АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Шаҟа ахә ҳаракны иушьозеи Анцәа Иажәа?
Абиблиаҿы иануп ари иԥшьоу ашәҟәы Автор, Анцәа Иегова, иажәақәеи ихәыцрақәеи (2 Пиотр 1:20, 21). Абиблиа иаҳәоит, Аҳра Анцәа инапхгара шариашо. Уи ауаа агәыӷра рнаҭоит иаарласны аԥсҭазаара бзиа шыҟало. Иара убас, уа иануп бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб Иегова ихаҭара атәы (Аԥсал. 86:15).
Ҳара зегь иҳамоуп Иегова Иажәа ахә ашьаразы амзызқәа. Аха иааурԥшуама уара, уи аҳамҭа ахә шушьо? Уаԥхьома уара Абиблиа есыҽны, насгьы ухы иаурхәома уа иану алабжьарақәа? Уусқәа иаадырԥшлааит аԥсаломшәаҳәаҩ имаз ацәаныррақәа уаргьы ишумоу. Уи абас иҳәеит: «Бзиа ишԥазбо Уара узакәан!» (Аԥсал. 119:97).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «УРҬ АБИБЛИА АХӘ ҲАРАКНЫ ИРШЬОН. АЦЫԤҴӘАХА (УИЛИАМ ТИНДАЛ)», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Изеиҭеигози Уилиам Тиндал хаз-хазы Абиблиа ахәҭақәа?
Иарбан ҽазышәарақәоу иара иҟаиҵаз Абиблиа аиҭагаразы, насгьы избан уи аҵакы ӷәӷәа замоу?
Изларышьҭуази Англиаҟа иара еиҭеигаз Абиблиа аекземплиарқәа?
Ишԥаҳалшо хаҭала зегьы Анцәа Иажәа ахә шаҳшьо аарԥшра?