АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҚӘҴЫМҬА 15, 16
Ашәаҳәарала Иегова дҳаракла
Амузыкеи ашәақәеи ҳахшыҩи ҳцәаныррақәеи анырра ӷәӷәа рынаҭоит. Ашәаҳәара Иегова имҵахырхәараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит.
- Моисеии израильааи ашәаҳәарала Иегова дҳараркуан, Амшын Ҟаԥшь иахьалигаз азы. 
- Аҳ Давид 4 000-ҩык ахацәа аныҳәарҭаҿы амузикарҳәаҩцәас, насгьы ашәаҳәаҩцәас иалихит. 
- Иисус иԥсра уахык шагыз изиашоу иапостолцәеи иареи Иегова дзырҽхәо ашәақәа рҳәон. 
Ишԥасылшо ашәаҳәарала Иегова ирҳаракра?