АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АУРИАЦӘА РАХЬ 4—6
Ишәылшо зегь ҟашәҵала Анцәа иԥсшьарамш шәалахәызарц азы
Ҳара Анцәа иԥсшьарамш ҳалахәызар ҳалшоит, иара иорганизациа ала иаҳзааиртуа игәҭакы инақәыршәаны зегь ҟаҳҵозар. Ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Ишԥасыдыскыло алабжьарақәа? Сышԥазыҟоу Абиблиа аилкаараҿы ариашарақәа аныҟало?»
Иарбан ԥышәарақәоу Анцәа иахь исымоу азыӡырҩра ԥызшәо?