АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Есымша Иегова уизыӡырҩла
Халев есымша Иегова дизыӡырҩуан (Иис. Н. 14:7, 8).
Халев агәра ганы дыҟан Иегова иуадаҩу адҵақәа рынагӡара дышицхраауа (Иис. Н. 14:10—12; w04-U 1/12 12, абз. 2).
Халев есымша Иегова дахьизыӡырҩуаз азы азылԥхарақәа ииҭеит (Иис. Н. 14:13, 14; w06-U 1/10 18, абз. 11).
Халев иааирԥшуаз азыӡырҩразы Иегова дшизылԥхоз ибон. Уи Халев игәрахаҵара еиҳагьы иарӷәӷәон. Убас еиԥш ҳаргьы, Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо, насгьы дышҳацхраауа анаҳбо, анаҩсгьы имаҵ ауразы амч ҳауеит (1 Иоанн 5:14, 15).