АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Ишԥаулшо аназореицәа рҿыԥшра?
Аназореицәа рхы еигӡаӡомызт (Ахыԥхь. 6:2—4; it-U «Назорей», абз. 2—5).
Аназореицәа рзы Иегова игәаԥхара анагӡара зегь реиҳа ихадан (Ахыԥхь. 6:5).
Аназореицәа Иегова иҿаԥхьа ицқьазар рыхәҭан (Ахыԥхь. 6:6, 7).
Иахьа заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа рхы еигӡаӡом, насгьы Иеговеи имҩақәҵарақәеи ирзыӡырҩуеит.