Авраами Исааки адгьыл Мориа ахь ицоит
Аицәажәарақәа рыхкқәа
●○○ РАԤХЬАТӘИ АИЦӘАЖӘАРА
Азҵаара. Дызусҭадаз Иисус Христос?
Ажәеинраала. Матф. 16:16
Анаҩстәи аан. Избан Христос дыԥсыр закәыз?
○●○ АҨБАТӘИ АИЦӘАЖӘАРА
Азҵаара. Избан Христос дыԥсыр закәыз?
Ажәеинраала. Матф. 20:28
Анаҩстәи аан. Ишԥааҳарԥшуеи аџьшьара Иисус иԥсхҭынҵаразы?
○○● АХԤАТӘИ АИЦӘАЖӘАРА
Азҵаара. Ишԥааҳарԥшуеи аџьшьара Иисус иԥсхҭынҵаразы?
Ажәеинраала. Иоанн 17:3
Анаҩстәи аан. Ишԥамҩаԥысуеи Иегова ишаҳаҭцәа реиԥыларақәа?
АХӘЫЛԤАЗ АХЬ ААԤХЬАРА ИАЗКУ АКАМПАНИА (март 14 — апрель 7)
«Ҳара акрызҵазкуа ахҭыс ахь ааԥхьара шәаҳҭар ҳҭахуп. Ари ахҭыс адунеи ахьынӡанаӡааӡо миллионҩыла ауаа рхы аладырхәуеит. Уи зызку Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ауп». (Ауаҩы ааԥхьара иҭ.) «Ааԥхьараҿы иануп ари аиԥылара аныҟало, насгьы иахьыҟало. Иара убас шәааҳаԥхьоит Абиблиа шьаҭас измоу ажәахә азыӡырҩра. Ари ажәахә аизараҿы иаԥхьоит Ахәылԥаз амҩаԥгара мчыбжьык шагу».
Ауаҩы аинтерес имазар. Избан Иисус дыԥсыр закәыз?