АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Саул раԥхьа ахӡырымгара илан, насгьы ихы ҳареикуамызт
Саул ахӡырымгара илан, насгьы аҳас аҟалара иқәнагоуп ҳәа иԥхьаӡаӡомызт (1 Сам. 9:21; 10:20—22; w20.08 10, абз. 11).
Саул иҽеимкәа ианихцәажәоз ашьоура дашьҭамызт (1 Сам. 10:27; 11:12, 13; w14-U 15/3 9, абз. 8).
Саул Иегова иԥшьоу идоуҳала ииҭоз амҩақәҵарақәа дрықәныҟәон (1 Сам. 11:5—7; w95-U 15/12 10, абз. 1).
Ахӡырымгара ҳацхраауеит иҳалоу аҟазареи амаҵзураҿы иҳамоу алшарақәеи Иегова иҟынтә аҳамҭақәа реиԥш рыхәаԥшра (Рим. 12:3, 16; 1 Кор. 4:7). Иара убас ҳхы ҳараҳамкуазар, Иегова алабжьарақәа рзы еснагь ҳиҳәалоит.