АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Зегьы ирзеиҭаҳҳәап аԥсҭазаара бзиа шааигәоу!
Ноиабр мзазы ҳара еиҳагьы ҳаамҭеи ҳамчи ҳармеигӡакәа аԥсҭазаара бзиа шааигәоу ауаа ирзеиҭаҳҳәалоит (Аԥсал. 37:10, 11; Аат. 21:3—5). Уи акампаниа гәыкала уҽалаурхәырц азы уеихшанҵаҿы ак ԥсах. Уи амзазы ицхырааҩу пионерс амаҵ аура уӡбар, шаҟа сааҭ амаҵ ууло ухаҭа иалухыр улшоит,— 30 сааҭ, ма 50 сааҭ.
Адунеи ҿыц аӡбахә ахьаҳәо абиблиатә жәеинраала алхны, ирацәаҩны ауаа уи рзаԥхьара уҽазышәа. Ажәеинраала аналухуа уҭыԥ аҿы инхо ауаа урызхәыц. Раԥхьатәи аицәажәараан ауаҩы аинтерес ааирԥшызар «Ахьчаратә бааш» (№ 2 2021) (аурыс) идгал. Анаҩс аамҭа мгакәа уи ауаҩы даҽазныкгьы уиқәшәа, насгьы аброшиура «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!» ала абиблиатә ҵара алагара уҽазышәа. Аԥсҭазаара бзиа шыҟало иазку агәырӷьаратә жәабжь ауаа рзеиҭаҳәара насыԥ дууп! (Ис. 52:7).
УАХӘАԤШ АМУЗЫКА ЗЦУ АВИДЕОНҴАМҬА «МЫ ЖДЁМ НОВЫЙ МИР», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан зеиԥшыҟам ԥсҭазаароу аӡӷаб лхаҿы иаалго?
Уззыԥшузеи еиҳарак адунеи ҿыц аҟынтә?
Ишԥауцхраауеи агәыӷра гәыкала, насгьы ухы уамеигӡакәа ноиабртәи акампаниа аҽалархәра? (Лука 6:45).