АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | 2 ПИОТР 1—3
Иухоумыршҭлан Иегова имш
Иегова иӡбара амш анааилак уи иаразнак инаигӡоит. Иубарҭоума ҳхымҩаԥгашьала ҳара иааигәахо Иегова имш ҳшазхиоу?
Иаа́нагозеи «ицқьоу ахымҩаԥгашьеи Анцәа иахь азиашареи»?
- Ҳара гәаԥхашәала ҳацқьазароуп, насгьы зыгәра ҳго ҳахьчалароуп. 
- Ҳара еснагь аизара адоуҳатә усқәа ҳрылахәзароуп, насгьы ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалароуп.