АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иона ишәҟәы иаҳнарҵо
Абиблиаҿы иануп Анцәа изиашаз аҳәсеи ахацәеи рҭоурых. Иегова урҭ рҿырԥштәқәа ахәарҭа рылҳхлар иҭахуп (Рим. 15:4). Иунарҵазеи уара Иона иҿырԥштәы? Уахәаԥш авидеонҵамҭа «Аҭаацәаратә мҵахырхәара. Иегова Иона иахь агәшаҭара ааирԥшуан. Иаҳнарҵозеи ҳара уи?», анаҩс абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҵа:
Иарбан уадаҩрақәоу ирызцәырҵыз хҩык ажәабжьҳәаҩцәа?
Ишԥауцхраар алшо Иона иҿырԥштәы, алабжьара урҭазар, мамзаргьы аизараҿы аҭакԥхықәрақәа уцәыӡзар? (1 Сам. 16:7; Иона 3:1, 2).
Ишԥауцхраауеи Иона ихҭыс уахьынхо аҭыԥ аҿы ажәабжьҳәарахь агәазыҟашьа бзиа умазарц? (Иона 4:11; Матф. 5:7).
Ишԥауцхраар алшо Иона иҿырԥштәы, угәамбзиара иахҟьаны ауадаҩра ӷәӷәақәа узцәырҵзар? (Иона 2:1, 2, 7, 9).
Ишԥаарԥшу авидеонҵамҭаҿы Абиблиа аԥхьареи уи азхәыцреи шаҟа ихадоу?