АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Арыжәтә: уи унанагар ахьалшо уазхәыцла
Ақьырсианцәа зегьы арыжәтә ажәраҿы ихы аконтроль арҭалароуп (Ажәам. 23:20, 29—35; 1 Кор. 6:9, 10). Иара арыжәтә ажәра иӡбазар амцхә ажәра шыҟамло ихеимыршҭлароуп. Анцәа имаҵзуҩы мышкы имжәыр ада ԥсыхәа имамкәа аҟынӡа ихы неимгароуп, иара убас егьырҭ рзы узыхҟьашо хаҳәны дҟамлароуп (1 Кор. 10:23, 24; 1 Тим. 5:23). Егьырҭ арыжәтә ицыржәырц рыдимцалалароуп, еиҳараӡак ахбыџқәа.
ИДЫРБА АФЛОМАСТЕРТӘ АНИМАЦИА «АРЫЖӘТӘ: УИ УНАНАГАР АХЬАЛШО УАЗХӘЫЦЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Избан ақьырсианцәа арыжәтә ажәра иазку аҳәынҭқарратә закәанқәа ирықәныҟәалар зхадоу? (Рим. 13:1—4).
Избан арыжәтә ажәра ҳадызцало рнырра ҳҽаҳамҭалар зхадоу? (Рим. 6:16).
Ҳҽырцәаҳахьчар шԥаҳалшо арыжәтә ажәра иадҳәалоу ашәарҭарақәа?