АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, Иегова сҩыза бзиа иоуп ҳәа шәызҳәома?
Иарбан ҟазшьақәоу уҩызцәа рҿы зыхә ҳаракны иушьо? Иҟалап урҭ азиашара, ақьиара, насгьы агәыҳалалра ракәзар. Арҭ аҟазшьақәа зегь Иегова илоуп (Ақәҵ. 34:6; Аус. 14:17). Иара уҳәарақәа дырзыӡырҩуеит. Иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы дуцхраауеит (Аԥсал. 18:19, 35). Угхақәа уанаижьуеит (1 Иоанн 1:9). Ҳәара аҭахума Иегова — зеиԥшыҟам ҩызоуп!
Ишԥаулшо Иегова иҩыза бзиа уакәны аҟалара? Иӡбахә еилкаала, Иажәа Абиблиа ала. Игәрагашьа ҵала (Аԥсал. 62:8; 142:2). Иегова изы зыхә ҳараку пату рықәҵала: Иԥа, Иаҳра, насгьы иқәыргәыӷрақәа. Иӡбахә егьырҭ ирзеиҭаҳәала (Ҩынтә. 32:3). Иегова уиҩызахар, иара наӡаӡа ҩызаны дузыҟалоит (Аԥсал. 73:25, 26, 28).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АРԤАРЦӘЕИ АҬЫԤҲАЦӘЕИ „ИГӘАШӘҬ, НАСГЬЫ ЕИЛЫШӘКАА ШАҞА ДҚЬИОУ ИЕГОВА“!», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Уҽазыҟауҵар шԥаулшо аҽазкреи аҽӡаахреи?
Иуцхраар шԥарылшо аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова имаҵ аура?
Ишԥауцхраауеи ажәабжьҳәаратә ус Иегова изааигәахара?
Иеговеи уареи шәеиҩызара ахаангьы инҵәаӡом!
Иарбан лшарақәоу амаҵзураҿы уара узы иҟоу?
Бзиа дзубозеи Иегова?