АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҞАЗААРА 15—17
Избан Иегова Аврами Сареи ахьыӡ ҿыцқәа зриҭаз?
Иегова Аврам вба змам ҳәа диԥхьаӡон. Анцәа иқәыргәыӷра атәы Аврам еиҳа инарҭбааны ианиеилиркаа, Сареи иареи аԥааимбартә ҵакы змаз ахьӡ ҿыцқәа риҭеит.
Авраам ихьыӡ аҵакы инақәыршәаны ауаа рацәа драбхеит, Саррагьы аҳцәа лхылҵшьҭрахеит.
Авраам
Ауаа рацәа раб
Сарра
Аҳкәажә
Ҳаниз иҳарҭоз ахьӡ ҳара иаҳзалхӡомызт. Аха Авраами Сарреи реиԥш ҳзеиԥш уаахо ҳхала иҳаӡбоит. Ухы уазҵаа:
Иҟасҵар сыхәҭоузеи Иегова иҿаԥхьа вба змам уаҩны сҟаларц азы?
Сзеиԥшра уаҩузеи сара Иегова иҿаԥхьа?