АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Абзиабара... [ԥагьаӡам]»
Абзиабара ҳалазар ҳԥагьахаӡом (1 Кор. 13:4). Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәыкала бзиа иаҳбозар, дара раасҭа ҳеиӷьуп ҳәа ҳаԥхьаӡалаӡом. Ҳара егьырҭ ирылоу абзиарақәа ҳбоит, насгьы рыцхрааразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит (Флп. 2:3, 4). Ус еиԥш иҟоу абзиабара ааҳарԥшлар, Иегова игәаԥхара анагӡаразы еиҳагьы ихы ҳаирхәалоит.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИШӘХАШӘМЫРШҬЛАН АБЗИАБАРАҴӘҞЬА ШԤАГЬАМ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан бзиарақәоу Авессалом илаз?
Ихы ишԥаирхәеи уи?
Ишԥаҳалшо аԥагьара аҽацәыхьчара? (Гал. 5:26).