АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Ҩыза бзианы ҳҟалар шҳалшо
Уҩыза игәы каҳаны даныҟоу уицхраала, игәы шьҭыхла (1 Сам. 20:1, 2; w19.11 7, абз. 18).
Шәарҭарак ыҟазар игәиҽанҵала (1 Сам. 20:12, 13; w08-U 15/2 8, абз. 7).
Уҩыза ацәгьа анизырҳәо уидгылала (1 Сам. 20:30—32; w09-U 15/10 19, абз. 11).
Иегова ижәлар рыбжьара аҩызцәа бзиақәа рацәаны иуԥшаар улшоит. Аха аҩызцәа умазарц азы ухаҭа уҩыза бзиазароуп. Аизараҿы ҩызас ишьҭухыр уҭахыда?