳәара?
- Иегова ихьӡ адырра. 
- Ихьӡ ҳаҭыр ақәҵара. 
- Уи Зыхьӡу аҵыхәтәанынӡа игәра агара. 
Ухы уазҵаа: «Ишԥасылшо аԥааимбаражәатә ҵакы змоу ажәабжь рылаҳәараҿы Анцәа идоуҳала иалху рыцхраара?