АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иегова иҳагу идыруеит
Игәрагоу, иҟәышу атәы ианаамҭоу афатә ахьҳаиҭо ишьақәнарӷәӷәоит, атәы напхгара изҭо Иегова, ҳдоуҳатә ҭахрақәа зегь шидыруа (Матф. 24:45). Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит иаҳҳәап, аусура амшқәа раан имҩаԥысуа аиԥыларақәа, насгьы арегионалтә конгрессқәа.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АРҴАРАТӘ КОМИТЕТ АҲАСАБРБА (2017 ШЫҚӘСА)», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Изҭатәыда зегь реиҳа аџьшьара изаамҭанытәу аконгрессқәа рзы, насгьы избан? 
- Ианбалаго аконгресс аҽазыҟаҵара? 
- Ишԥалырхуеи аконгресс аҿы иҟало атемақәа? 
- Иаҵанакуазеи аконгресс аҽазыҟаҵарахь? 
- Рхы ишԥадырхәо Галаад ашкол аҿы Абиблиа аҭҵааразы иҟоу аметод, аусура амшқәа раан имҩаԥысуа аизарақәа рыпрограмма аиқәыршәараҿы? 
- Аус шԥеицыруеи акомитетқәеи аҟәшақәеи аусуратә тетрадқәа рҵакы аиқәыршәараҿы? 
Ушԥазыҟоу уара Иегова имаҵзуҩцәа рдоуҳатә гәабзиара арӷәӷәаразы иҟаиҵо зегьы?