АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АУСҚӘА 19, 20
«Шәхы шәацклаԥшла, насгьы иԥшьоу адоуҳа шәызханаргылаз аԥсаса»
Аизара аиҳабацәа аԥсаса акрырҿарҵоит, ирыхьчоит, иреиҷаҳауеит, избанзар еилыркаауеит ауасақәа зегьы зыхә ҳараку Христос ишьала ишаахәоу. Павел иеиԥш зымчқәа ирмеигӡакәа аџьабаа збо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аизараҿы рыхә ҳаракны иршьоит, насгьы бзиа ирбоит.